Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • km 12/13 ад. 4—6
  • Амаҵзура аҟынтә ахҭысқәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Амаҵзура аҟынтә ахҭысқәа
  • Иԥшьоу ҳмаҵзура 2013
  • Иеиԥшу аматериал
  • Ҳрыцхраауеит ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» ала аҵара иазхиам
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2013
Иԥшьоу ҳмаҵзура 2013
km 12/13 ад. 4—6

Амаҵзура аҟынтә ахҭысқәа

◼ Австралиа. Џьон захьӡу аҵара змоу хаҵак даныхәыҷыз ауахәамахь дныҟәон, аха нас атеизм ӷәӷәала дадгылеит. Апионер изынижьит аброшиура «Ишазма аԥсҭазаара?», ԥыҭрак ашьҭахь даннеи, изынижьит даҽа брошиурак «Аԥсҭазаара ахыҵхырҭаҿы» захьӡу. Апионер ажурнал ҿыцқәа ааигон Џьон имаз аинтерес аизырҳаразы. Урҭ ажурналқәа рҿы ашареи абиблиатә ԥааимбаражәақәеи ирызку астатиақәа аагазар, урҭ дрызхьаирԥшуан. Џьон уажәшьҭа дазхиоуп ҳәа апионер игәы ианаанага, идигалеит ашәҟәы. Уаҟа инарҭбааны ианын Абиблиа шиашоу, насгьы Анцәа имчала ишҩу. Џьон ари ашәҟәы данаԥхьа, Анцәа дыҟазаргьы ауеит ҳәа ахәыцра далагеит. Анаҩс апионер иааигеит ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?», еилдыргеит 20-тәи адаҟьаҿы 8-тәи абзац, насгьы адаҟьақәа 23—24 рҿы абзацқәа 13—16 рҟынӡа. Ашәҟәы аҿы иаагаз Абиблиа аҟынтә ацыԥҵәахақәа Џьон даараӡа игәаԥхеит, иагьиҳәеит: «Иҟалап иаԥсазар еиҭах Абиблиа аԥхьара алагара».

◼ Мексика. Хаҵак ажәабжьҳәаҩ иеиҳәеит Абиблиа Анцәа идоуҳала ишҩу агәра шиимго. Ажәабжьҳәаҩ уи идигалеит Абиблиа Анцәа идоуҳала ишҩу агәра изырго ашьақәырӷәӷәарақәа реилыргара, ахаҵагьы уи дақәшаҳаҭхеит. Еиҿцәажәарақәак рышьҭахь, Абиблиа аҟынтә адыррақәа игәаҵанӡа инеиуа иалагеит. Еиҳараӡак игәаҵанӡа инеит Анцәа инормақәа ирызкны еиликааз. Иара ажәабжьҳәаҩ иеиҳәеит: «Раԥхьа Абиблиа ҳанаԥхьоз, сара сгәы иаанагон уи алабжьарақәа егьырҭ ашәҟәқәа рҿы иаагоу иреиԥшуп ҳәа, убри аҟынтә уиаҟара исыдыскыломызт. Аха уажәшьҭа, ҳара Абиблиа ҳанаԥхьо, еиҳараӡак агәаԥхашәатә нормақәа ирызкны, сара даара сыԥхашьоит».

◼ Еиду Аштатқәа. Қалақь дук ауаа рацәа ахьеизо ҭыԥк аҿы, хаҵеи-ԥҳәыси ажәабжь анырҳәоз Таиван инхоз ԥҳәыск днарыдгылеит. Лара Анцәа дхалҵон, аха Абиблиа Мраҭашәара инхо ирышәҟәуп ҳәа илыԥхьаӡон. Лара алитература зқәыз астенд ахь днеит, избанзар лыԥсҭазаара акы шазымхоз еилылкаауан, амал змаз аӡәы шлакәызгьы. Лара дақәгәыӷуан аԥсҭазаара аҵакы аԥшаараҿы Абиблиа лыхәоит ҳәа. Хаҵеи-ԥҳәыси Абиблиа лырҵара иалагеит ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?», насгьы аброшиура «Инымҵәаӡо аҭынчреи анасыԥи. Урҭ шыԥшаатәу» рыла. Ашәҟәы аҩбатәи ахы ацымхәрас, дара еилдыргарц рыӡбеит аброшиура аҟынтә «Ихәарҭоу анапхгара ауаатәыҩса зегь рзы» ҳәа захьӡу ахәҭа. Раԥхьатәи ф-бзацк анеилдырга ашьҭахь, аԥҳәыс Абиблиа егьырҭ адинтә шәҟәқәа зынӡаск ишреиԥшым анеилылкаа, даара иџьалшьеит. Дара библиатә ԥааимбаражәақәак шынагӡахаз атәы анеилдырга, ус лҳәеит: «Сгәы иаанагом Абиблиа еиԥш ииашоу даҽа шәҟәык ыҟоуп ҳәа!»

◼ Иапониа. Хаҵак Анцәа игәра згаӡом ҳәа ажәабжьҳәаҩ иеиҳәеит, аха ажәабжьҳәаҩ уеизгьы уи ахаҵа диҭаауан, насгьы ажурнал «Шәҿыха!» арубрика «Машәыршәа иҟалоу, мамзаргьы игәҭаку?» аҟынтә астатиақәа иааркьаҿны дрыхцәажәон. Ԥыҭрак ашьҭахь ахаҵа игәаанагара иԥсахит, Ҳазшаз дыҟазаргьы ауеит ҳәа дазхәыцуа далагеит. Уажәшьҭа иара Анцәа дшыҟоу агәра игоит, насгьы ажәабжьҳәаҩ аброшиура «Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә» ала Абиблиа иирҵоит.

◼ Канада. Ԥҳәыск лмашьынахь даннеиуаз, аиаҳәшьа ажурнал ҿыц лылҭеит. Аиаҳәшьа даҽазны даннеи, аԥҳәыс иаахҵәаны илҳәеит лара уи аинтерес шлымам, насгьы Анцәа игәра шылымго. Аха аиаҳәшьа уеизгьы еиҭах дааит аброшиура «Аԥсҭазаараҿы агәахәара шыԥшаатәу» лыманы. Аиаҳәшьа аԥҳәыс аҩны данлықәшәа, дышлызхәыцуаз лалҳәеит уи Анцәа дышхалымҵо шылдыруазгьы, аха уеизгьы дшааз, избанзар абыда ахәыҷы дшылааӡоз лдыруан. Уи иллырбеит аброшиура 4-тәи адаҟьаҿы 6-тәи абзац. Анаҩс лара лгәазҭалҵеит аҩбатәи аурок аҿы иаагоу ахәыҷқәа рааӡара иазку алабжьарақәа дрыԥхьарц. Аԥҳәыс дгәырӷьаҵәа аброшиура лгеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра