Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 февраль ад. 14—19
  • Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит. Ишԥаҳалшо иара ҳаиҿыԥшлар?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит. Ишԥаҳалшо иара ҳаиҿыԥшлар?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АКГЬЫ ҞАМЛАЗШӘА ШӘХЫ МҨАԤЫЖӘЫМГАЛАН
  • ШӘЦӘАНЫРРАҚӘА ААМҬА РЗЫШӘК
  • ИҼЕИМ АЦӘАНЫРРАҚӘА ИБЗИОУ АЦӘАНЫРРАҚӘА РЫЛА ИШӘЫԤСАХЛА
  • АНАЖЬРА ХӘАРҬАС ИААНАГО
  • Иегова «згәы ахьаа ҭоу ихәышәтәуеит»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Шаҟа ибзиоузеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи ҳахьеиҩызцәоу!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иегова ауаа рыгхақәа раназыжьуа дрықәныҳәоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 февраль ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 8

АШӘА 130 Шәыгәнаҳақәа шәанеибажьла

Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит. Ишԥаҳалшо иара ҳаиҿыԥшлар?

«Иегова гәык-ԥсыкала ишшәанаижьыз еиԥш, шәаргьы егьырҭ иранашәыжьла» (КОЛ. 3:13).

ЕИЛАҲКААУА

Ҳзыргәааз ианажьра иҳацхраауа.

1, 2. а) Ианбамариам еиҳараӡак анажьра? б) Ишԥаалырԥши Дениз лҭаацәара абриаҟара агәырҩа ӷәӷәа рзаазгаз ауаҩы ишианалыжьыз?

ИШӘЦӘЫЦӘГЬОУМА шәара анажьра? Аӡәырҩы уи ҳцәыцәгьоуп, еиҳарак аӡәы цәгьала ҳгәы ҳзырхьыз ак иҳәазар ма иҟаиҵазар. Аха ҳара ҳгәы иҭоу ахьаа ҳартәар, насгьы анажьшьа ҳҵар ҳалшоит. Ҳалацәажәап Дени́зa зыхьӡу ҳаҳәшьа лыԥсҭазаараҿы дзықәшәаз. Лара агәаҟра ӷәӷәа дшақәшәазгьы ахьаа лзаазгаз ауаҩы ианажьра лылшеит. 2017 шықәсазы Дениз лҭаацәареи лареи Иегова ишаҳаҭцәа ихадоу русбарҭахь аекскурсиа ҳәа ицеит. Ихынҳәны ишаауаз хаҵак машьынала дрысит. Дениз лыԥсы маҷхеит. Данааԥш иларҳәеит лхәыҷқәа ааха ӷәӷәа шроуз, лыԥшәма Бра́иан дышҭахаз. Уи аамҭа лгәаларшәо Дениз илҳәоит: «Агәырҩа сызҭоу сзымдыруа сҟанаҵеит». Ԥыҭрак ашьҭахь лара еилылкааит ирысыз ахаҵа ижәны дшыҟамыз, насгьы амҩа дахызгар алшоз ҳәа акгьы дшаҿымыз. Уи машәырла ауп ишихьыз. Аха Дениз уеизгьы лгәы ахьаа ӷәӷәа ҭан, убри аҟынтә Иегова агәҭынчра лиҭарц диҳәон.

2 Ирысыз ахаҵа машәырла ауаҩы дишьит ҳәа ахара идырҵеит. Уи шьақәдырӷәӷәазҭгьы, абахҭа дҭаркыр ауан. Аха ҳаҳәшьа аӡбарҭа аҟынтә илзаарыцҳаит илҳәо иахәаԥшны иус шырыӡбо. Дениз илҳәоит: «Сыхәра аартны ведрак аџьыкхыш аҿарыԥсазшәа збеит. Сара дырҩегь сыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа иҿаасҭаз ахҭысқәа схызгар акәхеит». Мчыбжьқәак рышьҭахь Дениз аӡбарҭа азал аҿы дтәан. Илҳәазеи лара ажәа анлырҭа? Дениз аӡбаҩ диҳәеит, уи ахаҵа ахара идрымҵарцb. Лажәа даналга, аӡбаҩ дамхаҵәыуеит. Иара иҳәеит: «Сара ӡбаҩыс аус зуеижьҭеи 25 шықәса ҵуеит, аха ари аҩыза ахаан сақәымшәацызт. Иҭахаз иҭаацәа зус еилдырго ауаҩы ахара идрымҵарц иаҳәо смаҳаӡацызт. Ари ауадаҿы „абзиабареи“ „анажьреи“ реиԥш иҟоу ажәақәа ахаан имгаӡацт».

