Ишԥашәыдышәкыло шәара аӡбарақәа?
«Шәҽазышәк Анцәа игәаҳәара аилкаара» (ЕФ. 5:17).
1. Иарбан Абиблиаҿы иану закәанқәоу еиқәышәыԥхьаӡар шәылшо, насгьы хәарҭас иаҳзаанагозеи урҭ ҳанрықәныҟәо?
ИЕГОВА Абиблиа ала еилыкка иҟоу аԥҟарақәа ҳаиҭеит. Иаҳҳәап, иара дрықәыӡбоит игәаԥхашәадоу аизыҟазаашьақәеи, аныхамҵахырхәареи, аӷьычреи, арыжәтә аҽаршьреи (1 Кор. 6:9, 10). Иара убас Анцәа Иԥа Иисус Христос ишьҭанеицәа имариам, аха аинтерес зҵоу адҵа риҭеит: «Шәцаны ажәларқәа зегьы рыҩнуҵҟа шәуазҳәала, Аби, Аԥеи, Аԥсы Цқьеи [«аҵаҩцәа азыҟашәҵала, Аби, Аԥеи, иԥшьоу адоуҳаи», АдҾ] рыхьӡала ишәнаҭла,— Идшәырҵала, ишшәасҳәаз ала, аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларазы; Сара шәарҭ ԥымкрада сшәыцҟоуп» (Матф. 28:19, 20). Ҳара Анцәа изакәанқәеи иԥҟарақәеи ҳрыхьчоит. Урҭ рықәныҟәара ҳаналага, ахпатуқәҵара ҳауит, ҳгәабзиара еиӷьаҳтәит, ҳҭаацәарақәагьы еиҳа насыԥ роуит. Аха зегь раасҭа ихадоу, Иегова иԥҟарақәа зиашарала ҳанрықәныҟәо, ажәабжьҳәарагьы уахь иналаҵаны, уи даҳзыразхоит, насгьы азылԥхарақәа ҳаиҭоит.
2, 3. а) Избан Абиблиаҿы ҳаԥсҭазаараҿы ҳзықәшәо аҭагылазаашьақәа зегьы рганахь ала иалкаау аԥҟарақәа заным? б) Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
2 Аха иҟоуп аҭагылазаашьақәа рацәаны Абиблиа иалкаау амҩақәҵара ахьҳнамҭо. Иаҳҳәап, Абиблиаҿы ианӡам ақьырсианцәа рыҽшеиларҳәаша аганахь ала инарҭбаау аԥҟарақәа. Иаанамырԥшӡои уи Иегова иҟәыӷара? Аҽеилаҳәашьеи амаҭәа аӡахышьеи атәылақәа зегьы рҿы еиԥшым, уи адагьы урҭ ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа еснагь рҽырыԥсахуеит. Абиблиаҿы ақьырсианцәа рзы аҽеилаҳәашьеи ахцәыҟаҵашьеи зеиԥшразар акәу еиқәыԥхьаӡазҭгьы, ҳаамҭазы уи уажәшьҭа амода цахьазаарын. Убас еиԥш Анцәа Иажәаҿы ианӡам ақьырсианцәа аусуреи, аҽыхәышәтәра аметодқәеи, агәырҿыхагақәеи аналырхуа изықәныҟәалар акәу аԥҟарақәа рацәаны. Арҭ аҭагылазаашьақәа рҿы ақьырсианцәеи аҭаацәара ахадацәеи Анцәа азин риҭоит иҟарҵаша рхала ирыӡбарц.
3 Иаанагома уи Иегова иҳадаҳкыло аӡбарақәа хьаас имаӡам ҳәа? Зны-зынла иҳадаҳкыло аӡбарақәа ҳаԥсҭазаара ӷәӷәала ианырыр рылшоит. Дырзыразхома жәҩантәи Ҳаб ҳаӡбарақәа зегьы, урҭ абиблиатә закәанқәа еиларымгозар? Ишԥеилкаатәу иарбан ӡбароу Иегова игәы иахәо, уи аганахь ала еилыкка иҟоу аԥҟарақәа ҳамамзар?
АҴАКЫ АМОУМА ИҲАДАҲКЫЛО АӠБАРАҚӘА ЗЕИԤШРОУ?
4, 5. Ишԥарылшо иҳадаҳкыло аӡбарақәа егьырҭи ҳареи иаҳнырыр?
4 Аӡәы игәы иаанагозар ауеит иҳадаҳкыло аӡбарақәа зеиԥшроу аҵакы амаӡам ҳәа. Аха Иегова игәы иахәо, иҟәыӷоу аӡбара ҳадаҳкыларц азы, Иажәа иану азакәанқәеи апринципқәеи ҳрызхәыцлароуп, насгьы ҳхы иаҳархәалароуп. Иаҳҳәап, Иегова даҳзыразызарц азы, ашьа аганахь ала иҟоу аԥҟара ҳақәныҟәалароуп (Аҟаз. [Быт.] 9:4; Аус. 15:28, 29). Анцәа иҳәара ҳацхраауеит иара изакәанқәеи ипринципқәеи ирықәшәо аӡбара адкылара.
5 Иҟоуп ҳдоуҳатә гәабзиара ианыруа ихадоу аӡбарақәа. Ҳаӡбарақәа Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ицәгьаны ма ибзианы ирныруеит. Иҟәыӷоу аӡбара Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа арӷәӷәоит, иҟәыӷам — урҭ бжьнахуеит. Иара убри адагьы иҟәыӷам аӡбара иахҟьаны егьырҭ доуҳала ааха роур, ргәы каҳар, ма ишьацәхныслар рылшоит, насгьы аизараҿы акзаара еиланагар ҟалоит. Ааи, ҳаӡбарақәа зеиԥшроу аҵакы ӷәӷәа рымоуп. (Урыԥхьа Римаа рахь 14:19; Галаҭаа рахь 6:7.)
6. Ҳзызхәыцлар акәзеи, аӡбарақәа анҳадаҳкыло?
6 Иҟаҳҵар акәзеи, ҭагылазаашьак аҿы иалкаау библиатә ԥҟарак ҳамамзар? Усҟан ҳара инҭырҳәыцааны зегь ҭаҳҵаароуп. Аӡбара анҳадаҳкыло иаҳгәаԥхо акәымкәа, Иегова ҳаӡбара дазыразхоу-дазыразымхоу ҳазхәыцыр ауп. Усҟан иара даҳзылԥхоит. (Уаԥхьа Аԥсалом 36:5 [37:5, АдҾ].)
ИЕГОВА ИГӘАҲӘАРА АИЛКААРА ШӘАШЬҬАЗ
7. Иҟаҳҵар акәзеи, ҳҭагылазаашьа ианаало иалкаау библиатә ԥҟарак ыҟамзар?
7 Иҟалап шәара шәҵаауазар: «Иҳалшома ҭагылазаашьак иадҳәаланы Иегова игәаанагара аилкаара, уи аганахь ала Иажәаҿы иалкаау ԥҟарак ыҟамзар?» Ефесаа рахь 5:17 аҿы иануп: «Шәҽазышәк Анцәа игәаҳәара аилкаара». Аха ишԥеилкаатәу Анцәа игәаҳәара, Абиблиаҿы иалкаау ԥҟарак ыҟамзар? Уи азы ҳара Иегова ҳиҳәалар, насгьы иԥшьоу адоуҳа анапхгара ҳақәныҟәалар ауп.
8. Ицхраауази Иисус Иегова иара иҟынтә дыззыԥшыз аилкаара? Иаажәга аҿырԥштәы.
8 Шәааи еилҳаргап Иисус Иаб иара иҟынтә дыззыԥшыз аилкаара дшашьҭаз. Абиблиаҿы иануп Иисус Анцәа даниҳәа ашьҭахь, џьашьахәыла ауаа ҩынтә акрышырҿеиҵаз (Матф. 14:17—20; 15:34—37). Аха ацәҳәыраҿы Аҩсҭаа данԥишәоз, Иисус ахаҳәқәа ача рылхра мап ацәикит, уи амла дшакуазгьы. (Уаԥхьа Матфеи 4:2—4.) Иисус Иаб ихәыцшьа ибзианы идыруан аҟынтә, еиликаауан ари аџьашьахәы аҟаҵара шихәҭам. Иара идыруан Иаб ишиҭахымыз имаз амч ихатә ҭахрақәа рынагӡаразы ихы иаирхәаларц. Ахаҳәқәа ача рылхра мап анацәик, Иисус иааирԥшит Иегова дышиқәгәыӷуаз, насгьы иара иҟынтә анапхгара дшазыԥшыз. Иисус агәра ганы дыҟан Иаб иҭахрақәа дышреиҷаҳауа.
9, 10. Иҳацхраауазеи иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара? Иаажәга аҿырԥштәы.
9 Иисус иҿыԥшра, насгьы иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара ҳҭахызар, ҳаргьы Иегова инапхгара ҳашьҭазароуп. Ҳара Ажәамаанақәа (Притчи) 3:5—7 иану ажәақәа инарықәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгалароуп: «Уиқәгәыӷла Иегова гәыкала, уагьақәымгәыӷын ухатәы еилкаара. Дугәалашәала умҩақәа зегь рҿы, иаргьы умҩақәа ириашоит. Уара уҟәыӷаны ухы умыԥхьаӡан. Иегова уицәшәала, ацәгьара уҽацәыхьчала». Абиблиа анҭаҳҵаауа, Иегова ихәыцшьа еилаҳкаауеит. Уи ҳацхраауеит иалкаау ҭагылазаашьак аҿы иара ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу аилкаара. Иегова ихәыцшьа еиӷьны еилаҳкаацыԥхьаӡа, инапхгара ақәныҟәара еиҳа иаҳҭаххоит (Иез. [Иез.] 11:19, 20).
10 Еилҳаргап анаҩстәи аҿырԥштәы. Иаҳҳәап, аҭаацәара иалоу ԥҳәыск адәқьанқәа рҿы дхәаахәҭуеит. Лара еимаақәак даара илгәаԥхоит, аха урҭ рыхә цәгьоуп. Лхы дазҵаауеит: «Иахиҳәаарызеи схаҵа, абас зыхә цәгьоу аимаақәа аасхәар?» Лхаҵа лааигәара дшыҟамгьы, ҭакс иҟаиҵо лдыруеит. Еицынхоижьҭеи лара лхаҵа ибзианы деилылкаахьеит, насгьы иара рҭаацәаратә биуџьет дшазыҟоу лдыруеит. Убас еиԥш Иегова ихәыцшьеи имҩақәеи ирызкны ҳдыррақәа хәыҷы-хәыҷла еизҳацыԥхьаӡа, жәҩантәи Ҳаб еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ҳара ҳҟынтәи дыззыԥшу еиҳа еиӷьны еилаҳкаалоит.
ИШԤАҲАЛШО ИЕГОВА ИХӘЫЦШЬА АИЛКААРА?
11. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭалар ҳалшо Абиблиа ҳанаԥхьо, насгьы ианҭаҳҵаауа? (Шәахәаԥш арамка «Абиблиа анҭышәҵаауа, шәхы шәазҵаала...»).
11 Иегова ихәыцшьа аилкааразы, иҵаулоу ахатә ҭҵаара мҩаԥгалатәуп. Анцәа Иажәа ҳанаԥхьо, ма ианҭаҳҵаауа, ҳхы ҳазҵаалар бзиоуп: «Исеилнаркаазеи ари Иеговеи, иара имҩа иашақәеи ихәыцшьеи ирызкны?» Ҳара аԥсаломшәаҳәаҩ Давид игәазыҟашьа аҩыза ҳамазар ҳҭахуп: «Нцәа Ҳазшаз, умҩақәа сзаарт, исырҵа уара умҩақәа рықәныҟәашьа. Уара уҵабырг ахь схы рха, иагьсырҵа; избанзар Уара Унцәоуп сара сҿыхҩ; ианакәзаалакгьы Уара суқәгәыӷуеит» (Аԥсал. 24:4, 5 [25:4, 5, АдҾ]). Абиблиатә цыԥҵәахақәа абарҭ азҵаарақәа шәхы иархәаны шәрызхәыцла: «Ишԥасылшо сзыԥхьаз схы иасырхәар? Иабасылшо уи ахархәара? Аҩны? Аусураҿы? Ашкол аҿы? Амаҵзураҿы? Уи аматериал ахәарҭа ахьҳзаанаго анеилаҳкаауа, ҳхы ишаҳархәаша ҳбар ҳалшоит.
12. Ишԥаҳацхраауеи еиуеиԥшым азҵаарақәа рганахь ала ҳпубликациақәеи ҳаизарақәеи Иегова ихәыцшьа еиҳа еиӷьны аилкаара?
12 Иара убас ҳара Иегова ихәыцшьа еилаҳкаауеит, иорганизациа аҟынтәи иҳауа Абиблиа шьаҭас измоу амҩақәҵара ҳазҿлымҳазар. Иаҳҳәап, «Индекс публикаций Сторожевой Башни», насгьы «Путеводитель по публикациям Свидетелей Иеговы» ҳхатәы ӡбара ахьҳадаҳкылар акәу еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа Иегова дышрыхәаԥшуа аилкаара иҳацхраауеит. Уи адагьы, ақьырсиантә еизарақәа рҭаареи урҭ рыҽрылархәреи ахәарҭа ду ҳзааргоит. Уа иҳауа аинформациа азхәыцра Иегова еиуеиԥшым азҵаарақәа дышрыхәаԥшуа аилкаареи ихәыцшьа аҿыԥшреи иҳацхраауеит. Доуҳала ҳчаларц азы Иегова иҳаиҭо зегьы ҳхы ианаҳархәо, аамҭа цацыԥхьаӡа иара имҩақәа еиҳа еиӷьны еилаҳкаалоит. Уи Анцәа дыззылԥхо аӡбара адкылара иҳацхраауеит.
ИЕГОВА ИХӘЫЦШЬА ШӘЫӠБАРАҚӘА ИРНЫРЛААИТ
13. Иаажәга Иегова ихәыцшьа ҳаназхәыцуа, уи иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара ишҳацхраауа ҳзырбо аҿырԥштәы.
13 Еилҳаргап Иегова ихәыцшьа ҳаназхәыцуа, уи иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара ишҳацхраауа ҳзырбо аҿырԥштәы. Иҟалап апионертә маҵзура шәалагар шәҭахызар. Уи ахықәкы анагӡаразы, шәыԥсҭазаара хәыҷы-хәыҷла армариара шәалагоит. Аха уеизгьы гәҭыхак шәымоуп: шәнасыԥхома шәара, еиҳа имаҷны аԥара арҳара шәалагар? Ҳәарада, Абиблиа ианӡам пионерс амаҵ ҳаулароуп ҳәа; ҳара уеизгьы зиашарала Иегова имаҵ ҳаулар ҳалшоит. Аха Иисус иажәақәа ҳақәдыргәыӷуеит Анцәа Иаҳра азы ахамеигӡара аазырԥшуа меигӡарахда азылԥхарақәа шроуа. (Уаԥхьа Лука 18:29, 30.) Уи адагьы, Абиблиа аҟынтәи ҳара еилаҳкаауеит хатәгәаԥхарала аҭара аныҟаҳҵо — Иегова данҳарҽхәо — уи дшаргәырӷьо. Уахь иаҵанакуеит ҳҭагылазаашьақәа иахьынӡаҳалдыршо гәырӷьарыла имаҵ аура (Аԥсал. 118:108 [119:108, АдҾ]; 2 Кор. 9:7). Арҭ азхәыцрақәа ҳрызхәыцыр, насгьы Иегова ацхырааразы ҳиҳәар, ихәыцшьа еилаҳкаауеит. Усҟан иҳалшоит ахәарҭа ҳзаазго, насгьы жәҩантәи Ҳаб дзыргәырӷьо аӡбара ҳадаҳкылар.
14. Ишԥаҳалшо ҽеилаҳәашьак Иегова игәаԥхоу-игәамԥхоу аилкаара?
14 Даҽа ҿырԥштәык: иаҳҳәап, шәара аизараҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шьоукы зыргәамҵыр алшо аҽеилаҳәашьа шәгәаԥхозар ауеит. Абиблиаҿы уи аҩыза аҽеилаҳәашьа мап ацәызкуа азакәан анӡам. Иахиҳәаауазеи уи Иегова? Иаҳгәалаҳаршәап Анцәа идоуҳа зҵоу Павел илабжьара: «Аҳәса ракәзаргьы: иахәҭоуп иахмырҟьакәа, иаҩцацәамкәа рҽеиларҳәаларц — ҵыхәаԥҵәарада рыхцәқәа еиларҳәы-еиларҳәуа, хьыла, акыр иаԥсоу хаҳәла, маҭәала рҽырԥшӡауа акәымкәа,— Анцәа игәрахаҵара здызкылаз дарбан ԥҳәысзаалакь, аус бзиақәа, аус хирқәа дырҿызааит» (1 Тим. 2:9, 10). Арҭ ажәақәа, ахацәагьы ирыҵанакуеит. Иегова зҽизызкыз имаҵзуҩцәа раҳасабала, ҳара ҳхатә гәаԥхарақәа рымацара ракәымкәа, ҳҽеилаҳәашьеи ҳҭеиҭыԥши егьырҭ ишырныруа ҳазхәыцуеит. Ахӡырымгареи абзиабареи ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ргәаанагара азхәыцра ҳгәазҭанаҵоит, усҟан ҳара урҭ ҳаргәамҵлаӡом (1 Кор. 10:23, 24; Флп. 3:17). Иԥшьоу Аҩыра иану апринципқәа еснагь иаҳгәалашәозар, Иегова ихәыцшьа аилкаара ҳалшоит, насгьы иҳадаҳкыло аӡбарақәа рыла дҳаргәырӷьалоит.
15, 16. а) Дышԥазыҟоу Иегова игәаԥхашәадоу афантазиақәа ҳҽанраҳҭо? б) Ишԥаҳалшо иалҳхуа агәырҿыхагақәа рганахь ала Иегова игәаанагара аилкаара? в) Ишԥаҳадаҳкылалар акәу ихадоу аӡбарақәа?
15 Абиблиаҿы иануп ауаа ацәгьара аныҟарҵо, насгьы «рыгәҭахәыцрақәа зегьы еснагь ацәгьара мацарахь» ианырхоу, Иегова игәы шинархьуа. (Уаԥхьа Аҟазаара [Бытие] 6:5, 6.) Ус анакәха, игәаԥхашәадоу афантазиақәа Иегова ицәымӷуп, избанзар урҭ Аҩыра зқәыӡбо, Анцәа ихәыцшьагьы иаҿагыло агәнаҳа ӷәӷәақәа рахь унаргоит. Христос иҵаҩы Иаков иҩуан: «Жәҩан ахьтә уаҩы изылыԥхо аҟәыӷара, зегь раԥхьаӡагьы, ицқьоуп, изҩыдоуп, хӡырымгарала, ауаҩы ихӡыӡаарала, иххәыцрала, ибзиабарала иҭәуп, лаҵа-еилых дамам, лабз-ҩабзрагьы алам» (Иак. 3:17). Уи ҳгәаларшәо, ицқьам ахәыцрақәа ҳазцәырызго, насгьы иахәҭам аусқәа ҳдырҟаҵар зылшо агәырҿыхагақәа ҳҽырцәаҳахьчалоит. Иегова ихәыцшьа ибзианы ианеилаҳкаауа, ҳара иаҳдыруазаалоит иарбан шәҟәқәоу изыԥхьалатәу, фильмқәоу изхәаԥшлатәу, иарбан хәмаррақәоу иалхлатәу. Уи аганахь ала Иегова игәаанагара еилыкка Абиблиа иануп.
16 Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы Иегова игәы имырхькәа аӡбара злаҳадаҳкылаша азнеишьақәа ыҟоуп. Аха ихадоу аӡбарақәа анҳадаҳкыло, зны-зынла аизара аиҳабацәа, ма доуҳала ишәу ақьырсианцәа рҿы алабжьара ҳаԥшаалар бзиоуп (Тит 2:3—5; Иак. 5:13—15). Ҳәарада, ииашахомызт егьырҭ ҳара ҳзы аӡбара рыдыркыларц рыҳәара. Ақьырсианцәа ацәгьеи абзиеи реиҩдыраашьа рхаҭа ирҵалароуп (Аур. 5:14). Ҳара зегьы Анцәа идоуҳа зҵоу Павел иажәақәа инарықәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгалароуп: «Доусы иара иеидара хьанҭа даҵоуп» (Гал. 6:5).
17. Иарбан зылԥхарақәоу иҳауа, Иегова дзыргәырӷьо аӡбарақәа ҳадаҳкылалар?
17 Аӡбарақәа анҳадаҳкыло Иегова ихәыцшьа ҳазхәыцуазар, уи иареи ҳареи ҳаизааигәанатәуеит (Иак. 4:8). Усҟан ҳара иаҳбоит иара дшаҳзыразу, насгьы дшаҳзылԥхо. Уи ҳхаҵара арӷәӷәоит. Шәааи анаҩсгьы абиблиатә закәанқәеи апринципқәеи ҳхы иаҳархәалап, избанзар урҭ Анцәа ихәыцшьа аилкаара иҳацхраауеит. Ҳәарада, ҳара есымша Иегова изкны иҿыцу акы еилаҳкаалар ҳалшоит (Иов 26:14). Аха уажәнатә аџьабаа ҳбозар, аҟәыӷареи, адырреи, агәеилых бзиеи ҳаур ҳалшоит. Арҭ аҟазшьақәа иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауеит (Ажәам. [Прит.] 2:1—5). Инаӡам ауаа рхәыцрақәеи рыпланқәеи рҽырыԥсахуеит. Аха аԥсаломшәаҳәаҩ ишазгәеиҭаз еиԥш, «Нцәа Ҳазшаз иабжьгара акәзар, уи наунагӡоуп. Иара игәҭакқәа зегь биԥара-биԥарала инеимдо иааргоит» (Аԥсал. 32:11 [33:11, АдҾ]). Ҳәарада, ҳхәыцшьақәеи ҳусқәеи иҟәыӷоу ҳ-Анцәа Иегова ихәыцшьа иақәшәозар, иреиӷьу аӡбарақәа ҳадаҳкылалар ҳалшоит!