АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ЕСФИРЬ (ЭСФИРЬ) 6—10
Есфирь Иегова ижәлари иареи рзы ахамеигӡара аалырԥшит
Есфирь Анцәа ижәлар рыхьчара лҽаназылк, ахамеигӡареи агәымшәареи аалырԥшит
- Мардохеии Есфирьи уаҳа ашәарҭара иҭагыламызт. Аха ацҳаражәҳәаҩцәа ауриацәа шьаҭанкыла рықәхра иазкыз Аман иусԥҟа аимпериа ахьынӡа-наӡааӡоз рылаҳәара иаҿын 
- Есфирь дырҩегь лыԥсҭазаара ашәарҭара иҭалыргылеит, ааԥхьара лымамкәа аҳ иахь даннеи. Уажәшьҭа лара аҳ длаӷырӡышо диҳәон, иҿаасҭаз аусԥҟа мап ацәикырц 
- Аха аҳ ила ишьақәырӷәӷәаз азакәанқәа ԥсахшьа рымамызт. Убри аҟынтә Есфирьи Мардохеии аҳ азин риҭеит аусԥҟа ҿыц аԥырҵарц 
Иегова ижәлар аиааира ду рзааигеит
- Ауриацәа зегьы рхы рыхьчартә азин рызҭоз аусԥҟа ҿыц аԥҵан 
- Аимпериа ахьынӡа-наӡааӡоз ацҳаражәҳәаҩцәа шьҭын, аиудеиаа аибашьра рҽазыҟарҵон 
- Ирацәаҩны ауаа ирбеит Анцәа ауриацәа дшырзылԥхоз, убри аҟынтә апрозелитцәа ракәны иҟалеит