АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Аинтернет аҿы ҩызцәас иумада?
Аиҩызцәа бзиа еибабоит, насгьы пату еиқәырҵоит. Иаҳҳәап, Давиди Ионафани еиҩызцәахеит Давид Голиаф данииааи ашьҭахь (1 Сам. 18:1). Давид Ионафан илаз аҟазшьақәа игәаԥхон, Ионафангьы Давид илаз аҟазшьақәа игәаԥхон. Ауаҩы еиӷьны деилаҳкаацыԥхьаӡа ҳаиҩызара ӷәӷәахоит, аха уи азы аамҭеи амчи аҭахуп. Аха асоциалтә каҭақәа рҿы кнопкак уақәыӷәӷәаны мацара аӡәы «уиҩызахар» улшоит. Аинтернет ала ауаа анеицәажәо ирҳәаша заа ирыӡбар, насгьы рхы бзианы иаадырԥшлар рылшоит. Убри аҟынтә узацәажәо ауаҩы дзеиԥшраҵәҟьоу аилкаара цәгьоуп. Убри азы аинтернет аҿы ҩызцәас иалухуа ибзианы уазхәыцроуп. Иузымдыруа ауаа аиҩызара анудыргало, урҭ ргәы дурхьыр ҳәа ушәаны мап рыцәкра уацәыԥхамшьалан. Шьоукы ашәарҭара рхы ацәырыхьчарц азы асоциалтә каҭақәа зынӡа рхы иадмырхәаларц рыӡбеит. Аха иухоумыршҭлар акәзеи асоциалтә каҭақәа ухы иаурхәозар?
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АСОЦИАЛТӘ КАҬАҚӘА ҞӘЫӶАРАЛА УХЫ ИАРХӘАЛА!», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Изызхәыцтәузеи асоциалтә каҭақәа рахь асахьақәа ҭоугалаанӡа, насгьы акомментариқәа ануҵаанӡа?
Избан аинтернет аҿы аҩызцәа аналухуа угәуҽанызар зухәҭоу?
Избан асоциалтә каҭақәа ирықәурӡуа аамҭа уацклаԥшлар зухәҭоу? (Еф. 5:15, 16).