Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 ииун ад. 20—24
  • Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәмыргәаалан

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәмыргәаалан
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЗУСҬЦӘАДА «ИРЕИҴОУ»?
  • ЕГЬЫРҬ ШӘАРА ШӘААСҬА ЕИҲАНЫ ИШӘЫԤХЬАӠАЛА
  • ГӘЫКАЛА ИРАНАШӘЫЖЬЛА
  • ШӘЗЫЗГӘААЗ ШӘХАШӘЫРШҬ
  • Аизараҿы аҭынчра шәыманы, аӡәк иеиԥш шәыҟаз
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Шәдоуҳатә ҭаацәареи шәареи шәеизыҟазаашьақәа шәырӷәӷәала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит. Ишԥаҳалшо иара ҳаиҿыԥшлар?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иаҳдырҵозеи Иисус аҵыхәтәантәи иажәақәа?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 ииун ад. 20—24

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 25

Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәмыргәаалан

«Абарҭ иреиҵоу рахьтә аӡәы тәамбара изыжәымун» (МАТФ. 18:10).

АШӘА 113 Аҭынчра аиашара иалҵшәоуп

АХҲӘААa

1. Иҟаиҵазеи Иегова хаҭала ҳара зегьы ҳзы?

ИЕГОВА хаҭала ҳара зегьы иара иахь ҳааиԥхьеит (Иоанн 6:44). Шәазхәыц уи иаанаго. Адунеи иқәынхо миллиардҩыла ауаа рҟынтә ҳара ҳалкааны ҳгәеиҭеит, насгьы бзиа даҳбар шҳалшо ибеит (1 Аш. 28:9). Иегова хаҭала ҳаидыруеит, ҳаиликаауеит, насгьы бзиа ҳаибоит. Шаҟа ҳгәы ҟанаҵозеи уи!

2. Ишԥаҳаилиркааи Иисус Иегова ауасақәа зегьы хаҭала дышреиҷаҳауа?

2 Иегова ҳара бзиа ҳшибо еиԥш ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеигьы бзиа ибоит. Уи аилкаара ҳзымариахарц азы Иисус Иегова ахьча диҿирԥшит. Иҟаиҵозеи ахьча шә-уасак ахьыҟоу аԥсасаҿы уасак ыӡыр? Иара ԥшьынҩажәи зеижә уаса ашьхаҿы иааныжьны иҟьалаз дашьҭалоит. Аха уи анииԥшаалак ипҟаӡом, еиҳагьы деигәырӷьоит. Иаҳнарҵозеи уи? Иегова изы ауасақәа зегьы рыхә ҳаракуп. Иисус иҳәеит: «Жәҩан иҟоу Шәаб гәаҳәара имам, урҭ иреиҵоу рахьтә аӡә дҭахаразы» (Матф. 18:12—14).

3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Ҳәарада аӡәгьы иаҳҭахӡам ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы дҳархьыр. Аха иҟаҵалатәузеи ус ҳмыхьларц азы, насгьы ҳхы шԥамҩаԥаҳго идыргәааз ҳара ҳакәзар? Шәааи арҭ азҵаарақәа рҭак еилҳаргап. Аха зны еилаҳкаап Матфеи 18-тәи ахаҿы «иреиҵоу» ҳәа зыӡбахә ҳәоу зусҭцәоу.

ИЗУСҬЦӘАДА «ИРЕИҴОУ»?

4. Иззиҳәада Иисус «иреиҵоу» ҳәа?

4 «Иреиҵоу» ҳәа Иисус зыӡбахә имаз қәрала еиԥшымыз иҵаҩцәа ракәын. Шаҟа рхыҵуазаалакгьы дара Иисус изы ахәыҷқәа иреиԥшуп, избанзар иара аҵара дирҵаларц рҭахуп (Матф. 18:3). Урҭ еиуеиԥшым атәылақәа рҿы ишынхогьы, рааӡашьеи, рхәыцшьеи, рҟазшьақәеи шеиԥшымгьы Христос иахь агәрахаҵара аадырԥшуеит. Иаргьы урҭ даараӡа бзиа ибоит (Матф. 18:6; Иоанн 1:12).

5. Дышԥазыҟоу Иегова имаҵзуҩцәа рҟынтә аӡә дандыргәаауа?

5 Иегова изы «иреиҵоу» рҟынтә дарбанзаалак ихә ҳаракуп. Уи еилышәкаарц азы шәазхәыц ахәыҷқәа ҳшырзыҟоу. Дара акыр иаҳзаԥсоуп. Урҭ ҳархылаԥшуеит, избанзар ихәыҷқәоуп, аԥышәа рызхаӡом, ирзымдыруагьы рацәоуп. Ҳәарада изызҳахьоу ауаҩгьы дандыргәаауа ҳгәы ҳнархьуеит. Аха ахәыҷы дандыргәаауа уи еиҳагьы ҳгәы ԥнажәоит. Убас ауп Иеговагьы. Иара ҳихьчаларц иҭахуп. Аха имаҵзуҩцәа рҟынтә аӡә дандыргәаауа уи игәаԥхаӡом, игәгьы ԥнажәоит (Ис. 63:9; Марк 9:42).

6. Ишԥарзыҟоу ари адунеи аҿы Иисус иҵаҩцәа, 1 Коринфаа рахь 1:26—29 иану инақәыршәаны?

6 Избан еиҭа Иисус иҵаҩцәа ахәыҷқәа ирыҿҳарԥшыр зҳалшо? Шәааи ҳазхәыцып. Ари адунеи аҿы еиҳа иалкааны ирбода? Амали ахьӡи-аԥшеи змоу, насгьы акыр зылшо ауаа роуп. Иисус иҵаҩцәа ауаа рзы уаа дуқәам, егьырҭ ирылукаауа иҟам. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 1:26—29.) Аха Иегова зынӡа даҽакала ауп урҭ дышрыхәаԥшуа.

7. Ишԥеиҭаху Иегова ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳарзыҟазарц?

7 Иегова имаҵзуҩцәа зегьы бзиа ибоит, урҭ имаҵ аура ианалагаз ааигәа акәзаргьы, ма акыршықәса ҵуазаргьы. Иегова ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи зегьы рыхә ҳаракны ишьоит. Ҳаргьы убас ҳарзыҟазароуп. Абиблиаҿы иануп: «Аиашьара зегьы бзиа ижәбала» шьоукы-шьоукы ракәымкәа (1 Пиотр 2:17, АдҾ). Ҳара ҳхы ҳамеигӡалароуп ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳреиҷаҳаларц азы. Аӡәы дҳаргәаазар акгьы ҟамлазшәа ҳхы мҩаԥаҳамгалароуп, насгьы уи зегьы рзы дгәаауеит анажьшьа иҵалааит ҳәа ҳамхәыцлароуп. Избан ауаҩы дгәаалар залшо? Иҟалап уи зыхҟьо ихәыҷреи иааӡареи ракәзар, мамзаргьы акгьы даԥсамшәа ихы ибозар ауеит. Шьоукы ааигәоуп аӡы рҽанӡаарх, убри аҟынтә егьырҭ ранажьра макьана ирзымариаӡам. Ҳара ҳдыргәаазаргьы, ма аӡәы дҳаргәаазаргьы, уи зыхҟьазаалакгьы ҳаинышәароуп. Уи адагьы лассы-лассы игәаауа ауаҩы еиликаауазароуп уи аҟазшьа даиааир шихәҭоу. Убасҟан ихаҭагьы еиҳа агәырӷьара иоуеит, иааигәара иҟоугьы еиҳа ирзымариахоит.

ЕГЬЫРҬ ШӘАРА ШӘААСҬА ЕИҲАНЫ ИШӘЫԤХЬАӠАЛА

8. Иарбан ажәлар ирылаҵәаны иҟаз гәаанагароу Иисус иҵаҩцәа ирныруаз?

8 Избан Иисус иҵаҩцәа ахәыҷқәа изрыҿирԥшыз? Избанзар урҭ Иисус иазҵааит: «Жәҩантәи Аҳраҿы еиҳа [иреиҳахода]?» (Матф. 18:1). Усҟантәи аамҭақәа раан инхоз ауриацәа аӡәырҩы рзы иааныркылоз аҭыԥи ирымаз ахьӡ-аԥшеи акраҵанакуан. Ҵарауаҩык ус иҳәеит: «Ауаа зынхоз, насгьы изыԥсуаз ирымаз аламыс, апату, аҳаҭыр, насгьы ахьӡ-аԥша азы акәын».

9. Иҟарҵалар рыхәҭази Иисус иҵаҩцәа?

9 Иисус еиликаауан иҵаҩцәа рхы аус адырулалар шрыхәҭаз, усҟантәи аамҭазы ауриацәа ирылаҽны иҟаз аицлабра иаҿагыларц азы. Иара урҭ иреиҳәеит: «Шәара шәҟны иреиҳау — иреиҵоу иеиԥш дыҟаз, ахылаԥшра зуагьы — маҵуҩык диеиԥшыз» (Лука 22:26). Ҳара иреиҵоу реиԥш ҳхы мҩаԥаҳгалоит егьырҭ «раҵкыс еиҳаны шәгылоушәа шәгәы иаанашәмырган» ҳәа иану ажәақәа ҳрықәныҟәозар (Флп. 2:3). Убас ҳхы мҩаԥаҳгалар егьырҭ рмыргәаара еиҳа иаҳзымариахоит.

10. Иарбан Павел ииҳәаз жәақәоу ҳзызхәыцлар ҳахәҭоу?

10 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегьы излаҳаиӷьу ак ыҟоуп. Уи гәаҳамҭар залшом рҟазшьа бзиақәа ҳрызхәыцлар. Ҳара ҳахшыҩ рзаҳашьҭроуп апостол Павел ииҳәаз абарҭ ажәақәа: «Мшәан шәара егьырҭ шәызлареиԥшыми? Иарбану даҽа шьоук рахьтә ишәмоуз, шәара ишәтәны ишәымоу? Ус еиԥш ала ишәоуз ыҟазар, изаҭахузеи уи шәмоузшәа аҽхәара?» (1 Кор. 4:7). Ҳара егьырҭ раасҭа ҳаиӷьуп ҳәа ҳамхәыцлароуп, насгьы ҳхы аӡыргара ҳашьҭамзароуп. Иаҳҳәап, аиашьа ажәахә иманы ибзианы дықәгылозар ауеит. Мамзаргьы аиаҳәшьа абиблиатә ҵарақәа рылагара лзымариазар ауеит. Уи азы дара ахьӡ-аԥша зегьы Иегова ирҭалароуп.

ГӘЫКАЛА ИРАНАШӘЫЖЬЛА

11. Иаҳнарҵозеи аҳи атәи ирызкны Иисус иааигаз аҿырԥштәы?

11 Иисус иҵаҩцәа ргәы нибамырхаларц анреиҳәа аҳи атәи ирызку аҿырԥштәы рзааигеит. Аҳ итәы ахаан изымшәоз ауал ду ианаижьит. Ԥыҭрак ашьҭахь уи атәы даҽаӡәы уал хәыҷык ианажьра иҭахымхеит. Уи азы аҳ агәрыцҳашьара аазмырԥшыз атәы абахҭа дҭеикит. Иаҳнарҵозеи ари ажәамаана? Иисус иҳәеит: «Жәҩан аҿ иҟоу Сабгьы убас аиԥш ала дшәызныҟәоит, доусы гәыкала шәашьцәа рыгәнаҳарақәа ранашәмыжьыр» (Матф. 18:21—35).

12. Лҵшәас иаанагозеи ҳгәы ҳзырхьыз ианажьра анаҳҭахым?

12 Агәрыцҳашьара аазмырԥшыз атәы ихымҩаԥгашьа ихаҭагьы егьырҭгьы ирԥырхагахеит. Ишԥа? Иара иеиԥш тәыс иҟаз суал сиҭаанӡа ҳәа днаганы абахҭа дҭеикит. Уи збоз ргәы днархьит, избанзар «иҟалаз анырба, даара хьаас иркит». Убас еиԥшҵәҟьа ҳхымҩаԥгашьа егьырҭ анырра рнаҭоит. Ҳгәы нзырхаз ианажьра мап ацәаҳкуазар иалҵшәахозеи уи? Ҳгәы ҳзырхьыз ауаҩы ианажьра ахьаҳҭахым азы ҳхымҩаԥгашьалеи ҳшизыҟоу алеи игәы иҳархьуеит. Иара убас иареи ҳареи аҭынчра шҳабжьам збо аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы ргәы каҳауеит.

Шәзыргәааз игәаӷ шәкуама, мамзаргьы гәыкала ианашәыжьуоу? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)c

13. Иаҳнарҵозеи иаҳәшьак лҿырԥштәы?

