АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Абиблиатә ҵара анымҩаԥуго иҟаҵатәым
Мыцхәы аиҭаҳәара. Ауаҩы зегь иеилзыркааша уара уоуп ҳәа угәы иаанамган. Иисус ауаа азҵаарақәа риҭон, рхаҭа ииҳәоз иазхәыцларц, насгьы ииашоу алкаа аҟаҵара дрыцхраарц азы (Матф. 17:24—27). Азҵаарақәа абиблиатә ҵара аинтерес аҵаҵаны амҩаԥгара иуцхраауеит. Иара убас урҭ ауаҩы зыгәра иго, насгьы аматериал шеиликаауа удырбоит (be-U 253, абз. 2, 3). Ауаҩы азҵаара аниуҭалак ашьҭахь, ачҳара аарԥшны аҭак уазыԥшы. Ииашамкәа аҭак ҟаиҵозар, ириашара уаламган. Уи аҭыԥан еиҭа азҵаарақәа иҭаны, ииашоу алкаа аҟаҵара уицхраа (be-U 238, абз. 1, 2). Азхәыцра ҿыцқәа умыццакыкәа изеиҭаҳәала, урҭ еиӷьны еиликаарц азы (be-U 230, абз. 4).
Аруадаҩра. Шәзыхцәажәо атема иазкны иудыруа зегь аиҭаҳәара уҽазумшәан (Иоанн 16:12). Абзац аҿы иаагоу ихадоу азхәыцра ухы азышьҭ (be-U 226, абз. 4, 5). Инарҭбаау аинформациа, уи даара аинтерес аҵазаргьы, ихадоу азхәыцра аҟынтә уахнагар алшоит (be-U 235, абз. 3). Абиблиа зурҵо ихадоу азхәыцра еиликаазар, анаҩстәи абзац ахь уиас.
Аматериал мацара ухы азышьҭра. Хықәкыс иҳамоу аматериал баша ахысра акәымкәа, ауаҩы игәаҵанӡа анагара ауп (Лука 24:32). Ихадоу абиблиатә жәеинраалақәа урзааҭгылала, уи ала Анцәа Иажәа аус арула (2 Кор. 10:4; Аур. 4:12; be-U 144, абз. 1—3). Имариоу аҿырԥштәқәеи аиҿырԥшрақәеи ухы иархәала (be-U 245, абз. 2—4). Аматериал Абиблиа зурҵо иҭахрақәа ирықәыршәала, иҭагылазаашьақәеи идинхаҵаратә гәаанагарақәеи урызхәыцла. Абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа иҭала: иугәаԥхома уара еилукаауа? Иаҳнарҵозеи ҳара ари Иегова изкны? Иарбан хәарҭоу уара ари алабжьара иузаанаго? (be-U 238, абз. 3—5; 259, абз. 2).