Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 февраль ад. 2—7
  • Агәра жәгома Иегова иҟаиҵо еснагь ишиашоу?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Агәра жәгома Иегова иҟаиҵо еснагь ишиашоу?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АБИБЛИА ШӘАНАԤХЬО ИЕГОВА ИГӘРА ЖӘГАЛА
  • АНАПХГАРА АНШӘОУА ИЕГОВА ИГӘРА ЖӘГАЛА
  • ИЕГОВА УАЖӘНАТӘ ҲИҚӘГӘЫӶЛАР, АԤХЬАҞАГЬЫ ҲИҚӘГӘЫӶЛОИТ
  • Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгәра жәгалар шәылшоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Еснагь Иегова шәиқәгәыӷла!
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Ақьырсиантә еизара шеиҿкаау
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • «Гәыкала Иегова уиқәгәыӷла»
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2016
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 февраль ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 6

Агәра жәгома Иегова иҟаиҵо еснагь ишиашоу?

«Иара — Ацаҟьа даҩызоуп, иусқәа наӡоуп, имҩақәа зегь иашоуп. Иара — ахаангьы аиашамра аазмырԥшуа, азиашара злоу Анцәа иоуп, иара диашоуп, амц иҳәаӡом» (ҨЫНТӘ. 32:4).

АШӘА 3 Ҳара ҳамч, ҳгәыӷра, ҳагәрагара

АХҲӘААa

1, 2. а) Избан аӡәырҩы ауаа аҳәынҭқарцәа рыгәра агара изаҟәыҵыз? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

ИАХЬА аӡәырҩы аҳәынҭқарцәа рыгәра ргаӡом, избанзар дара ирбоит рзакәанқәеи дареи амал змоу шракәу ирыхьчо, насгьы иӷару ауаа аӡәгьы ишиҭахым. Абиблиаҿы ибзианы иануп: «Ауаҩы ауаҩы напхгара анииҭо ажәлар гәаҟуеит» (Еккл. 8:9). Уи адагьы, адиннапхгаҩцәа рхымҩаԥгашьагьы ҽеиӡам, уи иахҟьаны аӡәырҩы ауаа Анцәа игәра агара иаҟәыҵит. Убри аҟынтә аӡәы Абиблиа аҵара даналагалакгьы, Иеговеи адгьыл аҿы иҟоу ихаҭарнакцәеи рыгәра игаларц азы аџьабаа рацәаны идбалатәуп.

2 Иеговеи иорганизациеи рахь иҳамоу агәрагара арӷәӷәара зыхәҭоу Абиблиа зҵо мацара ракәӡам. Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи акыршықәса ҵуазаргьы, ҳара иаҳгәалаҳаршәалароуп иара иӡбарақәа зегьы ишреиӷьу, насгьы иҟаиҵо еснагь ишиашоу. Уи хадоуп, избанзар ҭагылазаашьақәак рҿы Иегова игәра агара ҳцәыцәгьахар алшоит. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Абиблиаҿы ҳзыԥхьо ак анаҳзеилымкаауа, ма Иегова иорганизациа иҳанаҭо анапхгара ақәныҟәара анаҳзымариам ҳагәрахаҵара ԥышәахар шалшо. Иара убас ҳара ҳазааҭгылоит арыцҳара ду аан, насгьы уи ашьҭахь ҳагәрахаҵара шԥышәахо.

АБИБЛИА ШӘАНАԤХЬО ИЕГОВА ИГӘРА ЖӘГАЛА

3. Ишԥалшо Абиблиа ҳанаԥхьо ҳагәрахаҵара ԥышәахар?

3 Зны-зынла Анцәа Иажәа ҳанаԥхьо иаҳзеилымкаауазар ауеит Иегова ӡбарак зидикылаз, мамзаргьы аӡәы ас, даҽаӡәы анс дызизныҟәаз. Иаҳҳәап, Моисеи ихаан Анцәа иҳәеит асабшаҽны амҿы еизызгоз ауаҩы дыршьырц. Аха аҳ Давид даҽаӡәы иԥҳәыс ихазы дшигазгьы, насгьы уи лхаҵа дшишьызгьы Анцәа уи дрыцҳаишьеит (Ахыԥхь. 15:32, 35; 2 Сам. 12:9, 13). Аӡәы иҳәар илшоит: «Избан Иегова Давид агәнаҳа ӷәӷәақәа шыҟаиҵазгьы дызрыцҳаишьаз, аха усҟак ицәгьам ҳәа ҳгәы иаанагар алшо аус азы даҽаӡәы аԥсра зиқәиҵаз?» Арҭ рҩызцәа азҵаарақәа рҭак ҟаҳҵарц азы Абиблиа ҳанаԥхьо ҳзызхәыцлар ҳахәҭоу х-факторк еилҳаргап.

4. Ишԥаҳацхраауеи Аҟазаара 18:20, 21 аҿы, насгьы Ҩынтәзакәан 10:17 аҟны иану, Иегова иҟаиҵо еснагь ишиашоу аилкаара?

4 Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ахҭысқәа ркәамаҵамарақәа зегь еснагь ианӡам. Иаҳҳәап, ҳара иаҳдыруеит Давид иҟаиҵаз агәнаҳа гәыкала дшахьхәыз (Аԥсал. 51:2—4). Аха иаҳҳәар ҳалшома уи аҩыза асабшаҽны амҿы еизызгоз ауаҩы изы? Дахьхәыма иара иҟаиҵаз? Еилеигозма уаанӡа Иегова изакәанқәа? Иҟалап иара иҟаиҵоз шҽеимыз изныкымкәа иарҳәахьазҭгьы, аха иара хьаас имкызар. Абиблиаҿы уи анӡам. Аха ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иегова ахаангьы «аиашамра аазмырԥшуа» Анцәа шиакәу (Ҩынтә. 32:4). Ауаа аӡбарақәа анрыдыркыло уҳәансҳәан иазыӡырҩуеит, ауаа еилырхуеит, ма даҽакы иахәаԥшуеит. Аха Анцәа ус ҟаиҵаӡом. Иара афактқәа зегьы дрыхәаԥшуеит. (Шәрыԥхьа Аҟазаара 18:20, 21; Ҩынтәзакәан 10:17.) Иегова иҟазшьақәеи инормақәеи еиӷьны еилаҳкаацыԥхьаӡа, иӡбарақәа еиҳагьы рыгәра ҳгалоит. Ҳәарада, Абиблиа ҳанаԥхьало макьана зҭак ҳамам азҵаарақәа ҳазцәырҵлоит. Аха Анцәа ибзианы даҳдыруеит, убри аҟынтә иҟаиҵо еснагь ишиашоу агәра ҳгоит (Аԥсал. 145:17).

5. Иаԥырхагахар шԥалшо ҳанамӡара ҳгәаанагара? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Ҳара ииашоуп ҳәа иаҳаԥхьаӡо иашамзар ауеит, избанзар ҳнаӡаӡам».)

5 Ҳанамӡара иахҟьаны, ииашоуп ҳәа иаҳаԥхьаӡо иашамзар ауеит. Анцәа иара ҳиеиԥшны ҳаишеит, убри аҟынтә аӡәы ииашамкәа ианизныҟәо ҳгәы ԥнажәоит (Аҟаз. 1:26). Ҭагылазаашьақәак рҿы ҳиашоуп ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы, ҳанамӡара иахҟьаны агха ҳахьуазар ауеит. Ишәгәалашәома, Иегова Ниневиа инхоз ауаа рыцҳаишьарц аниӡба, Иона уи шигәамԥхаз? (Иона 3:10—4:1). Аха иҟалазеи анаҩс? 120 000-ҩык зыгәнаҳа иахьхәыз ауаа еиқәхеит! Ус анакәха, згәаанагара зыԥсахшаз Иегова иакәымкәа, Иона иакәын.

Ҳара ииашоуп ҳәа иаҳаԥхьаӡо иашамзар ауеит, избанзар ҳнаӡаӡам

Иегова ихәаԥшышьеи ауаа рхәаԥшышьеи еиԥшӡам. Инаӡам ауаа зны-зынла аиашара мыцхәы иазықәԥоит, зны-зынла уи хьаасгьы ирымаӡам (1 Сам. 16:7). Убри аҟынтә Иегова игәра агара ҳцәыцәгьахар алшоит. Шәхаҿы иаажәг абри аҩыза аҭагылазаашьа: ауаҩы аԥсабара аԥшӡара дахәаԥшырц азы абласаркьақәа имӷеиҵоит, аха асаркьақәа аԥхӡы рылҵуеит. Акыр ибару? Убас еиԥш, ҭагылазаашьақәак рҿы Иегова иҟаиҵаз зыҟаиҵаз ҳзеилымкаауазар, аус злоу Иегова иакәымкәа, ҳара ҳауп. Ҳара ҳхәаԥшышьоуп ииашам (Иез. 18:29).

6. Избан Иегова иҟаиҵо зыҟаиҵо ҳаилыркаара уалс изидым?

6 Иегова аӡбарақәа анидикыло ауаа ргәаанагара азҵаара уалс идӡам. Ажәытәан Анцәа имаҵзуҩцәа алшара риҭон иӡбарақәа ирызкны ргәаанагара рҳәарц (Аҟаз. 18:25; Иона 4:2, 3). Зны-зынла иҟаиҵаз зыҟаиҵазгьы реиҳәон (Иона 4:10, 11). Аха Иегова ус аҟаҵара уалс идӡам. Иара Зегьзшаз иоуп, убри аҟынтә аӡбарақәа идикылаанӡагьы, ианидикылалак ашьҭахьгьы, уи ҳгәаԥхо-иаҳгәамԥхо дазҵааӡом (Ис. 40:13, 14; 55:9).

АНАПХГАРА АНШӘОУА ИЕГОВА ИГӘРА ЖӘГАЛА

7. Иаҳцәыцәгьахар алшозеи, насгьы избан?

7 Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иегова иҟаиҵо еснагь ишиашоу. Аха адгьыл аҿы иҟоу ихаҭарнакцәа рыгәра агара зны-зынла иаҳзымариамзар ауеит. Аизараҿы аҭакԥхықәра зду аишьцәа абас ҳрызхәыцлар алшоит: «Иқәныҟәаҵәҟьоума дара Иегова инапхгара, мамзаргьы дара ииашоуп ҳәа ирыԥхьаӡо акәу иҟарҵо?» Уи аҩыза азҵаара ажәытәан инхозгьы ирызцәырҵыр алшон. Ҳхынҳәып 3-тәи абзац аҿы иаагаз ахҭыс ахь. Асабшаҽны амҿы еизызгоз ауаҩы иҭынхацәа рҟынтә аӡәы абас иҳәар ауан: «Еиликааҵәҟьама Моисеи Иегова игәаанагара, уи дышьтәуп ҳәа иҳәаанӡа?» Уриа иҩызцәа рҟынтәгьы аӡәы иҳәар алшон, Давид имаз амчра ихы иархәаны аԥсра дацәцеит ҳәа. Иашас иҟоу абри ауп: ҳара Иегова игәра ҳгоит ҳәа ҳазҳәаӡом, Иегова зыгәра иго адгьыл аҿы иҟоу ихаҭарнакцәа рыгәра ҳамгозар.

8. Излеиԥшузеи Аусқәа 16:4, 5 аҿы иануи иахьа ақьырсиантә еизараҿы иҟоу аиҿкаареи?

8 Иахьа Иегова игәрагоу иҟәышу атәы ила иорганизациа анапхгара аиҭоит (Матф. 24:45). Актәи ашәышықәсазы еиԥш иахьагьы игәрагоу иҟәышу атәы Анцәа ижәлар дреиҷаҳауеит, насгьы аизара аиҳабацәа анапхгара риҭоит. (Шәаԥхьа Аусқәа 16:4, 5.) Аизара аиҳабацәа ракәзар, реизарақәа рҿы уи анапхгара иқәныҟәоит. Ҳара Иегова игәра шаҳго ааҳарԥшуеит, иорганизациеи аизара аиҳабацәеи иҳарҭо анапхгара ҳанықәныҟәо.

9. Ианбаҳзымариамхар алшо аизара аиҳабацәа рыӡбарақәа рзыӡырҩра, насгьы избан?

9 Зны-зынла аизара аиҳабацәа ирыдыркыло аӡбарақәа рзыӡырҩра ҳзымариаӡам. Иаҳҳәап, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ирацәаны аизарақәеи араионқәеи рҿы аԥсахрақәа ҟаҵан. Аҳратә залқәа еиҳа еиӷьны рхы иадырхәаларц азы еизарақәак рҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи даҽа еизарак ахь ииасырц ирыҳәеит. Ҳаргьы даҽа еизарак ахь ҳаиасырц иҳаҳәар, ҳҭынхацәеи ҳҩызцәеи рааныжьра ҳзымариамхар алшоит. Еилкаауп, аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи иарбан еизароу амаҵ ахьырулаша анырыӡбо, ажәҩан аҟынтә Иегова ибжьы раҳаӡом. Убри акәзаргьы ҟалап урҭ рыӡбара ақәшаҳаҭхара иаҳԥырхагоу. Аха Иегова урҭ рыгәра игозар, ҳаргьы рыгәра ҳгалароупb.

10. Избан, Ауриацәа рахь 13:17 иану инақәыршәаны, аизара аиҳабацәа ҳарзыӡырҩлар зхадоу?

10 Избан аизара аиҳабацәа ирыдыркыло аӡбарақәа ҳгәамԥхозаргьы, урҭ ҳарзыӡырҩлар зхадоу? Избанзар усҟан Анцәа ижәлар рыбжьара акзаара ҟалоит (Еф. 4:2, 3). Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аԥагьара аамырԥшӡакәа, аизара аиҳабацәа рхеилак ирыдыркыло аӡбарақәа ирзыӡырҩлар, аизараҿы аҭынчреи агәырӷьареи ҟалоит. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 13:17.) Уи адагьы, аизара аиҳабацәа ҳанырзыӡырҩуа, Иегова игәра шаҳго ааҳарԥшуеит, избанзар иара иоуп урҭ ҳаиҷаҳаларц азы аизара иахазыргылаз (Аус. 20:28).

11. Иҳацхраауазеи аизара аиҳабацәа рымҩақәҵарақәа еиҳагьы рыгәра агара?

11 Иҳацхраауазеи аизара аиҳабацәа рхеилак иҳарҭо амҩақәҵарақәа еиҳагьы рыгәра агара? Агәра ганы шәыҟаз: аишьцәа аизара иадҳәалоу азҵаарақәа анырыӡбо еснагь иԥшьоу адоуҳа роурц азы Анцәа иҳәоит. Иара убас, дара абиблиатә принципқәеи Иегова иорганизациа аҟынтә ироуа анапхгареи бзианы иҭырҵаауеит. Аизара аиҳабацәа Иегова ддыргәырӷьаларц, насгьы гәыкала ижәлар иреиҷаҳалар рҭахуп. Гәыкала иҟоу урҭ аишьцәа Иегова рнапы ианиҵаз ижәлар рзы аҭак шыҟарҵо рдыруеит (1 Пиотр 5:2, 3). Шәазхәыц: ари адунеи аҿы ауаа милаҭлеи, динхаҵаралеи, политикатә хәаԥшышьалеи иахьеиԥшым азы акзаара рымаӡам. Аха Иегова ижәлар еидгыланы, иҵабыргу Анцәа заҵәык имаҵ руеит. Уи зыбзоуроу Иегова иорганизациа дахьақәныҳәо ауп!

12. Иарбан зҵаарақәоу аизара аиҳабацәа иҭырҵаар рыхәҭоу, агәнаҳа ҟазҵаз гәыкала дахьхәуоу-дахьымхәуоу еилыркаарц азы?

12 Иегова аизара аиҳабацәа ирыдиҵеит аизараҿы ацқьара иахылаԥшларц. Аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵазар, урҭ ирыӡбароуп уи аизара далцатәу-далцатәыму. Дыззыԥшузеи Иегова аизара аиҳабацәа рҟынтә уи азҵаара анырыӡбо? Дара еилыркаароуп агәнаҳа ҟазҵаз игәнаҳа гәыкала дахьхәуоу-дахьымхәуоу. Иара дшахьхәыз иҳәар алшоит, аха ицәымӷҵәҟьоума иҟаиҵаз? Уаҳа ус шыҟаимҵо шиӡбаз убарҭоума? Ауаҩы агәнаҳа зыҟаиҵаз иҽеим аҩызцәа ахьимаз азы акәзар, дазхиоума урҭ рааныжьра? Аизара аиҳабацәа Анцәа иҳәоит, афактқәа ҭырҵаауеит, Абиблиа иаҳәо еилыркаауеит, иара убас агәнаҳа ҟазҵаз иҟаиҵаз дшазыҟоу аилкаара рҽазыршәоит. Анаҩс уи аизара далцатәу-далцатәыму рыӡбоит. Ҭагылазаашьақәак рҿы агәнаҳа ҟазҵаз аизара далцатәуп (1 Кор. 5:11—13).

13. Иарбан зҵаарақәоу иҳазцәырҵыр алшо, ҳҩыза, ма ҳҭынха аизара далырцазар?

13 Ианбаҳцәыцәгьахар алшо аизара аиҳабацәа рыгәра агара? Аизара иалырцаз даҳҩызамызҭгьы, ма дҳауамзар, урҭ рыӡбара ақәшаҳаҭхара ҳзымариахоит. Аха аизара иалырцаз бзиа иаҳбо аӡә иакәзар? Ҳара абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ҳазцәырҵыр ауеит: «Иҭырҵаама аизара аиҳабацәа афактқәа зегьы? Иегова урҭ рҭыԥан дыҟазҭгьы ус ҟаиҵарызма?» Иҳацхраауазеи аизара аиҳабацәа ирыӡбо ақәшаҳаҭхара?

14. Иҳацхраауазеи аизара аиҳабацәа рыгәра агара, ҳҩыза, ма ҳҭынха аизара далырцазар?

14 Иаҳхаҳмыршҭлап: зыгәнаҳа иахьымхәуа ауаҩы аизара дшалцатәу зҳәо Иегова иоуп. Уи иаргьы аизарагьы ахәарҭа рзаанагоит. Зыгәнаҳа иахьымхәуа ауаҩы аизара далрымцар, егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҽеим анырра риҭар алшоит (Гал. 5:9). Уи адагьы, убасҟан иара агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз еиликаауеит, насгьы иҽириашарц, иара убас Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа еиҭашьақәиргыларц иҭаххоит (Еккл. 8:11). Ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп, аизара аиҳабацәа аӡәы аизара далырцаанӡа зегьы ибзианы ишрызхәыцуа. Дара еилыркаауеит ажәытә Израиль иҟаз аӡбаҩцәа реиԥш даргьы, рыхьӡала акәымкәа Иегова ихьӡала шакәу аӡбарақәа шрыдыркыло (2 Аш. 19:6, 7).

ИЕГОВА УАЖӘНАТӘ ҲИҚӘГӘЫӶЛАР, АԤХЬАҞАГЬЫ ҲИҚӘГӘЫӶЛОИТ

Иҳацхраауазеи арыцҳара ду аан иҳауа анапхгара агәра агара? (Шәахәаԥш абзац 15.)

15. Избан уажәнатә Иегова игәра ҳгалар зҳахәҭоу?

15 Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәахоит, убри аҟынтә Иегова игәра ҳгалароуп. Избан? Избанзар арыцҳара ду аан иҳауа анапхгара аҟәышра аҵамшәа ҳбалар алшоит. Иегова ҳара хаҭала дҳацәажәалаӡом. Иара аҭакԥхықәра зду аишьцәа рыла анапхгара ҳаиҭалар ҟалап. Усҟан ҳгәы иаанамгалароуп: «Арҭ амҩақәҵарақәа Иегова иҟынтә акәу, аишьцәа рхаҭа ирыӡбаз акәу?». Рыгәра жәгалома Иеговеи иорганизациеи ауаҩытәыҩсатә ҭоурых аҿы ихадоу ари аамҭазы? Аишьцәа иҳарҭо анапхгара иахьа ҳшазыҟоу ари азҵаара аҭак ҳнаҭоит. Урҭ ишәырҭо анапхгара агәра жәгозар, насгьы иаразнак шәықәныҟәозар, арыцҳара ду аангьы убас ҟашәҵалоит (Лука 16:10).

16. Иԥышәахар шԥалшо иаарласны Иегова иахь иҳамоу агәрагара?

16 Иҟоуп ҳзызхәыцша даҽакгьы. Ишԥаҳадаҳкыло Иегова иӡбарақәа, аҵыхәтәантәи амш азы ари адунеи цәгьа данақәыӡбо? Ҳәарада ҳара ҳгәыӷуеит ҳауацәа рҟынтә аӡәырҩы Иегова имаҵ аура иалагоит ҳәа. Аха Анцәа ӡбаҩыс иалихыз Иисус Армагеддон аан урҭ рус иӡбоит (Матф. 25:31—33; 2 Фес. 1:7—9). Иегова ирыцҳаишьашеи-ирыцҳаимшьашеи ҳара ҳакәӡам изыӡбо (Матф. 25:34, 41, 46). Ҳиқәшаҳаҭхома Иегова, мамзаргьы ҳицәгәааны имаҵ аура ҳаҟәыҵуоу? Иегова иахь ҳагәрахаҵара уажәнатә иҳарӷәӷәалар, ҳаԥхьаҟагьы игәра ҳгалоит.

17. Избан Иегова ари адунеи цәгьа данақәыӡбо аамҭа шәзазыԥшу?

17 Шәхаҿы иаажәг адунеи ҿыц аҿы шәыҟоушәа. Иегова ари адунеи цәгьа дақәыӡбахьеит. Амцдинхаҵареи, аԥсыцәгьара злоу акоммерциеи, ауаа ршьа казҭәоз аполитикатә системеи, ачымазарақәеи, ажәреи, аԥсреи ыҟаӡам. Аҩсҭаа идемонцәеи иареи 1 000 шықәса ҳәа иҭакуп. Урҭ рнапхгара иаанагаз аԥхасҭа иаарласны иагьҳгәалашәалаӡом (Аат. 20:2, 3). Шаҟа ҳаигәырӷьалозеи Иегова игәра ахьаҳгоз!

18. Иаҳнарҵозеи Ахыԥхьаӡарақәа 11:4—6; 21:5 рҿы иану израильаа рҿырԥшы?

18 Шәгәы ишԥаанаго, адунеи ҿыц аҿы ҳанынхало Иегова изыӡырҩра есымша иаҳзымариахома? Иаҳгәалаҳаршәап израильаа тәцәас иахьыҟаз Египет ианалҵ ашьҭахь рхы шымҩаԥыргоз. Шьоукы Египет иаҳфоз афатә гәхьааҳгеит ҳәа рҳәон. Насгьы Иегова џьашьахәыла ириҭоз аманна азы абас рҳәон: «Гьама змам ари ачагьы ҳгәы ԥнаҵәеит». (Шәаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 11:4—6; 21:5.) Иҳахьыр алшома уи аҩыза ҳаргьы, арыцҳара ду ашьҭахь? Ҳара иҳаздырӡом Армагеддон аан еилаҳауа зегьы ақәгаразы, насгьы адгьыл хәыҷы-хәыҷла џьанаҭны аҟаҵаразы шаҟа аамҭеи аџьабааи аҭаххо. Адгьыл иаразнак иџьанаҭхаӡом, насгьы аусутә рацәахоит. Иааҳарԥшлома адунеи ҿыц аҿы агәынамӡара? Ус ҳмыхьырц азы, Иегова дахьҳаиҷаҳауа уажәнатә ахә ҳшьалароуп.

19. Иааркьаҿны еиҭашәҳәа ари астатиаҿы иаагоу ихадоу азхәыцрақәа.

19 Иегова иҟаиҵо еснагь ишиашоу агәра ганы ҳаҟазароуп. Уи адагьы, анапхгара ҳаиҭарц азы иалихыз аишьцәа рыгәра ҳгалароуп. Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп Иегова иажәақәа: «Шәара мчыс ишәымоу иаашәырԥшуа аҭынчреи сара сахь ишәымоу агәрагареи роуп» (Ис. 30:15).

ИҲАЦХРААУАЗЕИ ИЕГОВА ИГӘРА АГАРА...

  • Абиблиаҿы ҳзыԥхьо ак анаҳзеилымкаауа?

  • иорганизациа иҳанаҭо анапхгара ақәныҟәара анаҳзымариам?

  • арыцҳара ду аан, насгьы адунеи ҿыц аҿы?

АШӘА 98 Аҩыра Анцәа идоуҳала иҩуп

a Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иеговеи адгьыл аҿы иҟоу ихаҭарнакцәеи рахь иҳамоу агәрагара ҳарӷәӷәалар зҳахәҭоу. Иара убас ҳара еилҳаргоит Анцәа имаҵзуҩцәа уи уажәнатә хәарҭас ирзаанаго, насгьы аԥхьаҟа уи ада ԥсыхәа зҳамамзаало.

b Ҭагылазаашьақәак рҿы, мзызқәак ирыхҟьаны аишьцәеи аиҳәшьцәеи даҽа еизарак ахь аиасра рылшаӡом. Шәахәаԥш 2002 шықәса, ноиабр мзазы иҭыҵыз «Иԥшьоу ҳмаҵзура» аҿы иану «Ящик вопросов» (аурыс).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра