АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИЕЗЕКИИЛЬ 6—10
Иуоуама уара аиқәырхаразы адырга?
Иезекииль иоуз абара раԥхьа инаӡеит, ажәытәтәи Иерусалим анхыбгала. Ишԥанаӡо ари аԥааимбаражәа ҳаԥхьаҟа?
9:1, 2
- Аписар ичернилаҭра зыҟәну ауаҩы — Иисус Христос иоуп. 
- Абџьар зку фҩык ауаа Иисус дызхагылоу жәҩантәи ар аадырԥшуеит. 
9:3—7
- Ҵҩа змам ажәлар ари адырга роуеит арыцҳара ду аан уасақәоуп ҳәа ианыԥхьаӡахо.