13 Ҳара егьырҭ рыгхақәа ранаҳажьуазар уи ҳара ҳзгьы ибзиоуп, егьырҭгьы ахәарҭа рзаанагоит. Уи бзианы иаҳнарбоит пионерс амаҵ зуа Кристалb захьӡу иаҳәшьак лҿырԥштәы. Лара аизараҿы иаҳәшьак дышлызныҟәоз цәгьала лгәы лнархьуан. Лара илҳәоит: «Зны-зынла лажәақәа аҵәымыӷ еиԥш сгәы иалалон. Ажәабжь лыцҳәара сҭахымхо аҟынӡа снеит. Ажәабжьҳәара ацара еиҳа-еиҳа исҭахымхо салагеит, насгьы уи уаанӡа еиԥш агәырӷьара сзаанагомызт». Кристал лгәы иаанагон уи аиаҳәшьа лызгәааразы амзызқәа лыман ҳәа. Аха лара уи лхы азылмышьҭӡеит, лхы арыцҳашьарагьы даламгаӡеит. Илыцхраазеи уи аҿы? 1999 шықәса, октиабр 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иааган «Прости от сердца» захьӡу астатиа. Лара ахынраалара аарԥшны уа иаагаз алабжьарақәа лыдылкылеит. Кристал уи аиаҳәшьа иланалыжьит. Лара илҳәоит: «Уажәшьҭа сара еилыскааит ҳара зегьы иҿыцу хаҭараны ҳҟаларц азы ҳхы аус шадаҳуло, насгьы Иегова есыҽны гәыкала ҳагхақәа шҳанаижьуа. Еидарак саҵыҵызшәа збеит. Уажәшьҭа ажәабжьҳәарагьы агәырӷьара сзаанагоит».

14. а) Ицәыцәгьазар алшози апостол Пиотр, Матфеи 18:21, 22 иану инақәыршәаны? б) Иҳацхраауазеи ҳара егьырҭ ранажьра?

14 Ҳара иаҳдыруеит егьырҭ ранажьра уалны ишҳаду, насгьы уи аҟаҵара шиашоу. Аха зны-зынла уи уадаҩуп. Апостол Пиотргьы уи изымариамызҭгьы ҟаларын. (Шәаԥхьа Матфеи 18:21, 22.) Иҳацхраауазеи ҳара? Актәи, иаҳхаҳмыршҭлароуп Иегова ҳара ҳахь шаҟа агәшаҭара ааирԥшуа (Матф. 18:32, 33). Уи ҳшаԥсамгьы иара лассы-лассы ҳагхақәа ҳанаижьуеит (Аԥсал. 103:8—10). Уи адагьы «аӡәи-аӡәи бзиа ҳаибабалароуп» (1 Иоанн 4:11). Ус анакәха аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгхақәа ианаҳҭаху мацара акәӡам ианранаҳажьуа, уи аҟаҵара ҳара уалны иҳадуп. Аҩбатәи, шәазхәыц егьырҭ рыгхақәа анранаҳажьуа уи хәарҭас иаҳзаанаго. Ҳара ҳзыргәааз ауаҩы ҳицхраауеит, аизараҿы аҭынчра ҳцәыӡӡом, Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳахьчоит, насгьы иҽеим ацәаныррақәа ҳҽырцәаҳахьчалоит (2 Кор. 2:7; Кәал. 3:14). Ахԥатәи, ацхырааразы Иегова шәиҳәала, избанзар иара иоуп егьырҭ иранаҳажьларц зҭаху. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа Аҩсҭаа ибжьихыртә илшәмыршан (Еф. 4:26, 27). Аизараҿы акзаареи аҭынчреи ыҟазарц азы Иегова ицхыраара ҳҭахуп.

ШӘЗЫЗГӘААЗ ШӘХАШӘЫРШҬ

15. Иҟаҵатәузеи аизараҿы аӡәы ӷәӷәала ҳгәы ҳирхьзар, Кәаласаа рахь 3:13 иану инақәыршәаны?

15 Иҟаҵатәузеи аизараҿы аӡәы шәгәы шәирхьзар, насгьы уи ҭаха шәнамҭозар? Аҭынчра шәыхьчарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Шәгәы иҵхо Иегова изеиҭашәҳәа. Шәзыргәааз ауаҩы изы, иара убас илоу аҟазшьа бзиақәа шәирбарц азы Анцәа шәиҳәала (Лука 6:28). Аха уеизгьы ианажьра шәзымариамзар уи ауаҩы шәиацәажәа. Уи аиҿцәажәара ибзианы шәҽазыҟашәҵароуп. Аиашьа изымдырӡакәа шәгәы шәирхьзар ауеит (Матф. 5:23, 24; 1 Кор. 13:7). Убри аҟынтә шәаниацәажәало игәы иҭамыз изышәымҳәалан. Аха иҟаҳҵозеи иара ҳнышәара иҭахымзар? Шәгәы кашәмыжьын, аҭынчра шәыбжьаларц азы анаҩсгьы ишәылшо зегь ҟашәҵала. (Шәаԥхьа Кәаласаа рахь 3:13.) Насгьы зегь раасҭа ихадоу, ауаҩы игәаӷ шәымкын, избанзар уи Иеговеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа бжьнахуеит. Арҭ алабжьарақәа шәрықәныҟәалар Иеговеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа зегь раасҭа рыхә ҳаракны ишышәшьо аашәырԥшуеит (Аԥсал. 119:165).

16. Иарбан ҭакԥхықәроу хаҭала ҳара зегьы иҳаду?

16 Ҳара даараӡа ҳаигәырӷьоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрывагыланы Иегова имаҵ ахьаҳуа, насгьы напхгаҩык дахьҳамоу (Иоанн 10:16). Ашәҟәы «Организованы, чтобы исполнять волю Иеговы» 165 адаҟьаҿы иануп: «Уажәшьҭа уара аизараҿы акзаара ухьчаларц азы аҭакԥхықәра удуп». Убри аҟынтә ҳара зегьы ҳхы аус адаҳулалароуп «ауаҩытәыҩсатә хәаԥшышьала акәымкәа, Иегова ихәаԥшышьала ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳарзыҟазарц азы». Ҳара зегьы иара изы бзиа иибо ахәыҷқәа ҳауп. Убас аума шәаргьы шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи шәшырзыҟоу? Иегова урҭ ирзыҟашәҵо зегь ибоит, ахәгьы ҳаракны ишьоит (Матф. 10:42).

17. Шәгәы зызҭанаҵазеи ари астатиа?

17 Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбоит, убри аҟынтә урҭ ҳаргәаар ҳҭахӡам. Урҭ ҳара ҳаасҭа еиҳау реиԥш ҳрыхәаԥшуеит, насгьы гәыкала иранаҳажьуеит. Уи адагьы, агәаара иахҟьаны Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьысыртә алҳмыршалароуп. Шәааи, иҳалшо зегь ҟаҳҵалап «ҳамч-ҳалшара зегьы бзиарала, ҭынчрала аҟазаареи аҳәатәеиқәшәареи» ирзаҳкларц азы! (Рим. 14:19).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Изусҭцәада «иреиҵоу» ҳәа Иисус зыӡбахә иҳәаз?

  • Иҳацхраауазеи егьырҭ ҳара ҳаасҭа еиҳау реиԥш рыхәаԥшра?

  • Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи анажьра ҳцәыцәгьазар?

АШӘА 130 Шәыгәнаҳақәа шәанеибажьла

a Ҳанамӡара иахҟьаны зны-зынла ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы дзырхьуа ак ҳҳәар, ма иҟаҳҵар ауеит. Ҳхы шԥамҩаԥаҳго ус анҳахьуа? Ҳашьҭома аинышәара? Иаразнак аҭамзаара шьҭаҳҵома? Мамзаргьы иара дгәаазар сара исхарои ҳәа ҳгәы иаанагома? Аха ҳхаҭа егьырҭ русқәа, ма ражәақәа ирыхҟьаны лассы-лассы ҳгәаауазар? Убас сыҟоуп, нас ишԥаҟасҵари ҳәа ҳхы ҳариашома? Мамзаргьы уи аус зыдулатәу шҟазшьа цәгьоу еилаҳкаауоу?

b Ахьӡ ԥсахуп.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиҳәшьцәа руаӡәк егьи аиаҳәшьа длыцәгәааит. Уи иаартны ианалацәажәа еинышәеит, уажәшьҭа игәырӷьаҵәа ажәабжь еицырҳәоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра