АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Асоциалтә каҭақәа. Урҭ ирыцу ашьацҳәақәа ҳҽырцәаҳахьчалар шҳалшо
УИ ЗХАДОУ Иарбанзаалак амыруга еиԥш асоциалтә каҭақәа ахәарҭа адагьы, ашәарҭара рыҵоуп. Ақьырсианцәа шьоукы ирыӡбеит асоциалтә каҭақәа зынӡа рхы иадмырхәаларц. Даҽа шьоукы асоциалтә каҭақәа рхы иадырхәоит рҭынхацәеи рҩызцәеи рацәажәаразы. Аха агәҽанызаара ҳамамзар, ҳрепутациеи Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәеи бжьаҳхыр алшоит. Аҩсҭаагьы уи ауп ииҭаху. Анцәа Иажәа аҟынтә апринципқәа ҳацхраауеит Иисус иеиԥш ашәарҭарақәа рбареи урҭ рҽырцәыхьчареи (Лука 4:4, 8, 12).
АШЬАЦҲӘАҚӘА
Аамҭа зӷьычуа. Сааҭла асоциалтә каҭақәа ҳанырҭо, ҳара адоуҳатә усқәа ирзаҳкыр ҳалшо аамҭа наҳхуеит.
Абиблиатә принцинпқәа: Еф. 5:15, 16; Флп. 1:10.
Зыгәра угартә иҟам аматериалқәа. Иҽеим асахьақәеи авидеонҵамҭақәеи апорнографиа ахәаԥшрахь, мамзаргьы асексуалтә гәаԥхашәадарахь унаргар алшоит. Асаитқәа рыԥхьара, мамзаргьы аҵабырг иацәхьаҵыз рыблогқәа рыхәаԥшра ҳагәрахаҵара арԥсыҽыр алшоит.
Абиблиатә принцинпқәа: Матф. 5:28; Флп. 4:8.
Агәаԥхашәадара зныԥшуа акомментариқәеи апатретқәеи. Ауаҩы игьангьашу игәы игәазҭанаҵар алшоит агәаԥхашәадара зныԥшуа акомментариқәеи апатреҭқәеи асоциалтә каҭақәа рахь аҭагалара. Аха уи ауаҩы ирепутациа бжьнахыр, насгьы игәрахаҵара арԥсыҽыр алшоит.
Абиблиатә принцинпқәа: Рим. 14:13; Еф. 4:29.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АСОЦИАЛТӘ КАҬАҚӘА ҞӘЫӶАРАЛА УХЫ ИАРХӘАЛА!», НАСГЬЫ УАЗХӘЫЦ ИҼЕИМ УРҬ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РҼЫРЦӘЫХЬЧАРА ШУЛШО: