АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Аконгресс иадҳәалоу агәаларшәарақәа
Еснагь еиԥш аконгресс анымҩаԥысуа аамҭазгьы ҳара иаҳҭахуп Анцәеи иаҳзааигәоу ауааи рахь абзиабара аарԥшра (Матф. 22:37—39). 1 Коринфаа рахь 13:4—8 аҟны иануп ииашаҵәҟьоу ақьырсиантә бзиабара закәу: «Абзиабара — ахачҳара амоуп, гәыбылрала ихыш-хыҵәоит. ...Ак шьақәнаҟьом, ицҟьа-шәҟьа иқәнаҵом, ахазы афеида иашьҭам, ԥсахеибакра-гәаара алам... Абзиабара ахаан еиԥхьбара ақәым». Авидеоролик «Напоминания, связанные с конгрессом» уанахәаԥшуа, уазхәыц ари адоуҳатә ныҳәа анымҩаԥысуа егьырҭ рахь абзиабара аарԥшра шулшо.
ИШԤАҲАЛШО АБЗИАБАРА ААҲАРԤШЫР...
аҭыԥқәа анаанаҳкыло?
амузыка арҳәара ианалаго?
аконгресс ахьымҩаԥысуа ақалақь аҿы ҳанаанкыло?
цхырааҩык иаҳасабала аконгресс аҽалархәра ҳаназхиоу?