АУРОК 8
Избан ҳара ҳаиԥыларақәа рахь ҳаиҿкааны ҳаҽзеилаҳҳәо?
Исландиа
Мексика
Гвинеиа-Бисау
Филиппинқәа
Игәашәҭама шәара ари аброшиура иану асахьақәа рҿы Иегова ишаҳаҭцәа аиԥыларақәа рахь ианцо еиҿкааны рыҽшеиларҳәо? Избан ҳара амаҭәеи аҭеиҭыԥши убриаҟара аҵакы заҳҭо?
Ҳара ҳ-Анцәа иахь апатуқәҵара аарԥшразы. Ииашаҵәҟьаны, Анцәа изы ауаҩы иҩныҵҟатәи ихаҭара еиҳа ихадоуп, адәахьтәи иҭеиҭыԥш аасҭа (1 Самуил 16:7). Ус ишыҟоугьы, ҳара Иегова имҵахырхәаразы ҳанеизо, иаҳҭахуп иара иахь, насгьы ҳхаҵара ҳацеиҩызшо рахь апатуқәҵара ааҳарԥшларц. Иаҳҳәап, ҳара атәыла ахада иахь неитәыс иҳамазҭгьы, уи пату ахьиқәаҳҵо азы иаҳшәаҳҵаша даара ибзианы ҳазхәыцуан. Убасгьы ҳара ҳҭеиҭыԥш ақьырсиантә еиԥыларақәа рҿы «наӡаӡатәи Аҳ» иахь, насгьы уи дахьыҳараҳкуа аҭыԥ ахь апатуқәҵара аныԥшуеит (1 Тимофеи 1:17, АдҾ).
Иҳараку Анцәа инормақәа рықәшәаразы. Абиблиа ақьырсианцәа ргәазҭанаҵоит «хынрааларалеи ҟәышралеи» рҽеиларҳәаларц (1 Тимофеи 2:9, 10, АдҾ). Хынрааларала аҽеилаҳәара иаанагоит иаразнак улаԥш иҵашәо, мыцхәы иаарту, насгьы иҽеим ацәаныррақәа узцәырызго амаҭәа ашәымҵара. Аҟәышра ҳацхраауеит иԥшӡаны, гьамала, аха убри аамҭазы ихмырҟьацәакәа аҽеилаҳәара. Арҭ апринципқәа рыҩныҵҟа алхра ду ҳамоуп. Гьамала, ҳаҭырқәҵарала ҳҽанеилаҳҳәо, «Ҳанцәа-Ҳаиқәырхаҩ ҳазқәиҵо амҩа, иаҳирҵо аҵара» ҳарԥшӡалар, насгьы Иара дҳараҳклар ҳалшоит (Тит 2:10; 1 Пиотр 2:12). Ҳара аиԥыларақәа рахь ҳаҽшеилаҳҳәо егьырҭ Иегова имҵахырхәара ишазыҟоу ианырыр алшоит.
Шәара анҭыҵга маҭәа шәымамзар, шәгәы кашәмыжьын! Аҳратә зал аҿы шәара есымша гәахәарала ишәԥылоит. Зегь реиҳа ихадоу амаҭәа цқьаны, еиқәҷабны иҟазарц ауп.
Шаҟа ихадоузеи ҳара ақьырсиантә еиԥыларақәа рахь ҳҽеилаҳәашьа?
Иарбан принципқәоу ҳхы иаҳархәо, амаҭәеи ахцәыҟаҵашьеи аналҳхуа?