Ҳрыцхраауеит ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» ала аҵара иазхиам
1. Избан ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» ала аҵара анрыдаҳгало, иаразнак зегьы аинтерес зырымкуа? Иҳаилшәыркаа.
1 Ауаҩы Иегова имаҵуаҩы иакәны дҟаларц азы еиликаар ауп Абиблиа иаҳнарҵо. Аха шьоукы иқьырсианым адинхаҵарақәа ныҟәыргоит, Абиблиагьы Анцәа Иажәа ауп ҳәа ирыԥхьаӡом. Иҟоуп ауаа зынӡа Анцәа игәра зымго, Абиблиагьы уиаҟара пату ақәзымҵо. Иарбан ҭыжьымҭақәоу ҳхы иаҳархәар ҳалшо, ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» ала аҵара иазхиам ауаа ҳрыцхраарц? Ҵаҟа иаагоу алабжьарақәа шьаҭас ирымоуп 20 тәыла рҟынтә ажәабжьҳәаҩцәа рызгәаҭарақәа.
2. Еилкаатәузеи ауаҩы Анцәа дхасҵом ҳәа иҳәозар, насгьы избан?
2 Анцәа игәра зымго. Аӡәы Анцәа игәра згаӡом иҳәозар, еилкаа избан. Агәра игома иара аеволиуциа? Ицәыӡма иара Анцәа игәрахаҵара, адунеи аҿы аиашамра ахьибаз, ма адин ныҟәгаҩцәа ражәақәеи русқәеи ахьеиқәымшәо иахҟьаны? Мамзаргьы иара дахьиз-дахьааӡаз анцәахамҵаратә ҳәынҭқарраҿы акәызҭгьы? Иҟалап уи иаахҵәаны имҳәозар Анцәа дыҟам ҳәа, аха уи ахаангьы дазымхәыцӡацызт иара дшыҟоу. Ажәабжьҳәаҩцәа аӡәырҩы игәарҭеит азҵаара: «Шәара еснагь ус шәазхәыцуазма?» ауаҩы аҭак аҟаҵара шигәанарԥхо. Уизыӡырҩла, насгьы уиԥымҩлан. Иара Анцәа дызхаимҵо анаҳдырлак, ҳара еилаҳкаауеит аҭак шиҭатәу‚ насгьы иарбан публикациоу идгалатәу (Ажәам. 18:13).
3. Ишԥаҳалшо ҳара ауаҩы ихаҭеи игәаанагарақәеи пату шрықәаҳҵо аарԥшра?
3 Ауаҩы ҳаниацәажәо иара игәы иаанагар ахәҭаӡам ихәыцшьа ҳаԥсахыр ҳҭахызшәа. Абар Еиду Аштатқәа рҟынтәи ажәабжьҳәаҩ иажәақәа: «Даара акраҵанакуеит ауаҩы агәрахаҵара алхраз имоу азин пату ақәҵара. Аицәажәара аиааира азы аргументқәа рыԥшаара аҵкьыс, еиӷьуп дзырхәыцша азҵаарақәа иҭара, иара ихала алкаа ҟаиҵарц азы». Аизара иаҭаауа хылаԥшҩык раԥхьа ауаҩы игәаанагара дазыӡырҩуеит, анаҩс аҭак ҟаиҵаанӡа диазҵаауеит: «Шәазхәыцхьоума шәара абри аганахь ала?
4. Ишԥаҳалшо акитаицәеи абуддизм ныҟәызго ауааи рыцхраара?
4 Акитаицәа аӡәырҩы, насгьы абуддизм ныҟәызго ауаа Анцәа дшыҟоу азхәыцра итәыму акы еиԥш ирыԥхьаӡоит. Великобританиа инхо аӡәырҩы ажәабжьҳәаҩцәа урҭ ауаа рыцхырааразы қәҿиарала рхы иадырхәоит аброшиура «Инымҵәаӡо аҭынчреи анасыԥи. Урҭ шыԥшаатәу». Раԥхьа иргыланы урҭ еилдыргоит раԥхьатәи абзацқәа, нас ииасуеит «Дыҟаҵәҟьоума Зегьирхаку Ҳазшаз?» ҳәа захьӡу ахәҭахьы, анаҩс иалацәажәоит ахәҭа «Ихәарҭоу анапхгара ауаатәыҩса зегь рзы». Уи ашьҭахь, дара ирзымариахоит ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» ахь аиасра. Абри ашәҟәы рыдгало, дара абас рҳәоит: «Шәара Анцәа дхашәымҵозаргьы, Абиблиа аҵара ахәарҭа шәзаанагоит, избанзар уа ухы иаурхәаша алабжьарақәа рацәаны иануп». Абар Еиду Аштатқәа рҟны инхо, китаибызшәала ицәажәо ауаа ажәабжь разҳәо апионер иажәақәа: «Аӡәырҩы акитаицәа аԥхьара бзиа ирбоит. Лассы-лассы дара рахь ҳхынҳәаанӡа ирзынҳажьыз апубликациақәа ирыԥхьахьеит. Аха џьоукы ирзеилкааӡом Абиблиа аҵара ахаҭа ҵакыс иамоу. Убри аҟынтә раԥхьатәи аҭаара аан сара исгәаԥхоит „Ажәабжь бзиа“ захьӡу аброшиура рыдгалара, избанзар уа иану аматериал аилыргаразы иануп». Еиду Аштатқәа рҿы акитаитә еизарақәа ирҭаауа араионтә хылаԥшҩы иҳәоит ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» раԥхьатәи аицәажәараан ирыдугаларгьы шауа. Аха Абиблиа аҵара ҳаналаго, еиҳа еиӷьхон Анцәа иӡбахә зҳәо актәи ахы аилыргара ала акәымкәа, Абиблиа зызку узырдыруа аҩбатәи ахы ала ҳалагар.
5. Изаҭахузеи ачҳара аарԥшра?
5 Ауаҩы Анцәа иахь агәрахаҵара изцәырҵырц азы, аамҭа аҭахуп, убри аҟынтә ҳара ачҳара ааҳарԥшлар ҳахәҭоуп. Ауаҩы Ҳазшаз дшыҟоу агәра игарц, еицәажәарақәак азхом. Аха аамҭа цацыԥхьаӡа иара дақәшаҳаҭхар ауеит Анцәа дыҟазар шалшо, ма егьырҭ Анцәа иахь агәрахаҵара зрымоу еиликаар.
6. Избан шьоукы Абиблиа уиаҟара аинтерес зрымам?
6 Абиблиа агәра зымго, ма уиаҟара аинтерес змам ауаа. Анцәа дшыҟоу мап ацәызымкуа ауаа абиблиатә ҵарақәа рахь аинтерес рымамзар ҟалоит, избанзар уи Анцәа Иажәа ауп ҳәа ирыԥхьаӡаӡом. Иҟалап дара иқьырсианым адинқәа ахьныҟәырго аҭыԥ аҿы инхозар, насгьы Абиблиа ақьырсиантә дунеи иадырҳәалозар. Мамзаргьы дара нхозар алшоит иқьырсиануп ҳәа иԥхьаӡоу атәылаҿ, аха иааизакны ауаа адинхаҵара иахьазхьамԥшуа, насгьы Абиблиа хәарҭа алам ҳәа иахьырыԥхьаӡо. Ҳашԥарыцхраари абас еиԥш иҟоу ауаа Абиблиа ахь аинтерес шьҭырхырц, насгьы аҵара иалагарц ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» ала?
7. Иҟаҵатәузеи ауаа Абиблиа ахь аинтерес рызцәыргаразы?
7 Бырзентәыла иҟоу афилиал аҟнытә иаарыцҳаит: «Абиблиа аинтерес змам ауаа рзы иреиӷьу цхыраашьас иҟоу — иаартны иунарҵо дырбара ауп. Аӡәырҩы ажәабжьҳәаҩцәа иазгәарҭеит Абиблиа иану еиҳараӡак ауаҩы игәаҵанӡа ишнеиуа, дара ражәақәа раасҭа (Аур. 4:12). Абиблиаҿ Анцәа ихьӡ шану анырба, аӡәырҩы ироуит агәаҳәара Абиблиа еиӷьны аилкаара». Абар Индиа иҟоу афилиал аҟынтә иаарыцҳаз: «Аиндуизм ныҟәызго ауаа аԥсҭазаареи аԥсреи ирызку аҵара ргәаҵанӡа инеиуеит, иара убасгьы абиблиатә қәыргәыӷра асоциалтә гәыԥқәа рзинқәа уаҳа иахьыладмырҟәуа адунеи шыҟало анраҳауа». Аҭыԥантәи уадаҩрак иналацәажәаны, ажәабжьҳәаҩцәа Абиблиа аҟынтә ауаа иддырбоит Анцәа Иаҳра уи шаӡбо.
8. Ираҳҳәарц иҳалшозеи ақьырсиантә дунеи ахарала Абиблиа иҽеимкәа иазыҟоу ауаа?
