Ноиабр 9 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
НОИАБР 9 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 48, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
fy ахы 14, абз. 1—9 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: 1 Ашықәсынҵа 21—25 (8 мин)
№ 1: Матфеи 26:17—30 (3 мин ма еиҵаны)
№ 2: Иегова имаҵзуҩцәа ҳаҭырқәҵарала урзыҟаз (it-U «Елисеи») (5 мин)
№ 3: Изакәызеи Армагеддон? (it-U «Хар-Магедон») (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
Амза атема: «Сара еиҭасҳауан, Аполлос аӡы аҵеиҭәон, аха изааӡоз, иаззырҳауаз Анцәа иакәын» (1 Кор. 3:6).
10 мин. «Сара еиҭасҳауан, Аполлос аӡы аҵеиҭәон, аха изааӡоз, иаззырҳауаз Анцәа иакәын». Ажәахә, амза атема шьаҭас измоу (1 Кор. 3:6). Аамҭа узхозар урзааҭгыл 1993 шықәса март 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» ад. 20—23 (аурыс), аҿы иаагоу зхәыцрақәак. Ари амзазы амаҵзуратә еиԥылараҿы иззаҭгылало пунктқәак урыхцәажәа, насгьы инаҵшьны иазгәаҭ урҭ амза атема ишадҳәалоу.
20 мин. «Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Ашәҟәы „Иаҳнарҵозеи Абиблиа“ ауаа ишрыдгалалатәу». Ахцәажәара. Еиҿкаа икьаҿу ҩ-демонстрациак: актәи аҿы астатиа аҟынтә алабжьара рхы иадырхәоит, аҩбатәи аҿы иаарԥшуп ажәабжьҳәаҩ ихала иихәыцыз ақәҿиара змаз адгалара.
Ашәа 111, анцәаиҳәара