Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 август ад. 2—7
  • Иегова дышҳацхраауа ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа рыхгара

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова дышҳацхраауа ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа рыхгара
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АНЦӘА ИҲӘАРА
  • АНЦӘА ИАЖӘА
  • ҲАИАШЬАРА
  • ҲГӘЫӶРА
  • Иегова «зыԥсы ҭоу Анцәа» шиакәу шәхашәмыршҭлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ҳхаҵара мырӡкәа аҵыхәтәанынӡа ачҳара аарԥшра иҳацхраауа асаламшәҟәы
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова «згәы ахьаа ҭоу ихәышәтәуеит»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 август ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 32

АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит

Иегова дышҳацхраауа ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа рыхгара

«Иара шәирӷәӷәоит, амч шәиҭоит, дшәыцхраауеит» (1 ПИОТР 5:10).

ЕИЛАҲКААУА

Иегова ҳиҳәаларц алшара ҳаиҭеит. Уи адагьы, Абиблиеи, аишьцәеи аиҳәшьцәеи, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазку агәыӷреи ҳамҭас иҳаиҭеит. Ишԥаҳацхраауеи ари зегьы ачҳара аарԥшны аԥышәарақәа рыхгара?

1. Избан ҳара аҷҳара заҳҭаху, насгьы иҳацхраауада ҳара? (1 Пиотр 5:10).

АРҬ ицәгьоу аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Иегова имаҵзуҩцәа ачҳара рҭахуп. Шьоукы иузымхәышәтәуа ачымазара рымоуп. Даҽа шьоукы ирзааигәаз ауаа ԥсит. Егьырҭ рҭаацәа рҟынтә, мамзаргьы аҳәынҭқарцәа рҟынтә аҿагыларақәа ирықәшәоит (Матф. 10:18, 36, 37). Иарбан уадаҩрақәоу уажәы уара иумоу? Агәра ганы уҟаз, иумоу аԥышәара зеиԥшразаалакгьы, Иегова уи ахгара дышуцхраауа (Шәаԥхьа 1 Пиотр 5:10.)

2. Иҳацхраауазеи ачҳара аарԥшны зегь ахгара?

2 Ачҳара аарԥшны зегь ахгара иаанаго ашьҭашәарыцарақәеи, ахыхрақәеи, егьырҭ ауадаҩрақәеи ҳармыхәаԥшӡакәа, агәырӷьара мырӡкәа гәыкала Иегова имаҵ аура ауп. Ачҳара аарԥшны зегь зхызго ауаҩы зегь шыбзиахо ала агәыӷра ирӡӡом. Иегова ицхыраарада аԥышәара ахгара зылшо ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Анцәа иоуп «ауаҩы имч аасҭа еиҳау амч» ҳазҭо (2 Кор. 4:7). Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иегова ачҳара аарԥшны зегь ахгара дышҳацхраауа ԥшь-знеишьак. Иара убас ицхыраара ҳаурц азы иҟаҳҵалар ҳалшо ҳалацәажәоит.

АНЦӘА ИҲӘАРА

3. Избан Анцәа иҳәара џьашьахәуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

3 Иегова ачҳара аарԥшны зегь ахгара дҳацхраарц азы зеиԥшыҟам аҳамҭа ҳаиҭеит — Анцәа иҳәара. Ҳара ҳшынаӡамгьы иара ҳиацәажәаларц азы алшара ҳаиҭеит (Аур. 4:16). Шәхаҿы иаажәг: ҳара ианаҳҭаху Иегова ҳиацәажәалар ҳалшоит, насгьы иаҳҭаху зегьы изеиҭаҳҳәалар ауеит. Ҳазлацәажәо иарбан бызшәазаалакгьы, насгьы ҳахьыҟазаалакгьы — абахҭа ҳҭакызаргьы, мамзаргьы ҳхала ҳаҟазаргьы — иара иаҳҳәо иаҳауеит (Иона 2:1, 2; Аус. 16:25, 26). Ҳгәы акы ахьыҵхо азы ак аҳәара анҳалымшогьы, Иегова иаҳҳәарц иаҳҭаху уеизгьы еиликаауеит (Рим. 8:26, 27). Ааи, Анцәа иҳәара џьашьахә дууп!

4. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Иегова ацхырааразы ҳаниҳәо ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо?

4 Абиблиаҿы иануп «Анцәа ҳаниҳәо, иаҳҳәо зегь шиаҳауа, иаҳҳәо игәы иақәшәозар» (1 Иоанн 5:14). Ҳиҳәалар ҳалшома Иегова ачҳара аарԥшны зегь ҳхаҳгаларц азы дҳацхрааларц? Ааи. Уи игәы иақәшәоит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Ҳара Анцәа ҳизиашаны ҳанаанхо, аҽыԥныҳәа изҭо Аҩсҭаа иеиҳәаша иоуеит (Ажәам. 27:11). Уи адагьы, Абиблиаҿы иануп Иегова «гәык-ԥсыкала изыҟоу дрыцхрааларц» шиҭаху (2 Аш. 16:9). Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит иара дҳацхрааларц азы алшарагьы шимоу, иагьшиҭаху (Ис. 30:18; 41:10; Лука 11:13).

5. Ишԥаҳацхраауеи Анцәа иҳәара аҭынчра аиура? (Исаиа 26:3).

5 Анцәа ҳаниҳәо «ауаҩы изеилымкаауа Анцәа иҭынчра» ҳгәи ҳахшыҩи ахьчоит (Флп. 4:7). Ҳазхәыцып уи иаанаго. Иегова имаҵ зымуа ауаагьы ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Дара ргәы дырҭынчырц азы еиуеиԥшым алшарақәа ирышьҭоуп. Иаҳҳәап, амедитациа ҟарҵоит, зынӡа акгьы иазымхәыцларц, ргәы иҵхогьы рхадыршҭырц азы. Аха уи шәарҭоуп, избанзар усҟан ауаҩы адемонцәа ихаԥар ауеит. (Иаҿшәырԥш Матфеи 12:43—45.) Уи адагьы, Иегова заҵәык иуиҭар алшо ииашаҵәҟьоу аҭынчра амедитациа иунаҭар залшом. Ҳара Анцәа ҳаниҳәо иара ҳашиқәгәыӷуа ибоит, насгьы «инымҵәаӡо аҭынчра» ҳаиҭоит. (Шәаԥхьа Исаиа 26:3.) Ишԥаҟаиҵо иара уи? Иаҳҳәап, угәы зырҭынчуа абиблиатә жәеинраалақәа ҳгәалаиршәоит. Уи абзоурала Иегова бзиа ҳшибо, дагьшаҳхылаԥшуа ҳбоит. Уи аҭынчра ҳнаҭоит (Аԥсал. 62:1, 2).

6. Ҳзызиҳәалар алшозеи ҳара Анцәа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

6 Уара иҟауҵалар улшо. Ауадаҩра уанақәшәалак «уеидара Иегова иҭ», насгьы аҭынчра уиҭарц уиҳәала (Аԥсал. 55:22). Иара убас ауадаҩра ахгаразы аҟәышра уиҭарц уиҳәала (Ажәам. 2:10, 11). Насгьы Иегова ҭабуп ҳәа иаҳәара ухоумыршҭлан (Флп. 4:6). Аԥышәарақәа раан дышуцхраауа гәаҭала, насгьы уи азы ҭабуп ҳәа иаҳәала. Уажәы иумоу азылԥхарақәа ауадаҩрақәа ирыхҟьаны иухоумыршҭлан (Аԥсал. 16:5, 6).

Зықәрахь инеихьоу аиашьа иҩны акреслаҿы дтәаны Анцәа диҳәоит. Ӡынроуп. Ишьамхаҿы Абиблиа аартны иқәуп, иааигәара астол хәыҷ аҿы ахәшә ықәгылоуп.

Анцәа ҳаниҳәо — ҳара Иегова ҳиацәжәоит. Абиблиа ҳанаԥхьо — иара дҳацәажәоит. (Шәахәаԥш абзац 6.)b


АНЦӘА ИАЖӘА

7. Ишԥаҳацхраауеи Абиблиа аҭҵаара ачҳара аарԥшны зегь ахгара?

7 Ачҳара аарԥшны зегь ахгара дҳацхраарц азы Иегова Иажәа ҳаиҭеит. Абиблиаҿы Анцәа дышҳацхраауа узырбо ирацәаны ажәеинраалақәа ануп. Абар ҿырԥштәык. Матфеи 6:8 аҿы иануп: «Шәаб шәзызгәаҟуа зегь идыруеит, шәара уи шәаҳәаанӡагьы». Арҭ ажәақәа зҳәаз Иегова зегь раасҭа еиӷьны дыздыруа Иисус иоуп. Убри аҟынтә ҳзықәшәо иарбан уадаҩразаалакгьы, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова иаҳҭаху шидыруа, хымԥадагьы дышҳацхраауа. Абиблиаҿы ачҳара аарԥшны зегь ахгара иҳацхраауа ирацәаны егьырҭ азхәыцрақәагьы ануп (Аԥсал. 94:19).

8. а) Ишԥаҳацхраауеи абиблиатә принципқәа ауадаҩрақәа рыхгара? Иаажәга аҿырԥштәы. б) Иҟаҵалатәузеи ианаҭаху абиблиатә принципқәа ҳгәалаҳаршәаларц азы?

8 Абиблиаҿы иаагоуп ачҳара аарԥшны зегь ахгара иҳацхраауа апринципқәа. Абиблиаҿы иану алабжьарақәа иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауеит (Ажәам. 2:6, 7). Иаҳҳәап, Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу мыцхәы хьаас аҟамҵара, насгьы уи аҭыԥан, есыҽны Иегова иқәгәыӷра (Матф. 6:34). Ҳара есыҽны Абиблиа аԥхьареи уи азхәыцреи шьцыларас ишьҭаҳхзар, ианаҭаху абиблиатә принципқәа ргәалашәара ҳзымариахоит.

9. Агәра шԥаҳдырго Абиблиа иану ахҭысқәа Иегова имаҵзуҩцәа дышрыцхраауа?

9 Иара убас Абиблиаҿы иаагоуп ҳара ҳаиԥш иҟаз ауаа рыхҭысқәа. Дара Иегова иқәгәыӷуан, иара иҟынтә ацхыраарагьы роуан (Аур. 11:32—34; Иак. 5:17). Иегова урҭ дышрыцхраауаз ҳаназхәыцуа, ҳаргьы дышҳацхраауа агәра ҳгоит. «Анцәа ҳара ҳзы аҽыԥхьакырҭа ҭыԥ даҩызоуп, иара арыцҳара ҳанақәшәо еснагь ҳацхраара дазхиоуп» (Аԥсал. 46:1). Ажәытәан Иегова имаҵзуҩцәа изиашаны ишаанхоз атәы ҳанаԥхьо, дара реиԥш ахаҵареи ачҳареи раарԥшра ҳҭаххоит (Иак. 5:10, 11).

10. Ишәыцхраар шԥалшо Анцәа Иажәа?

10 Уара иҟауҵалар улшо. Есыҽны Анцәа Иажәа уаԥхьала. Еиҳараӡак иуцхраауа абиблиатә жәеинраалақәа рсиа уааигәара иҟаз. Аӡәырҩы иргәаԥхоит шьыжьнаҵы аброшиура «Аҩыра ҭаҳҵаауеит» аԥхьара. Ашьыжь ажәеинраалеи акомментарии уаԥхьар, угәы шьҭызхуа абиблиатә зхәыцрақәа хәылбыҽханӡа урызхәыцлоит. Абар Мари́a зыхьӡу ҳаҳәшьак дзықәшәаз. Лҭаацәа рҩыџьагьы акьыба чымазара рыдырбалеит. Илыцхраазеи лара лҭаацәа ирзаанхан иҟаз амзақәа рыҩныҵҟа рбара? Лара илҳәоит: «Сара есышьыжь аброшиура „Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит“, аҟынтә ажәеинраала саԥхьон, насгьы уи сазхәыцуан. Уи сыцхрааит схи сыуадаҩрақәеи мыцхәы сырзымхәыцӡакәа Иеговеи уи зеиԥшыҟам иқәыргәыӷрақәеи есыҽны рызхәыцра» (Аԥсал. 61:2).

ҲАИАШЬАРА

11. Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырҵуа, аԥышәарақәа зхызго аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәанрызхәыцуа?

11 Иегова ҳамҭас иҳаиҭаз ақьырсиантә аешьара абзоурала аԥышәарақәа рыхгара ҳалшоит. Ҳара иаҳдыруеит ҳамацара ҳшыҟам. Апостол Пиотр иҳәеит: «Шәашьцәагьы шәара шәзықәшәо агәаҟрақәа рҩызцәа [ирықәшәоит]» (1 Пиотр 5:9). Ааи, ҳзықәшәо ауадаҩра егьа ицәгьазаргьы, егьырҭ уи рхыргахьеит Иегова изиашангьы иаанхеит. Ус анакәха, ҳаргьы уи ҳалшоит! (Аус. 14:22).

12. Ишԥаҳацхраауеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи, насгьы иҟаҳҵалар ҳалшозеи ҳара дара рзы? (2 Коринфаа 1:3, 4).

12 Аамҭа цәгьақәа раан ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ажәалагьы услагьы иҳацхраауеит. Даҳгәалаҳаршәап апостол Павел. Иара аҩны данҭакыз ихаҵара ицеиҩызшоз игәгьы шьҭырхуан, услагьы ицхраауан. Павел исаламшәҟәқәа рҿы лассы-лассы рыхьӡқәа ҳәаны урҭ ҭабуп ҳәа реиҳәон (Флп. 2:25, 29, 30; Кол. 4:10, 11). Иахьагьы убасҵәҟьа иҟоуп. Ҳара ауадаҩрақәа ҳанырҭагылоу, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳааигәара иҟоуп. Дара ацхыраара анырҭаху ҳаргьы ҳрывагылоуп. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа 1:3, 4.)

13. Илыцхрааи Маиа аԥышәара ахгара?

13 Абар аишьцәеи аиҳәшьцәеи Урыстәыла инхо Маиа ишлыцхрааз. 2020 шықәсазы аполициа аусзуҩцәа лыҩны еимырдеит. Ԥыҭрак ашьҭахь аусӡбарҭаҿы лус еилдыргон зыгәра лго егьырҭ иахьырзеиҭалҳәоз азы. Маиа илҳәоит: «Сгәы каҳаны саныҟаз, аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҭел исзасуан, асаламшәҟәқәа сзырыҩуан, бзиа сшырбогьы сарҳәон». Лара иацылҵоит: «Сара есымша издыруан бзиа сызбо аҭаацәара ду шсымоу, аха 2020 шықәса инаркны уи еиҳагьы иснырит».

14. Иҟаҵалатәузеи, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи шҳацхраауа ҳбаларц азы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Уара иҟауҵалар улшо. Уара уажәы аԥышәарақәа ухугозар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи урацәажәалар, аамҭагьы рыцухугалар бзиоуп. Аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы рыҳәара уацәыԥхамшьалан. Дара уара узы «аԥша аҟынтә ахыхьчарҭа иаҩызахоит, афырҭын аҟынтә ахыҵакырҭа иеиԥшхоит» (Ис. 32:2). Иара убас иухоумыршҭлан ухаҵара уцеиҩызшогьы аԥышәарақәа ишрықәшәо. Урҭ џьара акала рыцхраара уҽазышәала. Уи ухаҭагьы иуцхраауеит, уԥышәара ахгаразы амчгьы унаҭоит (Аус. 20:35).

Уаанӡатәи асахьаҿы ианыз зықәрахь инеихьоу аиашьа дахьтәаз акреслаҿы дтәоуп. Илабашьа иааигәара игылоуп, астол хәыҷ аҿы ахәшәқәа ықәгылоуп. Ааԥынроуп. Аиашьа иахь хаҵеи-ԥҳәыси ҩыџьа рыӡӷабцәа хәыҷқәа рыманы инеит. Иара дгәырӷьаҵәа урҭ драцәажәоит. Ахәыҷқәа руаӡәк адунеи ҿыц ахьану асахьа илырбоит.

Аишьцәеи аиҳәшьцәеи урыҿцәажәала, аамҭагьы рыцыхгала. (Шәахәаԥш абзац 14.)c


ҲГӘЫӶРА

15. Ишԥаицхрааи Иисус агәыӷра, насгьы ишԥаҳацхраауеи уи ҳара? (Ауриацәа 12:2).

15 Иегова ачҳара аарԥшны зегь ахгара дҳацхраарц азы зышьаҭа ӷәӷәоу агәыӷра ҳаиҭеит (Рим. 15:13). Иаҳгәалаҳаршәап Иисус агәыӷра шицхрааз адгьыл аҿы даныҟаз зегь раасҭа ицәгьаз амш ахгара (Шәаԥхьа Ауриацәа 12:2.) Иисус идыруан Анцәа дизиашаны даанхар, Иегова ихьӡ бзиа шихьчоз. Иара убас Иаб иахь даныхынҳәуа, Аҳас даныҟало, насгьы иашьцәеи иареи адгьыл анапхгара аназыруло аамҭа дазыԥшын. Убас еиԥшҵәҟьа ҳара Анцәа иҳазирхио адунеи ҿыц аҿы ҳшынхало ала иҳамоу агәыӷра ҳацхраауеит Аҩсҭаа идунеи аҿы ҳзықәшәо аԥышәарақәа зегь рыхгара.

16. Ишԥалыцхрааи иаҳәшьак агәыӷра, насгьы ишәнарҵозеи илҳәаз ажәақәа?

16 Абар Урыстәыла инхо Алла агәыӷра шлыцхрааз. Лхаҵа абахҭа дҭаркит. Алла бгәы камҳарц азы иҟабҵои ҳәа ианлазҵаа, лара илҳәеит: «Еиҳараӡак исыцхраауа Анцәа иҳәареи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазку агәыӷреи роуп. Иара убас сара исгәаласыршәоит уажәы сзықәшәо ауадаҩрақәа шаамҭалатәиу. Иегова иаӷацәа дыриааиуеит, ҳаргьы даҳзылԥхоит».

17. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Анцәа иҳаиҭаз агәыӷра ахә ҳаракны ишаҳшьо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

17 Уара иҟауҵалар улшо. Иегова иҳазирхиаз зеиԥшыҟам аԥеиԥш уазхәыцларц азы аамҭа алхла. Адунеи ҿыц аҿы уҟоушәа ухаҿы иаагала, закә ԥсҭазаара бзиоу уа иуоуа уазхәыцла! Иахьа ҳзықәшәо аԥышәарақәа уи иаҿурԥшуазар, имариоуп, ирласынгьы ииасуеит (2 Кор. 4:17). Иара убас алшара шаауоулак еиԥш, зыгәра уго ауаа ирзеиҭаҳәала. Урызхәыц Иегова имаҵ зымуа ауаа. Даргьы ауадаҩрақәа рацәаны ирымоуп, аха Анцәа иқәыргәыӷрақәа раӡбахә рыздырӡом. Маҷк иадамзаргьы ирзеиҭоуҳәар, Анцәа Иаҳра атәы еиҳаны аилкаара рҭаххар ауеит.

Зықәрахь инеихьоу аиашьа иҩны дахьтәац акреслаҿы дтәоуп. Адәахьы ҭагалара иаамҭоуп. Апланшет аҿы џьанаҭ дгьыл ахьану асахьа дахәаԥшуеит. Аиашьа уи асахьа дазхәыцуеит. Иааигәара аходунок гылоуп, астол хәыҷ аҿы еиҳагьы ирацәаны ахәшәқәа ықәгылоуп.

Иегова иузирхиаз аԥеиԥш ссир уазхәыцларц азы аамҭа алхла. (Шәахәаԥш абзац 17.)d


18. Избан Иегова ҳзықәиргәыӷуа шыҟало агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо?

18 Иов ирацәаны аԥышәарақәа ихигеит. Ачҳара аарԥшны урҭ анихига ашьҭахь, Иегова иеиҳәеит: «Уажәшьҭа издыруеит уара зегь шулшо, гәҭакыс иузынамыгӡо ҳәа акгьы шыҟам» (Иов 42:2). Иов еиликааит Иегова иқәыргәыӷрақәа рынагӡара иԥырхагахар алшо акгьы шыҟам. Ҳаргьы аԥышәарақәа анаҳхаҳго, ари азхәыцра ҳгәы шьҭнахыр алшоит. Иааҳгап ҿырԥштәык. Ҳхаҿы дааҳгап акыраамҭа ачымазара ӷәӷәа иаргәаҟуа аԥҳәыс. Лара имаҷҩымкәа аҳақьымцәа рахь днеихьеит, аха аӡәгьы дылмыхәеит аҟынтә, зынӡа лгәы каҳаит. Аха нас аҳақьым бзиа длыԥшаауеит. Уи лчымазара зыхҟьаз еиликаауеит, насгьы уи хәышәтәышьас иамоу лзеиҭеиҳәоит. Лара макьана дшыбзиамхацгьы, иажәақәа лгәы дырӷәӷәоит. Агәыӷра лгәы акамыжьра илыцхраауеит, избанзар уажәшьҭа хымԥада дшыбзиахо лдыруеит. Ҳаргьы ҳауадаҩрақәа зегь ҳхаҳгар ауеит, избанзар Анцәа ҳзықәиргәыӷыз џьанаҭ хымԥада ишыҟало агәра ганы ҳаҟоуп.

19. Иҳацхраауазеи ачҳара аарԥшны аԥышәарақәа рыхгара?

19 Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргеит Иегова дышҳацхраауа ачҳара аарԥшны аԥышәарақәа рыхгара. Иара Анцәа иҳәареи, Абиблиеи, аишьцәеи аиҳәшьцәеи, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазку агәыӷреи ҳамҭас иҳаиҭеит. Ҳара Иегова ицхыраара ҳадаҳкылозар, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ рыхгара ҳалшоит (Флп. 4:13). Иара убас ҳаблақәа рыла иаҳбоит Аҩсҭаа идунеи наӡаӡа ишықәӡаауа.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥаҳацхраауеи Анцәа иҳәареи Анцәа Иажәеи ачҳара аарԥшны зегь ахгара?

  • Ишԥаҳацхраауеи ҳаиашьара ачҳара аарԥшны зегь ахгара?

  • Ишԥаҳацхраауеи ҳгәыӷра ачҳара аарԥшны зегь ахгара?

АШӘА 33 Угәырҩа Иегова идҵа

a Хьыӡқәак ԥсахуп.

b АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО. Зықәрахь инеихьоу аиашьа акыршықәса рыҩныҵҟа есыҽны ачҳара аарԥшны аԥышәарақәа ихигоит.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Зықәрахь инеихьоу аиашьа акыршықәса рыҩныҵҟа есыҽны ачҳара аарԥшны аԥышәарақәа ихигоит.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Зықәрахь инеихьоу аиашьа акыршықәса рыҩныҵҟа есыҽны ачҳара аарԥшны аԥышәарақәа ихигоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра