Декабр 15 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
ДЕКАБР 15 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 1, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
lv ахы 17, абз. 1—10 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: Иисус Навин 6—8 (10 мин)
№ 1: Аатра 13:1—18 (4 мин ма еиҵаны)
№ 2: Ишьақәзырӷәӷәозеи ауаҩы иԥшьоу адоуҳа шимоу? (rs ад. 132, абз. 2 — ад. 133, абз. 1) (5 мин)
№ 3: Зегь иреицәоу аҿагылаҩ — Аҩсҭаа Аџьныш (it «Аҿагылаҩ») (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
Амза атема: Ирышәҭала «аҳалал» шәхазынаҭра ҳалал аҟынтә (Матф. 12:35а).
15 мин. «Ҟазарыла Абиблиа аҵара шымҩаԥгалатәу». Азҵаарақәеи аҭакқәеи. Ахԥатәи абзац анеилургалак ашьҭахь, еиҿкаа ҩ-хәҭак рыла ишьақәгылоу адемонстрациа, ажәабжьҳәаҩи Абиблиа зирҵо ауаҩи ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» 15 ахы 8-тәи абзац шеилдырго узырбо. Раԥхьатәи адемонстрациаҿы ажәабжьҳәаҩ мыцхәы дцәажәоит. Аҩбатәи адемонстрациаҿы иара Абиблиа зирҵо ауаҩы азҵаара ииҭоит, уи игәаанагара еиликаарц.
15 мин. Абиблиа аҵара аҽазыҟаҵара иуцхраауа амыруга. Ахцәажәара. Иазхьарԥш аӡырҩцәа асаит jw.org аҿы иҟоу ахәҭа «Сара зыгәра зго» (Уахәаԥш агәылаҵа АБИБЛИАТӘ ҴАРАҚӘА > АХБЫЏҚӘА.) Уахцәажәа ари аматериал ухы иархәаны ахбыџқәеи, мамзаргьы урҭ қәрала иреиҳау ҟазарыла Абиблиа дурҵар шулшо. Ишԥаулшо асхемақәа рҿы иҟоу азҵаарақәа ухы иархәаны, Абиблиа зурҵо аиаша игәаҵанӡа анагара? Еиҿкаа ажәабжьҳәаҩ асхема ихы иархәаны Абиблиа зирҵо иҭахрақәа дышрызхәыцуа, насгьы азҵаара бзиақәа шеиҿикаауа аазырԥшуа амонолог. Аҵыхәтәаны зегьы ргәазҭаҵа рырҵаратә ҟазарақәа еиӷьыртәларц, насгьы «аҳалал» рхы иархәаны, Абиблиа здырҵо ауаа ргәаҵанӡа аиашара наргаларц (Ажәам. 20:5).
Ашәа 99, анцәаиҳәара