Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 ианвар ад. 2—7
  • «Убри аҟынтә шәца... аҵаҩцәа азыҟашәҵала»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Убри аҟынтә шәца... аҵаҩцәа азыҟашәҵала»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЗДИҴАДА ИИСУС АҴАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА АУС?
  • АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО ИЕГОВА БЗИА ИБАРА ШӘРЫЦХРААЛА
  • АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО ДОУҲАЛА АИЗҲАРА ШӘРЫЦХРААЛА
  • ИААНЫЖЬТӘУМА АБИБЛИАТӘ ҴАРА?
  • Абиблиа зшәырҵо аӡӡаахра аҽазыҟаҵара шәрыцхраала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Шәрыцхраала Абиблиа зшәырҵо аҽӡаахра аҽазыҟаҵара (актәи ахәҭа)
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Шәрыцхраала Абиблиа зшәырҵо аҽӡаахра аҽазыҟаҵара (аҩбатәи ахәҭа)
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ишԥарылшо аизараҿы зегьы Абиблиа зҵо ауаҩы доуҳала аизҳара ицхраар?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 ианвар ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 1

«Убри аҟынтә шәца... аҵаҩцәа азыҟашәҵала»

2020-ТӘИ АШЫҚӘС ИАЗАЛХУ АБИБЛИАТӘ ЖӘЕИНРААЛА: «Убри аҟынтә шәца... аҵаҩцәа азыҟашәҵала... аӡы иӡаашәхла» (МАТФ. 28:19, АдҾ).

АШӘА 79 Урҭ ахачҳара аарԥшышьа дшәырҵала

АХҲӘААa

1, 2. Иреиҳәазеи амаалықь Иисус идамрахьы инеиз аҳәса, насгьы иарбан дҵоу Иисус ихаҭа урҭ ириҭаз?

ШАРԤАЗЫ, нисан 16, 33 шықәса ҳ. ҳ. аан згәы гәырҩала иҭәыз, насгьы Анцәа бзиа дызбоз аҳәса адамрахьы рҿынархеит. Ҩымш раԥхьа иԥсыз Иисус Христос уи адамра дҭарҵахьан. Урҭ аҳәса зыфҩы хааз аҳаскьынқәеи ахәшеи Иисус ицәеижь иахьыршьырц рҭахын, аха адамра ианазааигәаха ишанхеит, избанзар уи ҭацәын! Амаалықь аҳәса иреиҳәеит Иисус иԥсы шҭалаз, насгьы урҭ раԥхьа Галилеиа дышнеиуа. Анаҩс иациҵеит: «Убраҟа Иара дыжәбоит» (Матф. 28:1—7; Лука 23:56; 24:10).

2 Урҭ аҳәса адамра иаԥырҵны ианца ашьҭахь Иисус ихаҭа дырԥылоит, иагьрыдиҵоит: «Шәцаны Сара сашьцәа ирашәҳәа, Галилеиаҟа ицаразы, уаҟа Сара сырбоит» (Матф. 28:10). Иҟалап Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь зегь раԥхьаӡа акәны еиҿикааз ари аиԥылараҿы иҵаҩцәа даараӡа ихадоу адҵа риҭарц иҭахызҭгьы.

ИЗДИҴАДА ИИСУС АҴАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА АУС?

Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь Галилеиа апостолцәеи иареи анеиқәшәа, «шәца... аҵаҩцәа азыҟашәҵала» ҳәа реиҳәеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 3, 4.)

3, 4. Избан иаҳҳәар зҳалшо Матфеи 28:19, 20 иану адҵа Иисус изиҭаз апостолцәа рымацара ракәӡам ҳәа? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

3 Шәаԥхьа Матфеи 28:16—20b. Иисус еиҿикааз уи аиԥылараҿы далацәажәеит актәи ашәышықәса инаркны иахьа уажәраанӡа иҵаҩцәа инарыгӡалар рыхәҭоу аус хада. Иара иҳәеит: «Убри аҟынтә шәца, ажәларқәа зегьы рҿы аҵаҩцәа азыҟашәҵала... идшәырҵала ишәыдысҵаз зегьы ирықәныҟәаларазы».

