АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«О, Иегова... ...Уара уоуп сзықәгәыӷуа»
Даара ихадоуп Иегова иқәгәыӷра аамҭа бзиақәа раан еиԥш, аамҭа цәгьақәа раангьы (Аԥсал. 24:1, 2 [25:1, 2, АдҾ]). Аабатәи ашәышықәсазы ҳ. ҟ. Иуда инхоз аиудеиаа Иегова иахь ирымаз агәрахаҵара ԥызшәаз ауадаҩра иақәшәеит. Усҟан иҟалаз иаҳнарҵар алшо рацәоуп (Рим. 15:4). Афильм «О Иегова... ...На тебя я полагаюсь» шәанахәаԥшлак ашьҭахь, абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.
Иарбан ԥышәароу Езекиа дзықәшәаз?
Ихы ишԥаирхәеи Езекиа Ажәамаанақәа (Притчи) 22:3 иану апринцип, ақалақь ашәарҭара ианҭагыла?
Избан Езекиа ассириаа рыҽрыҭареи мысраа рҿы аиқәшаҳаҭра абжьаҵареи дагьзазымхәыцуаз?
Иднарҵар алшозеи ақьырсианцәа Езекиа иҿырԥштәы?
Иарбан ҭагылазаашьақәоу Иегова иахь иҳамоу агәрагара ԥызшәо?