Декабр 7 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
ДЕКАБР 7 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 86, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
fy ахы 15, абз. 9—17 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: 2 Ашықәсынҵа 10—14 (8 мин)
№ 1: Матфеи 27:11—26 (3 мин ма еиҵаны)
№ 2: Пату рықәҵала зыгәрагара иаԥсоу ауаа (it-U «Епафродит») (5 мин)
№ 3: Иаа́нагозеи ажәа «акесарь»? (it-U «Цезарь», абз. 4—6) (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
Амза атема: «Анцәа Иԥсҳараҿы ҳнаӡаанӡа, ҳарҭ ҵҩа змам агәырҩақәа, аԥышәарақәа ҳзыԥшуп» (Аус. 14:22).
10 мин. «Анцәа Иԥсҳараҿы ҳнаӡаанӡа, ҳарҭ ҵҩа змам агәырҩақәа, аԥышәарақәа ҳзыԥшуп». Ажәахә, амза атема шьаҭас измоу. Уаԥхьа, насгьы урыхцәажәа Аусқәа 14:21, 22, насгьы 1 Пиотр 4:12—14. (Уахә. 2014 шықәса, сентиабр 15 рзы иҭыҵыз«Ахьчаратә бааш» адаҟьа 13, абз. 3—6 (аурыс).) Ари амзазы амаҵзуратә еиԥылараҿы иҟалараны иҟоу пунктқәак урыхцәажәа, насгьы инаҵшьны иазгәаҭ урҭ амза атема ишадҳәалоу. Зегьы ргәазҭаҵа афильм «Гәрахаҵарала шәныҟәала, ижәбо ала акәымкәа» захьӡу иахәаԥшырц, иааиуа амчыбжь аан амаҵзуратә еиԥылара рҽазыҟарҵарц азы.
10 мин. Аҭак шыҟаҵатәу (Кәал. 4:6). Ажәахә, ашәҟәы «Амаҵзура ашкол» ад. 69, абз. 1—3 шьаҭас измоу. Еиҿкаа адемонстрациақәа ҩба. Актәи аҟны ажәабжьҳәаҩ имчны аҭак ҟаиҵоит ихжәаны ирҭаз аҭак. Аҩбатәи аҟны ажәабжьҳәаҩ ихжәаны ирҭаз аҭак ашьҭахь маҷк дааҭгыланы ҭынч диацәажәоит, нас дзацәажәоз ауаҩгьы хаала аҭак ҟаиҵоит.
10 мин. «Аԥааимбарцәа рҟынтәи аҿырԥшы жәгала. Аввакум». Азҵаарақәеи аҭакқәеи.
Ашәа 74, анцәаиҳәара