4 Иисус иҭахын иҵаҩцәа зегьы ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәаларц. Иара уи адҵа зиҭаз изиашаз 11-ҩык иапостолцәа рымацара ракәӡам. Иабантәиаадыруеи уи? Иисус галилеиатәи ашьхаҿы еиҿикааз аиԥылараҿы аҵаҩцәа разыҟаҵаразы адҵа аныҟаиҵаз, еизаз апостолцәа рымацара ракәӡамызт. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Ишәгәалашәыршәа амаалықь аҳәса иреиҳәаз: «Убраҟа [Галилеиа] Иара дыжәбоит». Ус анакәха, Анцәа изиашаз урҭ аҳәсагьы уи аиԥылараҿы иҟан. Аха уа иҟан даҽа шьоукгьы. Апостол Павел иҳәеит Иисус «зхыԥхьаӡара хәышәҩык иреиҳаз аишьцәа дрызцәырҵит» ҳәа (1 Кор. 15:6). Иаба?

5. Иҳаилнаркаауазеи 1 Коринфаа рахь 15:6 иану?

5 Агәра ганы иаҳҳәар ҳалшоит 1 Коринфаа рахь 15:6 аҿы Павел зыӡбахә имаз Матфеи 28-тәи ахаҿы иану Иисус Галилеиа еиҿикааз аиԥылара шакәу. Избан? Актәи, Иисус иҵаҩцәа реиҳараҩык Галилеиа инхон. Убри аҟынтә Галилеиа ашьхаҿы ауаа рацәа реизгара еиҳа имариан, Иерусалим иҟаз ҩнык аҿы аасҭа. Аҩбатәи, Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь Иерусалим ҩнык аҿы еизаз 11-ҩык изиашаз иапостолцәа рахь днеихьан. Ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи апостолцәа рымацара ирыдиҵарц иҭахызҭгьы, иара уи Иерусалим иҟаиҵон, насгьы апостолцәеи, аҳәсеи, егьырҭ аҵаҩцәеи Галилеиаҟа ицарц реиҳәомызт (Лука 24:33, 36).

6. Ишԥаҳнарбо Матфеи 28:20 иану аҵаҩцәа разыҟаҵара иахьагьы ишаҭаху, насгьы ишԥанаӡо ари адҵа иахьа?

6 Ҳазхәыцып ахԥатәи амзыз. Иисус аҵаҩцәа разыҟаҵаразы адҵа зиҭаз актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа рымацара ракәӡам. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Иисус аҵыхәтәаны иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Сара шәарҭ ари адунеи аҿҳәара нҵәаанӡа сшәыцҟоуп» (Матф. 28:20). Иисус ишиҳәаз еиԥш иахьа аҵаҩцәа азыҟазҵо рхыԥхьаӡара даараӡа ирацәоуп. Шәазхәыц, есышықәса 300 000-ҩык инарзынаԥшуа Иегова ишаҳаҭцәа реиԥш аӡы рыҽӡаархуеит, насгьы Иисус иҵаҩцәаны иҟалоит!

Ҳара иаҳҭахуп Абиблиа зҳарҵо Христос иҵаҩцәа ракәны аҟалара ҳрыцхраарц

Иҳацхраауазеи аҵаҩцәа разыҟаҵараҿы ҳҟазара аиӷьтәра?

7. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы, насгьы избан?

7 Абиблиа ҭызҵаауа аӡәырҩы доуҳала еизҳауеит, аӡгьы рыҽӡаархуеит. Аха шьоукы уи аҟаҵара иахыццакуам. Дара Абиблиа аҵара ргәаԥхоит, аха аӡы рыҽӡаархыртә еиԥш еизҳауам. Шәара аӡәы Абиблиа ишәырҵозар, ҳәарада, уи еиликаауа ихы иаирхәаларц, насгьы Христос иҵаҩны дҟаларц азы шәицхраарц шәҭахуп. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Абиблиа зҳарҵо доуҳала аизҳареи Иегова бзиа ибареи ҳрыцхраар шҳалшо. Избан ари азҵаара ҳзалацәажәо? Избанзар зны-зынла абиблиатә ҵара ааныжьтәу-ианыжьтәыму ӡбатәыс иҳаур алшоит.

АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО ИЕГОВА БЗИА ИБАРА ШӘРЫЦХРААЛА

8. Избан ауаҩы Иегова иахь абзиабара илааӡара мариамхар залшо?

8 Иегова иҭахуп бзиа дбаны имаҵ ҳауларц. Убри аҟынтә ҳара Абиблиа зҳарҵо ауаҩы ҳицхраар ауп Иегова хаҭала иара дышиеиҷаҳауа, насгьы иӷәӷәаны бзиа дшибо аилкаара. Ҳара иаҳҭахуп Абиблиа зҳарҵо еилыркаарц: Иегова «аиаҭыми иеибоуи дрыцхраауеит» (Аԥсал. 146:9). Абиблиа зҳарҵо ауаҩы Анцәа иара шаҟа иӷәӷәаны бзиа дибо анеиликаалак, Анцәа иахь ибзиабара еиҳа еизҳалоит. Аха Абиблиа зҵо шьоукы ирцәыцәгьоуп Иегова абзиабара злоу Аб иеиԥш бзиа ибара, избанзар рабацәа дара рахь абзиабара аадырԥшуамызт (2 Тим. 3:1, 3). Убри аҟынтә ауаҩы Абиблиа анишәырҵо, шәырзааҭгылала Иегова иҟазшьа ссирқәа. Иеилшәыркаа бзиа ҳазбо Ҳанцәа иара наунагӡатәи аԥсҭазаара ииҭарц шиҭаху, насгьы ицхраара дшазхиоу. Иҟашәҵар шәылшозеи иҵегьы?

9, 10. Иарбан шәҟәқәоу ҳхы иаҳархәалар ҳахәҭоу абиблиатә ҵара амҩаԥгаразы, насгьы избан?

9 Шәхы иашәырхәала ашәҟәқәа «Иаҳнарҵозеи Абиблиа?», насгьы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз». Арҭ ашәҟәқәа ҳацхраауеит Абиблиа зҳарҵо ауаҩы аҵабырг игәаҵанӡа анагара. Иаҳҳәап, ашәҟәы «Иаҳнарҵозеи Абиблиа?» актәи ахаҿы абарҭ азҵаарақәа рҭак ануп: «Бзиа ҳаибома Анцәа?», «Дышԥарзыҟоу Анцәа ауаа ргәаҟрақәа?», «Ишәылшома Иегова шәиҩызахар?». Ашәҟәы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз» Абиблиа зҵо инарбоит абиблиатә принципқәа рхархәара иԥсҭазаара шеиӷьнатәуа, насгьы Иегова изааигәахара ишицхраауа. Арҭ ашәҟәқәа рыцхыраарала аӡәы Абиблиа ишәырҵахьазаргьы, шәара ишәыхәҭоуп имҩаԥыжәго абиблиатә ҵара дасу иҭахрақәа инарықәыршәаны аҽазыҟаҵара.

10 Шәхаҿы иаажәг: Абиблиа зшәырҵо ауаҩы зҵаарак изцәырҵит, аха уи аҭак зну апубликациа Арҵаразы амыругақәа рахь иаҵанакӡом. Иҟалап шәара уи апубликациа иара ихала даԥхьарц игәазҭашәҵар, усҟан ашәҟәы «Иаҳнарҵозеи Абиблиа?» ма «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз» ала имҩаԥыжәго абиблиатә ҵара иацышәҵар шәылшоит.

Абиблиатә ҵара шәаналаго Анцәа шәиҳәала (Шәахәаԥш абзац 11.)

11. Ианбаҳахәҭоу абиблиатә ҵара Анцәа иҳәарала алагареи ахыркәшареи, насгьы ишԥаҳалшо ауаҩы уи даара ишхадоу иеилыркаара?

11 Абиблиатә ҵара Анцәа иҳәарала шәалагала. Ибзиоуп абиблиатә ҵара иахьынӡалшо заа анцәаиҳәарала ҳалагалар, насгьы ихҳаркәшалар. Ҳара Абиблиа зҳарҵо иеилҳаркаар ҳалшоит Анцәа идоуҳамч ацхыраара ада Анцәа Иажәа шаҳзеилымкаауа. Абиблиа зҵо Анцәа иҳәара заҭаху аилкаара ицхраарц азы шьоукы Иаков 1:5 иану изаԥхьоит: «Шәыбжьара аҟәыӷара згу аӡәыр дыҟазар, Анцәа диҳәааит уи аиоуразы». Анаҩс иазҵаауеит: «Иҟаҳҵар акәзеи аҟәыӷара ҳаурц ҳҭахызар?» Иҟалап Абиблиа зҵо ауаҩы дақәшаҳаҭхар Анцәа иҳәара шаҭаху.

12. Шәхы иашәырхәар шԥашәылшо Аԥсалом 139:2—4 иану, Абиблиа зшәырҵо игәы иҭоу зегьы Анцәа изеиҭаҳәара игәазҭашәҵарц азы?

12 Абиблиа зшәырҵо Анцәа иҳәашьа дшәырҵала. Агәра дшәырга Иегова шиҭаху ргәы иҭоу изеиҭарҳәаларц. Идеилшәыркаа Иегова ҳгәы иҭоу зегьы, уаҳа аӡәы иҳазиамҳәогьы, иаҳҳәалар шҳалшо. Иегова уеизгьы ҳгәы иҭоу зегь ибоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 139:2—4.) Иара убас Абиблиа зҳарҵо ргәазҭаҳҵалар ҳалшоит ииашам ахәыцшьеи иҽеим ашьцыларақәеи аанрыжьырц азы Анцәа иҳәаларц. Иаҳҳәап, Абиблиа зҳарҵо аӡәы ари адунеи аҿы иазгәарҭо ныҳәак игәаԥхоит. Иара идыруеит уи аныҳәа шҽеим, аха уеизгьы бзиа ибоит. Игәазҭашәҵа игәы аартны Анцәа зегь изеиҭеиҳәарц, насгьы Анцәа бзиа иибо мацара бзиа ибаларц азы диҳәаларц (Аԥсал. 97:10).

Абиблиа зшәырҵо аизарахь ааԥхьара ишәҭ (Шәахәаԥш абзац 13.)

13. а) Избан Абиблиа зҳарҵо иахьынӡалшо заа аизарахь иааԥхьара зҳахәҭоу? б) Иҟаҳҵар ҳалшозеи Абиблиа зҳарҵо аизараҿы рыҩны иҟоушәа рбаларц азы?

13 Абиблиа зшәырҵо иахьынӡалшо заа аизарақәа рҭаара далагарц игәазҭашәҵа. Иара ақьырсиантә еизараҿы иибо Иегова имаҵ аура игәазҭанаҵар алшоит, насгьы доуҳала аизҳара ицхраауеит. Ишәырба ауаҩы авидеонҵамҭа «Иҟарҵозеи Аҳратә зал аҿы?», анаҩс аизарахь дшәыццарц идыжәгал. Ишәылшозар, машьынала дыжәга. Ибзиоуп абиблиатә ҵарахьы еиуеиԥшым ажәабжьҳәаҩцәа нажәгалар. Избанзар усҟан Абиблиа зшәырҵо ауаҩы аизараҿы иидырқәо ҟалоит. Уи абзоурала аизарахь даннеилак иҩны дыҟоушәа ибар алшоит.

АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО ДОУҲАЛА АИЗҲАРА ШӘРЫЦХРААЛА

14. Игәазҭазҵозеи ауаҩы доуҳала аизҳара?

14 Ҳара хықәкыс иҳамоу Абиблиа зҳарҵо доуҳала аизҳара ҳицхраарц ауп (Еф. 4:13). Аӡәы раԥхьа Абиблиа аҵара даналаго, еиҳарак дзызхәыцуа уи ихаҭа хәарҭас изаанаго ауп. Аха Иегова иахь ибзиабара еизҳацыԥхьаӡа, иара дазхәыцуа далагоит егьырҭ дрыцхраалар шилшо, аизараҿы иҟоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи уахь иналаҵаны (Матф. 22:37—39). Шәыԥхамшьан ианаалоу аамҭазы ауаҩы иаҳәара Аҳра аус ԥарала ҳацхраалар шҳалшо.

Абиблиа зшәырҵо ауадаҩрақәа ииашаны рыӡбашьа ишәырҵала (Шәахәаԥш абзац 15.)

15. Ишԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо ауадаҩрақәа ииашаны рыӡбара ҳицхраар?

15 Абиблиа зшәырҵо ауадаҩрақәа рыӡбашьа ишәырҵала. Иаҳҳәап, Абиблиа зшәырҵо ауаҩы иӡаахым жәабжьҳәаҩыс амаҵ иуеит. Иара ишәеиҳәоит аизараҿы игәы шидырхьыз. Иган аанкылара аҭыԥан, изиеилшәмыркаарызеи Иԥшьоу Аҩыра инақәыршәаны иҟаиҵар ихәҭоу? Иара игәы нзырхаз игха ианаижьыр, насгьы иҟалаз ихеиршҭыр илшоит, аха ус аҟаҵара илымшозар, игәы нзырхаз иашьа дирҳарц азы хаалеи қьиаралеи диацәажәароуп. (Иаҿшәырԥш Матфеи 18:15.) Шәицхраа ииҳәаша еиқәиршәарц. Ишәырба JW Library®, «Путеводитель по публикациям Свидетелей Иеговы», насгьы асаит jw.org® ихы иаирхәар шилшо, дзықәшәаз ауадаҩра шиӡбаша еиликаарц азы. Аӡы иҽӡааихаанӡа аишьцәеи иареи рыбжьара ицәырҵуа ауадаҩрақәа рыӡбашьа иҵар, аӡы иҽанӡааихлак ашьҭахь еиҳа изымариахоит аизараҿы аизыҟазаашьа бзиақәа реизырҳара.

16. Изыбзиоузеи абиблиатә ҵара амҩаԥгарахь еиуеиԥшым аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рааԥхьара?

16 Иаашәыԥхьала абиблиатә ҵарахьы еиуеиԥшым аишьцәеи аиаҳәшьцәеи, насгьы араионтә хылаԥшҩы, уи шәеизара данаҭаауа. Избан? Хыхь зыӡбахә ҳәаз амзызқәа рыдагьы, еиуеиԥшым аишьцәеи аиаҳәшьцәеи Абиблиа зшәырҵо ауаҩы ирҭар алшоит шәара ишәызимҭо ацхыраара. Иаҳҳәап, иара аҭаҭын ахара даҟәыҵырц иҭахуп, зныкымкәа уи иҽазишәахьеит, аха илымшеит. Даашәыԥхьа абиблиатә ҵарахьы аҭаҭын ахара казыжьыз, аха уи аҟаҵара даараӡа изцәыцәгьаз ажәабжьҳәаҩ. Иара Абиблиа зшәырҵо ауаҩы ииҭар илшоит ицхраауа алабжьара бзиа. Аԥышәа ду змоу ажәабжьҳәаҩ иҿаԥхьа абиблиатә ҵара амҩаԥгара шәацәыԥхашьозар, шәиҳәа иара имҩаԥигарц. Абиблиатә ҵарахьы егьырҭ анаашәыԥхьо, Абиблиа зшәырҵо урҭ ирымоу аԥышәа рҿиҵаалар илшоит. Ишәхашәмыршҭлан хықәкыс иҳамоу Абиблиа зҳарҵо доуҳала деизҳалартә еиԥш ицхраара шакәу.

ИААНЫЖЬТӘУМА АБИБЛИАТӘ ҴАРА?

17, 18. Шәзызхәыцыр шәыхәҭоузеи абиблиатә ҵара ааншәыжьру-иааншәмыжьру анышәыӡбо?

17 Абиблиа зшәырҵо доуҳала деизымҳауазар, шәхы шәазҵаауазар ауеит: «Иаансыжьрыма абиблиатә ҵара?» Аха аӡбара шәыдышәкылаанӡа ауаҩы иҭагылазаашьеи илшарақәеи ирызхәыцтәуп, избанзар зегь доуҳала еиԥшны еизҳауам. Шәхы шәазҵаа: «Илшо зегь ҟаиҵома Абиблиа зсырҵо доуҳала деизҳаларц азы?» Иара баша дӡырҩуоу, мамзаргьы еиликаауа ихы иаирхәоу? (Матф. 28:20). Абиблиа зҵо ирласны деизымҳауазар алшоит, аха иԥсҭазаараҿы хәыҷы-хәыҷла аԥсахрақәа ҟаиҵалароуп.

18 Аха иҟаҵатәузеи Абиблиа зшәырҵо уи иара изы ишхадоу ааимырԥшуазар? Ҳахәаԥшып ҿырԥштәык: Абиблиа зшәырҵоз ауаҩы ашәҟәы «Иаҳнарҵозеи Абиблиа?» дахысит, уи инеиҳангьы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз» захьӡу ашәҟәгьы далагахьеит, аха зныкгьы аизарахь дымнеиӡеит, Христос иԥсра агәаларшәара ахәылԥаз ахьҵәҟьагьы! Уи адагьы иара абиблиатә ҵарақәа амзыз аныҟамгьы ибжьаижьуеит. Ус акәзар, Абиблиа зшәырҵо гәаартыла шәиацәажәар бзиоупc.

19. Иашәҳәар шәылшозеи Абиблиа зшәырҵо ауаҩы ашьаҿақәа ҟаимҵошәа жәбозар, насгьы шәзызхәыцыр шәыхәҭоузеи?

19 Раԥхьа Абиблиа зшәырҵо ауаҩы шәиазҵаар шәылшоит: «Еиҳарак иуԥырхагозеи Иегова ишаҳаҭны аҟалара?» Иара ҭакс иҳәар ауеит: «Сара Абиблиа аҵара сгәаԥхоит, аха Иегова ишаҳаҭны сҟаларц сҭахӡам!» Ауаҩы Абиблиа ишәырҵоижьҭеи ԥыҭк ҵуазар, аха иара абас дхәыцуазар, иаԥсоума анаҩсгьы Абиблиа ирҵара? Даҽа ганкахьалагьы, ааигәа Абиблиа аҵара иалагаз ауаҩы иҳәар ауеит ашьаҿақәа рыҟаҵара иԥырхагоу. Иаҳҳәап, иара ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара илшом ҳәа игәы иаанагозар ауеит. Ауаҩы игәы иҭоу аныжәдырлак ицхраара еиҳа ишәзымариахоит.

Абиблиа зшәырҵо ашьаҿақәа ҟаимҵозар, баша шәаамҭа нышәымхлан (Шәахәаԥш абзац 20.)

20. Ишԥаҳацхраауеи Аусқәа 13:48 ауаҩы Абиблиа ирҵара иаԥсоу-иаԥсаму аилкаара?

20 Илахьеиқәҵагоуп, аха Абиблиа зҵо шьоукы Иезекииль ихаан инхоз ауриацәа иреиԥшуп. Абар урҭ ирызкны Иегова Иезекииль иеиҳәаз: «Абар, уара дара рзы абзиабара ашәа уаҩызоуп, зыбжьы ԥшӡоу, насгьы арахәыцтә рҳәага ирԥшӡаны иазырҳәо уиҩызоуп. Урҭ уажәақәа раҳауеит, аха аӡәгьы инаигӡом» (Иез. 33:32). Иҟалап ҳара иаҳцәыцәгьазар ауаҩы Абиблиа ирҵара ҳшаҟәыҵуа иаҳәара. Аха «иаанхаз аамҭа маҷуп» (1 Кор. 7:29). Ашьаҿақәа ҟазымҵо ауаҩы аамҭа иқәырӡра аҭыԥан, еиӷьуп «наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго аҵабырг аилкаара» зҭаху ауаа ҳаԥшаалар. (Шәаԥхьа Аусқәа 13:48d.)

Шәахьынхо аҭыԥ аҿы ацхырааразы Анцәа иҳәо егьырҭ ауаа ыҟазар алшоит (Шәахәаԥш абзац 20.)

21. Иарбан библиатә жәеинраалоу 2020-тәи ашықәс иазалху, насгьы хәарҭас иаҳзаанагозеи уи?

21 2020-тәи ашықәс иазалху ажәеинраала ҳгәазҭанаҵалоит аҵаҩцәа разыҟаҵараҿы ҳҟазара аиӷьтәра. Уи Иисус галилеиатәи ашьхаҿы еиҿикааз акрызҵазкуаз аиԥылараҿы ииҳәаз ажәақәа роуп: «Убри аҟынтә шәца... аҵаҩцәа азыҟашәҵала... аӡы иӡаашәхла» (Матф. 28:19, АдҾ).

Ҳара иаҳҭахуп аҵаҩцәа разыҟаҵара аус аҿы ҳҟазара еиӷьаҳтәларц, насгьы Абиблиа зҳарҵо ауаа аӡы аҽӡаахра ҳрыцхрааларц (Шәахәаԥш абзац 21.)

ИШӘГӘАЛАШӘОМА ШӘАРА?

  • Избан Абиблиа зҳарҵо Иегова иахь абзиабара аизырҳара ҳрыцхраалар зҳахәҭоу, насгьы ишԥаҳалшо уи аҟаҵара?

  • Ишԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо доуҳала аизҳара ҳрыцхраар?

  • Ҳзызхәыцыр ҳахәҭоузеи ауаҩы Абиблиа ирҵара иаҟәыҵтәу-иаҟәыҵтәыму анаҳаӡбо?

АШӘА 70 Иаԥсоу шәыԥшаала

a 2020-тәи ашықәс иазалху абиблиатә жәеинраала аҵаҩцәа разыҟаҵара ҳгәазҭанаҵоит. Ари адҵа Иегова имаҵзуҩцәа зегьы инарыгӡалароуп. Иҟаҳҵар ҳалшозеи Абиблиа зҳарҵо Христос иҵаҩцәаны аҟалара ргәазҭаҳҵарц азы? Ари астатиа иаҳнарбоит Абиблиа зҳарҵо Иегова изааигәахарц азы ҳрыцхраар шҳалшо. Иара убас еилҳаргоит ауаҩы анаҩсгьы Абиблиа ирҵара иаԥсоу-иаԥсаму аӡбара иҳацхраауа.

b Матфеи 28:19 (АдҾ): «Убри аҟынтә шәца, ажәларқәа зегьы рҿы аҵаҩцәа азыҟашәҵала, Аби, Аԥеи, иԥшьоу адоуҳаи рыхьӡала аӡы иӡаашәхла».

c Шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Алҵшәа змам абиблиатә ҵарақәа аанҳажьуеит» JW Broadcasting® аҿы.

d Аусқәа 13:48 (АдҾ): «Ари заҳаз егьырҭ ажәларқәа рҟынтә ауаа гәырӷьеит, Иегова иажәа арҳаракрагьы иалагеит, наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго аҵабырг аилкаара зҭахыз ауаа зегьы Анцәа дхарҵеит».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра