АҴАРАЗЫ АСТАТИА 24
Иегова иеиԥш иҳаназыжьуа дыҟаӡам
«Уара, Иегова, уқьиоуп, насгьы анажьра уазхиоуп, уара иу́ҳәо зегь рахь гәыкала иааурԥшуа абзиабара дуӡӡоуп» (АԤСАЛ. 86:5).
АШӘА 42 Анцәа имаҵзуҩы иҳәара
АХҲӘААa
1. Ииҳәазеи аҳ Соломон Екклезиаст 7:20 аҿы?
АҲ Соломон иҩит: «Дыҟаӡам адгьыл аҿы абзиара ада гәнаҳак ҟазымҵо уаҩ иашак» (Еккл. 7:20). Ҳәарада, уи ус ауп! Ҳара зегьы агәнаҳа ҳаҵоуп (1 Иоанн 1:8). Убри азоуп, Анцәагьы ауаагьы ҳагхақәа ҳанарыжьлар заҳҭаху.
2. Ҳхы шԥаҳбо ҳҩыза гәакьа ианҳанаижьуа?
2 Ҳабжьара зҩыза дызмыргәаац дыҟаӡам. Ус анҳахьлак, ҳәарада, ҳҩыза иҳанаижьырц ҳҭахуп, убри аҟынтә иҿаԥхьа гәыкала аҭамзаара шьҭаҳҵоит. Ҳхы шԥаҳбоз иара ианҳанаижь? Уи ҳаргәырӷьеит, еидарак ҳаҵыҵызшәагьы ҳбеит.
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ҳара иаҳҭахуп Иегова ҳҩыза гәакьа иакәзарц. Аха зны-зынла игәы изырхьуа ак ҳамхаҳәоит, ма иҟаҳҵоит. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Иегова ҳагхақәа ҳанажьра шиҭаху? Излеиԥшымзеи Иегова ауаа ишранаижьуеи ҳара ишранаҳажьуеи? Изанаижьуада Иегова?
ИЕГОВА ҲАНАЖЬРА ДАЗХИОУП
4. Иабантәиаадыруеи Иегова ҳагәнаҳақәа гәыкала ишҳанаижьуа?
4 Абиблиаҿы иануп Иегова ҳагәнаҳақәа гәыкала ишҳанаижьуа. Анцәа Синаитәи ашьхаҿы, амаалықь ила Моисеи даниацәажәоз, ихазы абас иҳәеит: «Иегова, Иегова, арыцҳашьара злоу, згәы ҭбаау, ачҳара злоу, узықәгәыӷыртә иҟоу, гәыкала иҟоу абзиабара ала иҭәу Нцәоуп. Иара зықьҩыла ауаа рахь гәыкала абзиабара ааирԥшуеит, агхеи, ацәгьоуреи, агәнаҳаи ранаижьуеит» (Ақәҵ. 34:6, 7). Иегова ақьиареи арыцҳашьареи злоу Нцәоуп. Иара зыгәнаҳа иахьхәуа ауаҩы ианажьра еснагь дазхиоуп (Неем. 9:17; Аԥсал. 86:15).
Иегова ибзианы идыруеит ҳхаҭара шьақәзыргылаз ҳзықәшәоз ахҭысқәа. (Шәахәаԥш абзац 5.)
5. Игәы зызҭанаҵозеи Иегова ибзианы ҳахьидыруа, Аԥсалом 103:13, 14 иану инақәыршәаны?
5 Иегова ҳаишеит, убри аҟынтә ибзианы ҳаидыруеит. Шәазхәыц, иара адгьыл иқәынхо ауаа зегьы аӡәаӡәала ибзианы идыруеит! (Аԥсал. 139:15—17). Убри аҟынтә иара ҳара ҳахь шьҭрала ииасыз анамӡара ибоит. Уи адагьы ҳхаҭара шьақәзыргылаз, ҳаԥсҭазаараҿы ҳзықәшәоз ахҭысқәа зегьы идыруеит. Игәы зызҭанаҵозеи Иегова уи зегь ахьидыруа? Ҳрыцҳашьара (Аԥсал. 78:39; шәаԥхьа Аԥсалом 103:13, 14).
6. Ишԥаҳирбеи Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанажьра дшазхиоу?
6 Иегова иаҳирбеит ҳанажьра дшазхиоу. Иара еиликаауеит раԥхьатәи ауаҩы, Адам, ихҟьаны ҳара зегьы агәнаҳа ҳшаҵалаз, насгьы ҳшыԥсуа (Рим. 5:12). Ҳамацара агәнаҳа аҟынтә ҳхы ҳазҿыхӡом (Аԥсал. 49:7—9). Аха бзиа ҳазбо Анцәа ҳрыцҳашьаны дҳацхраарц иӡбеит. Ишԥа? Иоанн 3:16 аҿы иануп Иегова Иԥазаҵә иԥсҭазаара шҳахҭниҵаз (Матф. 20:28; Рим. 5:19). Даҽакала иуҳәозар, Иисус ҳара ҳҭыԥан дыԥсит (Аур. 2:9). Убри аҟынтә иара дхазҵо зегьы агәнаҳеи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра роур рылшоит. Ухаҿы иузаагом Иегова Иԥа дышгәаҟуаз анибоз шаҟа игәы ихьуаз. Иара дыргәаҟны, дларҟәны дыршьит. Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанажьра иҭахымызҭгьы, Иԥа дыԥсырц азы адгьыл ахь дааишьҭӡомызт.
7. Иарбан Абиблиаҿы иаагоу ҿырԥштәқәоу иаҳзырбо Иегова гәыҭбаарала ҳагәнаҳақәа шҳанаижьуа?
7 Абиблиаҿы иануп Иегова зыгәнаҳақәа занаижьыз ауаа рҿырԥштәқәа рацәаны (Еф. 4:32). Шәхаҿы иааида? Иҟалап аҳ Манассиа иакәзар. Уи ауаҩы цәгьа Иегова иҿаԥхьа ирацәаны агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵон. Иара амцнцәахәқәа дрымҵахырхәон, ажәларгьы уи аҟаҵара ргәазҭеиҵон. Манассиа иҷкәынцәа амцнцәахәқәа ирызнаганы ишьит. Уи адагьы, иԥшьоу Иегова иныҳәарҭаҿы амцнцәахәқәа иргылеит. Абиблиаҿы иануп: «Иара Иегова иҿаԥхьа ацәгьарақәа рацәаны иҟаиҵон, убас ала длаирҟәуан» (2 Аш. 33:2—7). Аха Манассиа игәнаҳақәа данрыхьхәы Иегова гәыҭбаарала ианаижьит. Уи адагьы, Иерусалимҟа иаҳра ҭыԥахь дирхынҳәит (2 Аш. 33:12, 13). Мамзаргьы, иҟалап, аҳ Давид шәхаҿы дааизар. Иаргьы ирацәаны агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵеит. Ауаҩшьреи ахатә ҩыза иԥсахреи урҭ иреиуан. Аха Давид игәнаҳақәа гәыкала данрыхьхәы Иегова ианаижьит (2 Сам. 12:9, 10, 13, 14). Арҭ аҿырԥштәқәа агәра ҳдыргоит Иегова ҳанажьра дшазхиоу. Уи адагьы, иара ишҳанаижьуеи ауаа рыгхақәа шранеибажьуеи еиԥшӡам. Шәааи уи ҳалацәажәап.
ИШԤАҲАНАИЖЬУЕИ ИЕГОВА?
8. Избан Иегова иеиԥш анажьра зылшо аӡәгьы дзыҟам?
8 Иегова адгьыл зегьы Аӡбаҩ иоуп (Аҟаз. 18:25). Аӡбаҩцәа азакәан бзианы ирдыруазароуп. Ҳәараҭахума, Ҳанцәа ус дыҟоуп. Избанзар Иара ҳ-Аӡбаҩ, насгьы ҳ-Закәанԥҵаҩ иоуп (Ис. 33:22). Ацәгьеи абзиеи закәу Иегова иаасҭа еиӷьны издыруа аӡәгьы дыҟаӡам. Дзеиԥшроузеи иҵегьы аӡбаҩ бзиа? Иара аӡбара идикылаанӡа афактқәа зегьы дрызхәыцуеит. Уи аганахь алагьы Иегова иеиԥшу аӡбаҩ дыҟаӡам.
9. Иарбан информациоу Иегова имоу ауаҩы игха ианаижьру-ианаимыжьру аниӡбо?
9 Иегова уск аниӡбо уи аус иадҳәалоу афактқәа зегьы бзианы идыруеит (Аҟаз. 18:20, 21; Аԥсал. 90:8). Ауаа рҟынтә аӡбаҩцәа рзы ус ҳазҳәаӡом. Анцәа ауаа ирбо, ма ираҳауа аасҭа еиҳаны идыруеит. Иара ибзианы еиликаауеит ауаҩы игенетикеи, иааӡареи, дызланхо ауааи, иемоциатә, насгьы ипсихикатә гәабзиареи иҟаиҵо ишаныруа. Уи адагьы, Иегова ауаҩы игәы ибоит. Иара ибзианы еиликаауеит ауаҩы иҟаиҵо изырҟаҵо. Анцәа иҟынтә акгьы узыҵәахӡом (Аур. 4:13). Ус анакәха, Иегова ауаҩы игха ианаижьру-ианаимыжьру аниӡбо афактқәа зегьы имоуп.
Иегова иӡбарақәа еснагь ииашоуп, насгьы иара ауаа еилихӡом. Уи иуҭаху ирҟаҵара, ма иаахәара аӡәгьы илшаӡом. (Шәахәаԥш абзац 10.)
10. Иабантәиаадыруеи Иегова иӡбарақәа еснагь ишиашоу? (Ҩынтәзакәан 32:4).
10 Зегьы Иреиҳау ҳ-Аӡбаҩ, Иегова, иӡбарақәа еснагь ииашоуп. Уи ауаа еилихӡом. Иара изы ауаҩы иԥшра, имал-ишьал, ихьӡ-иԥша, ма иҟазара хадаӡам (1 Сам. 16:7; Иак. 2:1—4). Аӡәгьы илшаӡом Иегова ииҭаху ирҟаҵара, ма иаахәара (2 Аш. 19:7). Иара ахаан игәы ԥжәаны аӡбарақәа идикылаӡом (Ақәҵ. 34:7). Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова зегьы иреиӷьу Аӡбаҩ шиакәу, избанзар иара зегь ибоит, зегь идыруеит. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 32:4.)
11. Излеиԥшымзеи Иегова ауаа рыгхақәа шранаижьуеи ауаа дара-дара рыгхақәа шранеибажьуеи?
11 Иегова ауаа рыгхақәа шранаижьуеи ауаа дара-дара ишранеибажьуеи еиԥшӡам. Ауриатә Ҩырақәа уи ибзианы иҳаилдыркаауеит. Абиблиатә еилыркаагак излаҳәо ала зны-зынла уа иаагоу ажәа «Анцәа агәнаҳаҟаҵаҩ ишианаижьуа аарԥшра мацара ауп» иаанаго. Уа иануп: «Уи ажәа ауаа дара-дара рыгхақәа анранеибажьуа атәы анаҳәо рхы иадырхәаӡом. Уи Анцәа ауаа ишранаижьуа иузаҿырԥшӡом»b. Иегова заҵәык иоуп зыгәнаҳа иахьхәуа ауаҩы уи ахь уаҳа дыхнымҳәуа ианажьра азин змоу. Иарбан хәарҭоу иаҳзаанаго Иегова ҳагхақәа ахьҳанаижьуа?
12, 13. а) Ихы шԥеибо ауаҩы Иегова игәнаҳа ианаижьзар? б) Ишԥааирԥшуеи Иегова агәыҭбаара ҳагхақәа анҳанаижьуа?
12 Иегова ҳагха шҳанаижьыз анеилаҳкаалак агәҭынчра ҳауеит, ҳаламысгьы уаҳа ҳаргәаҟӡом. Уи ацәанырра ԥха Иегова ианҳанаижьуа мацара ауп ианҳазцәырҵуа (Аус. 3:19). Избанзар иара ианҳанаижьуа, ахаан агха ҟаҳамҵацызшәа дырҩегь иара иҩызахара ҳалиршоит.
13 Иегова ҳагәнаҳа ҳанаижьзар, уи азы уаҳа ахаан дҳақәыӡбалаӡом, ма ҳахьирхәлаӡом (Ис. 43:25, Иер. 31:34). Абиблиаҿы иануп: «Мрагылара мраҭашәара ишацәыхароу еиԥш, убас ихараны иара ҳацәгьоурақәа ҳԥыригеит» (Аԥсал. 103:12)c. Иегова игәыҭбаара ҳаназхәыцуа уи ҳамыргәырӷьар ауӡом. Ҳара уи ахә ҳаракны иаҳшьоит (Аԥсал. 130:4). Аха изанаижьуада Иегова?
ИЗАНАИЖЬУАДА ИЕГОВА?
14. Еилаҳкаазеи Иегова ауаа рыгәнаҳақәа шранаижьуа иазкны?
14 Ишеилаҳкааз еиԥш, Иегова ауаҩы ианаижьру-ианаимыжьру аниӡбо, уи иҟаиҵаз агәнаҳа шаҟа иӷәӷәоу акәӡам дызхәаԥшуа. Иара убас, ҳара еилаҳкааит Анцәа ус еиԥш иҟоу аӡбарақәа идикыларц азы иахәҭоу адыррақәа шимоу. Избанзар иара Ҳазшаз, Азакәанԥҵаҩ, насгьы Аӡбаҩ иоуп. Аха дызхәаԥшуазеи Иегова аӡәы игәнаҳа ианаижьру-ианаимыжьру аниӡбо?
15. Дызхәаԥшуазеи Иегова ауаҩы игәнаҳа ианаижьру-ианаимыжьру аниӡбо? (Лука 12:47, 48).
15 Актәи, Иегова дахәаԥшуеит ауаҩы иҟаиҵаз шҽеимыз идыруазу-изымдыруазу. Иисус уи аӡбахә иҳәеит Лука 12:47, 48 (шәаԥхьа) аҿы. Аӡәы ишидыруа Анцәа изакәан еилеигозар, уи агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵоит, избанзар иара ишидыруаз Анцәа диҿагылеит. Иегова уи игәнаҳа ианаимыжьыр илшоит (Марк 3:29; Иоанн 9:41). Зны-зынла ҳара иҟаҳҵо Иегова ишигәамԥхо шаҳдыруагьы игәы иҳархьуеит. Аха иҳалшома усҟан Иегова иҳанаижьуеит ҳәа ҳгәыӷлар. Ааи, избанзар Иегова дызхәаԥшуа даҽакгьы ыҟоуп.
Ҳагәнаҳақәа гәыкала ҳрыхьхәуазар, Иегова хымԥада иҳанаижьуеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 17.)
16. Иаанагозеи ахьхәра, насгьы избан Иегова уи ада ҳагәнаҳақәа зҳанаимыжьуа?
16 Аҩбатәи, Иегова дахәаԥшуеит агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы игәнаҳа шаҟа гәыкала дахьхәыз. Аха иаанагозеи ахьхәра? Уи иаанаго ауаҩы игәаанагара, игәазыҟашьа, ма ихықәкы аниԥсахуа ауп. Ауаҩы иҽеим акы аҟаҵара игәы иҭазҭгьы, уи дахьхәуеит. Иара убас иара ииашамкәа ихы ахьымҩаԥигаз цәгьала игәы инархьуеит. Игәы изырхьуа игхақәа рыдагьы, Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа ахьыӷәӷәамыз ауп. Избанзар убри азоуп агәнаҳа зыҟаиҵаз. Иаҳгәалаҳаршәап Манассиеи Давиди агәнаҳа ӷәӷәақәа шыҟарҵазгьы Иегова урҭ ишранаижьыз, избанзар дара гәыкала иахьхәит (1 Аҳ. 14:8). Ус анакәха, Анцәа иҳанаижьырц ҳҭахызар, гәыкала ҳшахьхәуа ибозар ауп. Аха агәнаҳа ахьыҟаҳҵаз ҳгәы ахьаҳнархьуа мацара азхома? Мап. Иегова ҳусқәа ибар иҭахупd. Уи иара дызхәаԥшуа даҽа факторк ауп.
17. Иҟаиҵар ихәҭоузеи агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы, насгьы ишԥаицхраауеи уи иҟаиҵаз агха дырҩегь аҟамҵара? (Исаиа 55:7).
17 Ахԥатәи, Иегова ауаҩы иҽиԥсаху-иҽимԥсаху дахәаԥшуеит. Даҽакала иуҳәозар, Анцәа иҭахуп агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы иус цәгьақәа ааныжьны амҩа иаша даныларц. (Шәаԥхьа Исаиа 55:7.) Ауаҩы ихәыцшьа иԥсахроуп, насгьы Иегова иеиԥш ахәыцшьа иҵароуп (Рим. 12:2; Еф. 4:23). Иара Анцәа игәамԥхо ахәыцрақәеи аусқәеи шаанижьуа гәыкала иӡбароуп (Кәал. 3:7—10). Аха Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара ада уи зегьы акгьы иаԥсахомызт. Уи шьаҭас иҟаҵаны ауп Иегова ҳагәнаҳақәа шҳанаижьуа. Ҳаԥсҭазаара ҳаԥсахырц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, Иегова аҿыхра шьаҭас иҟаҵаны ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит (1 Иоанн 1:7).
ИЕГОВА ҲАГХАҚӘА ШИХАИРШҬУА АГӘРА ГАНЫ ШӘЫҞАЗ
18. Еилаҳкаазеи Иегова ҳагәнаҳақәа шҳанаижьуа иазкны?
18 Шәааи, ари астатиаҿы еилаҳкааз иааркьаҿны иаҳгәалаҳаршәап. Иегова иеиԥш ҳагәнаҳақәа гәыҭбаарала иҳаназыжьуа аӡәгьы дыҟаӡам. Иабантәиаадыруеи уи? Актәи, иара есымша гәыкала иҳанаижьуеит. Аҩбатәи, Иегова ибзианы ҳаидыруеит. Иара ибоит шаҟа гәыкала ҳахьхәуа. Ахԥатәи, Иегова ҳагәнаҳақәа ихаиршҭуеит, урҭ ахаан иҟаҳамҵазшәа. Уи абзоурала иара дшаҳзыразу ҳдыруеит, насгьы ҳаламыс цқьоуп.
19. Избан ҳанамӡара иахҟьаны агәнаҳақәа шыҟаҳҵалогьы, уи ҳгәы канамыжьлар закәу?
19 Ҳара ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә зны-зынла агәнаҳақәа ҟаҳҵалоит. Аха «Понимание Писания» аҿы иану абарҭ ажәақәа ҳгәы шьҭырхуеит: «Иегова имаҵзуҩцәа рынамӡара иахҟьаны иҟарҵо агхақәа рзы иааҟәымҵӡакәа рхы ахара адрымҵалароуп, избанзар Иегова арыцҳашьара злоу Нцәоуп (Аԥсал. 103:8—14; 130:3). Анцәа иҭахуп имаҵзуҩцәа гәыкала имаҵ аура рҽахьазыршәо агәырӷьара рзаанагаларц (Флп. 4:4—6; 1 Иоанн 3:19—22)» (астатиа «Раскаяние», абзац 7). Шаҟа ҳгәы шьҭнахуазеи ари!
20. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
20 Ҳагәнаҳақәа гәыкала ҳанрыхьхәуа Иегова ҳанажьра дахьазхиоу ахә ҳаракны иаҳшьоит. Ишԥаҳалшо Иегова иҿыԥшра? Излеиԥшымзеи Иегова ауаа рыгхақәа шранаижьуеи дара-дара рыгхақәа шранеибажьуеи? Избан ҳара уи ҳдыруазар зхадоу? Арҭ азҵаарақәа рҭак анаҩстәи астатиаҿы иҳауеит.
АШӘА 45 Сыгәҭахәыцрақәа
a Иегова Иажәа Абиблиа ала агәра ҳиргоит, зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа ранажьра дшазхиоу. Аха зны-зынла анажьра ҳаԥсамшәа ҳгәы иаанагалар ауеит. Избан ҳагәнаҳақәа гәыкала ҳрыхьхәуазар, Анцәа ишҳанаижьуа агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо? Ари астатиаҿы уи ҳалацәажәоит.
b Гиодлстоун Р. Синонимы Ветхого Завета. Лондон, 1897. Ад. 135. Англ. быз.
c Шәахәаԥш ашәҟәы «Приближайся к Иегове», ахы 26, абзац 9.
d ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Ажәа «ахьхәра» иаанагоит ухәыцшьа аԥсахра, иара убас уаанӡа ушынхоз, насгьы иҟауҵоз шҽеимыз аилкаара. Уи адагьы, иҟаҵатәыз ахьыҟаумҵаз хьаас аҟаҵара. Ауаҩы игәнаҳа гәыкала данахьхәуа уи ихымҩаԥгашьа аԥсахра игәазҭанаҵоит.