АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИСАИА (ИСАИЯ) 34—37
Езекиа иааирԥшыз агәрахаҵаразы азылԥхара иоуит
Ассириатәи аҳ Сеннахирим Иерусалимҟа арабсак дишьҭит, ақалақь ирҭарц рылеиҳәарц азы. Ассириаа еиуеиԥшым азнеишьақәа рхы иадырхәон аиудеиаа еибашьрада рыҽрырҭарц азы.
Цхыраарада аанхара. Мысра ацхыраара шәнаҭаӡом (Ис. [Иса] 36:6).
Алак-ҩакра. Иегова дшәыцхрааӡом, избанзар игәы шәақәшәаӡом (Ис. [Иса] 36:7, 10).
Аршәара. Шәара иӷәӷәоу ассириатә ар шәзаиааиуам (Ис. [Иса] 36:8, 9).
Ахыхра. Ассириаа шәыҽрышәҭар, шәыԥсҭазаара еиӷьышәтәыр шәылшоит (Ис. [Иса] 36:16, 17).
Езекиа Иегова иахь агәрахаҵара ӷәӷәа ааирԥшит
37:1, 2, 14—20, 36
Иара илшоз зегь ҟаиҵон, аӷацәа ақалақь ианакәшо аамҭа иҽазыҟаиҵарц азы
Иара аиқәырхаразы Анцәа диҳәон, ажәларгьы Иегова иқәгәыӷларц ргәазҭеиҵон
Иара игәрахаҵаразы азылԥхара иоуит: Иегова амаалықь дааишьҭит, уи уахык ала 185 000-ҩык ассириаа ҭаирхеит