Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/3 ад. 27—31
  • Христос иашьцәа иашала шәрыдгылаз

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Христос иашьцәа иашала шәрыдгылаз
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ҲАРА ҲАИЛКААРА ШЫРИАШАХОЗ
  • ИШԤАҲНАРБО АРИ АЖӘАМААНА АЖӘАБЖЬҲӘАРА АУС ШАҞА ИХАДОУ?
  • ИЗЫХӘҬАДА АЖӘАБЖЬ АҲӘАРА?
  • ИАХЬА ЕИҲАРАК ИХАДОУП АЗИАШАРА ААРԤШРА
  • Иаҳҵозеи ҳара аталантқәа ирызку ажәамаана аҟынтәи?
    Ахьчаратә бааш 2015
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/3 ад. 27—31

Христос иашьцәа иашала шәрыдгылаз

«Сашьцәа аиҵбацәа руаӡә изыжәухьоу Саргьы исзыжәуит» (МАТФ. 25:40).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Дышԥаҳацхраауаз Иегова ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана еиҳа еиӷьны аилкаара?

  • Изыдҵада ажәабжь бзиа рылаҳәара?

  • Избан иахьа еиҳарак изхадоу Христос иашьцәа рыдгылара?

1, 2. а) Иарбан ажәамаанақәоу Иисус изааигәаз иҵаҩцәа ирзеиҭеиҳәаз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана иадҳәаланы?

ИИСУС изааигәоу иҵаҩцәа драцәажәоит: Пиотри, Андреи, Иакови, Иоанни. Иара абыржәоуп ианырзеиҭеиҳәаз игәрагоу, иҟәышу атәы, жәаҩык аҭыԥҳацәа, насгьы аталантқәа ирызку ажәамаанақәа. Аҵыхәтәаны Иисус даҽа ажәамаанак еиҭеиҳәоит. Иара далацәажәоит «Ауаҩытәыҩса Иԥа» «ажәларқәа зегьы» данрықәыӡбо аамҭа. Иҟалап аҵаҩцәа Христос иажәақәа даара иџьаршьозар! Иара еиҳа инарҭбааны ауаа рыла ишьақәгылоу ҩ-гәыԥк дрыхцәажәоит: гәыԥк ауасақәа ҳәа иԥхьаӡоуп, егьи — аџьмақәа. Иара убас Иисус иазгәеиҭоит ахԥатәи агәыԥ — Аҳ иашьцәа. (Уаԥхьа Матфеи 25:31—46.)

2 Иегова имаҵзуҩцәа акыр ҵуеит ари ажәамаана аинтерес рымоижьҭеи. Уи џьашьатәӡам, избанзар уа Иисус далацәажәон ауаа ирзыԥшу. Иара иааиртит шьоукы ҳамҭас наӡаӡатәи аԥсҭазаара зроуа, егьырҭ «наунагӡатәи агәаҟрахь» изцо. Ҳара Иисус иажәақәа шеилаҳкаауа, насгьы урҭ инарықәыршәаны ҳхы шымҩаԥаҳго ҳаԥсҭазаара ахьыԥшуп. Убри азоуп ҳара анаҩстәи азҵаарақәа рҭак ҳаԥшаар зҳахәҭоу: дышԥаҳацхраауаз Иегова еиҳа еиӷьны ари ажәамаана аилкаара? Избан иаҳҳәар зҳалшо ари ажәамаана ажәабжьҳәара аус шхадоу аанарԥшуеит ҳәа? Изыдҵада ажәабжь бзиа рылаҳәара? Избан иахьа еиҳарак изхадоу Аҳ, насгьы иара сашьцәа ҳәа ззи́ҳәо ирызиашаны аҟазаара?

ҲАРА ҲАИЛКААРА ШЫРИАШАХОЗ

3, 4. а) Ишьақәыргылатәузеи, ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана иамоу аҵакы аилкааразы? б) Ишԥеилыркааз ари ажәамаана «Сионтәи ахьчаратә бааш» аҟны 1881 шықәсазы?

3 Ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана иамоу аҵакы еилаҳкаарц азы, ҳара ишьақәҳаргылароуп: акы, ажәамаанаҿы зыӡбахә ҳәоу, ҩба, ианбааиуеи ақәыӡбара аамҭа, хԥа, избан шьоукы уасақәоуп, егьырҭ џьмақәоуп ҳәа изыԥхьаӡахо.

4 1881 шықәсазы «Сионтәи ахьчаратә бааш» аҟны иҳәан «Ауаҩытәыҩса Иԥа», иара убас Аҳ зыхьӡу Иисус иоуп ҳәа. Усҟан Абиблиа аҭҵааҩцәа ргәы иаанагон ажәа «сашьцәа» Христос аҳра ицызуагьы, адгьыл аҿы инхало инаӡахо егьырҭ ауаагьы ирыҵанакуеит ҳәа. Абиблиа аҭҵааҩцәа ирыԥхьаӡон ауасақәеи аџьмақәеи реиҩшара Христос Зқьышықәсатәи инапхгара аан иҟалоит ҳәа. Урҭ ргәы иаанагон ауасақәа ҳәа иԥхьаӡахо Анцәа ибзиабара азакәан иацныҟәало роуп ҳәа.

5. Ишԥариашаз 1920-тәи ашықәсқәа рзы ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана аилкаара?

5 1920-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы Иегова ицхыраарала ари ажәамаана аилкаара риашан. 1923 шықәса октиабр 15 рзы иҭыжьыз «Ахьчаратә бааш» аҿы еиҭах иҳәан «Ауаҩытәыҩса Иԥа» Иисус шиакәу. Иара убас уа Абиблиа шьаҭас иҟаҵаны иҳәан Христос иашьцәеи ауасақәеи зусҭцәоу. Уа иҟаҵан ариашара, Христос иашьцәа — ажәҩан аҿы напхгара ицҟазҵало роуп, ауасақәа — Христос Иаҳра анапхгара аҵаҟа адгьыл аҿы инхало роуп ҳәа. Ианбаҟало ауасақәеи аџьмақәеи ҳәа ауаа реиҩшара? Астатиаҿы ианын Зқьышықәсатәи анапхгара аан Христос иашьцәа ажәҩан аҿы напхгара ицҟарҵалоит, убри аҟынтә дара урҭ ацхыраара рыҭара, мамзаргьы уи мап ацәкра рылшаӡом ҳәа. Ус акәзар, ауасақәеи аџьмақәеи ҳәа реиҩшара ҟалароуп Зқьышықәсатәи анапхгара алагаанӡа. Избан шьоукы уасақәоуп ҳәа изыԥхьаӡоу? Астатиаҿы иазгәаҭан уи зхьыԥшу ауаҩы Иисус Аҳас диԥхьаӡоу-димԥхьаӡоу, насгьы игәыӷрақәа Аҳра иадҳәалоу-иадҳәаламу ауп ҳәа.

6. Ишԥариашахеи ҳара ҳаилкаара 1990-тәи ашықәсқәа рзы?

6 Уи аилкаара ариашара ашьҭахь, Иегова ижәлар ирыԥхьаӡо иалагеит ауаа ауасақәеи аџьмақәеи зусҭцәоу злаԥхьаӡахо ари асистема аҵыхәтәахьы ианнеиуа Аҳра иазку ажәабжь ишақәҿырҭуа алоуп ҳәа. Аха 1990-тәи ашықәсқәа рызбжазы ҳара ари ажәамаана еиҳа еиӷьны аилкаара ҳалагеит. 1995 шықәса октиабр 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» (аурыс) ианыз ҩ-статиак рҿы еилырган Матфеи 24:29—31 (уаԥхьа), насгьы 25:31, 32 (уаԥхьа) рҿы иану Иисус иажәақәа реиԥшраa. Иарбан лкаау иҟаҵаз? Актәи астатиаҿы ианын: «Ауаса дызусҭоу, аџьма дызусҭоу иазку аӡбара макьана аԥхьаҟа ишьҭоуп». Аха ианба уи? Уа иҳәан: «Уи ҟалоит Матфеи 24:29, 30 аҿы иану „агәырҩа ду“ [арыцҳара ду] ианалагалак, насгьы Ауаҩытәыҩса Иԥа „хьыӡла-ԥшала“ данаауа. [...] Усҟан, ари асистема цәгьа аҵыхәтәахьы ианнеиуа, Иисус ақәыӡбара далагоит, аӡбара идикылоит, насгьы уи наигӡоит».

7. Ишԥеилаҳкаауеи ҳара иахьа ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана?

