АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АԤСАЛОМҚӘА 134—140 (135—141, АдҾ)
Ссиршәа ҳшоуп ҳара
Давид ашамҭақәа ирнубаало Иегова иҟазшьа ссирқәа дрызхәыцуан. Иара иԥсҭазаара зегьы Иегова имаҵ аура иазикит.
Ашамҭақәа инарҵауланы рызхәыцра Давид Иегова ирҳаракра игәазҭанаҵеит:
138:14 (139:14, АдҾ)
«Уара уҽхәаԥхьыӡ сҳәоит; избанзар ссиршәа сшоуп сара. Иџьашьахәуп Уара уусқәа, уи зегь сара сыԥсы иадыруеит»
138:15 (139:15, АдҾ)
«Уара иуцәыҵәахӡамызт сара сыблақәа, сара сшара маӡаны ианыҟаз, ӷраҭшаарыла ишан»
139:16 (139:16, АдҾ)
«Мгәарҭаҿгьы Уара ублақәа сырбон; Уара ушәҟәы иануп сара сымшқәа зегьы»