АҴАРАЗЫ АСТАТИА 37
Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгәра жәгалар шәылшоит
«[Абзиабара] зегь агәра агоит, зегь иақәгәыӷуеит» (1 КОР. 13:7, АдҾ).
АШӘА 124 Еснагь Анцәа ҳизиашоуп
АХҲӘААa
1. Избан иахьа ауаа рыгәра агара ахьыцәгьоу зџьаҳамшьо?
АҨСҬАА идунеи аҿы ауаа зыгәра ргаша рыздырӡом. Абизнес знапы алаку, аполитикцәа, адиннапхгаҩцәа рхымҩаԥгашьа ауаа иднарбоит, урҭ рыгәра агара ишаԥсам. Аӡәырҩы ирзымариаӡам рҩызцәа, ргәылацәа, рҭаацәара иатәуҵәҟьагьы рыгәра агара. Иџьаҳшьома уи ҳара? Мап, избанзар Абиблиаҿы заа иҳәан: «Аҵыхәтәантәи амшқәа ихьанҭоу аамҭақәахоит. Ауаа... аӡәы иҩызахара-изааигәахара иашьҭалом... имыцҳәацәахоит... ичарҳәацәахоит». Даҽакала иуҳәозар, зыгәра агара иаԥсам ари адунеи анцәа иеиԥш рхы мҩаԥыргалоит (2 Тим. 3:1—4; 2 Кор. 4:4).
2. а) Зыгәра агара иаԥсада аҵыхәтәанынӡа? б) Иарбан зҵаарақәоу аӡәы изцәырҵыр алшо?
2 Аха ақьырсианцәа ирдыруеит Иегова аҵыхәтәанынӡа игәра ргалар шрылшо (Иер. 17:7, 8). Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп иара бзиа ҳшибо, насгьы иҩызцәа ахаан ишаанимыжьуа (Аԥсал. 9:10). Иара убас, ҳара Иисус Христос игәра ҳгалар ҳалшоит, избанзар иԥсҭазаара ҳахҭниҵеит (1 Пиотр 3:18). Уи адагьы, ҳара ҳхатә ԥышәала иаҳдыруеит, Абиблиа иану алабжьарақәа урықәгәыӷыртә ишыҟоу (2 Тим. 3:16, 17). Убас ала ҳара Иеговеи, Иисуси, Абиблиеи аҵыхәтәанынӡа рыгәра ҳгоит. Аха аӡәы абарҭ рҩызцәа азҵаарақәа изцәырҵыр алшоит: «Иҳалшома ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи еснагь рыгәра ҳгалар? Ааи акәзар, избан?»
ҲАРА АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ҲҬАХУП
Адунеи ахьынӡанаӡааӡо ҳара иҳамоуп Иегова бзиа дызбо, насгьы зыгәра ҳгалар ҳалшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рацәаҩны. (Шәахәаԥш абзац 3.)
3. Иарбан зыхә ҳараку ҳамҭоу ҳара иҳамоу? (Марк 10:29, 30).
3 Иегова миллиардҩыла иҟоу ауаа ҳрыликааит, насгьы милаҭрацәала ишьақәгылоу иҭаацәарахь ҳааиԥхьеит. Шәазхәыц, уи шаҟа ҳамҭа дуу! (Шәаԥхьа Марк 10:29, 30.) Адунеи ахьынӡанаӡааӡо ҳара иҳамоуп Иегова бзиа дызбо, насгьы инормақәа рыла анхара зҽазызшәо аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Урҭ рбызшәа, ркультура, рҽеилаҳәашьа ҳара ҳтәы еиԥшымзаргьы, ҳҭаацәара реиԥш иаҳбоит, дара ахаан иҳамбахьацзаргьы. Ҳара даараӡа иаҳгәаԥхоит урҭ ҳрывагыланы бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб ирҳаракреи имаҵ ауреи! (Аԥсал. 133:1).
4. Изаҳҭахузеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи?
4 Иахьа еиҳагьы ихадоуп аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи акзаара ҳабжьазарц. Зны-зынла дара ҳауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауеит (Рим. 15:1; Гал. 6:2). Урҭ ҳгәы шьҭырхуеит, ҳгәы камыжькәа Иегова имаҵ ҳауларц, насгьы доуҳала ҳаӷәӷәаны ҳаанхаларц азы (1 Фес. 5:11; Аур. 10:23—25). Аизара ада ҳаԥсҭазаара зеиԥшрахоз ҳхаҿы аагарагьы ҳҭахӡам! Ҳара аизара ҳа́хьчоит, насгьы ҳаӷацәа — Аҩсҭаа ицәгьоу идунеии иареи рҿагылара иҳацхраауеит. Иаарласны Аҩсҭаа, насгьы уи инапаҵаҟа иҟоу ауаа Анцәа имаҵзуҩцәа ирықәлоит. Шаҟа ҳгәырӷьалозеи акыр иаҳзаԥсоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи усҟан ҳааигәа иахьыҟазаауа!
5. Избан шьоукы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгәра агара зырцәыцәгьоу?
5 Аха шьоукы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгәра агара рцәыцәгьоуп. Избан? Иҟалап ақьырсиан ауаҩы игәра ганы иеиҳәаз амаӡа даҽаӡәы иеиҳәазар, ма ииҭаз ажәа наимыгӡазар. Мамзаргьы, иҟалап, цәгьала игәы изырхьыз ак иарҳәазар, ма изырузар. Уи ашьҭахь ауаҩы егьырҭ рыгәра агара ицәыцәгьахар ауеит. Иҳацхраауазеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ҳагәрагара арӷәӷәара?
БЗИАБАРАДА ҲАГӘРА ЗЕИБАГАЛАӠОМ
6. Ишԥаҳацхраауеи абзиабара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ҳагәрагара арӷәӷәара? (1 Коринфаа рахь 13:4—8).
6 Аӡәы игәра угаларц азы бзиа дубалароуп. 1 Коринфаа рахь 13-тәи ахаҿы абзиабара еиуеиԥшым аганқәа еиқәыԥхьаӡоуп. Урҭ ҳацхраауеит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ҳагәрагара аизырҳара, мамзаргьы уи ҳцәыӡзар ҿыц рыгәра агара. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 13:4—8.) Иаҳҳәап, 4-тәи ажәеинраалаҿы иануп «абзиабара — ахачҳара амоуп, гәыбылрала ихыш-хыҵәоит» ҳәа. Иаҳгәалаҳаршәар ҳалшоит Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа аныҟаҳҵо, иара ҳара ҳахь шаҟа ачҳара ааирԥшуа. Иегова ачҳара ааирԥшуазар, ҳара уи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь еиҳагьы иааҳарԥшлароуп, ҳгәы ҳзырхьуа ак анҳарҳәо, ма ианыҟарҵо. 5-тәи ажәеинраалаҿы иануп, абзиабара «ԥсахеибакра-гәаара алам, ицәгьахәыцуам» ҳәа. Убри аҟынтә ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирҳәаз ҳгәы ҳзырхьыз ажәақәа, мамзаргьы русқәа ахаан иаҳхамышҭуа, игәынкыланы иҳамаӡам. Екклезиаст 7:9 аҿы иануп: «Агәаара уахымццаклан». Ефесаа рахь 4:26 аҿгьы иануп: «Шәыԥсахеибакраан... амра ҭашәаанӡа шәызҵалаз агәнаҳа шәахьхәы, уи шәшаҵоу ишәмырхәлан».
7. Ишԥаҳацхраауеи Матфеи 7:1—5 иану апринципқәа, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ҳагәрагара арӷәӷәара?
7 Иара убас ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ҳагәрагара ҳарӷәӷәоит, Иегова дышрыхәаԥшуа еиԥш ҳрыхәаԥшлар. Анцәа урҭ бзиа ибоит, насгьы рыгәнаҳақәа ихеиршҭуеит. Ҳаргьы убас ҟаҳҵалароуп (Аԥсал. 130:3). Ирыгу ҳхы азышьҭра аҭыԥан, ирылоу абзиарақәеи рус қьиақәеи ргәаҭара ҳҽазаҳшәалароуп. (Шәаԥхьа Матфеи 7:1—5.) Урҭ иҟарҵаз ргәы ацәгьара ҭакны иҟарҵеит ҳәа рзаҳҳәаӡом, избанзар абзиабара «зегьы рыгәра агоит» (1 Кор. 13:7). Ҳәарада, Иегова иҭахӡам ҳамхәыцӡакәа зегьы рыгәра ҳгалар. Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыгәра ҳгоит, избанзар урықәгәыӷыртә ишыҟоу шьақәдырӷәӷәеитb.
8. Ишԥашәылшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгәра агашьа шәҵар?
8 Агәрагара апатуқәҵара еиԥш зныкала иузырҳаӡом. Уи уаԥсахароуп, насгьы уи азы аамҭа аҭахуп. Убри аҟынтә ачҳара аашәырԥшла: аишьцәеи аиҳәшьцәеи агәрагара ишаԥсоу шьақәдырӷәӷәарц азы алшара рышәҭ. Иҟашәҵалар шәылшозеи убри аамҭазы шәара, урҭ рыгәра агашьа шәҵарц азы? Еиҳа еиӷьны шәрабадыр. Аизараҿы урҭ шәрацәажәала. Ажәабжьҳәара шәрыццала. Иҟалап, ааигәа шәзабадырыз иаразнак шәгәы иҭоу зегь изеиҭаҳәара шәаламгар. Аха ауаҩы еиҳа еиӷьны шәиабадырцыԥхьаӡа, шәцәаныррақәа изаартра шәзымариахоит (Лука 16:10). Аха иашьак, ма иаҳәшьак шәгәы шәирхьзар? Уаҳа ахаан игәра жәгалаӡом ҳәа шәымхәыцлан. Ачҳара аашәырԥшла. Аӡәы ииашамкәа ихы мҩаԥигеит ҳәа, аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегь рыгәра агара шәаҟәымҵын. Иегова имаҵзуҩцәа шьоукы аӡә иахь рыгәрагара шырцәыӡызгьы, агьырҭ рыгәра агара иаҟәымҵӡеит. Шәааи ус еиԥш иҟоу ҿырԥштәқәак еилҳаргап.
ЕГЬЫРҬ РЫГӘРА АГАРА ИАҞӘЫМҴЫЗ ШӘЫРҾЫԤШЛА
Или угәы узырхьуаз ажәа џьбарақәа шиҳәазгьы, Анна Иегова имаҵзуҩцәеи иареи рыгәра агара даҟәымҵӡеит. (Шәахәаԥш абзац 9.)
9. а) Дышԥаҟәымҵи Анна Иегова игәра агара, аҭакԥхықәра здыз имаҵзуҩцәа шьоукы агәнаҳақәа шыҟарҵозгьы? б) Иаҳнарҵозеи Анна лҿырԥшы, Иегова иорганизациа агәра шгалатәу аганахь ала? (Шәахәаԥш асахьа.)
9 Зныкыр шәгәы шәнархьхьоума аҭакԥхықәра зду аишьцәа рхымҩаԥгашьа? Ааи акәзар, Анна лҿырԥшы шәазхәыц. Анна лхаан Израиль аҿы Иегова имаҵ аура напхгара азызуаз аԥхьаԥшьаҩы Или иакәын. Аха уи иҭаацәара ҿырԥшыган ҳәа узҳәаӡом. Аҭакԥхықәра змаз аҭыԥқәа аанызкылоз иԥацәа ламысдарала рхы мҩаԥыргон. Раб урҭ аҽыриашара дрыцхраарц азы, акгьы ҟаиҵомызт ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Анцәа Или аԥхьаԥшьаҩы иҭыԥ иаразнак имимхӡеит. Мап ацәылкма Анна Иегова имҵахырхәара, Или амаҵ ихьиуаз иԥшьоу ақьалаҿы? Уи аҩыза дагьазымхәыцуазҭгьы ҟаларын. Или ианиба лара лгәы каҳаны Анцәа дышиҳәоз, ижәны дыҟаз џьишьеит. Уи ус акәзу-акәымзу еилымкааӡакәа, ажәа џьбарақәа леиҳәеит (1 Сам. 1:12—16). Анна уи дамыхәаԥшӡакәа Анцәа ажәа илҭеит, аԥа длоур иԥшьоу ақьалахь амаҵ аура дшылышьҭуа. Лара уи аҩыза аҿаҭахьа лықәылҵеит, лԥа ихылаԥшло Или шиакәхоз шылдыруазгьы (1 Сам. 1:11). Ирықәнагаӡамзи Или иԥацәа ахьырхәра? Ҳәарада. Аамҭа анааи Иегова убас иагьыҟаиҵеит (1 Сам. 4:17). Анна лакәзар, Анцәа аԥа, Самуил, длиҭеит (1 Сам. 1:17—20).
10. Даҟәыҵма Давид ауаа рыгәра агара, данырҭи ашьҭахь? Иҳаилшәыркаа.
10 Шәиҭихьоума зныкыр шәҩыза гәакьа? Ааи акәзар, аҳ Давид шәизхәыц. Уи Ахитофел зыхьӡыз зыгәра игоз абжьагаҩ диман. Аха Давид иԥа Авессалом иаб иҭыԥ аанкылара данашьҭала, Ахитофел Авессалом дидгылеит. Шәхаҿы иаажәг, Давид шаҟа игәы инархьыз, иԥагьы иҩыза бзиагьы дахьырҭииз. Аха урҭ рхымҩаԥгашьа иахҟьаны Давид егьырҭ ауаа рыгәра агара даҟәымҵӡеит. Иаҳҳәап, аҿагылаҩцәа рыдгылара зҭахымхаз Хушаи анаҩсгьы игәра игон. Давид уи баша игәра имгаӡеит. Анаҩстәи ахҭысқәа ишаҳдырбаз ала Хушаи дҩыза бзиан, насгьы Давид изы иԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргыларагьы дацәшәаӡомызт (2 Сам. 17:1—16).
11. Ишԥааирԥши агәрагара Навал имаҵуҩцәа руаӡәк?
11 Абар Навал имаҵуҩцәа руаӡәк иҿырԥшы. Аамҭак аҩныҵҟа Давид ируааи иареи ибеиаз уи израильтәи ахаҵа ихьчацәа ирхылаԥшуан. Ԥыҭрак ашьҭахь Давид Навал диҳәеит, ируааи иареи дызмеигӡо фатәык риҭарц. Навал Давид мап ицәикит. Уи Давид игәы ԥнажәан, Навал иҩнаҭаҿы иҟаз ахацәа зегь ишьырц иӡбеит. Амаҵуҩы, Навал иԥҳәыс, Авигеиа, зегь леиҳәеит. Ҳәарада, иара дыбналар ауан, аха агәра игон Авигеиа иԥсҭазаара еиқәлырхар шлылшоз. Иара агәра ганы дыҟан Авигеиа ак шылыӡбоз, избанзар уи дшыԥҳәыс ҟәыӷаз зегьы ирдыруан. Уи баша лыгәра имгаӡеит. Агәымшәара злаз Авигеиа илылшеит Давид иӡбара иԥсахыртә еиԥш аҟаҵара (1 Сам. 25:2—35). Ларгьы агәра лгон Давид аҟәыӷара шааирԥшуаз.
12. Излоубарҭоузеи Иисус иҵаҩцәа рыгәра шигоз, урҭ агхақәа шрыхьуазгьы?
12 Иисус иҵаҩцәа рыгәра игон, урҭ агхақәа шрыхьуазгьы (Иоанн 15:15, 16). Зны Иакови Иоанни Иаҳраҿы аҭыԥ бзиақәа риҭарц и́ҳәеит. Аха Иисус игәы иаанамгаӡеит урҭ ак роурц азоуп Иегова имаҵ зыруа ҳәа, насгьы иапостолцәа рҟынтә ирылимцаӡеит (Марк 10:35—40). Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус аруаа дыкны данырга, иҵаҩцәа зегь даанрыжьит (Матф. 26:56). Аха иара урҭ рыгәра агара даҟәымҵӡеит. Урҭ ирыгыз бзианы ишидыруазгьы, уеизгьы бзиа ибон (Иоанн 13:1). Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь, гәыкала изыҟаз 11-ҩык иапостолцәа ихадаз адҵагьы риҭеит — аҵаҩцәа разыҟаҵара аус напхгара азуреи, акыр изаԥсоу иуасақәа рхылаԥшреи (Матф. 28:19, 20; Иоанн 21:15—17). Иисус инаӡамыз урҭ ахацәа баша рыгәра имгаӡеит. Дара зегьы рыԥсы ахьынӡаҭаз гәыкала рмаҵзура нарыгӡон. Ишаҳбаз еиԥш Анна, Давид, Навал имаҵуҩы, Авигеиа, насгьы Иисус аҿырԥш бзиа ҳарҭеит: дара инаӡамыз ауаа рыгәра ргон.
ЕГЬЫРҬ ДЫРҨЕГЬ РЫГӘРА АГАШЬА ҲҴАР ШҲАЛШО
13. Избан егьырҭ рыгәра агара ҳцәыцәгьахар залшо?
13 Иҟалап шәара уаҳа аӡәгьы иашәҳәарц ишәҭахымыз акы иашьак изеиҭашәҳәазар, аха иара уи ҽаӡәы иеиҳәазар. Шәақәшәахьоума уи аҩыза? Уи аҳәызба уларҵар иаҩызоуп. Зны иаҳәшьак илымаз уадаҩрак атәы аизара аиҳабы изеиҭалҳәеит. Лара агәра ганы дыҟан уи уаҳа аӡәгьы ишиеимҳәо. Аха адырҩаҽны уи аиашьа иԥҳәыс лгәы шьҭылхырц азы дылзасит. Убасҟан аиаҳәшьа еилылкааит уи зегь шылдыруаз. Еилкаауп уи аизара аиҳабы иахь агәрагара лцәыӡит. Аха уи аиаҳәшьа уи аҩыза дшақәшәазгьы, ииашаны лхы мҩаԥылгеит. Дзықәшәаз даҽа аизара аиҳабык изеиҭалҳәеит. Уи ицхыраара абзоурала лара дырҩегь аизара аиҳабацәа рыгәра агара далагеит.
14. Ицхраазеи иашьак дырҩегь егьырҭ аишьцәа рыгәра агара?
14 Иашьаки ҩыџьа аизара аиҳабацәеи акыраамҭа аилибамкаара рыбжьан, избанзар урҭ рыгәра агара иаԥсаӡам ҳәа иԥхьаӡон. Аха нас иара игәалашәеит пату зқәиҵоз иашьак иажәақәа. Урҭ ажәақәа мариоуп аха аҵакы ӷәӷәа рымоуп: «Ҳара ҳаӷа — Аҩсҭаа иоуп, аишьцәа ракәӡам». Иара акыраамҭа урҭ ажәақәа дрызхәыцуан, Анцәа диҳәон, убри аҟынтә урҭ аизара аиҳабацәеи иареи реизыҟазаашьақәа еиҭашьақәиргылеит.
15. Избан аишьцәа дырҩегь рыгәра агара ҳалагарц азы акыраамҭа ҳҭаххар залшо? Иаажәга аҿырԥштәы.
15 Зныкыр ишәымырххьоума аизараҿы аҭакԥхықәрақәа? Уи цәгьала угәы унархьыр ауеит. Грета лани лареи 1930-тәи ашықәсқәа рзы анацисттә Германиаҿы ажәабжьҳәаратә ус мап анацәкыз, гәыкала Иегова имаҵ руан. Грета ихадаз адҵа лыдын: лара аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы «Ахьчаратә бааш» акопиақәа ҟалҵалар акәын. Аха ԥыҭрак ашьҭахь аишьцәа еилыркааит, лаб Иегова ишаҳаҭцәа шиҭахым. Уи аишьцәа иҭиир ҳәа ишәан, Грета лыдҵа лымырхит. Аха Грета лԥышәарақәа уи аҿы инымҵәаӡеит. Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра цонаҵы аишьцәа лани лареи ажурналқәа рырҭаӡомызт, адәахьы ианырбоз аԥсшәагьы рарҳәаӡомызт. Шәхаҿы иаажәг уи шаҟа лгәы лнархьуаз! Лгәы хьаала иҭәын. Грета акыраамҭа аишьцәа дрыцәгәааны дыҟан, рыгәрагьы лгаӡомызт. Аха ԥыҭрак ашьҭахь лара илбеит Иегова урҭ ишранаижьыз, лхаҭагьы убас ҟалҵарц лыӡбеитc.
«Ҳара ҳаӷа — Аҩсҭаа иоуп, аишьцәа ракәӡам»
16. Избан аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгәра агашьа ҳҵалар зҳахәҭоу, уи мариамзаргьы?
16 Шәаргьы шәыԥсҭазаараҿы уи аҩыза шәақәшәахьазар, шәгәы кашәмыжьын. Дырҩегь ауаа рыгәра агара шәалагарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Уи иаразнак ишәылымшар ауеит, аха аџьабаа абара иаԥсоуп. Иааҳгап ҿырԥштәык. Фатәык шәԥырхагахазар, уинахыс ишәфало еиҳа шәацклаԥшлоит. Аха уи иаанагаӡом зынӡа акрыфара шәаҟәыҵуеит ҳәа. Убас еиԥш аӡәы ҳгәы ахьаҳирхьыз иахҟьаны аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегьы рыгәра агара ҳаҟәыҵӡом, избанзар ҳара зегьы ҳнаӡаӡам. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи дырҩегь рыгәра агара ҳҽазаҳшәозар, еиҳа агәырӷьара ҳамазаауеит, насгьы аизараҿы зегьы рыгәра еибагаларц азы ҳахәҭаа алаҵара шҳалшо азхәыцра ҳзымариахоит.
17. Избан аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгәра ҳгалар зхадоу, насгьы еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
17 Аҩсҭаа идунеи аҿы ауаа рыгәра еибагаӡом. Аха адунеизегьтәи ҳаиашьараҿы зынӡа даҽакала ауп ишыҟоу, избанзар ҳара бзиа ҳаибабоит. Агәреибагара агәырӷьара ҳнаҭоит, акзаарагьы ҳабжьанаҵоит. Уи аԥхьаҟа иаҳзыԥшу аԥышәарақәа раангьы иҳацхраауеит. Иҟашәҵар шәылшозеи зыгәра жәгоз аӡәы шәгәы шәирхьзар, насгьы уи цәгьала хьаас ишәымазар? Шәҽазышәшәа шәзықәшәаз аҭагылазаашьа Иегова ихәаԥшышьала ахәаԥшра, абиблиатә принципқәа шәхы иашәырхәала, аишьцәа рахь абзиабара ӷәӷәа еизшәырҳала, насгьы Абиблиа иану аҿырԥштәқәа хәарҭа рылыжәгала. Шәара ишәылшоит шәгәы иҭоу ахьаа артәара, насгьы дырҩегь ауаа рыгәрагара. Убасҟан аишьцәа гәакьақәа раасҭа бзиа шәызбало аҩызцәа рацәаҩны ишәымазаауеит (Ажәам. 18:24). Аха егьырҭ рыгәра агара мацара азхаӡом. Даргьы ҳагәра ргалар шрылшо рдыруазар ауп . Анаҩстәи астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳагәра ргаларц азы иҟаҳҵалар ҳалшо.
АШӘА 99 Ҵҩа змам аишьцәа
a Ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгәра ҳгалароуп. Аха уи анымариам ыҟоуп, избанзар урҭ зны-зынла ҳгәы ҳдырхьуеит. Ари астатиаҿы ҳара еилаҳкаауеит Анцәа имаҵ ҳацызуа рыгәра агара иҳацхраауа абиблиатә принципқәеи, ажәытәан инхоз Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәеи. Уи адагьы ҳара еилаҳкаауеит, аӡә иахь агәрагара ҳцәыӡзаргьы, дырҩегь уи игәра ҳгаларц азы иҟаҵатәу.
b Абиблиа ҳгәаҳҽаннаҵоит, аизараҿы зыгәра агара иаԥсам ауаа цәырҵыр шалшо (Иуда 4). Ҭагылазаашьақәак рҿы амцқьырсианцәа амцҵара иадгылалоит, егьырҭ амҩа иаша иқәдырҟьарц азы (Аус. 20:30). Ҳара ус еиԥш иҟоу ауаа рыгәра ҳамгалароуп, ҳагьырзымӡырҩлароуп.
c Грета лҭоурых еиҳа инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит 1974 шықәсазы иҭыҵыз «Ежегодник Свидетелей Иеговы» аҿы, адаҟьақәа 129—131, англыз.