АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Урықәныҟәала Иегова ишьақәиргылаз агәаԥхашәатә нормақәа
Анцәа Иегова ауаа рзы ишьақәиргылеит агәаԥхашәатә нормақәа. Иаҳҳәап, иара еилыкка иҳәеит аҭаацәалазаара — ари хаҵеи ԥҳәыси ирыбжьоу ихымбгало аиқәшаҳаҭра шакәу (Матф. 19:4—6, 9). Анцәа агәаԥхашәадара иаҵанкуа зегьы дақәыӡбоит (1 Кор. 6:9, 10). Уи адагьы, иара ашәҵатәи аҭеиҭыԥши рганахь ала апринципқәа ҳаиҭоит, урҭ рыбзоурала ижәлар ари адунеи аҿы инхо ауаа ирылукаартә иҟоуп (Ҩынтә. 22:5; 1 Тим. 2:9, 10).
Иахьа аӡәырҩы Иегова инормақәа ирҿагылоит (Рим. 1:18—32). Дара ашәҵатәи, аҭеиҭыԥши, ахымҩаԥгашьеи рганахь ала ари адунеи иалаҵәоу ахәаԥшышьақәа ирықәныҟәоит. Ауаа игәаԥхашәадоу рхымҩаԥгашьа иахыҽхәоит, насгьы зхы пату ақәҵаны инхо ирхыччоит (1 Пиотр 4:3, 4).
Ҳара Иегова ишаҳаҭцәа ҳауп, убри аҟынтә Анцәа ишьақәиргылаз агәаԥхашәатә нормақәа ҳахьчалар ҳахәҭоуп (Рим. 12:9). Ишԥа? Ҳара аҳаҭырқәҵара аарԥшны ауаа Анцәа игәаԥхо, насгьы игәамԥхо атәы рзеиҭаҳҳәоит. Уи инеҳангьы, ҳхаҭаАнцәа ишьақәиргылаз агәаԥхашәатә нормақәа инарықәыршәаны ҳанхоит. Иаҳҳәап, аҭеиҭыԥши амаҭәеи рганахь ала алхра аныҟауҵо, ухы уазҵаа: «Иарбан нормақәоу иҟасҵаз алхра зықәшәо — Иегова инормақәа ракәу, ма ари адунеи амода акәу? Ирныԥшуама сҭеиҭыԥши исшәу амаҭәеи Иегова дсыргәырӷьаларц шысҭаху?» Агәырҿыхагақәа аналҳхуа, абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ҳрызхәыцыр ҳалшоит: игәаԥхарызма Иегова ари афильм ма ателедырраҭара? Иарбан гәаԥхашәатә нормақәоу уи зыдгыло? Исԥырхагамхаӡои ас еиԥш иҟоу агәырҿыхагақәа агәаԥхашәатә цқьара ахьчара? (Аԥсал. 100:3 [101:3, АдҾ]). Иалшома иҟасҵоалхра сҭаацәа ма егьырҭ ауаа зыхҟьашо хаҳәны иҟалар? (1 Кор. 10:31—33).
Избан изхадоу Иегова ишьақәиргылаз агәаԥхашәатә нормақәа рықәныҟәара? Избанзар иаарласны Иисус Христос адгьыл аҟынтә ацәгьара ҟазҵо зегьы ықәигоит (Иез. 9:4—7). Иегова игәаԥхара назыгӡо рымацара роуп адгьыл иқәынхало (1 Иоанн 2:15—17). Шәааи иҳараҳклап Иегова ишьақәиргылаз агәаԥхашәатә нормақәа, ҳхымҩаԥгашьа иацклаԥшуа Анцәа хьӡи-ԥшеи ирҭарц азы! (1 Пиотр 2:11, 12).
Ирҳәозеи сҭеиҭыԥши сымаҭәеи сара исызкны?
УАХӘАԤШ АМУЛЬТФИЛЬМ «ИЕГОВА УИҨЫЗАХА. ХАҴАКИ ԤҲӘЫСКИ» НАС АНАҨСТӘИ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Избан изҟәыӷароу Иегова ишьақәиргылаз агәаԥхашәатә нормақәа инарықәыршәаны анхара?
Избан аҭаацәа рхәыҷқәа аныхәыҷу инаркны, Иегова ишьақәиргылаз агәаԥхашәатә нормақәа ддырҵалар зрыхәҭоу?
Ишԥарылшо хәыҷгьы-дугьы егьырҭ Иегова изааигәахара ирыцхраар?