Ноиабр 2 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
НОИАБР 2 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 52, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
fy ахы 13, абз. 14—22 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: 1 Ашықәсынҵа 16—20 (8 мин)
№ 1: Матфеи 25:31—46 (3 мин ма еиҵаны)
№ 2: Изакәызеи аиқәшаҳаҭра аковчег? (it-U «Аиқәшаҳаҭра аковчег») (5 мин)
№ 3: Иегова ицәымӷуп амцҳәаҩцәа (it-U «Елифаз», № 2) (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
Амза атема: «Шәдац-ԥашә... шәырӷәӷәа», насгьы шәыгәрахаҵара «мчхара аманы иҟалааит» (Кәал. 2:6, 7).
10 мин. Ноиабр азы изаамҭанытәу аброшиура шрыдгалатәу. Ахцәажәара. Раԥхьа еиҿкаа адемонстрациа икьыԥхьу адгалара ухы иархәаны. Анаҩс адгалара хәҭа-хәҭала еилырга.
10 мин. Аҭыԥтә ҭахрақәа.
10 мин. Иарбан еихьӡароу иҟаҳҵаз? Ахцәажәара. Урыҳәа ажәабжьҳәаҩцәа еиҭарҳәарц астатиа «Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Абиблиа зҵо аҭҵаараҿы ибзиоу ашьцыларақәа роуларц ҳрыцраалар шҳалшо» аҟынтә алабжьарақәа шрыцхрааз. Урыҳәа аӡырҩцәа аинтерес зҵоу ахҭысқәа еиҭарҳәарц.
Ашәа 140, анцәаиҳәара
Агәаларшәара: аизара раԥхьа амелодиа иазыӡырҩуеит, анаҩс ашәа ҿыц рҳәоит.