Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • km 12/14 ад. 2—3
  • Ҟазарыла Абиблиа аҵара шымҩаԥгалатәу

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ҟазарыла Абиблиа аҵара шымҩаԥгалатәу
  • Иԥшьоу ҳмаҵзура 2014
  • Иеиԥшу аматериал
  • Абиблиа зшәырҵо аӡӡаахра аҽазыҟаҵара шәрыцхраала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Шәрыцхраала Абиблиа зшәырҵо аҽӡаахра аҽазыҟаҵара (аҩбатәи ахәҭа)
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Шәрыцхраала Абиблиа зшәырҵо аҽӡаахра аҽазыҟаҵара (актәи ахәҭа)
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • «Убри аҟынтә шәца... аҵаҩцәа азыҟашәҵала»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Шәахәаԥш еиҳаны
Иԥшьоу ҳмаҵзура 2014
km 12/14 ад. 2—3

Ҟазарыла Абиблиа аҵара шымҩаԥгалатәу

1. Иарбан ҭакԥхықәроу ирыду абиблиатә ҵара мҩаԥызго ажәабжьҳәаҩцәа?

1 Аӡәгьы Иегова имаҵ изуам уи Анцәа «ааԥхьара иимҭакәа» (Иоан. 6:44). Ус шакәугьы, абиблиатә ҵара мҩаԥызго ажәабжьҳәаҩцәа дара рганахьала ауаа ирыцхраалароуп жәҩантәи Аб изааигәахара (Иак. 4:8). Уи азы иаҭахуп аҽазыҟаҵара. Абиблиа зҵо ауаҩы ажәабжь еиликаарц, насгьы доуҳала деизҳаларц азы, абзацқәа рыԥхьареи иаагоу азҵаарақәа рықәыргылареи мацара азхаӡом.

2. Лҵшәас иоуазеи ажәабжьҳәаҩ, абиблиатә ҵара ҟазарыла ианымҩаԥиго?

2 Ҟазарыла Абиблиа аҵара амҩаԥгаразы, ажәабжьҳәаҩ ауаа дрыцхраароуп 1) Абиблиа иднарҵо еилыркаарц, 2) Абиблиа иднарҵо рыдыркыларц, насгьы 3) Абиблиа иднарҵо ала инхаларц (Иоан. 3:16; 17:3; Иак. 2:26). Ауаҩы арҭ аетапқәа дырхысырц азы акырымз иҭаххар алшоит. Арҭ аетапқәа — Иегова иҩызахареи уҽизкреи рахь уназго шьаҿақәоуп.

3. Избан аԥышәа змоу арҵаҩцәа Абиблиа здырҵо рхәаԥшышьа деилзыркаауа азҵаарақәа зықәдыргыло?

3 Абиблиа зҵо ихәыцшьа шеилкаатәу. Абиблиа зҵо ауаҩы ииҵо шеиликаауа, насгьы ихы ишаирхәо аилкааразы, уҽазышәала имаҷны ацәажәара, аха иара игәазҭаҵала игәаанагара иҳәаларц (Иак. 1:19). Еиликаауама иара излацәажәо азҵаара аганахьала Абиблиа ахәаԥшышьа? Илшома еилдырго азхәыцра ихатә ажәақәа рыла аиҭаҳәара? Игәы иаанагозеи ари азҵаара аганахьала? Ииашоуп ҳәа иԥхьаӡома иара Абиблиа иаҳнарҵо? (1 Фес. 2:13). Еиликаауама иара иоуа адыррақәа ихы иаирхәалар шакәу? (Кәал. 3:10). Урҭ зегь реилкааразы, иаҭахуп изҵо рхәаԥшышьа уеилзыркаауа азҵаарақәа рықәыргылара, анаҩс рзыӡырҩра (Матф. 16:13—16).

4. Иҟаҵатәузеи, Абиблиа зҵо ицәыцәгьазар идырҵо́ аилкаареи ахархәареи?

4 Лассы-лассы иаҭахуп аамҭа, ауаа ирылаҽны иҟоу рҟазшьақәеи рхәыцшьеи рыԥсахразы (2 Кор. 10:5). Иҟаҵатәузеи, ауаҩы ииҵо идимкылозар, насгьы ихы иаимырхәозар? Иаҭахуп ачҳара аарԥшра, насгьы Анцәа Иажәеи иԥшьоу адоуҳаи ирыҭатәуп аамҭа, урҭ ауаҩы инырырц азы (1 Кор. 3:6, 7; Аур. 4:12). Абиблиа зҵо иқәыӷәӷәара аҭахым. Иара абиблиатә ҵарақәа́ руак изеилымкаазар, мамзаргьы уи ихы иаимырхәозар, еиӷьуп анаҩстәи атемахь ҳаиасыр. Ачҳара аарԥшны, насгьы бзиабарала абиблиатә ҵабырг ирҵара ҳаҿызар, иҟалап иара ԥыҭраамҭак ашьҭахь иаҭаху аԥсахрақәа ҟаиҵар.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра