Амаҵзураҿы еихьӡарас иҟаз
2015 шықәса маи мзазы ааигәа иҟоу атәылақәа рҿы иоушьҭын Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышколқәа хԥа. Иааизакны иуҳәозар, Урыстәылантәи аҵара рҵеит 66 пионер. Иара убас, маи амзазы имҩаԥган абызшәақәа рҵаразы акурсқәа иаразнак бжь-бызшәак рыла: азербаиџьан, акиргиз, акитаи, атаџьықь, аузбек, ацыган, насгьы ачуваш бызшәақәа рыла.
Имаҷны аус ахьадулоу атерриториахь ицаз 7 024-ҩык ажәабжьҳәаҩцәа рыбзоурала ҵыԥх Урыстәыла ирацәаны аҭыԥқәа рҿы ауаа ажәабжь бзиа раҳаит. 2 163-ҩык рҿы иалаган абиблиатә ҵарақәа, 30 779-нтә иҟаҵан ҩынтә аҭаарақәа, 5 174 шәҟәи, 333 777 брошиуреи, насгьы абуклетқәеи рыларҵәан. Ҳара даара ҳгәы иахәоит Иегова дахьырзылԥхо шьаҭанкыла ауаа «ажәабжь бзиа» рылаҳәара зҽазызшәо зегьы (Аус. 20:24).