Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Ашәҟәы „Иаҳнарҵозеи Абиблиа“ шрыдгалалатәу
Уи зхадоу. Ашәҟәы «Иаҳнарҵозеи Абиблиа» — ари арҵараҿы ҳхы иаҳархәо амыруга хадақәа ируакуп. Ари апубликациа ҳара иҳацхраауеит Абиблиа иаҳнарҵаҵәҟьо ауаа реилыркаара. Аха ауаҩы Абиблиа ирҵаразы раԥхьа уи ашәҟәы изынҳажьроуп. Убри аҟынтә ҳара зегьы иаҳҵароуп ари ашәҟәы ажәабжьҳәараҿы ауаа ҟазарыла рыдгалашьа (Ажәам. [Прит.] 22:29). Уи шыҟаҵатәу авариантқәа рацәоуп, убри аҟынтә ажәабжьҳәаҩцәа рхы иадырхәалар рыхәҭоуп еиҳа алҵшәа аазго. Ҵаҟа еиқәыԥхьаӡоуп хәарҭа узаазгар алшо лабжьарақәак.
Ухы иархәа амза аҩныҵҟа абри алабжьара:
Аҭаацәаратә мҵахырхәараан адгалара уҽазыҟаҵа.
Ажәабжьҳәараан егьырҭ ажәабжьҳәаҩцәа ирзеиҭаҳәала иарбан адгалароу ухы иаурхәарц угәы иҭоу (Ажәам. [Прит.] 27:17). Адгалара алҵшәа унамҭазар иԥсах.