АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иегова игәы иаа́нагар алшозеи?
Аӡбара удукылаанӡа — имаҷзаргьы идузаргьы — ухы уазҵаауама: «Иегова игәы иаанагар алшозеи?» Ҳара аҵыхәтәанынӡа иаҳзеилкаауам Иегова дышхәыцуа, аха Иара Иажәаҿы иҳаиҭеит аинформациа «аус бзиақәа» ҳрызхианы ҳаҟазарц азы (2 Тим. 3:16, 17; Рим. 11:33, 34). Иисус ибзианы еиликаауан Иегова игәаԥхара иаҵанакуаз, насгьы Анцәа игәаԥхара анагӡара иара иԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадан (Иоанн 4:34). Шәааи, Иисус иеиԥш есымша Иегова игәаԥхо аӡбарақәа ҳадаҳкылалап (Иоанн 8:28, 29; Еф. 5:15—17).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИЕГОВА ИГӘАԤХАРА АИЛКААРА ШӘАШЬҬАЗ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
- Избан абиблиатә принципқәа рықәныҟәара захәҭоу? 
- Иарбан библиатә принципқәоу ҳзықәныҟәалар ахәҭоу ҳаззыӡырҩыша амузыкеи ашәақәеи аналаҳхуа? 
- Иарбан библиатә принципқәоу ҳзықәныҟәалар ахәҭоу амаҭәеи ахцәыҟаҵареи рганахьала? 
- Иарбан библиатә принципқәоу ҳзықәныҟәалар ахәҭоу егьырҭ ҳаԥсҭазааратә ганқәа рҿгьы? 
- Иҳацхраауазеи иҵегь Иегова игәаԥхара иаҵанакуа еиҳа еиӷьны аилкаара? 
Иаадырԥшуазеи исыдыскыло аӡбарақәа Иеговеи сареи ҳаизыҟазаашьақәа рганахьала?