АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИСАИА (ИСАИЯ) 11—16
Иегова изку адыррақәа адгьыл дырҭәуеит
11:6—9
Ари аԥааимбаражәа израильаа рҿы ишынаӡаз
Вавилонтәи атҟәара аҟынтәи аҩныҟа ианцозгьы, еиҭашьақәыргылаз Иуда адгьыл аҿгьы израильаа агыгшәыгқәеи, мамзаргьы агыгшәыгқәа реиԥш зхы мҩаԥызгоз игәымбылџьбараз ауааи ирцәымшәалар акәын (Езд. [Езд] 8:21, 22).
Ари аԥааимбаражәа ҳара ҳаамҭақәа раан ишынаӡо
Иегова изку адыррақәа ауаа рҟазшьақәа рыԥсахра ргәазҭанаҵоит. Уаанӡа иаразнак зыԥсахы еибакуаз ауаа аҭынчра аадырԥшуа иалагеит. Анцәа иҳаиҭо арҵара абзоурала, адоуҳатә џьанаҭ адунеи ахьынӡа-наӡааӡо аҽарҭбааит.
Ари аԥааимбаражәа ҳаԥхьаҟа ишынаӡо
Адгьыл зегь џьанаҭхоит, Иегова игәы ишҭеикхьаз еиԥш, ауаа ашәарҭадареи аҭынчреи рыманы инхалоит. Ауаа роума, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи роума, уаҳа акымзарак ҳацәшәалаӡом.
Апостол Павел Анцәа изку адыррақәа дрыԥсахит
Иара данфарисеиз, агыгшәыгқәа рҟазшьақәа ааирԥшуан (1 Тим. 1:13).
Ииашоу адыррақәа иҟазшьа аԥсахра ицхрааит (Кәал. 3:8—10).