Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 сентиабр ад. 17—21
  • Дҳаранакуама Анцәа шәара шәҭеиҭыԥш?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Дҳаранакуама Анцәа шәара шәҭеиҭыԥш?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «ИҲАЛШО ЗЕГЬЫ АЛА ҲАШЬҬОУП АНЦӘА ИМАҴ АУРА»
  • ААМҬЕИ АҬАГЫЛАЗААШЬЕИ ИРНААЛО АМАҬӘА
  • АЛХРАЗЫ АХАҚӘИҬРА ҞӘЫӶАРАЛА ШӘХЫ ИАШӘЫРХӘАЛА
  • Ҳҭеиҭԥши ҳаилаҳәашьеи зхадоу
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Избан ҳара ҳаиԥыларақәа рахь ҳаиҿкааны ҳаҽзеилаҳҳәо?
    Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 сентиабр ад. 17—21

Дҳаранакуама Анцәа шәара шәҭеиҭыԥш?

«Иҟашәҵозаалакь... Анцәа изгәдура, Уи ихьӡ-иԥша рыҳаракра иазкызароуп» (1 КОРИНФАА РАХЬ 10:31).

АШӘАҚӘА: 34, 61

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥаҳацхраауеи Моисеи изакәан амаҭәеи аҭеиҭыԥши ирыдҳәалоу азҵаарақәа рҿы?

  • Ишԥанырыр акәу ҳҽеилаҳәашьа 1 Коринфаа рахь 10:31, насгьы Филиппаа рахь 2:4 ирну апринципқәа?

  • Избан амаҭәеи аҭеиҭыԥши рганахь ала аӡбарақәа анҳадаҳкыло ахӡырымгара аарԥшра зхадоу?

1, 2. Избан Иегова ишаҳаҭцәа амаҭәа аганахь ала иҳараку анормақәа изрықәныҟәо? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

«ИШОУРАН, аӡәырҩы есыҽнытәи, иаабац амаҭәа ршәын». Абас анын нидерландтәи агазеҭ аҿы адиннапхгаҩцәа реиқәшәара иазкны. Аха иара убас уа иазгәаҭан «Иегова ишаҳаҭцәа рконгресс аҿы... иубо зынӡа даҽакуп» ҳәа. Астатиаҿы ишазгәаҭаз еиԥш, аҷкәынцәаҵәҟьагьы акостиумқәа ршәуп, агалстукқәа рхоуп, аӡӷабцәеи аҳәсеи реиԥкақәа роура ргьама шыбзиоу аанарԥшуеит, убри аамҭазгьы амода иақәшәоит. Ааи, Иегова ишаҳаҭцәа лассы-лассы идырҽхәоит Анцәа игәрахаҵара здызкылаз ишрыхәҭоу еиԥш иахмырҟьакәа, иаҩцацәамкәа рҽахьеиларҳәо азы (1 Тимофеи иахь 2:9, 10). Ара апостол Павел ақьырсиан ҳәсақәа роуп зыӡбахә иҳәо, аха уи апринцип ахацәагьы ирыҵанакуеит.

2 Иегова имаҵзуҩцәа амаҭәа аҵак ду арҭоит. Анцәа изгьы ҳҭеиҭыԥш даара ихадоуп (Аҟазаара [Бытие] 3:21). Амаҭәеи аҭеиҭыԥши рганахь ала Аҩыра иану иҳаилнаркаауеит Жәҩантәыла Ирхаку имаҵзуҩцәа рзы рыҽшеиларҳәаша аганахь ала анормақәа шышьақәиргылаз. Ари азҵаараҿы ҳара иаҳгәаԥхо мацара акәӡам ҳзызхәыцлаша, аха Зегьирхаку Анцәа Иегова игәаанагарагьы ҳазхьаԥшлар ауп.

3. Иҳаилнаркаауазеи Моисеи изакәан ҽеилаҳәашьақәак Анцәа дшырзыҟоу аганахь ала?

3 Анцәа израильаа ириҭаз Азакәан аҿы иаарыкәыршаны инхоз ажәларқәа ицқьам рхымҩаԥгашьа аҟынтә иахьчон. Азакәан ишаанарԥшуа ала, Иегова даара ицәымӷуп ауаҩы дхаҵоу-дыԥҳәысу узеилымкаартә еиԥш иҽанеилеиҳәо. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 22:5.) Амаҭәа аганахь ала Анцәа иҟаиҵаз амҩақәҵарақәа иаадырԥшуеит Анцәа ишигәамԥхо аԥҳәыс ахаҵа иеиԥш лҽанеилалҳәо, ахаҵа аԥҳәыс леиԥш иҽанеилеиҳәо, мамзаргьы дхаҵоу-дыԥҳәысу анузеилмырго.

4. Ирыцхраауазеи ақьырсианцәа амаҭәа аганахь ала ииашоу аӡбарақәа рыдкылара?

4 Анцәа Иажәаҿы аҽеилаҳәашьа аганахь ала ииашоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауа апринципқәа ануп. Урҭ апринципқәа ахархәара рымоуп ҳахьынхозаалакгьы, уа аклимат зеиԥшразаалакгьы, насгьы иарбан культуроу ҳазҵанакуазаалакгьы. Ҳара ақьырсианцәа иршәырҵар ауа, насгьы иамуа еиқәыԥхьаӡаны иҳамазар акәӡам. Ҳара абиблиатә принципқәа ҳрықәныҟәоит, урҭ ахақәиҭра ҳамырхӡом. Уи аҭыԥан дара Анцәа игәаҳәара аилкаара иҳацхраауеит (Римаа рахь 12:1, 2). Шәааи принципқәак еилҳаргап.

«ИҲАЛШО ЗЕГЬЫ АЛА ҲАШЬҬОУП АНЦӘА ИМАҴ АУРА»

5, 6. Ишԥарнырлар акәу ҳҭеиҭыԥш ауаа?

5 Апостол Павел иԥшьоу адоуҳала 2 Коринфаа рахь 6:4 (шәаԥхьа) иану ихадоу апринцип аниҵеит. Ҳҭеиҭыԥш ҳара иҳазкны иаҳәо рацәоуп. Лассы-лассы ауаа ирбо ала ҳара иҳазкны ргәаанагара шьақәдыргылоит (1 Самуил [1 Самуила] 16:7). Убри аҟынтә Анцәа имаҵзуҩцәа реиԥш, ҳара еилаҳкаауеит иаҳгәаԥхо, насгьы иаҳзыманшәалоу амаҭәа мацара алхра шазымхо. Анцәа Иажәа иану апринципқәа ҳгәазҭарҵоит иҭарххацәоу, иаарту, ииашам ацәаныррақәа узцәырызго амаҭәа мап ацәкра. Аԥхашьаратә цәеижьхәҭақәа алызкаауа, мамзаргьы изымҵәахуа амаҭәа аныҟәгара зынӡа ииашахомызт. Иаҳшәу амаҭәа ауаа иманшәалам аҭагылазаашьа иҭанамыргылозароуп, ма рылаԥш ҳаҟәгара рҭаххо аҟынӡа инаҳамгалароуп.

6 Ҳара, Зегьирхаку Анцәа Иегова имаҵзуҩцәа, иаҳшәу амаҭәа цқьазар, иӡыргацәамзар, ауаа еиҳа пату ҳақәырҵалар рылшоит. Иҟалап дара ҳзымҵахырхәо Анцәа иӡбахә аилкаара рҭаххар. Иара убас ҳҭеиҭыԥш абзоурала ҳорганизациа иазкны агәаанагара бзиа роуеит. Усҟан дара рыԥсҭазаара еиқәзырхар зылшо ажәабжь адкылара еиҳа иазхиазаауеит.

7, 8. Ианбаҳахәҭоу еиҳарак ҳҭеиҭыԥш зеиԥшроу ацклаԥшра?

7 Иԥшьоу ҳ-Анцәеи, ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, ҳааигәара инхо ауааи ҳрызхәыцуазар, еилаҳкаалоит иаҳҳәо ажәабжь зырԥшӡо, насгьы Иегова дҳаразкуа амаҭәа ныҟәаҳгалар шҳахәҭоу (Римаа рахь 13:8—10). Уи еиҳарак ихадоуп адоуҳатә усқәа ҳанырҿу, иаҳҳәап аизарахь, ма ажәабжьҳәара ҳанцо. Ҳара Анцәа игәрахаҵара здызкылаз ишрыхәҭоу еиԥш ҳҽеилаҳҳәалароуп (1 Тимофеи иахь 2:10). Ҳәарада, тәылақәак рҿы ибзиоуп ҳәа ирыԥхьаӡо амаҭәа даҽаџьара зынӡа ианымаалозар ауеит. Убри аҟынтә Иегова имаҵзуҩцәа иахьынхозаалакгьы, аҭыԥантәи аҵасқәа ирызхәыцлароуп егьырҭ машәыршәа ргәы иамысырц азы.

Ауаа шәанырбо, еизҳауама шаҳаҭра ззыжәуа Анцәа иахь рпатуқәҵара? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7, 8.)

