Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w24 октиабр ад. 6—11
  • Иегова «згәы ахьаа ҭоу ихәышәтәуеит»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова «згәы ахьаа ҭоу ихәышәтәуеит»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА ҲАХӘ ҲАРАКНЫ ИШИШЬО АГӘРА ҲИРГОИТ
  • ИЕГОВА ИҬАХУП, ҲАГӘНАҲАҚӘА ШҲАНАИЖЬУА АГӘРА ҲГАР
  • ИЕГОВА ИԤШЬОУ ИДОУҲАЛА ҲГӘЫ ИРҬЫНЧУЕИТ
  • ИЕГОВА АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ РЫЛА ҲГӘЫ ИРҬЫНЧУЕИТ
  • АГӘЫӶРА АГӘҬЫНЧРА ШӘНАҬАЛААИТ
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ҳара ҳамацара ҳаҟаӡам
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иегова «зыԥсы ҭоу Анцәа» шиакәу шәхашәмыршҭлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Алакҩакра ҳаиааир шҳалшо
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
w24 октиабр ад. 6—11

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 40

АШӘА 30 Сыхьчаҩ, Саб, Сҩыза

Иегова «згәы ахьаа ҭоу ихәышәтәуеит»

«Иегова згәы ахьаа ҭоу ихәышәтәуеит, рыхәрақәагьы ҿеиҳәоит» (АԤСАЛ. 147:3).

ЕИЛАҲКААУА

Иегова бзиа ҳаибоит, насгьы ҳгәы иҭоу ахьаа идыруеит. Ари астатиа иаҳнарбоит Анцәа ҳхьаа иртәарц азы, иара убас егьырҭ ргәы арҭынчра дҳацхраарц азы иҟаиҵо.

1. Дышԥарзыҟоу Иегова имаҵзуҩцәа?

ИЕГОВА имаҵзуҩцәа даараӡа хьаас имоуп. Урҭ ангәырӷьогьы, рылахь анеиқәугьы ибоит (Аԥсал. 37:18). Ҳгәы ахьаа шҭоугьы имаҵ аура ҳшаҟәымҵуа анибо, даараӡа дҳаигәырӷьоит. Насгьы ахьаа анҳамоу Иегова ҳхала ҳаанижьӡом. Иара дҳацхраауеит, ҳагәгьы шьҭихуеит.

2. Иҟаиҵозеи Иегова згәы ахьаа ҭоу рзы, насгьы иҟаҳҵалар акәзеи ҳара ицхыраара ҳаурц азы?

2 Аԥсалом 147:3 аҿы иануп Иегова «згәы ахьаа ҭоу» рыхәрақәа шҿаиҳәо. Арҭ ажәақәа иаҳдырбоит Иегова згәы ахьаа ҭоу дрыцхраарц даараӡа ишиҭаху. Аха иҟаҵатәузеи уи ацхыраара ҳаурц азы? Шәазхәыц абри аҩыза аҿырԥштәы. Ауаҩы ак ихьзар аҳақьым бзиа иахь дцоит. Аха дыбзиахарц азы уи ииҳәаз ак агмыжьӡакәа иҟаиҵароуп. Ари астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит ҳабзиахарц Иегова Иажәаҿы «иаҳзылиҩааз», насгьы агәҭынчра ҳаурц азы иҟаҳҵалар акәу.

ИЕГОВА ҲАХӘ ҲАРАКНЫ ИШИШЬО АГӘРА ҲИРГОИТ

3. Избан шьоукы абзиабара ишаԥсоу агәра агара зырцәыцәгьоу?

3 Ҳара абзиабара ахьыҟам адунеи аҿы ҳанхоит. Аӡәырҩы аӡәгьы иҭахымызшәа рхы рбоит. Абар Хе́ленa илҳәо: «Саныхәыҷыз абзиабара захьӡу сыздырӡомызт. Саб дуаҩы ҿаасҭан, иара есыҽны акгьы злымҵыз ҳәа сеиҳәон». Иҟалап шәаргьы иҽеимкәа ишәызныҟәозҭгьы, есааира акритика шәзыруазҭгьы, мамзаргьы уаҩыс шәрымԥхьаӡозҭгьы. Ус акәзар, шәара абзиабара шәшаԥсоу агәра агара шәцәыцәгьазар алшоит.

4. Зыгәра ҳиргозеи Иегова Аԥсалом 34:18 аҿы?

4 Ауаа шшәызныҟәозаалакгьы, Иегова бзиа шәшибо, шәыхәгьы ҳаракны ишишьо жәдыруаз. Иара «згәы хьаала иҭәу дырзааигәоуп». (Шәаԥхьа Аԥсалом 34:18.) Ишәхашәмыршҭлан, Анцәа абзиарақәа рацәаны ишшәылоу шибо, уи азы ауп иара иахь шәзааиԥхьазгьы (Иоанн 6:44). Иара дшәыцхраарц азы есымша шәааигәара дыҟоуп, избанзар шәара иара изы ахьы шәаҩызоуп.

5. Дышԥарзыҟаз Иисус егьырҭ иатәарымбоз ауаа, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?

5 Ҳара Иисус иҿырԥшы еилҳаргар, Иегова изкны еилаҳкаауа рацәахоит. Иисус адгьыл аҿы амаҵ аниуаз егьырҭ иатәарымбоз ауаа қьиарала дрызныҟәон, иагьрыцҳаишьон (Матф. 9:9—12). Зны ачымазара бааԥс змаз ԥҳәыск аӡәгьы дизгәамҭаӡакәа Иисус иааигәа днеит. Лара схәышәтәхоит ҳәа Иисус данилакьыс, иара лгәы ирҭынчит, насгьы ахаҵара́ ахьаалырԥшыз азы дирҽхәеит (Марк 5:25—34). Иисус Иаб иеиԥшҵәҟьа ауаа дрызныҟәон (Иоанн 14:9). Убри аҟынтә агәра ганы шәыҟаз Иегова шәыхә ҳаракны ишишьо, насгьы ишәылоу аҟазшьа бзиақәа шгәеиҭо, шәхаҵареи иара иахь ишәымоу абзиабареи уахь иналаҵаны.

6. Иҟарҵар рылшозеи акгьы иаԥсамшәа зхы збо?

6 Иҟашәҵар шәылшои есымша ма зны-зынла акгьы шәаԥсамшәа шәхы жәбозар? Иегова бзиа шәшибо шәгәалазыршәо абиблиатә жәеинраалақәа шәрыԥхьала. Иажәақәа шәрызхәыцла (Аԥсал. 94:19)b. Иҟалап шәара хықәкык ықәшәыргылазар, аха уи шәзынамыгӡазар. Мамзаргьы егьырҭ иҟарҵо аҟара шәзыҟамҵозар. Уи азы шәхы ахара адшәымҵалан. Избанзар Иегова ишәылымшо дазыԥшӡам (Аԥсал. 103:13, 14). Ишакәым ишәызныҟәазар, ишәхашәмыршҭлан уи шәара ишышәхарам. Уи аҩыза зыхәҭоу аӡәгьы дыҟаӡам! Ишакәым ишәызныҟәаз иоуп ахара зду, иара уи азы Иегова иҿаԥхьа аҭакгьы ҟаиҵоит (1 Пиотр 3:12). Даныхәыҷыз гәымбылџьбарала изызныҟәоз Сандра илҳәоит: «Сара сааҟәымҵӡакәа Иегова сиҳәоит схы ииашаны сахәаԥшларц, насгьы иара иибо исылоу аҟазшьа бзиақәа рбара дсыцхраарц».

Израиль иатәу ахаҵа абаӷыр икуп.

Иегова шәыхә ҳаракны ишьоит

Иегова иҭахуп шаҟа шәыхә ҳаракны ишьо жәдыруазарц. Анаҩс иаагоу абиблиатә жәеинраалақәа уи ҳдырбоит:

  • Аԥсалом 56:8. Шәылахь анеиқәу Иегова уи идыруеит. Иара шәылаӷырӡқәа ибоит. Шәцәаныррақәагьы хьаас имоуп.

  • Лука 12:6, 7. Иегова абаӷырқәа зегь дырхылаԥшуеит. Шәара еиҳагьы дышәхылаԥшуеит, избанзар иара изы шәыхә акырӡа еиҳауп. Иара аԥсҭазаараҿы шәзықәшәо зегьы хьаас имоуп, избанзар даара бзиа шәибоит.

  • 1 Иоанн 3:19, 20. Шәара абзиабара шәшаԥсоу агәра агара шәцәыцәгьазар, ишәхашәмыршҭлан Иегова шәгәы аасҭа дшеиҳау, шәыхәгьы ҳаракны ишишьо.

7. Хәарҭас иаҳзаанагар алшозеи аԥсҭазаараҿы иаҳхаҳгахьо Иегова имаҵ аураҿы?

7 Шәара акгьы шәаԥсамшәа шәхы жәбозар, уи иаанагаӡом Иеговагьы убас иԥхьаӡоит ҳәа. Иара аус ицура шәааиԥхьеит, насгьы шәыгәра ганы ауаа ажәабжь бзиа рылаҳәара аҳаҭыр шәаҭәеишьеит (1 Кор. 3:9). Шәара шәыла иара егьырҭ дрыцхраар ауеит, избанзар ишәхыжәгахьоу егьырҭ еиҳа еиӷьны реилкаара ишәыцхраар алшоит. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Хелен Иеговеи аизареи рҟынтә ацхыраара лоуит, уажәшьҭа егьырҭгьы дрыцхраауеит. Лара илҳәоит: «Сара акгьы саԥсамшәа збон. Аха Иегова ибзоурала уажәы бзиа сшырбо, сшырҭаху здыруеит». Уажәы Хелен пионерс амаҵ луеит.

ИЕГОВА ИҬАХУП, ҲАГӘНАҲАҚӘА ШҲАНАИЖЬУА АГӘРА ҲГАР

8. Зыгәра ҳдыргозеи Исаиа 1:18 иану ажәақәа?

8 Иегова имаҵзуҩцәа рҟынтә шьоукы аӡы рыҽӡаархаанӡа, мамзаргьы рҽанӡаарх ашьҭахь иҟарҵоз аныргәалашәо, ргәы рыхьуеит. Аха Иегова даара бзиа ҳаибоит, убри азоуп ҳазҿихызгьы. Иара иҭахуп уи аҳамҭа ҳадаҳкыларц. Иегова агәра ҳиргоит иара ҳаинышәазар, уаҳа ахаан уаанӡа иҟаҳҵоз агәнаҳақәа шаҳгәалаимыршәоc. (Шәаԥхьа Исаиа 1:18.) Иегова ҳагәнаҳақәа ихаиршҭуеит, изыҟаҳҵаз абзиарақәа ракәзар, игәалашәоит. Ҳара уи азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит (Аԥсал. 103:9, 12; Аур. 6:10).

9. Избан уаанӡа иҟаҳҵоз агхақәа рызхәыцра аҭыԥан уажәы иҟаҳҵои аԥхьаҟа иаҳзыԥшуи ҳхы азаҳашьҭлар зеиӷьу?

9 Шәара уаанӡа иҟашәҵоз анышәгәалашәо шәгәы шәыхьуазар, уи шәааҟәымҵӡакәа азхәыцра шәаҟәыҵны уажәы иҟашәҵои аԥхьаҟа ишәзыԥшуи шәхы азышәышьҭла. Убас ауп апостол Павелгьы ишыҟаиҵоз. Иара уаанӡа ақьырсианцәа гәымбылџьбарала дахьрышьҭашәарыцоз игәы иалан. Аха идыруан Иегова уи шианаижьыз (1 Тим. 1:12—15). Павел аиудаизм аҿы имаз ақәҿиарақәа дшырзымхәыцуаз еиԥш, уаанӡатәи игхақәа дырзымхәыцларц иӡбеит (Флп. 3:4—8, 13—15). Иара ԥхьаҟа дыԥшуан, имчқәагьы Анцәа имаҵ аура иазикит. Павел иеиԥш шәаргьы ииасхьоу шәзыԥсахӡом. Аха шәара ишәылшоит уажәы Иегова дшәыргәырӷьалар, дшәырҽхәалар шәзықәиргәыӷыз ԥхьаҟатәи аԥеиԥшгьы шәхы азышәышьҭлар.

10. Иҟаҵатәузеи аӡәы игәы иҳархьзар?

10 Иҟалап анкьа зны аӡәы игәы ахьишәырхьыз азы шәгәы ҭынчымзар. Иҟаҵатәузеи усҟан? Шәыгха ариашара шәҽазышәшәа. Иаҳҳәап, гәыкала аҭамзаара шьҭашәҵа (2 Кор. 7:11). Иегова шәиҳәала шәҵыхәала агәаҟра иақәшәаз ргәы ирҭынчырц. Анцәа даргьы шәаргьы дшәыцхраар илшоит, агәҭынчра аиуреи анаҩсгьы имаҵ ауреи.

11. Иаҳнарҵозеи аԥааимбар Иона иҿырԥшы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Шәыгхақәа ахәарҭа рылыжәгала, насгьы Иегова иҟынтә ишәоуа анапхгара ақәныҟәара шәазхиаз. Дышәгәалашәыршәа аԥааимбар Иона. Анцәа Иона Ниневиаҟа дцарц иеиҳәеит, аха иара дааҳәны зынӡа даҽаџьара дцеит. Иегова Иона агха шихьыз аилкаареи уи ахәарҭа алгареи дицхрааит (Иона 1:1—4, 15—17; 2:7—10). Иара иԥааимбар акгьы даԥсаӡам ҳәа имԥхьаӡаӡеит. Анцәа даҽазнык уи адҵа ииҭеит. Ионагьы иаразнак Анцәа иеиҳәаз ҟаиҵеит. Иона иҟаиҵаз агха дшахьхәызгьы игәы казыжьуаз ацәаныррақәа иҽримҭаӡеит, насгьы урҭ Иегова иҟынтә ҿыц иоуз адҵа анагӡара иԥырхагахартә имуӡеит (Иона 3:1—3).

Аԥааимбар Иона дбааӡаӡа амшын аԥшаҳәаҿы дгыланы ажәҩан даҵаԥшуеит.

Иона изы аԥсыӡ амгәаҿы аҟазаара ԥышәара ӷәӷәан. Аха Иегова уи деиқәирхеит, насгьы дырҩегь иеиҳәеит Ниневиаҟа дцаны, уа инхо ауаа шықәыххо ргәырҽаниҵарц. (Шәахәаԥш абзац 11.)


ИЕГОВА ИԤШЬОУ ИДОУҲАЛА ҲГӘЫ ИРҬЫНЧУЕИТ

12. Дышԥаҳацхраауеи Иегова рыцҳарак ҳанақәшәо уи ахгара? (Филиппаа 4:6, 7).

12 Ҳаԥсҭазаараҿы рыцҳарак аныҟало Иегова ҳгәы ирҭынчырц азы иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭоит. Абар Ро́ни Ке́роли зықәшәаз. Изызҳахьаз рԥа иҽишьит. Дара ирҳәоит: «Ҳара ҳазқәымшәацыз ак ыҟамызт, аха ари зегь раасҭа еицәан. Ҳара ҳанызмыцәоз аҵхқәа рацәан, убри аҟынтә уаха шаанӡа Анцәа ҳиҳәон. Ҳара иаҳбон Иегова Филиппаа 4:6, 7 (шәаԥхьа) аҿы зыӡбахә ҳәоу аҭынчра шҳаиҭоз». Шәаргьы рыцҳарак шәақәшәазар, шәцәаныррақәа аартны Иегова иаҳәара шәацәыԥхамшьан. Лассы-лассы, насгьы акыраамҭа Иегова шәиҳәаларгьы, иара дышәзыӡырҩлоит (Аԥсал. 86:3; 88:1). Иегова иԥшьоу адоуҳа шәиҭарц шәиҳәала. Иара хымԥада уи шәиҭоит (Лука 11:9—13).

13. Ишԥаҳацхраауеи иԥшьоу адоуҳа гәыкала Иегова имаҵ аура? (Ефесаа 3:16).

13 Аԥышәара ӷәӷәа ҳамч ҳалнахыр алшоит. Шәақәшәахьоума шәара уи аҩыза? Ус акәзар, иԥшьоу адоуҳа анаҩсгьы гәыкала Иегова имаҵ жәуларц азы амч шәнаҭар алшоит. (Шәаԥхьа Ефесаа 3:16.) Абар Фло́ра дзықәшәаз. Лхатә ҩызеи лареи миссионерцәас амаҵ руан. Анаҩс лара еилылкааит иара дшиԥсахыз, нас дара еилыҵит. Флора илҳәоит: «Сыԥшәма саниҭи сгәы убриаҟара ахьаа ҭан, уи ада ак азхәыцра сылшомызт. Сгәы иаанагон уи ахьаа сзыхгом ҳәа. Сара Иегова иԥшьоу адоуҳа сиҭарц сиҳәон. Иара дсыцхрааит, сыхәрақәагьы ирӷьеит». Уажәшьҭа Флора еиҳагьы Анцәа игәра лгоит. Лара агәра ганы дыҟоуп иара ицхыраарала илызхымго ԥышәарак шыҟам. Лара иацылҵоит: «Аԥсалом 119:32 аҿы иануп: „Уԥҟарақәа рынагӡара сазхиазаауеит, избанзар уи азы уара аҟәыӷара суҭоит“. Арҭ ажәақәа аԥсаломшәаҳәаҩ сгәы иҭиҳәаазшәа збоит».

14. Иҟаҵалатәузеи еиҳаны иԥшьоу адоуҳа ҳаурц азы?

14 Иҟаҵатәузеи Анцәа иԥшьоу адоуҳа шәиҭарц шәаниҳәалак ашьҭахь? Уи аиура ишәыцхраауа аусқәа шәырҿыз. Аизарақәа шәырҭаала, насгьы ажәабжь шәҳәала. Иара убас есыҽны Анцәа Иажәа шәаԥхьала, убасала Иегова ихәыцрақәа рыла шәыхшәыҩ шәырҭәла (Флп. 4:8, 9). Абиблиаҿы ишәыԥшаауеит еиуеиԥшым аԥышәарақәа ирықәшәоз ауаа рыхҭысқәа. Иегова урҭ аԥышәарақәа рыхгареи гәыкала имаҵ ауреи дышрыцхраауаз азгәашәҭала. 6-тәи абзац аҿы зажәақәа аагаз Сандра ирацәаны агәаҟрақәа лхылгахьеит. Лара илҳәоит: «Сара есымша Иосиф иҿырԥшы сгәаԥхон. Иара дзықәшәаз аԥышәарақәеи аиашамреи Иегова дицәыхарартәыр имуӡеит» (Аҟаз. 39:21—23).

ИЕГОВА АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ РЫЛА ҲГӘЫ ИРҬЫНЧУЕИТ

15. Дышԥаҳацхраауеи, насгьы ҳгәы шԥашьҭихуеи Иегова ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыла? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

15 Ҳгәы аныбзиам ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳацхраар рылшоит (Кол. 4:11). Урҭ рыла Иегова бзиа ҳшибо шьақәирӷәӷәоит. Ҳгәы шԥашьҭырхуеи дара? Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳагәҭыха аҳәаха ҳарҭоит, аилкаареи арыцҳашьареи аарԥшны иаҳзыӡырҩуеит. Урҭ ҳааигәара иахьыҟоу мацарагьы ҳгәы анышьҭнахуа ыҟоуп. Дара ҳгәы шьҭызхыр алшо библиатә жәеинраалак ҳгәаладыршәар рылшоит, ма Анцәа иҳациҳәар ауеитd (Рим. 15:4). Зны-зынла урҭ рҟынтә аӡәы ҳҭагылазаашьа Иегова дшахәаԥшуа ҳгәалаиршәар илшоит, уи ҳгәы арҭынчыр ауеит. Иара убас ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи џьара акала иҳацхраар рылшоит, иаҳҳәап, амч анҳамам афатә ҳзыҟарҵар рылшоит.

Ҩыџьа аизара ахылаԥшыҩцәа ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоу аиаҳәшьа лбара инеит. Дара лацәажәоит; Абиблиақәагьы аартны иркуп.

Узықәгәыӷыртә иҟоу доуҳала ишәу аҩызцәа ҳгәы шьҭырхыр, насгьы иҳацхраар рылшоит. (Шәахәаԥш абзац 15.)


16. Иҟаҵалатәузеи зны-зынла ацхыраара ҳаурц азы?

16 Зны-зынла ацхыраара ҳаурц азы уи ҳаҳәар ауп. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ҳарбоит иҳацхраарцгьы рҭахуп (Ажәам. 17:17). Аха ҳгәы иҵхо, насгьы цхыраарас иаҳҭаху рзымдыруазар алшоит (Ажәам. 14:10). Шәгәы ахьаа ҭазар, доуҳала ишәу шәҩызцәа шәцәаныррақәа рзеиҭашәҳәа. Урҭ шәыцхраар шрылшо рыҵашәҳәа. Зыгәра жәго аӡәык-ҩыџьак аизара ахылаԥшыҩцәа шәрацәажәар шәылшоит. Аиҳәшьцәа шьоукы доуҳала ишәу аиҳәшьцәа ацхырааразы ирыҳәоит.

17. Иаҳԥырхагахар алшозеи агәҭынчра аиура, насгьы иҟаҵатәузеи ус ҳмыхьырц азы?

17 Иҟалап зны-зынла шәара убри аҟара шәгәы ахьаа ҭазар, аӡә иацәажәараҵәҟьагьы шәылымшозар. Мамзаргьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҵыхәтәанынӡа шәырзеилымкаауазар ма шәгәы шәзырхьуа ак рҳәозар (Иак. 3:2). Ус акәзаргьы, шәҽырцәыԥхьашәымклан. Иегова урҭ рыла шәгәы шьҭихыр ауеит. Ге́вин зыхьӡу аизара ахылаԥшҩы адепрессиа имоуп. Иара иҳәоит: «Лассы-лассы аӡәгьы иацәажәара сҭахӡам». Аха Гевин ицәаныррақәа иҽриҭаӡом. Иара аишьцәеи аиҳәшьцәеи аамҭа рыцихигоит. Уи ашьҭахь лассы-лассы еиҳа еиӷьны ихы ибоит. Е́ми зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Анкьа исхызгахьаз иахҟьаны ауаа рыгәра агара сцәыцәгьоуп. Аха Иегова сиҿыԥшларц сҭахуп, убри аҟынтә ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа рбашьеи рыгәра агашьеи сҵоит. Сара издыруеит Иегова уи игәы ишахәо. Иара дансыргәырӷьо, схаҭагьы агәырӷьара соуеит».

АГӘЫӶРА АГӘҬЫНЧРА ШӘНАҬАЛААИТ

18. Иарбан ԥеиԥшу Иегова иҳазирхиаз, насгьы иҟаҳҵалар акәзеи уажәы?

18 Иаарласны Иегова агәаҟрақәеи ахьааи ҳзаазго зегь ықәигоит (Аат. 21:3, 4). Убасҟан ҳгәы ҳзырхьуа агәалашәарақәа уаҳа иҟалаӡом (Ис. 65:17). Ишаҳбаз еиԥш, Иегова ҳгәы ирҭынчырц азы уажәнатә иҟаиҵо рацәоуп. Убри аҟынтә шәыхәрақәа рырӷьаразы ишәыдигало зегьы шәхы иашәырхәала. Агәра ганы шәыҟаз «иара хьаас... [шәышимоу]» (1 Пиотр 5:7).

ДЫШԤАҲАЦХРААУЕИ ИЕГОВА...

  • ҳахә ҳаракны ишишьо аилкаара?

  • уаанӡа иҟаҳҵахьаз агхақәа рзы ҳхы ахара адымҵара?

  • аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла агәҭынчра аиура?

АШӘА 7 Иегова — ҳара ҳамч

a Ахьӡқәа ԥсахуп.

b Шәахәаԥш арамка «Иегова шәыхә ҳаракны ишьоит».

c Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиҭашьақәҳаргыларц азы ҳагәнаҳа ҳшахьхәыз иҳарбар ауп. Ҳшахьхәыз иҳарбоит иҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаҳҵар, насгьы уи агха уаҳа иҟаҳамҵозар. Ҳара агәнаҳа ӷәӷәа ҟаҳҵазар, аизара ахылаԥшыҩцәагьы ацхыраара ҳарҭарц ҳрыҳәар ауп (Иак. 5:14, 15).

d Ианаало абиблиатә жәеинраалақәа ашәҟәы «Ақьырсиан ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа» аҟны ишәыԥшаар шәылшоит. Иаҳҳәап, шәрыхәаԥш атемақәа «Агәҭынчымра», насгьы «Агәҭынчра».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра