Февраль 26 — март 4
МАТФЕИ 18, 19
Ашәа 121, анцәаиҳәара
Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Ушьацәхнымслан, насгьы егьырҭ зыхҟьашо хаҳәны уҟамлан» (10 мин)
Матф. 18:6, 7. Ҳара егьырҭ зыхҟьашо хаҳәны ҳҟамлароуп («жёрнов», «преткновений» — Матф. 18:6, 7 аҭҵааразы аматериал, насгьы амедиаматериал «Жернов», «Верхний и нижний жернов», nwtsty-U).
Матф. 18:8, 9. Ҳара ҳзыхҟьашар алшо зегьы ҳҽацәаҳахьчалар ауп («геенну» — Матф. 18:9 аҭҵааразы аматериал, nwtsty-U; «Геенна» — Словарь, nwtstg; it-U «Геенна»).
Матф. 18:10. Егьырҭ шьацәхнысларц азы амзыз раҳҭазар, Иегова уи ибоит («видят лицо моего Отца» — Матф. 18:10 аҭҵааразы аматериал, nwtsty-U; w10-U 1/11 16).
Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин)
Матф. 18:21, 22. Шаҟантә иранаҳажьлар акәзеи ҳашьцәа? («семидесяти семи раз» — Матф. 18:22 аҭҵааразы аматериал, nwtsty-U).
Матф. 19:7. Хықәкыс иамази аилыҵра аршаҳаҭга? («свидетельство о разводе» — Матф. 19:7 аҭҵааразы аматериал, насгьы амедиаматериал «Свидетельство о разводе», nwtsty-U).
Еилукаазеи уара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу уара еиҭа иуԥшааз ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): Матф. 18:18—35
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Ахԥатәи аицәажәара (3 мин ма еиҵаны): ухы иархәа аицәажәара ахкы.
Аԥшьбатәи аицәажәара (3 мин ма еиҵаны): иуҭаху ажәеинраала алх, анаҩс Абиблиа аҵаразы ацхыраагӡа идгал.
Абиблиа аҵара (6 мин ма еиҵаны): bh 25, абз. 18—20. Аҵабырг ауаҩы игәаҵанӡа ишнагатәу дырба.
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Егьырҭ зыхҟьашо хаҳәны ахаан уҟамлан (2 Кор. 6:3)» (9 мин). Идырба авидеонҵамҭа.
Ахәылԥаз ахь ааԥхьаразы акампаниа алагоит март 3 рзы (6 мин). Февраль мза 2016 шықәсазы иҭыҵыз аусуратә тетрад «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» иану астатиа «Ахәылԥаз ахь ааԥхьара рышәҭ шәтерриториаҿы инхо ауаа зегьы!» шьаҭас измоу ажәахә. Аӡырҩцәа зегьы Ахәылԥаз ахь ааԥхьаратә бӷьыц рызша, насгьы аҵакы еилырга. Ираҳәа 2018 шықәса март 19 рзы иалаго амчыбжь азы «Дызусҭада Иисус Христос?» захьӡу иҷыдоу ажәахә шыҟало. Уи зегьы ҳацхраауеит Ахәылԥаз гәырӷьарыла азыԥшра. Ирзеиҭаҳәа аизара иаҵанакуа атерриториа аус адуларазы иҟаҵахо.
Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): jy-U ахы 10, арамка «Радостное время»
Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин)
Ашәа 133, анцәаиҳәара