7 Ҳара иахьа ибзианы еилаҳкаауеит ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана. Ҳара иаҳдыруеит уа зыӡбахә ҳәоу. «Ауаҩытәыҩса Иԥа», мамзаргьы Аҳ — Иисус иоуп, уи иашьцәа — Христос ажәҩан аҿы напхгара ицҟазҵало Анцәа идоуҳала иалху ахацәеи аҳәсеи роуп (Рим. 8:16, 17). Ауасақәеи аџьмақәеи иаадырԥшуеит ажәларқәа зегь рахьтә иаагоу ауаа, урҭ иԥшьоу доуҳала иалхӡам. Ианбааиуеи аӡбара аамҭа? Уи ҟалоит иаарласны иааиуа арыцҳара ду анҵәамҭазы. Избан шьоукы ауасақәа, егьырҭ — аџьмақәа ҳәа изыԥхьаӡахо? Уи аҩыза аиҩшара ҟалоит адгьыл аҿы инхо Анцәа идоуҳала иалху Христос иашьцәа ишырзыҟаз шьаҭас иҟаҵаны. Ари адунеи аҵыхәтәа ааигәоуп. Ҳара Иегова даара иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит Матфеи 24, 25 ахқәа рҟны иану егьырҭ ажәамаанақәа хәыҷы-хәыҷла иахьҳаилиркаауаз!

ИШԤАҲНАРБО АРИ АЖӘАМААНА АЖӘАБЖЬҲӘАРА АУС ШАҞА ИХАДОУ?

8, 9. Избан Иисус ауасақәа ииашоу ҳәа зырзиҳәаз?

8 Ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаанаҿы Иисус иалкааны имҳәаӡеит ажәабжьҳәара аус аӡбахә. Избан нас ари ажәамаана ажәабжьҳәара аус шаҟа ихадоу аанарԥшуеит ҳҳәар зҳалшо?

9 Актәи, иазгәашәҭ, Иисус ажәамаана ауп еиҭеиҳәаз, иҟаҵәҟьаз аҭоурых акәымкәа. Иубартә иҟоуп, ауасақәаҵәҟьеи аџьмақәаҵәҟьеи рыӡбахә шакәым ииҳәоз. Иара убас иара иҳәарц иҭахӡамызт ауаа зегьы Христос иашьцәа акрырҿаҵараҵәҟьеи, реилаҳәараҵәҟьеи рықәшәоит ҳәа. Иисус зыӡбахә иҳәоз асимволтә ҵакы змоу ауасақәа иашьцәа ишырзыҟоу ауп. Иара ауасақәа ииашоуп ҳәа рзиҳәоит, избанзар дара адгьыл аҿы инхо Анцәа идоуҳала иалху иара иашьцәа роуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, насгьы ицәгьоу арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа раан ирызиашаны ирыдгылоуп (Матф. 10:40—42; 25:40, 46; 2 Тим. 3:1—5).

10. Ишԥарылшо ауасақәа Христос иашьцәа реиҷаҳара?

10 Аҩбатәи, ҳрыхәаԥшып Иисус иажәақәа аконтекст аҿы. Иара далацәажәон иаареи ари асистема аҵыхәтәахьы ишнеиуеи узырбо адырга (Матф. 24:3). «Аҳра иазку ари ажәабжь бзиа рылаҳәахоит адунеи зегь ахьынӡанаӡааӡо ажәларқәа зегьы рзышаҳаҭразы, убасҟан иааиуеит аҵыхәтәа» (Матфеи 24:14, АдҾ). Ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана еиҭеиҳәаанӡа, иара иааигеит аталантқәа ирызку ажәамаана. Ҳазхысыз астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, Иисус ари ажәамаанала Анцәа идоуҳала иалху ишьҭанеицәа, иара иашьцәа, идирбар иҭахын дара гәацԥыҳәарыла ажәабжьҳәара аус рҽаладырхәлар шрыхәҭаз. Христос иаара аамҭазы адгьыл аҿы инхо Анцәа идоуҳала иалху агәыԥ хәыҷ азы «ажәларқәа зегьы» аҵыхәтәа ааиаанӡа ажәабжь рылаҳәара имариам усуп. Аха ауасақәеи аџьмақәеи ирызку ажәамаана аҟынтә иубарҭоуп Анцәа идоуҳала иалху ацхыраара шроуа. Убри аҟынтә ауасақәа ҳәа иԥхьаӡахо ауаа Христос иашьцәа рахь аиҷаҳара аадырԥшуеит, еиҳарак ажәабжьҳәара аус аҿы ианрыдгыло. Аха иаҵанакуазеи уахь? Аматериалтә цхыраареи агәышьҭыхреи мацара ракәу, мамзаргьы даҽакы?

ИЗЫХӘҬАДА АЖӘАБЖЬ АҲӘАРА?

11. Иарбан зҵаароу ицәырҵыр алшо, насгьы избан?

11 Иахьа адгьыл аҿы аа-миллионҩык раҟара Христос ишьҭанеицәа ыҟоуп, урҭ реиҳараҩык Анцәа идоуҳала иалхӡам. Аха Иисус аталантқәа зиҭаз Анцәа идоуҳала иалху итәцәа роуп (Матф. 25:14—18). Убри аҟынтә азҵаара цәырҵыр алшоит: ирҳәалароума ажәабжь Анцәа идоуҳала иалхымгьы? Уажәы ҳрыхәаԥшып ааи шакәу узырбо мзызқәак.

12. Еилаҳкаауазеи ҳара Матфеи 28:19, 20 иану Иисус иажәақәа рҟынтәи?

12 Иисус ишьҭанеицәа зегьы ажәабжь аҳәара рыдиҵеит. Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь, ишьҭанеицәа адҵа риҭеит аҵаҩцәа азыҟарҵаларц, насгьы иара ирыдиҵаз зегь ақәныҟәашьа ддырҵаларц. Уахь иаҵанакуан ажәабжь аҳәаразы адҵагьы. (Уаԥхьа Матфеи 28:19, 20.) Ишаҳбо еиԥш, ажәабжь бзиа Христос ишьҭанеицәа зегьы ирҳәалароуп — ажәҩан аҟны напхгара ҟазҵалогьы, адгьыл аҿы инхалогьы (Аус. 10:42).

13. Еилаҳкаауазеи ҳара Иоанн иҭаз абара аҟынтәи, насгьы избан?

13 Аатра ашәҟәы инақәыршәаны, ажәабжь рҳәалароуп ақьырсианцәа зегьы — Анцәа идоуҳала иалхугьы, адгьылаҿтәи агәыӷра змоугьы. Иисус апостол Иоанн ииҭеит «аԥсҭазааратә ӡыхь зҭаху хәыда-ԥсада» иргарц иаазыԥхьоз «аҭаца» дахьыҟаз абара. Ари аҭаца дырсимволуп Христос ажәҩан аҿы напхгара ицҟазҵало 144 000-ҩык Анцәа идоуҳала иалху (Аатр. 14:1, 3; 22:17). Аӡы иаанарԥшуеит Иегова иҟаиҵаз зегьы, ауаа Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара абзоурала агәнаҳаи аԥсреи аҟынтәи аиқәырхара роурц азы (Матф. 20:28; Иоан. 3:16; 1 Иоан. 4:9, 10). Аҿыхра иазку аҵара — ари иаҳҳәо ажәабжь аҿы зегь раасҭа ихадоу ҵароуп, Анцәа идоуҳала иалхугьы аҿырԥш бзиа аадырԥшуеит Христос иҿыхра шаҟа ахә ҳараку ауаа еилыркаарц иахьрыцхраауа аҿы (1 Кор. 1:23). Аха Иоанн ибараҿы иҟоуп аҭаца ишьақәлыргыло ақьырсианцәа ргәыԥ ахь иаҵанамкуагьы. Даргьы адҵа рыҭоуп егьырҭ ирарҳәаларц: «Уааи!» Уи нагӡо, дара ауаа ааԥхьара рырҭоит аԥсҭазааратә ӡыхь ргаларц. Ари аҩбатәи агәыԥ иаанарԥшуеит адгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы агәыӷра змоу ауаа. Ари абара ибзианы иаанарԥшуеит ааиразы ааԥхьара здызкыло зегьы егьырҭ ажәабжь рзеиҭарҳәалар шрыхәҭоу.

14. Иаанагозеи «Христос изакәанԥҟара» ацныҟәара?

14 «Христос изакәанԥҟара» аҵаҟа иҟоу зегьы ажәабжь рҳәалароуп (Гал. 6:2). Иегова иҭахуп ауаа зегьы закәанк иқәныҟәаларц. Иаҳҳәап, иара израильаа ус реиҳәеит: «Аџьынџьуаҩ изгьы, ишәыцынхо атәымуаҩ изгьы закәанк ауп иҟазар ахәҭоу» (Ақәҵ. 12:49; Алев. 24:22). Ақьырсианцәа Моисеи изакәан аҵаҟа иҟаӡам. Аха ҳара зегьы, Анцәа идоуҳала ҳалхзаргьы-ҳалхымзаргьы, «Христос изакәанԥҟара» ҳацныҟәоит. Уи азакәан ахь иаҵанакуеит Иисус идирҵоз зегьы. Раԥхьаӡа иргыланы, ишьҭанеицәа абзиабара аарԥшра дирҵон (Иоан. 13:35; Иак. 2:8). Аҳра иазку ажәабжь бзиа аҳәара — Анцәеи, Христоси, иаҳзааигәоуи рахь абзиабара злааҳарԥшуа ихадоу азнеишьақәа ируакуп (Иоан. 15:10; Аус. 1:8).

15. Избан иаҳҳәар зҳалшо Иисус идҵа иара ишьҭанеицәа зегьы ирыҵанакуеит ҳәа?

15 Иисус агәыԥ хәыҷ иреиҳәаз ажәақәа акырӡа еиҳау агәыԥ ахьгьы иаҵанакуеит. Иаҳҳәап, Иисус Аҳра иазку аиқәшаҳаҭра 11-ҩык иҵаҩцәеи иареи ирыбжьеиҵеит, аха уи 144 000-ҩык Анцәа идоуҳала иалху зегь рахь иаҵанакуеит (Лука 22:29, 30; Аатр. 5:10; 7:4—8). Убасҵәҟьа Иисус ажәабжь аҳәаразы адҵа риҭеит уиаҟара зхыԥхьаӡара рацәамыз ишьҭанеицәа — иԥсы анҭала ашьҭахь зҿаԥхьа дцәырҵыз (Аус. 10:40—42; 1 Кор. 15:6). Аха актәи ашәышықәсазы инхоз ииашаз ақьырсианцәа зегьы еилыркааит ари адҵа даргьы ишрыҵанакуаз, хаҭала Христос иажәақәа рмаҳазаргьы (Аус. 8:4; 1 Пиот. 1:8). Иахьагьы Иисус аа-миллионҩык Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рҟынтәи хаҭала аӡәгьы диацәажәаӡомызт. Аха дара зегьы еилыркаауеит Христос иахь ахаҵара аарԥшра шрыду, ажәабжьҳәара аус рхы алархәуа (Иак. 2:18).

ИАХЬА ЕИҲАРАК ИХАДОУП АЗИАШАРА ААРԤШРА

16—18. Ишԥарылшо ауасақәа ҳәа иԥхьаӡахоит ҳәа агәыӷра змоу Христос иашьцәа ирыдгылаларц, насгьы избан иахьа уи еиҳарак изхадоу?

16 Аҩсҭаа адгьыл аҿы инхо Анцәа идоуҳала иалху Христос иашьцәа рҟынтәи инхаз дырҿагыланы драбашьуеит, насгьы иара даара иҽырцәгьаны дрыжәлалоит, избанзар «изынхаз аамҭа» маҷуп (Аатр. 12:9, 12, 17). Анцәа идоуҳала иалху аԥышәара ӷәӷәақәа ишрықәшәогьы, дара аҭоурых аҿы зегь раасҭа идуу ажәабжьҳәаратә ус напхгара азыруеит. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит, урҭ Иисус дышрыцхраауа, насгьы напхгара шриҭо (Матф. 28:20).

17 Ҳаԥхьаҟа уасақәоуп ҳәа иԥхьаӡахо, зхыԥхьаӡара еизҳауа ақьырсианцәа ҳаҭыр дуны ирыԥхьаӡоит Христос иашьцәа рыцхраара ажәабжьҳәара аус аҽалархәра адагьы, егьырҭ азнеишьақәа рылагьы. Иаҳҳәап, дара хатәгәаԥхарала аԥара арҭоит, Аҳратә залқәеи, Аконгресстә залқәеи, афилиалқәеи рыргылараҿы ацхыраара ҟарҵоит. Иара убас дара иалху «игәрагоу, иҟәышу» атәы иҟаиҵо анапхгара аиашара аарԥшны иацныҟәоит (Матф. 24:45—47; Аур. 13:17).

Ауасақәа ирҿырԥшу ауаа еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла Христос иашьцәа ирыдгылоит (Шәахәаԥш абзац 17.)

18 Иаарласны амаалықьцәа арыцҳара ду аазго зегь ԥыххааса иқәызҵо аԥшақәа аурыжьуеит. Уи ҟалоит адгьыл аҿы инхо Христос иашьцәа рҟынтәи аҵыхәтәантәи доуҳала иалху ақьырсиан аҵыхәтәантәи амҳәыр аниаархахо ашьҭахь (Аатр. 7:1—3). Армагеддон иалагаанӡа Анцәа идоуҳала иалху зегьы ажәҩан ахь игахоит (Матф. 13:41—43). Убри аҟынтә иахьа еиҳарак ихадоуп ауасақәа ҳәа иԥхьаӡахоит ҳәа агәыӷра змоу зегьы аиашара аарԥшны Христос иашьцәа ирыдгылаларц.

a Ари ажәамаана еиҳа инарҭбааны еилыргоуп 1995 шықәса октиабр 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» (аурыс) ианыз астатиақәа «Узакәытә уаҩны унеиуазеи уара аӡбарҭа аҿаԥхьа?», насгьы «Ирԥеиԥшузеи ауасақәеи аџьмақәеи?» рҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра