Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 октиабр ад. 6—12
  • Шәрыцхраала Абиблиа зшәырҵо аҽӡаахра аҽазыҟаҵара (актәи ахәҭа)

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шәрыцхраала Абиблиа зшәырҵо аҽӡаахра аҽазыҟаҵара (актәи ахәҭа)
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АБИБЛИАТӘ ҴАРА ЕСЫМЧЫБЖЬА ИМҨАԤЫЖӘГАЛА
  • АБИБЛИАТӘ ҴАРА ЕСНАГЬ ШӘҼАЗЫҞАШӘҴАЛА
  • ЕСЫҼНЫ АНЦӘА ДИАЦӘАЖӘАЛАРЦ ИГӘАЗҬАШӘҴА
  • ИЕГОВА ИҨЫЗАХАРА ШӘИЦХРАА
  • АИЗАРАҚӘА РҬААРА ДАЛАГАРЦ ИГӘАЗҬАШӘҴА
  • Шәрыцхраала Абиблиа зшәырҵо аҽӡаахра аҽазыҟаҵара (аҩбатәи ахәҭа)
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Абиблиа зшәырҵо аӡӡаахра аҽазыҟаҵара шәрыцхраала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ишԥарылшо аизараҿы зегьы Абиблиа зҵо ауаҩы доуҳала аизҳара ицхраар?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • «Убри аҟынтә шәца... аҵаҩцәа азыҟашәҵала»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 октиабр ад. 6—12

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 41

Шәрыцхраала Абиблиа зшәырҵо аҽӡаахра аҽазыҟаҵара (актәи ахәҭа)

«Зегьы еицырбарҭоуп шәара... Христос ишәҟәык шәшаҩызоу, уи ҩуп ҳара имҩаԥаҳго маҵурала» (2 КОР. 3:3).

АШӘА 78 Анцәа Иажәа дҳарҵоит

АХҲӘААa

Аишьцәеи аиҳәшьцәеи реизараҿы доуҳала изызҳауаз ауаҩы лыҽӡаалхуеит. Дара ргәырӷьара ҳәаа амам. (Шәахәаԥш абзац 1.)

1. Ишԥаҳдырбо 2 Коринфаа рахь 3:1—3 иану ажәақәа ауаҩы Абиблиа ирҵара, анаҩс уи иҽшӡааихуа абара шҳамҭа дуу? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

ИАРБАН цәаныррақәоу ишәызцәырҵуа шәеизарахь иныҟәо Абиблиа зҵо ауаҩы аӡы иҽшӡааихуа аныжәбо? Ҳәарада, уи даара шәаргәырӷьоит! (Матф. 28:19). Абиблиа аҭҵаара ицхраауа шәара шәакәзар, шәгәы еиҳагьы иҭгәырӷьаауеит! (1 Фес. 2:19, 20). Иара доуҳала дахьеизҳаз, насгьы аӡы иҽахьӡааихыз иаанарԥшуеит уи ауаҩы шәицхраарц азы аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәареи шәхы шәамеигӡакәа аџьабаа шыжәбоз, насгьы шәмаҵзура ибзианы ишынашәыгӡо. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 3:1—3.)

2. а) Иарбан ихадоу зҵаароу ҳзызхәыцыр ҳахәҭоу, насгьы избан? б) Иаанагозеи абиблиатә ҵара амҩаԥгара? (Шәахәаԥш албаага.)

2 Иҳаҩсыз ԥшьышықәса рыҩныҵҟа адунеи ахьынӡанаӡааӡо есымза Абиблиа зҵозb рхыԥхьаӡара 10 000 000 рҟынҵа инаӡон. Иара убас урҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа есышықәса 280 000-ҩык инареиҳаны Иегова ишаҳаҭцәа раҳасабала аӡы рыҽӡаархуан. Убас ала даргьы Христос иҵаҩцәа ракәны иҟалеит. Ҳрыцхраар шԥаҳалшо миллионҩыла Абиблиа ҭызҵаауа, аха макьана зыҽӡаазымхыц уи ихадоу ашьаҿа аҟаҵара? Иегова ауаа имаҵ аура иалагарц азы макьана алшара риҭоит, убри аҟынтә ҳара иаҳҭахуп аамҭа мгакәа ауаҩы аҽӡаахра дазыҟаҳҵар. Иаанхаз аамҭа маҷуп! (1 Кор. 7:29а; 1 Пиотр 4:7).

3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы абиблиатә ҵара шымҩаԥгалатәу иазкны?

3 Аҵаҩцәа разыҟаҵара аус хырԥашьа амам. Убри аҟынтә Анапхгаратә хеилак еиуеиԥшым атәылақәа рҿы иҟоу афилиалқәа еилыркаарц ирыҳәеит аишьцәеи аиҳәшьцәеи Абиблиа здырҵо аҽӡаахра ргәазҭарҵарц азы иҟаҵатәу. Ари, насгьы анаҩстәи астатиақәа рҟынтә ҳара еилаҳкаауеит еиуеиԥшым атәылақәа рҿы инхо аԥышәа змоу апионерцәеи, амиссионерцәеи, араионтә хылаԥшыҩцәеи ирҿаҳҵаар ҳалшо (Ажәам. 11:14; 15:22)c. Арҭ астатиақәа иаҳдырбоит Абиблиа зҵо, иара убас уи изырҵо иҟарҵалар рылшо уи ауаҩы ахәарҭа изаанагарц азы. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Абиблиа аҵара иаҿу ауаҩы аҽӡаахра иҽазыҟаиҵарц азы иҟаиҵалар ихәҭоу хә-шьаҿак.

АБИБЛИАТӘ ҴАРА ЕСЫМЧЫБЖЬА ИМҨАԤЫЖӘГАЛА

Шәиазҵаа ауаҩы џьара шәнатәаны шәеицәажәара иацышәҵар шәылшома ҳәа. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 4—6.)

4. Ҳзызхәыцыр ҳахәҭоузеи ауаҩы иҩнашә аԥхьа абиблиатә ҵара изымҩаԥаҳгозар?

4 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы абиблиатә ҵара ауаҩы иҩнашә аԥхьа имҩаԥыргоит. Ҳәарада, уи ауаҩы иааирԥшыз аинтерес аизырҳаразы лшара бзиоуп, аха лассы-лассы урҭ аиҿцәажәарақәа кьаҿцәоуп, насгьы есымчыбжьа имҩаԥысӡом. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы ҿыц Абиблиа аҵара иалагаз имоу аинтерес еиздырҳарц азы иҭел аномер иазҵаауеит. Анаҩс Абиблиа анҭырымҵаауа амшқәа рзгьы ауаҩы изасны иааркьаҿны Абиблиа аҟынтә зхәыцрак изеиҭарҳәоит ма изанырҵоит. Ауаҩы абас еиԥш мызла ҳиацәажәалар ҳалшоит, аха иҳацхраауама уи алҵшәа аазго абиблиатә ҵара алагара? Деизҳалома ауаҩы доуҳала, насгьы иҭаххома иԥсҭазаара Анцәа изкны иҽӡааихырц, уи азы уаҳа акгьы ҟаимҵозар?

5. Ииҳәазеи Иисус Лука 14:28—33 аҿы, насгьы ишԥаҳацхраауеи уи аҵаҩцәа разыҟаҵара аус аҿы?

5 Иисус иҭахын ауаа ирдыруазарц иҵаҩцәаны иҟаларц азы иҟарҵар рыхәҭаз. Убри азы уи аилкаара ирыцхраауаз ҩ-ҿырԥштәык ааигеит. Иара ҿырԥштәыс дааигеит абааш зыргыларц зҭахыз ауаҩы, иара убас еибашьра ицарц зҭахыз аҳ. Абааш аргылара згәы иҭаз ауаҩы изкны Иисус иҳәеит «даатәаны уи аргылара заҟа агаша, имч ақәхауа иақәымхауа» дазхәыцааит ҳәа. Аҳ изкны иҳәеит даатәаны егьырҭ дразҵааит ир аибашьра рымч ақәхоу-иақәымхоу ҳәа. (Шәаԥхьа Лука 14:28—33.) Убас еиԥшҵәҟьа Иисус иҵаҩны аҟалара зҭаху ауаҩы иҟаиҵар ихәҭоу ибзиаӡаны дазхәыцыр ауп. Абиблиа зҳарҵо уи азхәыцра ҳрыцхраар ҳалшоит абиблиатә ҵара есымчыбжьа имҩаԥаҳгаларц ргәазҭаҳҵалар. Ишԥа?

6. Иҟаҳҵар ҳалшозеи ауаҩы доуҳала аизҳара ҳицхраарц азы?

6 Раԥхьа шәҽазышәшәа ауаҩы иҩнашә аԥхьа имҩаԥыжәго аҵарақәа еиҳаны аамҭа рызкра. Иҟалап шәара ишәылшар Абиблиа аҟынтә жәеинраалак аҭыԥан ҩ-жәеинраалак реилыргара. Ауаҩы еиҳаны иацәажәара шәахьалагаз данашьцылалак ашьҭахь шәиазҵаа џьара шәнатәаны шәеицәажәара иацышәҵар шәылшома ҳәа. Иҭак ишәнарбоит иара изы абиблиатә ҵара хадоу-ихадаму. Анаҩс доуҳала еиҳа ирласны аизҳара шәицхраарц азы шәиазҵаа мчыбжьык ахь ҩынтә аҭҵаара дазхиоу-дазхиаму. Аха ауаҩы аҽӡаахра игәазҭашәҵарц азы уи мацара азхаӡом.

АБИБЛИАТӘ ҴАРА ЕСНАГЬ ШӘҼАЗЫҞАШӘҴАЛА

Абиблиатә ҵарақәа ибзианы шәҽырзыҟашәҵала, ауаҩгьы иҽшазыҟаиҵалаша ишәырба (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7—9.)

7. Ишԥашәылшо абиблиатә ҵарақәа ибзианы рҽырзыҟаҵара?

7 Арҵаҩ иаҳасабала, шәара еснагь абиблиатә ҵарақәа ибзианы шәҽырзыҟашәҵалароуп. Раԥхьа шәызхысуа аматериал, насгьы уа иаагоу ажәеинраалақәа зегьы шәрыԥхьа. Анаҩс ихадоу азхәыцрақәа алшәкаа. Шәазхәыц аурок ахы, шәрызхәыц ахеиҵақәа, азҵаарақәа, «шәаԥхьа» ҳәа иалкаау ажәеинраалақәа, асахьақәа, иара убас атема еиӷьны иуеилзыркаауа авидеонҵамҭақәа. Уажәшьҭа шәазхәыц шәзыԥхьаз Абиблиа зшәырҵо ирмарианы ишизеиҭашәҳәаша, иара зегь ибзианы еиликаарц, насгьы ахархәара далагарц азы (Неем. 8:8; Ажәам. 15:28а).

8. Ииҳәазеи Павел Кәаласаа рахь 1:9, 10 рҿы, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?

8 Иара убас абиблиатә ҵара шәҽаназыҟашәҵо, уи зшәырҵо изы Иегова шәиҳәала. Шәиҳәала Абиблиа иану ауаҩы игәаҵанӡа анагара дшәыцхраарц. (Шәаԥхьа Кәаласаа рахь 1:9, 10.) Шәазхәыц, иҟоума Абиблиа зшәырҵо ауаҩы зеилкаара ицәыцәгьахар алшо, ма дзықәшаҳаҭымхар ауа акы. Ишәхашәмыршҭлан хықәкыс ишәымоу ауаҩы аҽӡаахра иазыҟаҵара шакәу.

9. Ишԥашәылшо Абиблиа зшәырҵо аҽазыҟаҵара шәицхраар? Иҳаилшәыркаа.

9 Ҳара ҳақәгәыӷуеит Абиблиа зҳарҵо ауаҩы иааиԥмырҟьаӡакәа уи ахьҭиҵаауа абзоурала Иеговеи Иисуси иара изы иҟарҵаз ахә ашьара далагоит ҳәа, насгьы еиҳаны еиликаарц иҭаххоит ҳәа (Матф. 5:3, 6). Ауаҩы абиблиатә ҵара ахәарҭа изаанагарц азы еиликаауа ихы азишьҭлароуп. Уи аҟаҵара шәицхраарц азы иеилшәыркаа шаҟа ихадоу абиблиатә ҵара еснагь иҽазыҟаиҵаларц, насгьы дзыԥхьо ихы ишаирхәаша дазхәыцларц игәазҭашәҵала. Ишәырба ауаҩы иҽазыҟаиҵалар шилшоd. Уи азы иареи шәареи хык шәҽеицазыҟашәҵар шәылшоит. Ишәырба азҵаара аҭак абзац аҿы иԥшаар шилшо, насгьы иеилшәыркаа ихадоу ажәақәа аликаалар уи аҭак агәынкылара ишицхраауа. Анаҩс шәиҳәа азҵаара аҭак иажәақәа рыла иҳәарц. Уи аматериал шаҟа ибзианы еиликааз шәнарбоит. Шәицхраар шԥашәылшо еиҭа Абиблиа зшәырҵо?

ЕСЫҼНЫ АНЦӘА ДИАЦӘАЖӘАЛАРЦ ИГӘАЗҬАШӘҴА

Абиблиа зшәырҵо Анцәа иҳәашьа ишәырҵа. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)

10. Избан есыҽны Абиблиа аԥхьара зхадоу? Иҟаиҵалар акәзеи ауаҩы уи ахәарҭа изаанагаларц азы?

10 Ауаҩы есымчыбжьа Абиблиа ахьишәырҵо даараӡа ибзиоуп, аха иаргьы есыҽны ак ҟаиҵалароуп. Иара Иегова дизыӡырҩлароуп, насгьы диацәажәалароуп. Иара Анцәа дизыӡырҩлар илшоит есыҽны Абиблиа даԥхьалар (Иис. Н. 1:8; Аԥсал. 1:1—3). Ишәырба асаит jw.org аҿы иҟоу «Абиблиа аԥхьара аплан»e ихы иаирхәар шилшо. Абиблиа аԥхьара ахәарҭа изаанагаларц азы игәазҭашәҵала дзыԥхьо Иегова изкны иеилнаркаауа, насгьы еиликааз иԥсҭазаараҿы ихы иаирхәалар шилшо дазхәыцларц (Аус. 17:11; Иак. 1:25)

11. Ишԥаҳалшо ауаҩы Анцәа иҳәашьа иҳарҵар? Изаҭахузеи лассы-лассы Иегова иҳәара?

11 Игәазҭашәҵа Абиблиа зшәырҵо ауаҩы есыҽны Анцәа диҳәаларц. Абиблиатә ҵара шәалагаанӡа, насгьы уи анхшәыркәшо гәык-ԥсыкала Анцәа шәиҳәала, шәиҳәала Анцәа Абиблиа зшәырҵо дицхрааларц азгьы. Шәара Анцәа шәышиҳәо ахьиаҳауа абзоурала иара гәык-ԥсыкала Анцәа иҳәашьа иҵоит, насгьы еиликаауеит Иегова Иисус Христос ихьӡала диҳәалар шихәҭоу (Матф. 6:9; Иоанн 15:16). Шәхаҿы иаажәг ауаҩы есыҽны Абиблиа дахьаԥхьо (Иегова ииҳәо дахьазыӡырҩуа), насгьы Анцәа дахьиҳәо (Иегова дахьиацәажәо) абзоурала шаҟа Анцәа дизааигәахало! (Иак. 4:8). Абиблиа зшәырҵо ус ҟаиҵалар, Анцәа иҽизкреи аҽӡаахреи ицхраауа даҽа шьцыларак еизирҳауеит. Иарбану уи?

ИЕГОВА ИҨЫЗАХАРА ШӘИЦХРАА

12. Иҟашәҵар шәылшозеи Абиблиа зшәырҵо Иегова иҩызахара шәицхраарц азы?

12 Ҳара иаҳҭахуп ауаҩы Иегова изку адыррақәа ирҳаларц. Аха уи мацара азхаӡом. Иара еиликаауа игәаҵанӡа инеилароуп. Избан? Избанзар усҟан уи ихы иаирхәаларц иҭаххоит. Иисус ауаа ирзеиҭеиҳәоз рацәан, даргьы изыӡырҩра ргәаԥхон. Аха избан дара иҵаҩцәаны иҟаларц зырыӡбоз? Избанзар ииҳәоз ргәаҵанӡа инеиуан (Лука 24:15, 27, 32). Ауаҩы еиликаароуп Иегова дшыҟаҵәҟьоу, насгьы иара дизааигәахалар шилшо. Еиликаароуп Иегова иара изы Абыс, Нцәас, насгьы Ҩызас дҟалар шилшо (Аԥсал. 25:4, 5). Ауаҩы Абиблиа анишәырҵо, Анцәа иҟазшьа бзиақәа дрызхьашәырԥшла (Ақәҵ. 34:5, 6; 1 Пиотр 5:6, 7). Шәызхысуа атема зызкызаалакгьы, ауаҩы Иегова дзеиԥш Нцәоу аилкаара шәицхраала. Шәицхраа ауаҩы Иегова абзиабареи, ақьиареи, агәрыцҳашьареи шааирԥшуа абара. Иарбан зегь иреиҳаӡоу ԥҟароу ҳәа Иисус ианиазҵаа, иара иҳәеит «бзиа дба Иуқәиҭу Унцәа» ҳәа (Матф. 22:37, 38). Шәҽазышәшәа ауаҩы игәаҿы Иегова иахь абзиабара аизырҳара.

13. Ҳицхраар шԥаҳалшо ауаҩы Иегова дзеиԥш Нцәоу аилкаара? Иаажәга аҿырԥштәы.

13 Изеиҭашәҳәа Абиблиа зшәырҵо Иегова иӷәӷәаны бзиа дзыжәбо. Усҟан иаргьы Иегова диҩызахар, насгьы бзиа дибар иҭаххоит (Аԥсал. 73:28). Иаҳҳәап, иҟоума шәызхысуа аматериал аҿы ма ажәеинралаҿы Иегова абзиабареи, аҟәыӷареи, аиашареи, амчи, ма егьырҭ аҟазшьақәа шааирԥшуа узырбо шәгәаҵанӡа инеиз зхәыцрак? Изеиҭашәҳәа уи Абиблиа зшәырҵо ауаҩы, насгьы иашәҳәа уи жәҩантәи Шәаб бзиа дзыжәбо амзызқәа ишыруаку. Аха ауаҩы доуҳала деизҳаларц азы еиҭа ак ҟаиҵалароуп.

АИЗАРАҚӘА РҬААРА ДАЛАГАРЦ ИГӘАЗҬАШӘҴА

Игәазҭашәҵа ауаҩы иаразнак аизарақәа рҭаара далагарц! (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14, 15.)

14. Ианузеи Ауриацәа рахь 10:24, 25 рҿы аизарақәа ирызкны, насгьы ишԥарыцхраауеи урҭ Абиблиа зҵо доуҳала аизҳара?

14 Ҳәарада, ҳара иаҳҭахуп Абиблиа зҳарҵо ауаҩы доуҳала деизҳарц, насгьы аӡы иҽӡааихырц. Уи аҟаҵара ҳицхраарц азы ҳара иара убас иҳалшоит аизарақәа рахь аныҟәара далагарц игәазҭаҳҵар. Аԥышәа змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирҳәоит иаразнак аизарақәа рахь аныҟәара иалаго ауаҩы еиҳа ирласны доуҳала дшеизҳауа (Аԥсал. 111:1). Шьоукы Абиблиа здырҵо изеиҭарҳәоит абиблиатә ҵараан еиԥш, аизарақәа рҿгьы иара Иегова изкны еиликаар илшо шырацәоу. Шәизаԥхьа ауаҩы Ауриацәа рахь 10:24, 25 (шәаԥхьа) иану, анаҩс изеиҭашәҳәа аизарақәа рахь аныҟәара далагар хәарҭас изаанаго. Ишәырба авидеонҵамҭа «Иҟарҵозеи Аҳратә зал аҿы?»f. Шәицхраа есымчыбжьа аизарақәа рахь аныҟәара шьцыларас ишьҭихырц.

15. Иҟаҳҵар ҳалшозеи Абиблиа зҳарҵо иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа рахь аныҟәара игәазҭаҳҵарц азы?

15 Аха иҟашәҵар шәылшозеи Абиблиа зшәырҵо макьана аизарақәа рахь дымныҟәозар, ма зны-зынла акәзар данныҟәо? Изеиҭашәҳәа ааигәа аизараҿы еилышәкааз, шәгәаҵанӡа инеиз зхәыцрак. Шәара аизарақәа шаҟа агәырӷьара шәзаарго анибалак, иаргьы урҭ рахь аныҟәара далагарц иҭаххоит. Ишәҭа уажәы аизараҿы шәызхысуа «Ахьчаратә бааш» ма аусуратә тетрад «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи». Ишәырба анаҩстәи аизараҿы шәызхысло, анаҩс шәиазҵаа иарбан апрограмма хәҭоу иара еиҳа игәаԥхаз. Ауаҩы аизараҿы иибо-иаҳауа егьырҭ адинхаҵаратә еиԥыларақәа рҿы иибахьаз иузадкылом (1 Кор. 14:24, 25). Иара аизараҿы драбадыруеит дызҿыԥшлар илшо, насгьы доуҳала аизҳареи аҽӡаахреи ицхраауа аишьцәеи аиҳәшьцәеи.

16. Дышԥазыҟаҵатәу Абиблиа зҳарҵо аҽӡаахра? Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

16 Иҳацхраар алшозеи Абиблиа зҳарҵо ауаҩы аҽӡаахра иазыҟаҵара? Ҳара ауаҩы Абиблиа аҵара шаҟа ихадоу иҳарбар ҳалшоит есымчыбжьа абиблиатә ҵара мҩаԥаҳгаларц, насгьы еснагь иҽазыҟаиҵаларц игәазҭаҳҵозар. Иара убас ауаҩы игәазҭаҳҵоит есыҽны Иегова диацәажәаларц, дизааигәахаларц, насгьы есымчыбжьа аизарақәа рахь дныҟәаларц. (Шәахәаԥш арамка «Иҟаиҵалар ихәҭоузеи ауаҩы иҽӡааихыртә еиԥш доуҳала деизҳарц азы?».) Анаҩстәи астатиа иаҳнарбоит Абиблиа зҳарҵо аҽӡаахра ҳрыцхраарц азы ҳара иҟаҳҵалар ҳахәҭоу хә-шьаҿак.

Иҟаиҵалар ихәҭоузеи ауаҩы иҽӡааихыртә еиԥш доуҳала деизҳарц азы?

  1. 1. Абиблиа есымчыбжьа иҭиҵаалароуп

    • Иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа ҭиҵааларц азы иаамҭеи имчи дырмеигӡалароуп

    • Илшозар, мчыбжьык ахь ҩынтә иҭиҵаалар бзиоуп

  2. 2. Еснагь абиблиатә ҵара иҽазыҟаиҵалароуп

    • Дызхысуа аурок заа иҽазыҟаиҵалароуп

    • Абзацқәа зегь рҿы азҵаарақәа рҭак ҟазҵо ихадоу ажәақәа ма азхәыцрақәа ирыҵишьлароуп

    • Иҭиҵаауа аматериал шиҵанакуа дазхәыцлароуп

  3. 3. Есыҽны Иегова диацәажәалароуп

    • Есыҽны Абиблиа даԥхьалароуп, убас ала Иегова иара диацәажәалоит

    • Иегова изкны Абиблиа аҟынтә еиликаауа дазхәыцлароуп

    • Есыҽны Анцәа диҳәалароуп, убас ала иара Иегова диацәажәалоит

  4. 4. Иегова дизааигәахалароуп

    • Иеговеи иареи еиҩызцәахар шалшо еиликаароуп

    • Иегова иааирԥшуа аҟазшьақәа рыхә ишьалароуп

    • Гәык-ԥсыкала Анцәа бзиа ибашьа иҵалароуп

  5. 5. Аизарақәа рахь дныҟәалароуп

    • Аизарақәа абиблиатә ҵара иахәҭаку акеиԥш дрыхәаԥшлароуп

    • Урҭ хәарҭас изаарго идыруазароуп

    • Уа дызҿыԥшлар илшо ауаа драбадыруеит

ЕИЛЫШӘКААЗЕИ ШӘАРА?

  • Иҟаҳҵар ҳалшозеи ауаҩы иҩнашә аԥхьа имҩаԥаҳго абиблиатә ҵара алҵшәа аанагарц азы?

  • Иҳарҵар шԥаҳалшо ауаҩы есыҽны Иегова иацәажәара, насгьы избан уи зхадоу?

  • Игәазҭаҳҵар шԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо аизарақәа рахь аныҟәара?

АШӘА 76 Цәаныррас иумоузеи?

a Ауаҩы ак ирҵара иаанагоит ҿыц, мамзаргьы даҽакала ахәыцшьа ма ахымҩаԥгашьа ирҵара. Матфеи 28:19 иану 2020-тәи ашықәс иазалху ажәеинраала иаҳгәаланаршәеит даараӡа ишхадоу ауаа Абиблиа иану аҵабырг дырҵара, насгьы иӡааху Христос иҵаҩцәа ракәхарц азы рыцхраара. Ари астатиеи анаҩстәи астатиеи рҟынтә ҳара еилаҳкаауеит ихадоу уи аус аҿы ҳҟазара еиӷьаҳтәлар шҳалшо.

b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Шәара Абиблиа ма арҵаразы амыругақәа руак шәхы иархәаны иааиԥмырҟьаӡакәа аӡәы ихадоу абиблиатә ҵабыргқәа ицеилшәыргозар, абиблиатә ҵара мҩаԥыжәгоит. Ауаҩы абиблиатә ҵара шымҩаԥысуа анишәырба ашьҭахь даҽа ҩынтә аҵара мҩаԥыжәгазар, насгьы анаҩсгьы ишымҩаԥыжәгало агәра ганы шәыҟазар, уи аҳасабрбаҿы иашәырбар шәылшоит.

c Арҭ астатиақәа рҿы иара убас иаагоуп ииуль 2004 шықәса инаркны маи 2005 шықәсанӡа «Иԥшьоу ҳмаҵзура» аҟны иркьыԥхьуаз астатиақәа рҟынтә алабжьарақәа. Урҭ астатиақәа хьӡыс ирыман «Абиблиа зҳарҵо доуҳала аизҳара ҳрыцхраауеит».

d Шәахәаԥш «Помогай изучающему готовиться» захьӡу икьаҿу авидеонҵамҭа. Уи шәыԥшаарц азы шәҭал JW Library® аҟәша МУЛЬТИМЕДИА > НАШИ ВСТРЕЧИ И СЛУЖЕНИЕ > СОВЕРШЕНСТВУЕМ НАВЫКИ.

e Шәахәаԥш агәылаҵа БИБЛЕЙСКИЕ УЧЕНИЯ > ПОСОБИЯ ДЛЯ ИЗУЧЕНИЯ БИБЛИИ.

f Апрограмма JW Library® аҿы шәахәаԥш агәылаҵа МУЛЬТИМЕДИА > НАШИ ВСТРЕЧИ И СЛУЖЕНИЕ > ПОСОБИЯ ДЛЯ СЛУЖЕНИЯ.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра