АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИСАИА (ИСАИЯ) 1—5
«Шәааи, Иегова ишьхахь ҳхалап»
2:2, 3
«Аҵыхәтәантәи амшқәа раан» |
Иахьатәи аамҭа |
«Иегова иҩны ашьха» |
Ицқьоу, иҳараку Иегова имҵахырхәара |
«Ажәларқәа зегьы уахь рҿынархоит» |
Иегова ицқьоу имҵахырхәара зҽадызкыло акзаара аарԥшны имаҵ руеит |
«Шәааи, Иегова ишьхахь ҳхалап» |
Иегова имаҵзуҩцәа егьырҭ ааԥхьара рырҭоит |
«Иара имҩақәа ҳирҵоит, нас ҳара имҩақәҵарала ҳныҟәалоит» |
Иажәа ацхыраарала Иегова «имҩақәҵарала» аныҟәашьа ҳирҵоит, насгьы уи аҿы дҳацхраауеит |
2:4
«Аибашьышьа уаҳа ирҵалаӡом» |
Исаиа дахцәажәоит излеибашьуа абџьар ақыҭанхамҩатә мыругақәа шрылырхуа, уи иаанарԥшуеит Иегова ижәлар аҭынчра ыҟазарц рыҽшазыршәало. Рхы ишԥадырхәоз Исаиа ихаан арҭ амыругақәа? |
«Аҳәақәа ацәеихақәа рылырхуеит» |
1 Ацәеиха акәаҭан иахәҭакыз, адгьыл зларцәаӷәоз иҵару маҭәарын. Зны-зынла уи аиха иалырхуан (1 Сам. [1См] 13:20) |
«Аԥсақәа абаҳчаҿы рхы иадырхәо аҳәызбақәа рылырхуеит» |
2 Абаҳчаҿы рхы иадырхәоз аҳәызба иҟалап амаа змаз, аиха иалхыз, ирхәаз ҳәызбазҭгьы. Ари амыруга аӡахәа аилыхразы рхы иадырхәон (Ис. [Иса] 18:5) |