АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | МАТФЕИ 14, 15
Иисус имаҷу агәыԥ ала ауаа рацәа ирчоит
32 шықәса ҳ. ҳ азы Мшаԥы азгәаҭара маҷк шагыз Иисус аԥшь-евангелиак рҿы зыӡбахә ану аџьашьахәы ҟаиҵеит.
Ари аџьашьахәы абзоурала Иисус иааирԥшит иҵаҩцәа дышреиҷаҳало.
- Иисус иҵаҩцәа ауаа рацәа акрырҿарҵарц реиҳәеит, ирымаз хә-чаки ҩ-ԥсыӡки рымацара шакәызгьы. 
- Иисус ачеи аԥсыӡи иган Анцәа диҳәеит. Анаҩс иара уи иҵаҩцәа ириҭеит, аҵаҩцәа ауаа ирзыршеит. 
- Афатә зегьы ирызхеит, уи инеиҳангьы еиҭа иаанхеит. Иисус ауаа рацәа акрырҿеиҵеит имаҷу агәыԥ — иҵаҩцәа рыла. 
- Иисус заа иҳәеит аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы иара иҷыдоу агәыԥ ихы иархәаны иҵаҩцәа ианаамҭоу афатә шриҭало (Матф. 24:45). 
- 1919 шықәсазы Иисус игәрагоу, иҟәышу атәы далихит (доуҳала иалху ақьырсианцәа ргәыԥ маҷ), урҭ аҩнтәиқәа ианаамҭоу афатә рырҭаларц азы. 
- Доуҳала иалху ахацәа рыла ишьақәгылоу имаҷу ари агәыԥ ала Иисус актәи ашәышықәсазы иҟаиҵаз анагӡара даҿуп — имаҷу агәыԥ ала ауаа рацәа ирчоит. 
Ишԥасылшо Иисус ижәлар доуҳала идырчаларц иахаиргылаз рыгәра шызго, насгьы рџьабаа пату шақәысҵо аасырԥшыр?