АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АЖӘАМААНАҚӘА (ПРИТЧИ) 1—6
«Гәыкала Иегова уиқәгәыӷла»
Иегова даԥсоуп ӷәӷәала игәра ҳгаларц. Ихьӡ аҵакы аилкаара ҳацхраауеит иқәыргәыӷрақәа зегьы рынагӡара шилшо ала ҳагәрагара арӷәӷәара. Иара убас Иегова иахь ҳагәрагара еизҳауеит анцәаиҳәара абзоурала. Ажәамаанақәа (Притчи) 3-тәи ахы иҳаилнаркаауеит Иегова ҳаниқәгәыӷуа дшаҳзылԥхо, насгьы ҳамҩақәа шириашо.
Сҟәыӷоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо...
3:5—7
Иегова иҿы анапхгара дамыҳәакәа, аӡбара идикылоит
ихы, ма ари адунеи аҟәыӷара дақәгәыӷуеит
Иегова иқәгәыӷуа...
Абиблиа аҭҵаареи, азхәыцреи, анцәаиҳәареи рыбзоурала Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа ирӷәӷәоит
аӡбара идикылаанӡа, абиблиатә принципқәа ҭҵааны инапхгара иԥшаауеит
РАԤХЬА: Ииашоуп ҳәа исыԥхьаӡо аӡбара ауп исыдыскыло |
АНАҨС: Иегова уи аӡбара дазылԥхарц сиҳәоит |
РАԤХЬА: Иегова сиҳәо, схатә ҭҵаара мҩаԥго инапхгара сыԥшаауеит |
АНАҨС: Абиблиатә принципқәа ирықәшәо аӡбара сыдыскылоит |