АЖӘАБЖЬ 72
Анцәа аҳ Езекиа дицхраауеит
ИУДЫРУАМА, ари ауаҩы Иегова дызиҳәо? Изықәиҵеи арҭ ашәҟәқәа Иегова изы акәырбан нагарҭа аԥхьа? Ари Езекиа иоуп. Ҩ-биԥарактәи аладатәи израил аҳра аҳас иамоу. Уи арыцҳара дуӡӡа дҭагылоуп. Избан?
Избанзар ассириатәи ар аҩадатәи жәа-биԥарактәи аҳра ықәырххьеит. Иегова уи ичҳаит, избанзар уи адгьыл иқәынхоз ауаа даара иуаа цәгьақәан. Абар, уажәшьҭа ассириатәи ар ааит, ҩ-биԥарактәи аҳра иабашьырц.
Аҳ Езекиа абыржәоуп ианиоуз ассириатәи аҳ иҟынтә ашәҟәқәа. Убарҭ роуп Анцәа иҿаԥхьагьы ишьҭеиҵаз. Ашәҟәқәа рҟны Иегова ихыччоит, Езекиа иҽриҭарц идыргалоит. Убри азоуп Езекиа Анцәа дызиҳәо: ‘О, Иегова, ҳаицәыхьча ассириатәи аҳ. Усҟан ажәларқәа зегьы еилыркаауеит, уара аӡәы заҵәык шуакәу Нцәас иҟоу’. Иаҳарушь Анцәа Езекиа ибжьы?
Езекиа даҳ бзиоуп. Уи жәа-биԥарактәи израилтәи аҳра иахагылаз иҽеим аҳцәеи, иаб — аҳ бааԥс Ахази — дреиԥшым. Иезекиа Иегова изакәанқәа зегьы рзыӡырҩра иҽазишәон. Убри аҟнытә, уи Анцәа иҳәара даналгалак, аԥааимбар Исаиа абри аҩыза ажәабжь иеиҳәоит: ‘Ассириатәи аҳ Иерусалим дзалалом. Ируаа рҟынтә аӡәымзар-аӡәгьы ақалақь дзазааигәахом. Иарбан хҿазаалакгьы Иерусалимҟа идәықәҵахом’.
Уахәаԥши ари адаҟьаҿы иарбоу асахьа. Иудыруама, арҭ иԥсны икажьу аруаа зусҭцәоу? Арҭ ассириаа роуп. Иегова имаалықь дааишьҭит, уахыкалагьы амаалықь 185000 — ҩык ассириатәи аруаа ықәихит. Убри азоуп ассириатәи аҳ иҽызриҭо, аҩныҟагьы дзыхынҳәуа.
Ҩ-биԥарактәи аҳра еиқәырхоуп, акыраамҭагьы ажәлар аҭынчра рыманы инхоит. Аха аҳ Езекиа иԥсра ашьҭахь уи иԥа Манассиа даҳхоит. Манассиеи уи иашьҭахь аҳра зуаз уи иԥа Аммони, даара иаҳцәа ҽеиқәамызт. Убри азы атәыла еиҭах иҭәуеит ақәымчреи агәымбылџьбареи рыла. Аҳ Аммон имаҵуҩцәа дыршьуеит, ҩ-биԥарактәи аҳра аҳас дҟалоит уи иԥа Иосиа.
2 Аҳцәа 18:1—36; 19:1—37; 21:1—25.