АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Анцәа имҵахырхәаразы иҳамоу аҭыԥқәа ҳреиҷаҳауеит»
Аҳратә залқәа — ус баша хыбрақәам; урҭ Иегова изку, имҵахырхәаразы иҟоу ҭыԥқәоуп. Аха урҭ ирхылаԥшлатәуп. Ишԥаилшо ҳара ҳҟынтә дарбанзаалак Аҳратә зал аиҷаҳара? Уахәаԥш авидеонҵамҭа «Анцәа имҵахырхәаразы иҳамоу аҭыԥқәа ҳреиҷаҳауеит», нас анаҩстәи азҵаарақәа рҭак ҟаҵа:
Хықәкыс ирымоузеи Аҳратә залқәа?
Избан Аҳратә зал ацқьареи аиҿкаареи ацклаԥшра заҭаху?
Дарбану Аҳратә зал ахылаԥшразы аҭакԥхықәра зду?
Избан Аҳратә зал аҿы ашәарҭадара даара изхадоу? Иарбан шәарҭадаратә методқәоу авидеонҵамҭаҿы зыӡбахә ҳәаз?
Дышԥаҳаранакуеи Иегова хатәгәаԥхарала иҟаҳҵо аҭара?