АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Ҟазарыла азҵаарақәа рхархәашьа ҳҵоит
УИ ЗХАДОУ «Ауаҩы игәҭахәыцрақәа иҵаулоу аӡы иеиԥшуп», аха азҵаарақәа уи аӡы злауто акәапеи иаҩызоуп (Ажәам. 20:5). Азҵаарақәа ауаҩы ацәажәара игәазҭанаҵоит. Ибзианы иқәыргылоу азҵаарақәа ауаҩы ихәыцшьеи игәҭахәыцрақәеи реилкаара иҳацхраауеит. Иисус уи аҿы аҟазара илан. Ишԥаҳалшо Иисус иҿыԥшра?
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
- Ауаҩы игәаанагара аилкаара иуцхраауа азҵаарақәа иҭала. Иисус иҵаҩцәа ргәаанагара еиликаарц азы азҵаара бзиақәа риҭон (Матф. 16:13—16; be-U 238, абз. 3—5). Иарбан зҵаарақәоу ауаа ргәаанагара аилкааразы уара ухы иаурхәалар улшо? 
- Ауаҩы дзырхәыцша азҵаарақәа иҭала. Иисус Пиотр азҵаара ииҭеит, насгьы уи ииашоу алкаа ҟаиҵарц азы еиуеиԥшым аҭакқәа ааигеит (Матф. 17:24—26). Иарбан ауаҩы дзырхәыцша зҵаарақәоу уара амаҵзураҿы ухы иаурхәар улшо, ауаа ииашоу алкаа аҟаҵара урыцхраарц азы? 
- Узацәажәо ауаҩы дырҽхәала. Шәҟәдырҩык Иисус изҵаара «ҟәыӷарыла аҭак шыҟаиҵаз аниба», иара уи дирҽхәеит (Марк 12:34). Ишԥаулшо уара егьырҭ рырҽхәара? 
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИИСУС ДЫЗҾЫЗ АУС НАШӘЫГӠАЛА. ИДШӘЫРҴАЛА!» АКТӘИ АХӘҬА, АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
- Избан аиашьа иалихыз арҵаратә метод иашам ҳәа ҳҳәар зҳалшо, ииҳәаз зегь шиашазгьы? 
- Избан ауаҩы баша адырра иҭара мацара зазымхо? 
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИИСУС ДЫЗҾЫЗ АУС НАШӘЫГӠАЛА. ИДШӘЫРҴАЛА!» АҨБАТӘИ АХӘҬА, АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
- Избан аиашьа ҟазарыла азҵаарақәа ихы иаирхәеит ҳәа ҳҳәар зҳалшо? 
- Иарбан егьырҭ арҵаратә методқәоу ари авидеонҵамҭа аҟынтә ажәабжьҳәараҿы ухы иаурхәарц иуҭаху? 
Ҟазарыла идурҵома уара? (Лука 24:32)