АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Шәгәыӷра шәалагәырӷьала
Агәыӷра аԥырсал иаҿҳарԥшыр ҳалшоит (Аур. 6:19). Уи ҳацхраауеит ацәқәырԥеисрақәа иреиԥшу ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо доуҳала ҳамӡааҟәрыларц (1 Тим. 1:18, 19). Ус еиԥш иҟоу ацәқәырԥеисрақәа иреиԥшзар алшоит ианҳақәымҿио аҭагылазаашьақәа, амал ацәыӡра, хәышәтәышьа змам ачымазара, иаҳзааигәоу иԥсра, ма Анцәа иахь иааҳарԥшуа азиашара ԥызшәо егьырҭ ауадаҩрақәа.
Агәрахаҵареи агәыӷреи ҳазқәыргәыӷу аҳамҭа ҳалаԥш ахымгара иҳацхраауеит (2 Кор. 4:16—18; Аур. 11:13, 26, 27). Убри аҟынтә иарбан гәыӷроу иҳамазаалакгьы — жәҩантәи, ма адгьыл аҿтәи — Анцәа Иажәа иану ақәыргәыӷрақәа ҳрызхәыцуа, уи ҳарӷәӷәалар ауп. Усҟан аԥышәарақәа раан агәырӷьара ахьчара еиҳа иаҳзымариахоит (1 Пиотр 1:6, 7).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «РАДУЙТЕСЬ В НАДЕЖДЕ», НАС АНАҨСТӘИ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Ишԥаҳалшо Моисеи иҿыԥшра?
Иарбан ҭакԥхықәроу аҭаацәара ахадацәа ирыду?
Иарбан темақәоу аҭаацәаратә мҵахырхәара аан ҳазлацәажәалар ҳалшо?
Ишԥауцхраауеи агәыӷра аԥышәарақәа раан уӷәӷәаны уаанхарц?
Уззыԥшузеи уара угәы хыҭ-хыҭуа?