Март 26 — апрель 1
МАТФЕИ 25
Ашәа 143, анцәаиҳәара
Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Шәҷаԥшьала» (10 мин)
Матф. 25:1—6. Иҟәышыз хәҩык аҭыԥҳацәеи, игаӡаз хәҩык аҭыԥҳацәеи аԥҳәысҳәаҩ иԥыларц идәылҵит.
Матф. 25:7—10. Игаӡаз аҭыԥҳацәа аԥҳәысҳәаҩ данааи иҟамызт.
Матф. 25:11, 12. Иҟәышыз аҭыԥҳацәа мацара роуп ачарахь инеиз.
Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин)
Матф. 25:31—33. Иҳаилыркаа ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана аҵакы (bp156 ад. 29, абз. 7).
Матф. 25:40. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Христос иашьцәа ҳашрыдгыло? (w09-U 15/10 16, абз. 16—18).
Еилукаазеи уара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу уара еиҭа иуԥшааз ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): Матф. 25:1—23
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Ахԥатәи аицәажәара (3 мин ма еиҵаны): ухы иархәа аицәажәара ахкы. Ауаҩы Ахәылԥаз ахь ааԥхьара иҭ.
Аԥшьбатәи аицәажәара (3 мин ма еиҵаны): иуҭаху ажәеинраала алх, анаҩс Абиблиа аҵаразы ацхыраагӡа идгал.
Ажәахә (6 мин ма еиҵаны): bp156 29, абз. 7—10. Атема: «Ишԥаҳнарбо ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана ажәабжьҳәара аус шаҟа ихадоу?».
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Абиблиа зурҵо аҽазыҟаҵара уицхраала» (10 мин). Аӡырҩцәа злахәу ажәахә. Анаҩс идырба аиаҳәшьа Абиблиа злырҵо аҽазыҟаҵара дышлыцхраауа узырбо авидеонҵамҭа. Урыҳәа аӡырҩцәа еиҭарҳәарц Абиблиа здырҵо аҽазыҟаҵашьа ирҵара ирыцхрааз егьырҭ азнеишьақәа.
Гәаартыла асасцәа ҳарԥылоит (5 мин). Ажәахә шьаҭас иамоуп март, 2016 шықәсазы иҭыҵыз аусуратә тетрад «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи». Еиҭаҳәа 2017 шықәсазы Ахәылԥаз иазкыз акампаниа аан иҟалаз аинтерес зҵоу хҭысқәак. Иргәаларшәа аӡырҩцәа рмашьынақәа шдыргылаша, азал ианыҩнало, насгьы ианыҩныҵуа рхы шымҩаԥыргаша, иара убас март 31 рзы имҩаԥысуа Ахәылԥаз иазку иаҭаху аинформациа.
Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): jy-U ахы 14
Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин)
Ашәа 79, анцәаиҳәара