8 Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 10:31. Аконгрессқәа ҳанырҭаауа, ҳҽеилаҳәашьа уи ахҭыс ианаалозар ауп. Ари адунеи аҿы иахырҟьацәаны рыҽшеиларҳәо еиԥш ҳҽеилаҳамҳәалар ауп. Асасааирҭахь ҳаннеиуа, ма уантәи ҳанцо, иара убас аконгресс алагаанӡа, насгьы апрограмма анынҵәалак ашьҭахь аамҭа анҳхаҳго, ҳамаҭәа ишабалак иҟамзар ауп. Ишахәҭоу еиԥш ҳаилаҳәазар, ауаа Иегова ишаҳаҭцәа шҳакәу еилыркаауеит, насгьы алшара шҳаулак ҳаԥхамшьакәа ажәабжь рзеиҭаҳҳәар ҳалшоит, уи ҳара агәахәара ҳзаанагоит.

9, 10. Избан Филиппаа рахь 2:4 иану ажәақәа иалҳхуа амаҭәа изанырлар акәу?

9 Шәаԥхьа Филиппаа рахь 2:4. Избан ақьырсианцәа реилаҳәашьа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ишырныруа изазхәыцлар акәу? Амзызқәа иреиуоуп Анцәа имаҵзуҩцәа рҽахьазыршәо гәык-ԥсыкала абиблиатә принцип ақәныҟәара: «Убри аҟнытә иҭашәырха, ишәшьы шәыдгьылтә цәаҩақәа: акалҭбааԥсра, агәымхарақәа, ухы ухаршҭны уцәанырра уҽаҭара» (Кәаласаа рахь 3:2, 5). Ҳара иаҳҭахӡам ҳара иҳахҟьаны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ари ааԥхьара ақәныҟәара рцәыцәгьахар. Урҭ рахьтә шьоукы ииашам аԥсҭазаара мҩаԥыргон, иҟалап дара уажәыгь ииашам агәазыҳәарақәа ирҿагылазар (1 Коринфаа рахь 6:9, 10). Ҳәарада, ҳхымҩаԥгашьа иахҟьаны урҭ агәнаҳа аҿагылара еиҳагьы ирцәыуадаҩхар ҳҭахӡам.

10 Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳанрыцҟоу — аизарақәа рҿы, мамзаргьы ус аамҭа анеицҳхаҳго,— ҳҽеилаҳәашьа аизара ацқьара ахьчара иацхраауазар ауп. Ҳәарада, амаҭәа алхраҿы ахақәиҭра ҳамоуп. Аха уеизгьы иалҳхуа амаҭәа ала егьырҭ гәаԥхашәала ицқьаны иаанхаларц, насгьы рхәыцрақәеи, ражәақәеи, русқәеи рҿы Анцәа иԥшьоу инормақәа иқәныҟәаларц ҳрыцхраалар ауп (1 Пиотр 1:15, 16). Ииашаҵәҟьоу абзиабара иԥшӡамкәа ахы мҩаԥнагом, ахазы феида иашьҭам (1 Коринфаа рахь 13:4, 5).

ААМҬЕИ АҬАГЫЛАЗААШЬЕИ ИРНААЛО АМАҬӘА

11, 12. Изызхәыцлатәузеи, иаҳшәаҳҵаша анаҳаӡбо?

11 Анцәа имаҵзуҩцәа амаҭәа иадҳәалоу аӡбарақәа анрыдыркыло, зегь аамҭак-аамҭак шрымоу, насгьы аусқәа зегьы рхатәы аамҭа шрымоу еилыркаауеит (Екклезиаст [Экклезиаст] 3:1, 17). Ҳәарада, ҳара амаҭәа алҳхуеит амш зеиԥшрои, асезони, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәеи инарықәыршәаны. Аха амш аҽаԥсахуазаргьы, Иегова инормақәа ахаан рҽырыԥсахуам (Малахиа [Малахия] 3:6).

12 Ашоура ахьыҟоу атәылақәа рҿы имариамзар ауеит егьырҭ рахь апатуқәҵареи аҟәыӷареи зныԥшуа амаҭәа алхра. Убри аҟынтә ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи зегьы ргәы иахәоит иҭарххацәоу, ма мыцхәы иҭбаау, иаартцәоу амаҭәа анҳшәаҳамҵо (Иов [Иов] 31:1). Иара убас амшын аҟәара, ма абассеин аҿы ҳаԥсы анаҳшьо, ҳҽызлаҳкәабо мыцхәы иаартымзар ауп (Ажәамаанақәа [Притчи] 11:2, 20). Ауаа реиҳараҩык иаартцәоу аҽыкәабагақәа шыршәырҵогьы, ҳара, Иегова имаҵзуҩцәа, зегь раԥхьаӡа иргыланы бзиа иаҳбо иԥшьоу ҳ-Анцәа дҳараҳклар ҳҭахуп.

13. Избан амаҭәа аналҳхуа 1 Коринфаа рахь 10:32, 33 иану апринцип ҳақәныҟәалар зҳахәҭоу?

13 Ианаало амаҭәа алхраҿы иҳацхраауа ихадоу даҽа принципк ыҟоуп. Даара ихадоуп ауаа рыламыс азхәыцра, урҭ Иегова ишаҳаҭцәа ракәымзаргьы. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 10:32, 33.) Ҳара еснагь иаҳгәалашәозар ауп егьырҭ иҽеимкәа ирнырыр алшо амаҭәа ашәҵара шҳахәҭам. Апостол Павел иҩуан: «Ҳара ҳахьтә дарбанзаалакь иҳаԥну-иаҳзааигәоу бзиарак ахьизыҟаҳҵаша, доуҳала излаизҳаша гәцаракны иҳамазароуп». Анаҩс иҳәеит: «Христосгьы Иара ихәашаз мацара аҟаҵара акәмызт дзышьҭаз» (Римаа рахь 15:2, 3). Ааи, Иисус ихы акәымкәа, зегь раԥхьаӡа иргыланы егьырҭ дышрыцхраашеи Анцәа игәҭакы шынаигӡашеи ауп дзызхәыцуаз. Убри аҟынтә ҳара иалкаау маҭәақәак ҳшәаҳҵаӡом, урҭ даара иаҳгәаԥхозаргьы, избанзар ауаа ажәабжь бзиа азыӡырҩра ирԥырхагахар алшоит.

14. Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа рҭеиҭыԥш ала Анцәа дҳараркларц азы аҽеилаҳәашьа ддырҵалар?

14 Иқьырсиану аҭаацәа рхәыҷқәа абиблиатә принципқәа рықәныҟәара ддырҵалар рыхәҭоуп. Иаҳҳәап, аҭаацәа агәра ганы иҟазар ауп рхәыҷқәагьы даргьы рымаҭәеи рҭеиҭыԥши рыла Анцәа дышдыргәырӷьо (Ажәамаанақәа [Притчи] 22:6; 27:11). Ахәыҷқәа иԥшьоу Анцәа пату иқәырҵаларц азы, аҭаацәа аҿырԥш бзиа ддырбалар, насгьы бзиабарала иазыҟарҵалар ауп. Даараӡа ибзиоуп аҭаацәа рхәыҷқәа ианрыҵарҳәо ианаало амаҭәа ахьаархәаша, насгьы ишалырхлаша. Уи иаанагоит иргәаԥхо мацара акәымкәа, Анцәа Иегова дызлаҳараркуа амаҭәа шаахәалатәу.

АЛХРАЗЫ АХАҚӘИҬРА ҞӘЫӶАРАЛА ШӘХЫ ИАШӘЫРХӘАЛА

15. Иҳацхраауазеи амаҭәа алхра аганахь ала ииашоу аӡбара адкылара?

15 Анцәа Иажәаҿы иара иргәырӷьареи иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылареи иҳацхраауа алабжьарақәа ануп. Аха уеизгьы, ауаҩы амаҭәа алихуеит игьама зеиԥшроу еиԥш. Ауаа зегьы ргьамеи рылшарақәеи еиԥшӡам. Аха ҳамаҭәа еснагь ицқьазар, апатуқәҵара аныԥшуазар, насгьы аҭагылазаашьеи аҭыԥантәи аҵасқәеи ирықәшәозар ауп.

16. Избан иахәҭоу амаҭәа алхразы аҽазышәарақәа рыҟаҵара изаԥсоу?

16 Аха еснагь имариам апатуқәҵареи аҟәыӷареи зныԥшуа, иахәҭоу амаҭәа алхра. Адәқьанқәа реиҳарак рҿы аҵыхәтәантәи амода иақәшәо амаҭәа ауп иудыргало. Убри аҟынтә зны-зынла даара уҽазушәар ауп икьаҿым, иҭшәацәам аиԥкеи, иаартым аҵки акофҭеи, иҭшәацәам ахацәа ркостиумқәеи аиқәақәеи уԥшаарц азы. Аха агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ишгәарҭо, насгьы пату шақәырҵо иԥшӡоу, иаҳнаало амаҭәа аԥшаара ҳҽахьазаҳшәаз. Уи дара хымԥада ахә ршьоит. Бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб дахьҳараҳкуа иаҳзаанаго агәахәара ақьырсианцәа ирнаало амаҭәа аԥшааразы иаҳбо аџьабаа хнаҩоит.

17. Дзызхәыцлар илшозеи аиашьа, ицламҳәеи иӡамҩеи хызҩо аԥаҵа ауижьру-иоуимыжьру аниӡбо?

17 Аха иҟалома аишьцәа рӡамҩақәеи рыцламҳәеи хызҩо аԥаҵа аурыжьыр? Моисеи изакәан инақәыршәаны ахацәа зегьы рԥаҵа аурыжьлар рыхәҭан. Аха ақьырсианцәа Моисеи изакәан аҵаҟа иҟаӡам аҟынтә, уи ақәныҟәара рыхәҭаӡам (Алевит [Левит] 19:27; 21:5; Галаҭаа рахь 3:24, 25). Культурақәак рҿы аԥаҵа аныҟәгара цәгьарас ҳәа акгьы аҵаӡам, убри аҟынтә аиашьа иӡамҩеи ицламҳәеи рҿы иԥшӡаны ирҟәыдны аԥаҵа аныҟәгара иӡбазар, уи ауаа ажәабжь бзиа азыӡырҩра ирԥырхагахом. Урҭ аҭыԥқәа рҿы аизараҿы аҭакԥхықәра зду аишьцәа шьоукгьы ус ҟарҵоит. Аха уи аамҭазы егьырҭ аишьцәа уи мап ацәыркуеит (1 Коринфаа рахь 8:9, 13; 10:32). Даҽа тәылақәаки культурақәаки рҿы аӡамҩақәеи ацламҳәеи хызҩо аԥаҵа ныҟәыргом, убри аҟынтә Иегова ишаҳаҭцәа рзгьы уи иашахом, избанзар усҟан аиашьа иҭеиҭыԥш ала Анцәа дҳареикуеит ҳәа узҳәом, насгьы «ҽыԥныҳәа имамкәа» дҟалом (Римаа рахь 15:1—3; 1 Тимофеи иахь 3:2, 7).

18, 19. Ишԥаҳацхраауеи Михеи (Михей) 6:8 иану ажәақәа ҳҽеилаҳәашьала Анцәа ирҳаракра?

18 Ҳара Иегова иҭабуп идуӡӡаны ҳәа иаҳҳәоит, аҽеилаҳәашьеи аҭеиҭыԥши рганахь ала аԥҟарақәа рацәаны иахьышьақәимыргылаз азы. Иара алшара ҳаиҭоит абиблиатә принципқәа ҳрықәныҟәо ииашоу аӡбарақәа рыдкыларазы алхра ахақәиҭра ҳхы иаҳархәаларц. Убас ҳамаҭәеи ҳҭеиҭыԥши ала Анцәа имаҵзуҩцәа реиԥш ахӡырымгара шҳалоу ааҳарԥшуеит (Михеи [Михей] 6:8).

19 Ахӡырымгара аарԥшуа ҳара еилаҳкаауеит Анцәа Иегова дшыԥшьоу, насгьы инормақәа зегь иреиӷьу анапхгара шҳарҭо. Ахӡырымгареи ахынраалареи ааҳарԥшларц азы ҳаԥсҭазаараҿы Анцәа инормақәа ҳрықәныҟәалар ауп. Ахӡырымгара ҳацхраауеит егьырҭ рцәаныррақәеи ргәаанагарақәеи рызхәыцра.

20. Идеилнаркаауазар акәзеи ауаа ҳамаҭәеи ҳҭеиҭыԥши?

20 Иаҳшәу амаҭәа ауаа идеилнаркаауазар ауп Иегова ишаҳаҭцәа шҳакәу. Ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи, иара убас егьырҭ ауааи ирбозар ауп ииашоу ҳ-Анцәа ишахәҭоу еиԥш шаҳаҭра шизаҳуа. Иара иҳараку анормақәа ҳаиҭеит, ҳаргьы гәахәарыла урҭ ҳрықәныҟәоит. Зхымҩаԥгашьеи зҭеиҭыԥши рыла гәыкала иҟоу ауаа абиблиатә ҵабырг ахь аинтерес рызцәырызго, Иегова дҳаразкуа, насгьы дзыргәырӷьо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи арҽхәара иаԥсоуп. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит амаҭәа аналҳхуа иҟәыӷоу аӡбарақәа ҳадаҳкылозар, уамакала идуӡӡоу, иҳараку, хьӡи-ԥшеи рыла иҩычоу Анцәа анаҩсгьы дшыҳараҳкло (Аԥсалом 103:1, 2 [104:1, 2, АдҾ]).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра