АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Ашәҟәы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз» ҳхы иархәаны, Абиблиа зҳарҵо аҵабырг игәаҵанӡа инаҳгоит
УИ ЗХАДОУ: Иегова ауаа рымҵахырхәара идикыларц азы, инормақәа рдыруазар, насгьы ирықәныҟәалозар ауп (Ис. [Иса] 2:3, 4). Аҩбатәи арҵаратә цхыраагӡа, ашәҟәы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз», Абиблиа зҵо рыԥсҭазаараҿы Анцәа ипринципқәа рхархәара шауа аилкаара ирыцхраауеит (Аур. 5:14). Абиблиатә ҵара аан ҳара аҵабырг ауаҩы игәаҵанӡа анагара ҳҽазаҳшәалар ауп. Усҟан иԥсҭазаараҿы ак аԥсахра игәазҭазҵо ииашоу амотивқәа ракәхоит (Рим. 6:17).
УИ ШЫҞАҴАТӘУ:
Ауаҩы иҭахрақәа урызхәыцны ибзианы уҽазыҟаҵала. Игәаанагара аилкааразы азҵаарақәа иҭала. Уи уцхраауеит еилшәырго атема ауаҩы изцәырнаго ацәаныррақәеи ихәыцрақәеи реилкаара (Ажәам. [Пр] 20:5; be-U 259)
Ауаҩы абиблиатә принципқәа хәарҭас ирылоу иеилыркааразы, ашәҟәаҿы иаагоу арамкақәа ухы иархәала
Аламыс иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы аӡбарақәа рыдкылашьа ирҵа; аха урҭ иара изы иудумкылалан (Гал. 6:5)
Абиблиатә принципқәа рхархәаразы ацхыраара иҭаху-иҭахыму еилкаа. Аха уи ақьиара аарԥшны иҟаҵа. Хаала игәаларшәа Иегова иахь абзиабара шицхраауа иаҭаху аԥсахрақәа рыҟаҵара (Ажәам. [Пр] 27:11; Иоанн 14:31)