3. Илыцхраазеи Дениз машьынала ирысыз ахаҵа ианажьра?

3 Илыцхраазеи Дениз уи ахаҵа ианажьра? Лара Иегова ишҳанаижьуа дазхәыцуан (Мих. 7:18). Ҳара Иегова иахьҳанаижьуа ахә ҳаракны иаҳшьозар, уи егьырҭгьы рыгәнаҳақәа ранажьра ҳгәазҭанаҵалоит.

4. Ииҭахузеи Иегова ҳара ҳҟынтә? (Ефесаа 4:32).

4 Иегова иҭахуп егьырҭ рыгхақәа анранаҳажьуа иара иеиԥш агәыҭбаара ааҳарԥшларц. (Шәаԥхьа Ефесаа 4:32.) Ҳара ахьаа ҳзаазгаз ранажьра ҳазхиазар ауп (Аԥсал. 86:5; Лука 17:4). Шәааи еилҳаргап, уи анымариамгьы, анажьшьа аҵара иҳацхраауа х-шьаҿак.

АКГЬЫ ҞАМЛАЗШӘА ШӘХЫ МҨАԤЫЖӘЫМГАЛАН

5. Ажәамаанақәа 12:18 иану инақәыршәаны, изеиԥшразар алшои аӡәы иажәақәа ма иусқәа иаҳзааргар алшо ахьаа?

5 Аӡәы иажәақәа ма иусқәа ӷәӷәала ҳгәы ҳдырхьыр алшоит, еиҳараӡак уи ҳҩыза гәакьа ма ҳҭаацәара иатәу аӡә иакәзар (Аԥсал. 55:12—14). Зны-зынла ахьаа аҳәызба ҳаларҵазшәа иаҳзымычҳауа иҟазар ауеит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 12:18.) Убасҟан акгьы ҟамлазшәа ҳхы мҩаԥаҳгалар алшоит, насгьы ҳцәаныррақәа хьаас иҳамкыр ауеит. Аха ус ҟаҳҵар, аҳәызба ахәраҿы иаанҳажьыр иаҩызахоит. Ус анакәха, акгьы ҟамлазшәа ҳхы мҩаԥаҳгалар, иҽеим ҳцәаныррақәа ҳариааиуеит ҳәа ҳамгәыӷлароуп.

6. Иҟаҳҵар ҳалшои азныказы аӡәы ҳаниргәаауа?

6 Аӡәы ҳаниргәаауа азныказы ҳгәы изыԥжәар алшоит. Абиблиа агәыԥжәара ахаҭа иақәыӡбаӡом. Аха уи ҳҽаҳамҭалар шакәу ҳнарбоит (Аԥсал. 4:4; Еф. 4:26). Избан? Избанзар иҽеим ацәаныррақәа иҽеим аусқәа рахь ҳнаргар алшоит (Иак. 1:20). Ишәхашәмыршҭлан, азныказы угәы аныԥжәо, уи акоуп, аха агәыԥжәара уҽанауҭо, уи зынӡа даҽакуп. Агәыԥжәара ҳҽаҳҭару-ҳҽаҳамҭару зыӡбо ҳхаҭа ҳауп.

Азныказы угәы аныԥжәо, уи акоуп, аха агәыԥжәара уҽанауҭо, уи зынӡа даҽакуп. Агәыԥжәара ҳҽаҳҭару-ҳҽаҳамҭару зыӡбо ҳхаҭа ҳауп

7. Иарбан цәаныррақәоу иҵегьы иҳазцәырҵыр алшо ҳгәы анҳдырхьуа?

7 Иҽеимкәа ианҳазныҟәо, агәыԥжәара адагьы, егьырҭ ацәаныррақәагьы ҳазцәырҵыр алшоит. Енн зыхьӡу аиаҳәшьа еиҭалҳәоит: «Саныхәыҷыз, саб сан дкажьны исхылаԥшуаз аԥҳәыс ԥҳәысс дигеит. Сара скарыжьызшәа збон. Урҭ ахәыҷқәа анроу, сҭыԥ ааныркылазшәа сгәы иаанагон. Сара аӡәгьы сиҭахымшәа еснагь схәыцуан». Џьорџье́т зыхьӡу аиаҳәшьа лыԥшәма даниԥсах лхы шылбоз лгәаларшәо илҳәоит: «Ҳара ҳхәыҷаахыс ҳаиҩызцәан. Пионерс амаҵ еицаҳуан. Нас абас ҳахьит. Сгәы тҟәацуаз џьысшьон». Нао́ми зыхьӡу аиаҳәшьа еиҭалҳәоит: «Схаҿгьы исзаагомызт схаҵа абас сгәы сирхьыр илшоит ҳәа. Иара маӡала апорнографиа дшахәаԥшуаз ансеиҳәа, ахы сгәыдиҵазшәа збеит! Сара иржьаз аӡә иеиԥш схы збон».

8. а) Иарбан мзызқәоу ауаа рыгхақәа ранажьразы иҳамоу? б) Иарбан хәарҭоу ауаа ианранаҳажьуа иҳауа? (Шәахәаԥш арамка «Аӡәы ӷәӷәала шәгәы шәирхьзар».)

8 Ҳара ауаа ирҳәои ируеи аконтроль ҳзаҭаӡом, аха ҳхы шымҩаԥаҳго ҳацклаԥшлар ҳалшоит. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы ауаҩы игха ианаҳажьыр зегьы иреиӷьуп. Избан? Избанзар ҳара Иегова бзиа даҳбоит, иара иҭахуп ауаа рыгхақәа ранаҳажьларц. Ҳара ҳгәыԥжәара ҳхымԥсаауазар, насгьы ауаа рыгхақәа ранаҳмыжьуазар, уи иакәым ак ҳнарҟаҵар алшоит, ҳгәабзиарагьы иаԥырхагахар ауеит (Ажәам. 14:17, 29, 30). Абар Кристи́н зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәо: «Схәыцрақәа аԥҭа еиқәаҵәа еиԥш ианысхаԥо, сылахь еиқәышьшьы сҟалоит. Уи адагьы, сара игәасҭеит убасҟан иҽеим аҟазшьақәа шҵызго: иабалак сфоит, сыцәагьы ҭынчӡам. Уи иахҟьаны семоциақәа аконтроль рыҭара еиҳа исцәыцәгьоуп. Уи сыԥшәмеи сааигәа иҟоу ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәагьы ирныԥшуеит».

Аӡәы ӷәӷәала шәгәы шәирхьзар

Иаҳхаҳмыршҭлароуп ауаҩы игәнаҳа анианаҳажьуа иҟаиҵаз хырҩа шаҳамҭо. Иара убас уи иаанагаӡом ҳзыргәааз ауаҩы анаҩсгьы убас дҳазныҟәаларц азин иаҳҭоит ҳәа. Уи иаанаго агәаареи агәыԥжәареи реиԥш иҟоу ацәаныррақәа ҳариааирц шаҳаӡбаз ауп. Убасҟан ҳзыргәааз ауаҩы ҳемоциақәа аконтроль рзиуларц, насгьы анаҩсгьы ахьаа ҳзааигаларц алшара иаҳҭаӡом. Егьырҭ ианранаҳажьуа, раԥхьаӡа иргыланы ҳхы иазеиӷьу ауп иҟаҳҵо. Избанзар усҟан ҳахәрақәа еималар ауеит, насгьы ԥхьаҟа ацаразы амч ҳамазаауеит. Ҳәарада, ауаҩы ианаҳажьуазар, уи иаанагаӡом иҟаиҵаз азы аҭакԥхықәра уаҳа идӡам ҳәа — иара уи азы Иегова иҿаԥхьа уеизгьы аҭак ҟаиҵароуп. Агәаареи агәыԥжәареи ҳаныриааиуа ҳара Аԥсалом 55:22 иану алабжьара ҳақәныҟәоит. Уа иануп: «Уеидара Иегова иҭ». Ҳара уи аус Иегова инапы ианаҳҵоит, насгьы ахьаа ҳзаазгаз ауаҩы иус иӡбартә алшара иаҳҭоит. Иарбанзаалак аус Иегова иаасҭа еиӷьны изыӡбо дыҟаӡам. Иара зегьы иреиӷьу аӡбара идикылоит, уи ҳхаҿы ишаҳзаамго еиԥш иҟаиҵаргьы ауеит.

9. Избан ҳгәалақәа ҳхаҳаршҭлар зҳахәҭоу?

9 Ауаҩы ахара шиду изеилымкаауазар, насгьы аҭамзаара шьҭеимҵозар, уи ҳахәра аартны иаанхазшәа ахьаа ҳзаанагозар алшоит. Аха уи ӷьарц азы ак ҟаҳҵар ауеит. Џьорџьет илҳәоит: «Сыԥшәмеи сареи ҳанеилыҵ ашьҭахьгьы сизгәаан сыҟан, насгьы сгәы изыԥжәон. Уи зегьы схасыршҭырц азы ԥыҭраамҭак сҭаххеит. Аха уи аныҟасҵа, ахаан исмоуцыз агәҭынчра соуит». Ҳгәалақәа анҳхаҳаршҭуа, уи аԥырхага ҳзаанагартә алҳаршаӡом. Убас ҳара иаҳзеиӷьу ҟаҳҵоит: уаанӡатәи ҳхаршҭны ԥхьаҟа ҳцоит, насгьы аԥсҭазаара дырҩегь ҳалагәырӷьоит (Ажәам. 11:17). Аха уи зегь шеилышәкаауагьы, ауаҩы ианажьра уеизгьы ишәцәыцәгьазар?

ШӘЦӘАНЫРРАҚӘА ААМҬА РЗЫШӘК

10. Избан шәшьақәгыларц азы шәхы аамҭа ашәҭар зшәыхәҭоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

10 Иҳацхраауеи ҳхьаа артәара? Маҷк шәааԥшы. Шәазхәыц: ааха зауз ауаҩы иҽихәышәтәырц, насгьы дшьақәгыларц азы аамҭа иҭахуп. Аемоциатә ааха зауз рзгьы убас ҳҳәар ҳалшоит. Шәшьақәгыларц азы шәхы аамҭа ашәҭ. Убасҟан шәзыргәааз гәыкала ианажьра еиҳа ишәзымариахоит (Еккл. 3:3; 1 Пиотр 1:22).

Асахьақәа реизга «Ичмазаҩыз аиашьа аамҭак ашьҭахь дыбзиахоит»: 1) ахәышәтәырҭа аусуҩцәа ахәышәтәырҭахь дыргарц амашьына дҭарҵоит; 2) игәабзиара шьақәгыларц азы дызхысуа акурс аан иара ҿыц аныҟәашьа иҵоит; 3) иара ихала дныҟәоит.

Згәабзиара ааха аиуз ауаҩы дхәышәтәтәуп, игәабзиара еиҭашьақәыргылатәуп. Ҳгәы анҳдырхьуагьы ҳахәра ӷьарц азы аамҭа аҭахуп. (Шәахәаԥш абзац 10.)


11. Ишԥашәыцхраауеи Анцәа иҳәара ауаҩы игәнаҳа ианажьра?

11 Иегова шәзыргәааз ауаҩы ианажьра дшәыцхраарц шәиҳәалаc. Абар хыхь зыӡбахә ҳәаз Енн уи шыҟалҵоз: «Сара Иегова сиҳәон дасу ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла игәы ахьиҳархьыз ҳанаижьырц. Нас саб иԥшәмеи иареи асаламшәҟәы рзыҩны, ишранасыжьыз расҳәеит». Енн илҳәоит уи шымариамыз. Лара иацылҵоит: «Сгәыӷуеит Иегова сиҿыԥшларц азы избаз аџьабаа абзоурала знымзар-зны саб иԥшәмеи иареи Сынцәа иӡбахә аилкаара рҭаххап ҳәа».

12. Избан ҳцәаныррақәа ракәымкәа, Иегова игәра ҳгалар зҳахәҭоу? (Ажәамаанақәа 3:5, 6).

12 Шәцәаныррақәа ракәымкәа, Иегова игәра жәгала. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 3:5, 6.) Иара идыруеит ҳара ҳзы еиҳа еиӷьу (Ис. 55:8, 9). Анцәа иаҳԥырхагахар алшо ак ҟаҳҵарц ахаан иҳаиҳәаӡом. Ус анакәха, ҳзыргәааз иранаҳажьларц ҳаиҳәозар, уи ахәарҭа шаҳзаанаго агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит (Аԥсал. 40:4; Ис. 48:17, 18). Аха ҳцәаныррақәа ҳрықәгәыӷлар, ҳзыргәааз иҳазранажьлаӡом (Ажәам. 14:12; Иер. 17:9). Зхаҵа апорнографиа иахәаԥшуаз Наоми илҳәоит: «Раԥхьа сара ианажьра сҭахӡамызт, насгьы сгәы иаанагон уи азы азин сымоуп ҳәа. Сара сшәон исзааигаз ахьаа ихашҭны дырҩегь сгәы сирхьыр ҳәа. Схы агәра асыргон Иегова сцәаныррақәа еиликаауеит ҳәа. Аха хәыҷы-хәыҷла еилыскааит Анцәа сахьеиликаауа ишаанамго дышсықәшаҳаҭу. Иара идыруеит шаҟа исцәыцәгьоу, насгьы сгәалақәа иаразнак рхашҭра шсылымшо. Аха иара анажьшьа сҵарцгьы иҭахуп»d.

ИҼЕИМ АЦӘАНЫРРАҚӘА ИБЗИОУ АЦӘАНЫРРАҚӘА РЫЛА ИШӘЫԤСАХЛА

13. Ҳгәы зызҭанаҵозеи Римаа 12:18—21 аҿы иану?

13 Ҳзыргәааз ианажьра иаанаго уи атема уаҳа аламцәажәара акәӡам. Ҳара хықәкыс иҳамоу ҳзыргәааз ауаҩы инышәара ауп, еиҳараӡак уи ҳхаҵара ҳацеиҩызшо иакәзар (Матф. 5:23, 24). Ҳара иаҳҭахӡам уи ауаҩы изхәыцраҵәҟьагьы агәҭынчымра ҳзаанагалар. Убри аҟынтә ҳгәы аԥжәареи агәамҵреи рҭыԥан, арыцҳашьареи анажьреи ҳҽазаҳшәоит (шәаԥхьа Римаа 12:18—21; 1 Пиотр 3:9). Иҳацхраауеи уи аҿы?

14. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи, насгьы избан?

14 Ҳара ҳзыргәааз ауаҩы Иегова дышихәаԥшуа еиԥш ихәаԥшра ҳҽазаҳшәалароуп. Анцәа ауаа рҟазшьа бзиақәа роуп иибо (2 Аш. 16:9; Аԥсал. 130:3). Ҳара ҳзышьҭоу ауп иаҳбо, убри аҟынтә ауаа ирылоу абзиарақәа гәаҳҭалар, рыгхақәа ранажьра еиҳа иаҳзымариахоит. Џьа́ррод зыхьӡу аиашьа иҳәоит: «Иашьаки сареи еилибамкаарак анҳабжьало, исгәаԥхо иҟазшьақәа шаҟа ирацәоу иаразнак исгәаласыршәоит. Уи игха ианажьра исыцхраауеит».

15. Избан ауаҩы ишианашәыжьыз иашәҳәар зхадоу?

15 Иара убас ауаҩы ишианашәыжьыз иашәҳәар хадоуп. Избан? Абар Наоми илҳәо: «Зны сыԥшәма дсазҵааит: „Сыгха санабыжьма?“ Аха сара „иуанасыжьит“ ҳәа сҿы исзамырҳәаӡеит. Убасҟан еилыскааит гәык-ԥсыкала ишианасмыжьыз. Аамҭак ашьҭахь сыԥшәма абриаҟара дыззыԥшыз ажәа „иуанасыжьит“ аҳәара сылшеит. Уи аниаҳа, илаӷырӡқәа аахажжылеит! Сара схаҭагьы схаҿгьы исзаагомызт убри ашьҭахь ҳҩыџьагьы абриаҟара агәҭынчра ҳауеит ҳәа. Уажәы сара сыԥшәма дырҩегь игәра згоит, иареи сареи ҳаиҩызцәа бзиақәоуп».

16. Еилышәкаазеи анажьра иазкны?

16 Иегова еиликаауеит ҳзыргәааз ауаҩы ианажьра мариамзар шалшо, аха уеизгьы иҭахуп ҳагхақәа ҳанеибажьларц (Кол. 3:13). Ари астатиа иҳаилнаркааит уи аҿы иҳацхраауа. Ҳара ҳцәаныррақәа аамҭа рзаҳкроуп, аха зынӡагьы ҳаҽраҳамҭароуп, ҳаанымгылаӡакәа ԥхьаҟа ҳцалароуп. Убасҟан хәыҷы-хәыҷла иҽеим ацәаныррақәа ибзиоу рыла иҳаԥсахуеит. (Шәахәаԥш иара убас арамка «Анажьра иҳацхраауа х-шьаҿак».)

Анажьра иҳацхраауа х-шьаҿак

Аҵәыуара иаҿыз аиаҳәшьа аԥенџьыр ахь дыԥшуеит.

АКГЬЫ ҞАМЛАЗШӘА ШӘХЫ МҨАԤЫЖӘЫМГАЛАН

  • Ҳахәрақәа ӷьарц ҳҭахызар, акгьы ҟамлазшәа ҳхы мҩаԥаҳамгалароуп.

Уи аиаҳәшьа лцәаныррақәа аартны Анцәа изеиҭалҳәоит.

ШӘЦӘАНЫРРАҚӘА ААМҬА РЗЫШӘК

  • Шәшьарахь шәааирц азы аамҭа шышәҭаху еилышәкаа.

  • Шәгәала шәхашәыршҭырц азы Иегова шәиҳәала.

  • Шәцәаныррақәа ракәымкәа, Иегова игәра жәгала.

Уи аиаҳәшьа лыԥшәмеи лареи еицуп — ирымаз ауадаҩра ӡбахеит, уаанӡа еиԥш игәырӷьаҵәа иҟоуп.

ИҼЕИМ АЦӘАНЫРРАҚӘА ИБЗИОУ АЦӘАНЫРРАҚӘА РЫЛА ИШӘЫԤСАХЛА

  • Ауаҩы Иегова дышихәаԥшуа еиԥш шәихәаԥшла.

  • Иегова шәиҳәала ауаҩы игәнаҳа ианажьра дшәыцхраарц.

  • Ауаҩы игәнаҳа шианашәыжьыз иашәҳәа.

АНАЖЬРА ХӘАРҬАС ИААНАГО

17. Избан ауаа рыгәнаҳақәа ранажьра зхадоу?

17 Ҳара анажьразы амзызқәа рацәаны иҳамоуп. Абар мзызқәак. Раԥхьа иргыланы ауаҩы игәнаҳа анианаҳажьуа, жәҩантәи Ҳаб Иегова дҳаргәырӷьоит. Иара уи аганахь ала зегь иреиӷьу аҿырԥшы ҳаиҭоит (Лука 6:36). Уи адагьы, убасала иааҳарԥшуеит Иегова иааирԥшуа арыцҳашьара ахә ҳаракны ишаҳшьо (Матф. 6:12). Иара убас уи ҳгәабзиара иазеиӷьуп, насгьы ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазаауеит.

18, 19. Иарбан лҵшәоу иаанагар алшо ауаҩы ианианаҳажьуа?

18 Ҳара ауаа рыгәнаҳақәа анранаҳажьуа, уи ҳаззыԥшым алҵшәа бзиа аанагар алшоит. Абар ари астатиа алагамҭаҿы зыӡбахә ҳәаз Дениз лыхҭыс шеилгаз. Лара уи лыздырӡомызт, аха машьынала ирысыз ауаҩы иус анеилдыргалак ашьҭахь аҽшьра игәы иҭан. Аха Дениз иҟалҵаз иԥсҭазаара аԥсахит. Лара иахьианалыжьыз игәаҵанӡа инеит, насгьы Абиблиа аҵара далагеит.

19 Зны-зынла ауаҩы ианажьра ҳамч зқәымхо акы акәушәа ҳбоит. Аха ус ҟаҳҵар, уи ҳаԥсҭазаараҿы зегь иреиӷьу ахҭысқәа иреиуахар алшоит (Матф. 5:7). Убри аҟынтә шәааи иҳалшо зегь ҟаҳҵалап Иегова иеиԥш ауаа иранаҳажьларц азы!

АӠӘЫ ШӘИРГӘААЗАР...

  • избан акгьы ҟамлазшәа шәхы мҩаԥышәымгалар зхадоу?

  • избан шәцәаныррақәа аамҭа рзышәклар зхадоу?

  • ишәыцхраауазеи иҽеим ацәаныррақәа ибзиоу ацәаныррақәа рыла аԥсахра?

АШӘА 125 «Бзазара рымоуп арыцҳашьара злоу»

a Хьыӡқәак ԥсахуп.

b Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы ақьырсианцәа рхы шымҩаԥыргаша рхала ирыӡбоит.

c Асаит jw.org аҿы шәрыхәаԥш амузыка зцу авидеонҵамҭақәа «Прощайте друг друга», «Оставь обиду», насгьы «Мы снова друзья».

d Апорнографиа иахәаԥшуа ахаҵа агәнаҳа ҟаиҵоит, иԥҳәысгьы лгәы лирхьуеит, аха Абиблиа иану инақәыршәаны, уи лхаҵа илҵра азин лнаҭаӡом.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра