Февраль 29—март 6
ЕСФИРЬ (ЭСФИРЬ) 1—5
- Ашәа 86, анцәаиҳәара 
- Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны) 
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
- «Есфирь Анцәа ижәлар рыхьчара лҽазылкит» (10 мин) - [Идырба авидеоролик «Есфирь ашәҟәы аилкаара».] 
- Есф. (Эсф) 3:5—9. Аман Анцәа ижәлар рықәхразы иманшәалаз аҭагылазаашьа дашьҭан (ia 131, абз. 18, 19) 
- Есф. (Эсф) 4:11—5:2. Есфирь лыгәрахаҵара еиҳан аԥсра ацәшәара аасҭа (ia 125, абз. 2; 133, абз. 24—26) 
 
- Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин) - Есф. (Эсф) 2:15. Ишԥаалырԥши Есфирь ахӡырымгареи аҽынкылареи? (w06-U 1/3 9, абз. 8) 
- Есф. (Эсф) 3:2—4. Мзызс имазар алшози Мардохеи Аман иеихырхәара мап ахьацәикыз? (ia 131, абз. 18) 
- Еилыскаазеи сара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә? 
- Исылшозеи смаҵзураҿы схы иасырхәар ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә? 
 
- Абиблиа аԥхьара: Есф. (Эсф) 1:1—15 (4 мин ма еиҵаны) 
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
- Раԥхьатәи аҭаара (2 мин ма еиҵаны). Идгал аброшиура «Уизыӡырҩла Анцәа». Аиҭанеиразы ашьаҭа шьҭаҵа. 
- Аиҭанеира (4 мин ма еиҵаны). Даҽазны уиҭаа аброшиура «Уизыӡырҩла Анцәа» ззынужьыз ауаҩы, насгьы ад. 2, 3 рҿы иаагоу аматериал уалацәажәа. Аиҭанеиразы ашьаҭа шьҭаҵа. 
- Абиблиа аҵара (6 мин ма еиҵаны). Раԥхьатәи аҭаара аан аброшиура «Уизыӡырҩла Анцәа» ззынужьыз иҿы имҩаԥга абиблиатә ҵара, аброшиура «Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала», ад. 4, 5 рҿы иану аматериал ухы иархәаны (km-U 7/12 2, абз. 4). 
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
- Аҭыԥтә ҭахрақәа (10 мин). 
- Иугәаԥхома уара аизара амҩаԥысшьа аҿыц лагала, насгьы аусуратә тетрад? (5 мин). Ахцәажәара. Урызҵаа аӡырҩцәа аизараҿы иҟаҵо аԥсахрақәа зларгәаԥхо. Уи ахәарҭа ду рзаанагаларц азы, ргәазҭаҵа зегьы ибзианы рҽазыҟарҵаларц. 
- Аизараҿы Абиблиа аҵара: ia ахы 4, абз. 1—15, арамка «Ашедевр хәыҷы» (30 мин) 
- Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин) 
- Ашәа 149, анцәаиҳәара