8 Ақьырсиантә дунеи ахарала ауаҩы Абиблиа ицәымӷхазар, иеилыркаа ақьырсиантә дунеи Анцәа Иажәеи уи аҵарақәеи ииашамкәа ишаанарԥшуа. Индиа иҟоу афилиал аҟынтә ирҩит: «Зны-зынла ауаа ирзеиҭаҳәалатәуп Анцәа ауахәама ша́кәым Абиблиа зиҭаз». Аишьцәа иаарыцҳаит аиндусцәа даара ишырныруа аброшиура «Ҵакыс иамоузеи аԥсҭазаара? Ишԥаԥшаатәу уи?» захьӡу аԥшьбатәи аҟәша иану аинформациа. Уа иануп ауахәамақәа Анцәа Иажәа еицаркырц, насгьы иқәырхырц азы иаадырԥшуаз аҽазышәарақәа ртәы. Бразилиа инхо пионерк ихы иаирхәоит абас еиԥш иҟоу знеишьак: «Иаԥсаӡами Абиблиа иану инарҭбааны аилкаара? Аӡәырҩы ирыӡбеит Абиблиа аҭҵаара џьара иаларгалар ҳәа имшәакәа. Иҟалап еилышәкаауа џьашьахәыс ишәкыр».
9. Избан агәкажьра заҭахым, шьоукы Абиблиа иаҳнарҵо аинтерес рымамзар?
9 Иегова ауаа зегьы рыгәқәа ибоит (1 Сам. 16:7; Ажәам. 21:2). Иара ииашоу амҵахырхәара иадиԥхьалоит ииашоу агәазыҟашьа змоу ауаа (Иоан. 6:44). Урҭ рыбжьара иҟоуп ахаангьы Анцәа изкны адыррақәа змамыз, насгьы Абиблиа иану уиаҟара иззымдыруаз. Инаҳагӡо амаҵзура ауаа еиқәхарц, насгьы аиаша-ҵабырг еилыркаарц алшара рнаҭоит (1 Тим. 2:4). Убри аҟынтә шьоукы Абиблиа иаҳнарҵаҵәҟьо аинтерес рымамзар, угәы каумыжьын. Ухы иархәа уара убызшәала иҟоу егьырҭ апубликациақәа, ирымоу аинтерес аизырҳаразы. Иҟалап ԥыҭрак ашьҭахь уара Абиблиа зларҵо ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» ахь уиасыр.
[Арамка, адаҟьа 4]
Ауаҩы Анцәа дхасҵаӡом иҳәозар, ухы иархәа абас еиԥш иҟоу азнеишьа:
• Дызхаимҵо еилукаарц уиазҵаа: «Шәара еснагь ус шәхәыцуазма?»
• Уи дбуддистзар, ухы иархәа аброшиура «Инымҵәаӡо аҭынчреи анасыԥи. Урҭ шыԥшаатәу», адаҟьақәа 9—12.
• Аеволиуциа агәра игозар, ухы иаурхәар улшоит ҵаҟа иаагоу ахыҵхырҭақәа:
Ирылаҳарҵәо аброшиурақәа рҿы арубрика «Машәыршәа иҟалоу, мамзаргьы игәҭаку?»
Афильм «Иџьашьахәу ашамҭақәа Анцәа дҳараркуеит»
Аброшиурақәа «Аԥсҭазаараҿы агәахәара шыԥшаатәу» 4-тәи аҟәша, «Ишазма аԥсҭазаара?», «Аԥсҭазаара ахыҵхырҭаҿы. Зҭак ҟаҵатәу хә-зҵаарак»
• Иара аиашамреи арыцҳареи ирыхҟьаны Анцәа иахь имаз агәрахаҵара ицәыӡзар, ухы иаурхәар алшоит анаҩстәи апубликациақәа:
Ашәҟәы «Дыҟоума иаҳхылаԥшуа Ҳазшаз?» 10-тәи ахы
Аброшиура «Даҳхылаԥшҵәҟьома ҳара Анцәа?» 6-тәи ахәҭа, насгьы «Ҵакыс иамоузеи аԥсҭазаара? Ишԥаԥшаатәу уи?» 6-тәи аҟәша
• Ауаҩы Анцәа дшыҟоу еиликаауа даналагалак, ҳаиасыр еиӷьуп ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» ахь. Ибзиахоит аҩбатәи ахы ала, ма ауаҩы изааигәоу темак ала ҳалагар
[Арамка, адаҟьа 5]
Ауаҩы Абиблиа агәра згаӡом иҳәозар, ухы иархәа абас еиԥш иҟоу азнеишьа:
• Еилырга ашәҟәы «Ҳазшаз» аҟынтә ахқәа 7, 8
• Ауриацәа уанрацәажәо ухы иархәа аброшиура «Изырҭәуазеи ҳаԥсҭазаара насыԥла?» аурокқәа 4, 5
• Еилырга абиблиатә принципқәа хәарҭас ирымоу. Абиблиа хәарҭас иамоу аагоуп анаҩстәи апубликациақәа рҿы:
Аларҵәара азы иҟоу аброшиурақәа рҿы иану арубрика «Аҭаацәаразы ацхыраара»
Афильм «Абиблиа — ҳаԥсҭазаара зыԥсахуа мчуп»
Аброшиурақәа «Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә» аурокқәа 9, 11, насгьы аброшиура «Аҭынчреи анасыԥи рахь амҩа» адаҟьақәа 3—7
Аԥсылманцәа уанрацәажәо, ухы иархәа аброшиура «Агәрахаҵара иашаҵәҟьа — анасыԥ иацаԥхоуп», аҟәша 3
Абиблиа иҽеимкәа иахьазныҟәо аҭыԥаҿы иҟәышу аҳәамҭақәа ахьынтәиаагоу раҳҳәар еиӷьхоит ҩынтә-хынтә ҳанырҭаалак ашьҭахь.
• Идырба абиблиатә ԥааимбаражәақәа шынагӡахаз. Ухы иаурхәар ҟалоит абарҭ апубликациақәа:
Афильм «Абиблиа: аҭоурых аиашареи аԥааимбаражәақәа рҵабыргреи»
Ашәҟәы «Ҳазшаз», ахы 7
• Ауаҩы абиблиатә ҵарақәа рахь аинтерес ааирԥшуа даналагалак, ҳаиасыр ҳалшоит ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» ахь.
[Арамка, адаҟьа 6]
Ауаҩы Анцәа игәра згаӡом иҳәозар, иуҳәар улшоит:
• «Азин сышәҭозар, иааркьаҿны ишәзеиҭасҳәоит Ҳазшаз дшыҟоу агәра сзыргаз атәы». Анаҩс ашәҟәы «Аицәажәара» адаҟьақәа 357—362 рыҟны иану азхәыцрақәа изеиҭаҳәа, ма уиацәажәа даҽазны иугәаԥхаз апубликациа изааугарц азы.
• «Иаҳҳәап Анцәа дыҟоуп ҳәа ҳхәыцуазар, дышԥаҟазар акәу уи шәара шәгәаанагарала?» Еиҳараҩык ирҳәоит дара Анцәа дышрыдыркылоз абзиабареи, аиашареи, агәшаҭареи, ауаа реилымхреи злоу иакәызҭгьы. Анаҩс идырба Абиблиа ала Анцәа ус еиԥш иҟоу аҟазшьақәа шилоу. (Зны–зынла ухы иаурхәар ауеит ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа», 1-тәи ахы, 6-тәи абзац инаркны.)
Ауаҩы Абиблиа агәра згаӡом иҳәозар, иуҳәар улшоит:
• «Аӡәырҩы шәгәаанагара шәыцеиҩыршоит. Џьоукы ргәы иаанагоит Абиблиа анаука иаҿагылоуп, ма иажәхьеит ҳәа. Шәаԥхьахьоума шәара Абиблиа? [Уазыӡырҩы аҭак. Анаҩс ирба аброшиура «Ажәабжь бзиа» аҿы 3-тәи аурок, насгьы идгал.] Аӡәырҩы Абиблиа мап ацәыркуеит уа иаҳәо адинхаҵарақәа ииашамкәа иахьаадырԥшуа иахҟьаны. Даҽазны ҳанеиқәшәо еилҳаргар сҭахын 4-тәи, 5-тәи адаҟьақәа рҿы иану убарҭ аҿырԥштәқәа руак».
• «Ус зҳәо рацәоуп. Иҟалозар, ишәсырбар сҭахын сара Абиблиаҿы еиҳарак сзыршанхаз. [Уаԥхьа Иов 26:7, ма Исаиа 40:22. Уаҟа иану Абиблиа анаука ишаҿамгыло унарбоит.] Абиблиаҿы иара убасгьы иаагоуп аҭаацәа рзы иҟәыӷоу алабжьарақәа. Даҽазны санааилак, урҭ алабжьарақәа руак сышәзаԥхьар сҭахын».
• «Иҭабуп, шәгәаанагара ахьышәҳәаз. Анцәа ауаа рзы ашәҟәы иҩызҭгьы, ианиҵози уи ашәҟәаҿы?» Анаҩс уаԥхьа Абиблиа аҟынтә иара иҭак иақәшәо ажәеинраала.