Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 ииун ад. 8—13
  • Иегова ауаа рыгхақәа раназыжьуа дрықәныҳәоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова ауаа рыгхақәа раназыжьуа дрықәныҳәоит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АҚЬЫРСИАН АГӘНАҲА ӶӘӶӘА ҞАИҴАЗАР
  • ИЕГОВА АУАА РЫГӘНАҲАҚӘА РАНАҲАЖЬЛАРЦ ЗИҬАХУ
  • ЕГЬЫРҬ ИАНРАНАҲАЖЬУА УИ ХӘАРҬАС ИАҲЗААНАГО
  • ИЕГОВА ЗЕГЬ ИРЕИӶЬУ ӠБАҨУП
  • Иегова иеиԥш иҳаназыжьуа дыҟаӡам
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит. Ишԥаҳалшо иара ҳаиҿыԥшлар?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 ииун ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 25

Иегова ауаа рыгхақәа раназыжьуа дрықәныҳәоит

«Иегова гәыҭбаарала ишшәанаижьыз еиԥш, шәаргьы убас иранашәыжьла» (КӘАЛ. 3:13).

АШӘА 130 Шәыгәнаҳақәа шәанеибажьла

АХҲӘААa

1. Зыгәра диргозеи Иегова зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа ауаа?

ИЕГОВА Ҳазшаз, Азакәанԥҵаҩ, насгьы Аӡбаҩ иоуп. Аха уи адагьы, иара иҳаиҷаҳауа жәҩантәи Ҳаб иоуп (Аԥсал. 100:3; Ис. 33:22). Ҳара агәнаҳа ҟаҳҵазар, аха гәыкала ҳахьхәуазар иара иҳанаижьыр илшоит, уи иагьиҭахуп (Аԥсал. 86:5). Аԥааимбар Исаиа ила Иегова абзиабара аарԥшны агәра ҳиргоит: «Шәыгәнаҳақәа ицәаԥшьу аба еиԥшзаргьы, асы еиԥш ишкәакәахоит» (Ис. 1:18).

2. Иҟаҳҵалар акәзеи ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазарц азы?

2 Ҳара зегьы ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә зны-зынла ажәалеи услеи ауаа ргәы дҳархьлар ҳалшоит (Иак. 3:2). Аха уеизгьы дареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазар ауеит. Уи азы анажьшьа ҳҵалароуп (Ажәам. 17:9; 19:11; Матф. 18:21, 22). Иегова иҭахуп аӡәы ҳгәы ҳирхьзар, уи ианаҳажьырц (Кәал. 3:13). Ҳара убас ҟаҳҵалароуп, избанзар Иеговагьы гәыҭбаарала иҳанаижьуеит (Ис. 55:7).

3. Ҳазлацәажәозеи ари астатиаҿы?

3 Ари астатиаҿы ҳалацәажәоит инаӡам ауаа инаӡоу Анцәа иҿыԥшны егьырҭ рыгхақәа ранарыжьлар шрылшо. Ҳара абарҭ азҵаарақәа рҭак ҳауеит: ианбаҳахәҭоу агәнаҳақәа рыӡбахә аизара аиҳабацәа раҳәара? Избан Иегова егьырҭ рыгхақәа ранаҳажьларц зиҭаху? Иаҳдырҵар алшозеи егьырҭ рыгәнаҳақәа ирыхҟьаны ауадаҩрақәа ирықәшәаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿырԥштәқәа?

АҚЬЫРСИАН АГӘНАҲА ӶӘӶӘА ҞАИҴАЗАР

4. а) Иҟаиҵар акәзеи агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз Иегова имаҵзуҩы? б) Ирыдиҵазеи Иегова аизара аиҳабацәа?

4 Аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз еилаҳкаазар, уи аизара аиҳабацәа ираҳҳәароуп. Гәнаҳа ӷәӷәақәак рыӡбахә 1 Коринфаа рахь 6:9, 10 аҿы иануп. Агәнаҳа ӷәӷәа — ари ибааԥсу ак ҟаҵаны Анцәа изакәан анеилауго ауп. Убри аҟынтә агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз Иегова аиаша иеиҳәароуп, насгьы аизара аиҳабацәа ацхырааразы дрыҳәароуп (Аԥсал. 32:5; Иак. 5:14). Аха иҟарҵар рыхәҭоузеи уи аҭагылазаашьаҿы аизара аиҳабацәа? Агәнаҳа ранажьра зылшо Анцәа заҵәык иоуп, уи зыбзоурахазгьы Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара аупb. Аха Иегова аизара аиҳабацәа ирыдиҵеит ауаҩы аизараҿы даанхар илшоу-илымшоу Аҩыра шьаҭас иҟаҵаны ирыӡбаларц (1 Кор. 5:12). Уи адагьы, дара абарҭ азҵаарақәа рҭак еилыркаароуп: ауаҩы агәнаҳа ишидыруаз иҟаиҵама? Игәнаҳа иҵәахуазма? Шаҟа аамҭа агәнаҳа ҟаиҵози? Насгьы, зегь раасҭа ихадоу: иҟоума ауаҩы гәыкала дшахьхәуа узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа? Иегова уи ишианаижьыз узырбо акрыҟоума? (Аус. 3:19).

5. Хықәкыс ирымоузеи аизара аиҳабацәа агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы ианиацәажәо?

5 Хықәкыс ирымоузеи аизара аиҳабацәа агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы ианиацәажәо? Иегова ажәҩан аҿы идикылахьоу аӡбара даргьы ирыдыркылароуп. Уи азы дара Анцәа иҳәоит, насгьы Абиблиаҿы иаагоу апринципқәеи амҩақәҵарақәеи ҭырҵаауеит (Матф. 18:18). Ишԥахьчо уи аизара? Агәнаҳа ҟазҵаз иҟаиҵаз дахьымхәуазар, иара аизара далцахоит. Убас Иегова изы зыхә ҳараку иуасақәа дзырԥырхагахаӡом (1 Кор. 5:6, 7, 11—13; Тит 3:10, 11). Аха иҟалап аизара аиҳабацәа агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы ахьхәра изицхраар, усҟан Иегова ианаижьуеит (Лука 5:32). Убасҟан аишьцәа Иегова иҳәоит уи ауаҩы идоуҳатә гәабзиара аиҭашьақәыргылара дицхраарц (Иак. 5:15).

6. Ианаижьыр илшома Иегова аизара иалцоу ауаҩы? Иҳаилшәыркаа.

6 Иҟалап ауаҩы аизара аиҳабацәа аниацәажәо дахьымхәуазар. Усҟан уи аизара далырцоит. Иара ҳәынҭқарратә закәанк еилеигазар, аизара аиҳабацәа аҳәынҭқарцәа рҟынтә дырҵәахӡом. Иегова аҳәынҭқарцәа азин риҭеит «ацәгьара ҟазҵо» дарбанзаалак иахьырхәра, уи иҟаиҵаз дахьхәуазаргьы-дахьымхәуазаргьы (Рим. 13:4). Аха ԥыҭрак ашьҭахь ауаҩы гәыкала дахьхәыр, насгьы иҽиԥсахыр, Иегова уи дгәырӷьаҵәа дидикылоит (Лука 15:17—24). Иара ус ҟаиҵоит ауаҩы иҟаиҵаз агәнаҳа даара иӷәӷәазаргьы (2 Аш. 33:9, 12, 13; 1 Тим. 1:15).

7. Иаанагозеи ҳҿаԥхьа агәнаҳа ҟазҵаз ианажьра?

7 Иегова ауаҩы ианаижьуоу-ианаимыжьуоу зыӡбо ҳара ҳакәӡам. Уи ҳгәы шьҭнахуеит. Аха иҳаӡбашагьы ыҟоуп. Иарбан уи? Ауаҩы ҳҿаԥхьа аҭамзаара шьҭеимҵазаргьы ианаҳажьыр ҳалшоит. Ишԥа? Ҳаицәымгәаауазар, насгьы игәаӷ ҳамкуазар. Аха аиаша ҳҳәозар, уи азы аамҭа рацәаны иаҭаххар, насгьы аџьабаа батәхар ауеит. Еиҳараӡак ауаҩы цәгьала ҳгәы ҳирхьзар. 1994 шықәса, сентиабр 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы ианын: «Ауаҩы иҟаиҵаз анианаҳажьуа, иҟаиҵаз агәнаҳа хырҩа азаҳауӡом. Ақьырсиан изы ауаҩы ианажьра иаанаго — Иегова игәра ганы уи аус инапы анҵара ауп. Иара — адунеи зегьы иахагылоу ииашоу Аӡбаҩ иоуп, насгьы ианаамҭоу аиашара еиҭашьақәиргылоит». Избан нас Иегова, аӡбара инапы ианҵаны, ауаа рыгәнаҳақәа ранаҳажьларц зиҭаху?

ИЕГОВА АУАА РЫГӘНАҲАҚӘА РАНАҲАЖЬЛАРЦ ЗИҬАХУ

8. Ҳгәы зызҭанаҵозеи Иегова ҳахьрыцҳаишьо ахә ҳаракны иаҳшьозар?

8 Ауаа рыгәнаҳақәа анранаҳажьуа Иегова ҳахьрыцҳаишьо ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшуеит. Зны Иисус ажәамаанак еиҭеиҳәеит. Уи ажәамаанаҿы Иисус Анцәа аҳ диҿирԥшит. Уи аҳ итәы ауал дуӡӡа ианаижьит. Аха уи ахаҵа иара иуал зқәыз иҩыза дрыцҳаимшьаӡеит, уи иқәыз акырӡа ишмаҷызгьы (Матф. 18:23—35). Иаҳнарҵозеи Иисус ииҳәаз? Иегова ҳахьрыцҳаишьо ахә ҳаракны иаҳшьаҵәҟьозар, егьырҭ рыгәнаҳақәа ранажьра еиҳагьы иаҳҭаххалоит (Аԥсал. 103:9). Акыршықәса раԥхьа «Ахьчаратә бааш» аҿы ианын, ауаа акырынтә иранаҳажьуазаргьы, уи Иегова Иисус иԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны шаҟантә иҳанаижьуа ахаан ишузаҿмырԥшуа.

9. Ирыцҳаишьода Иегова? (Матфеи 6:14, 15).

9 Ауаа рыгәнаҳақәа ранаҳажьуазар, Иегова ҳаргьы иҳанаижьлоит. Иегова арыцҳашьара аазырԥшуа рыцҳаишьоит (Матф. 5:7; Иак. 2:13). Иисус иҵаҩцәа Анцәа иҳәашьа андирҵоз уи атәы иҳәеит. (Шәаԥхьа Матфеи 6:14, 15.) Иегова ихаҭагьы уи аԥхьа, Иов даниацәажәоз, уи дазааҭгылеит. Ауаҩ иаша Иов ибара иааз Елифази, Билдади, Цофари иарҳәаз игәы инархьит. Аха Иегова Иов иеиҳәеит урҭ рзы Анцәа диҳәарц. Иов ус иагьыҟаиҵеит, убри азы Анцәа дизылԥхеит (Иов 42:8—10).

10. Избан аӡәы ҳаницәгәаауа уи ҳхаҭа изаҳзеицәоу? (Ефесаа рахь 4:31, 32).

