АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иисус уашьа изгьы дыԥсит
Иисус инаӡам ауаа иԥсы рыхҭниҵеит (Рим. 5:8). Ҳәарада, ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Иисус иԥсҭазаара ҳахҭынҵаны абзиабара ахьааирԥшыз. Ус шакәугьы, зны-зынла иаҳгәалаҳаршәалароуп Христос ҳашьа изгьы дшыԥсыз. Ишԥаҳалшо ҳара ҳаиԥш инаӡам ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ақьырсиантә бзиабара аарԥшра? Ҳрызхәыцып х-знеишьак. Актәи, ҩызцәас ишьҭаҳхыр ауеит культурала иҳаиԥшым ауаа (Рим. 15:7; 2 Кор. 6:12, 13). Аҩбатәи, ҳхы ҳацклаԥшлароуп жәала ма усла аӡәы игәы иҳмырхьырц азы (Рим. 14:13—15). Ахԥатәи, аӡәы ҳиргәаазар, иаразнак ианаҳажьлар ауп (Лука 17:3, 4; 23:34). Ҳара абарҭ аганқәа рҿы Иисус ҳаиҿыԥшуазар, Иегова аизара дазылԥхалоит, уа аҭынчреи акзаареи ыҟазарц азы.
ШӘАХӘАԤШ АВИДЕНОҴАМҬА «АИЛКААРА АУАҨЫ ДАРԤШӠОИТ!», АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАШӘҴА:
Дышԥазыҟаз Мики раԥхьа аизара?
Избан лцәаныррақәа рыҽзырыԥсахыз?
Ишԥалыцхрааи Мики Иисус иҿырԥшы аизара аганахь ала илымаз агәаанагара аԥсахра? (Марк 14:38).
Ишԥаҳацхраауеи Ажәамаанақәа 19:11 ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ииашаны рзыҟазаара?