АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИСАИА (ИСАИЯ) 63—66
Ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци наӡаӡатәи агәырӷьара ааргоит
Исаиа 65-тәи ахаҿы иану аиҭашьақәыргылара иазку Анцәа иқәыргәыӷра убриаҟара уақәгәыӷыртә иҟоуп, Иегова уи иҟалахьоу ак еиԥш дахцәажәоит.
Иегова ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци ишоит, уа уаанӡатәи уаҳа иргәалашәалаӡом, ргәахьгьы уаҳа иааиӡом
65:17
Изакәызеи ажәҩан ҿыц?
Адгьыл аҿы аиашара шьақәзыргыло иҿыцу напхгароуп.
Уи 1914 шықәсазы Иисус Христос Анцәа Иаҳра Аҳас даныҟала инаркны напхгара ҟанаҵоит.
Изакәызеи адгьыл ҿыц?
Жәҩантәи ари анапхгара гәахәарыла иацныҟәо еиуеиԥшым амилаҭқәеи, арасақәеи, абызшәақәеи рҟынтә ауаа.
Ишԥеилкаатәу уаанӡатәи уаҳа иргәалашәалаӡом ҳәа иҳәоу ажәақәа?
Ахьаа ҳзаазгоз агәаҟрақәа уаҳа иҟалаӡом.
Анцәа изиашоу ауаа аԥсҭазаара иалагәырӷьалоит, насгьы есыҽны угәы иахәо агәаларшәарақәа рзыннажьлоит.