10 Аӡәы ҳаницәгәаауа ҳхы иазеицәоу ҟаҳҵоит. Ҳгәааны ҳаныҟоу ҳгәы ахьанҭара ҭоуп. Аха Иегова агәҭынчра ҳамазарц ауп ииҭаху. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 4:31, 32.) Абиблиаҿы иануп: «Агәаара уаҟәыҵ, угәыԥжәара ааныжь» (Аԥсал. 37:8, АԤ). Шаҟа иҟәышроузеи ус ҟаҳҵалар! Ҳгәааны ҳаныҟоу ҳгәабзиареи ҳемоциатә гәабзиареи иаԥырхагоуп (Ажәам. 14:30). Аӡәы ҳаницәгәаауа — ҳзыргәааз дагап ҳәа ашҳам злоу ахәшә ҳжәыр иаҩызоуп. Ус анакәха ҳзыргәаауа иранаҳажьуазар, уи ҳара ҳауп иззеиӷьу (Ажәам. 11:17). Ҳара агәҭынчра ҳауеит, насгьы Иегова имаҵ аура акгьы ҳԥырхагахаӡом.

11. Иаҳәозеи Абиблиа ашьоура иазкны? (Римаа рахь 12:19—21).

11 Иегова заҵәык иоуп ашьоура азин змоу. Аӡәы ҳиргәаазаргьы, Иегова ашьоура азин ҳаимҭаӡеит. (Шәаԥхьа Римаа рахь 12:19—21.) Ҳара ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә аҭагылазаашьа Анцәа иеиԥш ҳзахәаԥшӡом (Аур. 4:13). Уи адагьы, ҳемоциақәа ҳԥырхагахар ауеит. Иегова Иаков абарҭ ажәақәа иҩырц баша иеимҳәаӡеит: «Ауаҩы игәаара Анцәа ииаша-ҵабыргра ахылҿиаауам» (Иак. 1:20). Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова зегь шибо, насгьы аиашара шышьақәиргыло.

Агәыԥжәареи агәаареи ааншәыжь. Аӡбара Анцәа инапы ианышәҵа. Иара агәнаҳа ишәыннаҵаз ахәрақәа зегь ирӷьоит. (Шәахәаԥш абзац 12.)

12. Ишԥаҳалшо Иегова аиашара шышьақәиргыло агәра шаҳго ааҳарԥшыр?

12 Ҳзыргәааз ианранаҳажьуа Иегова аиашара шышьақәиргыло агәра шаҳго ааҳарԥшуеит. Избан аӡбара азин Анцәа иаҳҭалар зҳахәҭоу? Избанзар иара агәнаҳа иаҳзаанагаз аԥхасҭа зегьы ықәигоит. Адунеи ҿыц аҿы Иегова ҳгәы ҳзырхьуа зегьы ҳхаиршҭуеит. Иара Иажәаҿы иануп: «Уаанӡатәи уаҳа иргәалашәалаӡом, рхахьгьы уаҳа иааиӡом» (Ис. 65:17). Аха иҳалшаҵәҟьома агәыԥжәареи агәаареи риааира, аӡәы иӷәӷәаны ҳгәы ҳирхьзаргьы? Ааи, иҳалшоит. Анаҩс еилҳарго ахҭысқәа уи ҳаилдыркаауеит.

ЕГЬЫРҬ ИАНРАНАҲАЖЬУА УИ ХӘАРҬАС ИАҲЗААНАГО

13, 14. Иаҳнарҵозеи Ентони иҭоурых?

13 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы ӷәӷәала ргәы дзырхьыз ранажьра рылшеит. Дышԥарзылԥхеи Иегова уи азы?

14 Абар Филиппинқәа рҿы инхо Ентониc иҭоурых. Иегова ишаҳаҭ иакәны дҟалаанӡа Хосе зыхьӡу хаҵак Ентони иашьеиҳаб дишьит. Хосе дыкны абахҭа дҭаркит. Аха уи даноурышьҭ згәыжәла цәгьаз Ентони уи дыԥшааны дшишьуа дқәит. Иара дцаны атапанчагь ааихәеит. Аха ԥыҭрак ашьҭахь Ентони Иегова ишаҳаҭцәа драбадырит. Абар иара еиҭеиҳәо: «Абиблиа аҵара саналага сара еилыскааит сҟазшьеи сыԥсҭазаашьеи шыԥсахтәыз». Аамҭак ашьҭахь Ентони иҽӡааихит, аизара аиҳабысгьы дҟалеит. Шаҟа иџьеишьазеи иара Хосегьы Иегова ишаҳаҭ иакәны дшыҟалаз анеиликаа! Ентони Хосе даниба дааигәыдиҳәҳәалан, уаҳа игәаӷ шимам иеиҳәеит. Ентони иҳәеит иаӷа игәнаҳа анианаижь агәырӷьара ду шиоуз. Ааи, Иегова Ентони дизылԥхеит!

Питери Сиуи рҿырԥшы иаҳнарбоит агәыԥжәареи агәаареи рааныжьра шҳалшо. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)

15, 16. Иаҳнарҵозеи Питери Сиуи рҭоурых?

15 Абар Питери Сиуи рҭоурых. 1985 шықәсазы, дара аизараҿы ишыҟаз иӷәӷәаны ак ԥжәеит. Нас еилыркааит Аҳратә Зал абомба шаҵарҵаз. Сиу ааха ӷәӷәа лоуит, уи иахҟьаны цқьа лыла иамбо, цқьа ллымҳа иамаҳауа, насгьы афыҩқәа лмаҳауа дҟалеитd. Питери Сиуи лассы-лассы азҵаара рызцәырҵуан: «Изгәаӷьыда абри аҩыза ахлымӡаахра?» Шықәсқәак рышьҭахь уи ҟазҵаз дыԥшааны, иԥсы ахьынӡаҭоу ҳәа абахҭа дҭаркит. Питери Сиуи ианразҵаа ианашәыжьма уи ауаҩы ҳәа, дара ирҳәеит: «Иегова ауаа ҳарцәымгәааларц ҳирҵоит, избанзар уи ҳгәабзиареи ҳаԥсихикатә гәабзиареи иаԥырхагахоит. Убри аҟынтә ҳара иаразнак Иегова иҳәара ҳалагеит уи ауаҩы ианажьра дҳацхраарц. Ҳара Анцәа ҳиҳәон уи ҳгәы изԥымжәаларц, насгьы ҭынч ҳанхаларц».

16 Ирзымариазма дара уи ауаҩы ианажьра? Мап. Дара ирҳәоит: «Аамҭа-аамҭала Сиу лхьаақәа еиҭацәырҵуеит. Убасҟан дырҩегь ҳгәы ԥжәо ҳалагоит. Аха иҟалаз мыцхәы ҳхы азыҳашьҭӡом, убри аҟынтә ҳхьаа ирласны итәоит. Ҳара гәыкала иаҳҳәар ҳалшоит, уи ауаҩы ҽнак зны ҳашьа иакәны дҟалар, даара ҳшеигәырӷьо! Ҳара еилаҳкааит абиблиатә принципқәа рыла ҳанынхо агәаареи агәыԥжәареи рҟынтә ахақәиҭра шҳауа. Уи адагьы ҳгәы арҭынчуеит Иегова иаарласны иҳауз ааха шириашо ахьаҳдыруа».

17. Иаҳнарҵозеи Мира лҭоурых?

17 Мира Абиблиа аҵара даналага аҭаацәара далалахьан, ҩыџьа ахәыҷқәагьы лоухьан. Лыԥшәма Иегова имаҵ аура иҭахӡамызт. Ԥыҭрак ашьҭахь иара иԥҳәыс диԥсахит, насгьы иҭаацәа кажьны дцеит. Ҳаҳәшьа илҳәоит: «Сыԥшәма ҳкажьны данца уи сызхаҵомызт. Сгәы каҳаит, схы ахара адысҵон, насгьы сгәы изыԥжәон. Уи аҩыза иақәшәахьоу ибзианы сеилыркаауеит». Урҭ рҭаацәара хыбгалеит, аха Мира лгәы иҭаз ахьаа еиқәтәомызт. Мира илҳәоит: «Схьаа мызқәак рыҩныҵҟа ҭаха снаҭомызт, аха нас еилыскааит уи Иеговеи, аишьцәеи аиҳәшьцәеи сареи ҳаизыҟазаашьақәа ишырԥырхагоу». Мира агәыԥжәара даиааит, насгьы лара уаҳа лхаҵа игәаӷ лымаӡам. Уи адагьы, лара дгәыӷуеит иаргьы знымзар-зны Иегова имаҵ аура далагоит ҳәа. Ҳаҳәшьа Анцәа ҳзықәиргәыӷыз аԥсҭазаара бзиа лхы азылшьҭуеит. Уажәы Мира аԥсҭазаара далагәырӷьоит. Лара лԥацәа Иегова иахь абзиабара рылааӡара лылшеит. Уажәы дара рҭаацәарақәеи дареи Анцәа имаҵ руеит.

ИЕГОВА ЗЕГЬ ИРЕИӶЬУ ӠБАҨУП

18. Иҟаиҵозеи Иегова Иреиҳаӡоу Аӡбаҩ иеиԥш?

18 Шаҟа ибзиоузеи Иреиҳаӡоу Аӡбаҩ ироль ҳара ҳакәымкәа Иегова иахьынаигӡо! Уи аус хада иара ихахьы игеит (Рим. 14:10—12). Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Анцәа аӡбарақәа анидикыло, уи есымша ацәгьеи абзиеи ирызку инаӡоу инормақәа ишрықәшәо (Аҟаз. 18:25; 1 Аҳ. 8:32). Иара идикыло аӡбарақәа есымша ииашоуп!

19. Иаҳзыҟаиҵозеи зегь иреиӷьу Аӡбаҩ, Иегова, аԥхьаҟа?

19 Ҳара ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп Иегова агәнаҳаи анамӡареи иаҳзаанагаз аԥхасҭа анықәиго аамҭа. Усҟан иара агәабзиара ҳаиҭоит, насгьы иаҳну ахәрақәа ирӷьоит. Ҳара урҭ уаҳа ахаан иаҳгәалашәалаӡом (Аԥсал. 72:12—14; Аат. 21:3, 4). Аха Иегова уажәнатә дахьҳацхраауа ахә ҳаракны иаҳшьоит. Иара иҿырԥши ицхыраареи рыбзоурала ауаа рыгәнаҳақәа ранаҳажьлар ҳалшоит.

ЕИЛЫШӘКААЗЕИ АНАЖЬРА ИАЗКНЫ...

  • Матфеи 6:14, 15 аҟынтә?

  • Ефесаа рахь 4:31, 32 аҟынтә?

  • Римаа рахь 12:19—21 аҟынтә?

АШӘА 18 Аҿыхразы аџьшьара ааҳарԥшуеит

a Иегова зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа ранажьра дазхиоуп. Ҳаргьы иара ҳаиҿыԥшны ҳзыргәааз иранаҳажьлароуп. Ари астатиаҿы еилҳаргоит иарбан гәнаҳақәоу ауаа иранаҳажьлар ҳалшо, насгьы ианбаҳахәҭоу агәнаҳақәа рыӡбахә аизара аиҳабацәа раҳәара. Иара убас ҳалацәажәоит, избан Иегова дзазыԥшу ҳара-ҳара ҳагхақәа ҳанеибажьлоит ҳәа, насгьы уи хәарҭас иаҳзаанаго еилаҳкаауеит.

b Шәахәаԥш 1996 шықәса, апрель 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» иану «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа» (аурыс).

c Хьыӡқәак ԥсахуп.

d Шәахәаԥш 1992 шықәса, февраль 8 азы иҭыҵыз «Пробудитесь!», адаҟьақәа 9—13. Иара убас, шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Питер и Сью Шульц. Жизнь после трагедии возможна» JW Broadcasting® аҿы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра