Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 август ад. 14—19
  • Иегова угәнаҳақәа шуанаижьыз агәра га

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова угәнаҳақәа шуанаижьыз агәра га
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЗБАН ИЕГОВА ҲАГӘНАҲА ШҲАНАИЖЬЫЗ АГӘРА ҲГАЛАР ЗҲАХӘҬОУ?
  • ҲХЫ АГӘРА АҲАРГАР ШԤАҲАЛШО ИЕГОВА ҲАГӘНАҲА ШҲАНАИЖЬЫЗ?
  • ИЕГОВА ИХЕИМЫРШҬУА ШӘХАШӘМЫРШҬЛАН
  • ИЕГОВА БЗИА УШИБО, УАНАЖЬРАГЬЫ ЕСНАГЬ ДШАЗХИОУ АНАҨСГЬЫ УХЫ АГӘРА АРГАЛА
  • Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит. Иаанагозеи уи шәара шәзы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иегова иеиԥш иҳаназыжьуа дыҟаӡам
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ихашҭуама Иегова иҳанаижьуа ҳагәнаҳақәа?
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2017
  • Иегова «зыԥсы ҭоу Анцәа» шиакәу шәхашәмыршҭлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 август ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 34

АШӘА 3 Ҳара ҳамч, ҳгәыӷра, ҳагәрагара

Иегова угәнаҳақәа шуанаижьыз агәра га

«Уаргьы сыгәнаҳақәа санаужьит» (АԤСАЛ. 32:5).

ЕИЛАҲКААУА

Абиблиа агәра ҳнаргоит ҳагәнаҳақәа ҳанрыхьхәуа, Иегова ишҳанаижьуа. Избан уи агәра ҳгалар зҳахәҭоу?

1, 2. Ҳхы шԥаҳбо, Иегова ҳагәнаҳақәа анҳанаижьуа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

АҲ ДАВИД уаанӡа иҟаиҵахьаз агәнаҳақәа рзы ихы ахара адиҵон (Аԥсал. 40:12; 51:3, ахҳәаа). Аха иара гәыкала дахьхәит, насгьы еиликааит Иегова иануанаижьуа, закә гәырӷьара дуу (2 Сам. 12:13; Аԥсал. 32:1).

2 Давид иеиԥш ҳаргьы Иегова ҳагәнаҳақәа ахьҳанаижьуа ҳаигәырӷьоит. Шаҟа ҳгәы арҭынчуазеи Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанажьра дшазхиоу ахьаҳдыруа — урҭ даараӡа иӷәӷәазаргьы! Уи азы ҳара агха шҳахьыз еилкааны гәыкала ҳагәнаҳақәа ҳрыхьхәыроуп, насгьы уаҳа ахаан ус ҟаҳамҵаларц азы ҳхы аус адаҳулалароуп (Ажәам. 28:13; Аус. 26:20; 1 Иоанн 1:9). Еиҳараӡак ҳзеигәырӷьо, Иегова ианҳанаижьлак ашьҭахь ҳагәнаҳақәа ахьаҳгәалаимыршәо, насгьы урҭ рзы ҳахьахьимырхәуа ауп (Иез. 33:16).

Аҳ Давид абарҵаҿы дтәаны аҩымаа аирҳәоит, ашәагьы иҳәоит.

Аҳ Давид Иегова ишҳанаижьуа атәы зҳәо ирацәаны аԥсаломқәа иҩит. (Шәахәаԥш абзацқәа 1, 2.)


3, 4. а) Лхы шԥалбоз иаҳәшьак аӡы лҽанӡаалх ашьҭахь? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Зны-зынла Иегова ишҳанаижьыз агәра агара ҳцәыцәгьоуп. Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы изызҳауаз Џье́ннифергьы ус лыхьит. Даныхбыџыз, лара лҭаацәа рҟынтә иҵәахны иҽеим аусқәа ҟалҵо далагеит. Ашықәсқәа рышьҭахь Иегова иахь дхынҳәит, шьаҭанкыла лҽылыԥсахит, аӡгьы лыҽӡаалхит. Лара илҳәоит: «Аизарақәа рахь аныҟәара санаҟәыҵ, сыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадахаз арыжәтәи, аԥареи, асекси ракәхеит. Сҟазшьа даара ицәгьахеит, ауаҩы хжәа ҳәа ззырҳәоз сакәын. Аха нас сыгәнаҳақәа срыхьхәит. Сара сӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова сиҳәон исанаижьырц. Сара издыруан Христос иԥсхҭынҵара абзоурала Анцәа иҿаԥхьа сыцқьазар шсылшо. Аха Иегова ишсанаижьыз агәра сызгомызт».

4 Иҟалап уаргьы анкьа иҟауҵахьаз агхақәа Иегова ишуанаижьыз агәра агара уцәыцәгьазар. Ус акәзар, аҳ Давид дугәаларшәала. Иара Анцәа арыцҳашьара шилоу агәра ганы дыҟан. Иегова иҭахуп ҳаргьы уи агәра ҳгаларц. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иегова ҳагхақәа шҳанаижьыз агәра ҳгалар зҳахәҭоу, насгьы уи аҿы иҳацхраауа.

ИЗБАН ИЕГОВА ҲАГӘНАҲА ШҲАНАИЖЬЫЗ АГӘРА ҲГАЛАР ЗҲАХӘҬОУ?

5. Зыгәра ҳиргарц иҭахузеи Аҩсҭаа? Иаажәга аҿырԥштәы.

5 Иегова ҳагәнаҳақәа шҳанаижьыз агәра ҳгозар, Аҩсҭаа ишьацҳәа ҳаҿашәаӡом. Иаҳхаҳмыршҭлап Аҩсҭаа Иегова имаҵ аура ҳаҟәыҵырц азы илшо зегь шыҟаиҵало. Ихықәкы наигӡарц азы иара ҳагәнаҳақәа даараӡа иӷәӷәоуп, насгьы Анцәа урҭ ахаан иҳанаижьӡом ҳәа агәра ҳиргарц дашьҭалоит. Иаҳгәалаҳаршәап ажәытәан Коринф иҟалаз. Хаҵак асексуалтә ламысдаразы аизара далыргеит (1 Кор. 5:1, 5, 13). Ԥыҭрак ашьҭахь уи ақьырсиан игәнаҳа дахьхәит. Аха Аҩсҭаа иҭахын аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи ауаҩ ианармыжьырц — аизарахь дахьыхынҳәыз иамеигәырӷьаларц. Иара убас Аҩсҭаа иҭахын зыгәнаҳа иахьхәыз уи ауаҩ анажьра иаԥсам аӡә иеиԥш ихы ибаларц — игәхьаа иҽаҭаны Иегова имаҵ аура даҟәыҵырц. Аҩсҭаа ихықәки иметодқәеи рҽырымԥсахӡеит, аха «ҳара уи ихы иаирхәо ашьацҳәақәа ҳдыруеит» (2 Кор. 2:5—11).

6. Иҟаҵатәузеи, ҳхы ахара ахьадаҳҵо азы ҳҟәаҟәа иқәу аидара ықәаҳхырц азы?

6 Иегова ҳагәнаҳа шҳанаижьыз агәра ҳгозар, ҳҟәаҟәа иқәу аидара ықәаҳхуеит. Агәнаҳа аныҟаҳҵо, ҳхы ахара адаҳҵоит (Аԥсал. 51:17). Уи бзиоуп, избанзар уи иҽеим ахымҩаԥгашьа ааныжьны ииашаны ахымҩаԥгара ҳгәазҭанаҵоит (2 Кор. 7:10, 11). Аха ҳахьхәижьҭеи акыр шыҵуагьы, ҳхы ахара адаҳҵозар, уи ҳамчқәа зегь ҳалнахуеит. Иегова ишҳанаижьыз агәра ҳгозар, ҳхы ахара адҵара ҳаҟәыҵуеит. Убасҟан, Анцәа игәы ишақәшәо еиԥш, аламыс цқьеи агәырӷьареи ҳаманы, имаҵ ҳаулоит (Кол. 1:10, 11; 2 Тим. 1:3). Иҟаҵатәузеи, Иегова ҳагәнаҳа шҳанаижьыз агәра агара уеизгьы иаҳцәыцәгьазар? Ҳхы агәра аҳаргар шԥаҳалшо иара зегь шҳанаижьыз?

ҲХЫ АГӘРА АҲАРГАР ШԤАҲАЛШО ИЕГОВА ҲАГӘНАҲА ШҲАНАИЖЬЫЗ?

7, 8. Ииҳәазеи Иегова ихы иазкны, Моисеи даниацәажәоз, насгьы зыгәра ҳнаргозеи уи ҳара? (Ақәҵра 34:6, 7).

7 Иегова ихы иазкны иҳаилиркаауа уазхәыцла. Иаҳҳәап, иугәаларшәа Анцәа ашьха Синаи аҿы Моисеи даниацәажәоз иеиҳәазa. (Шәаԥхьа Ақәҵра 34:6, 7.) Иегова аҟазшьа бзиақәа рацәаны ишилоугьы, зегь раԥхьаӡа зыӡбахә иҳәаз агәыҳалалреи арыцҳашьареи роуп. Уазхәыц: ианаимыжьӡои ус еиԥш иҟоу Анцәа зыгәнаҳа иахьхәуа имаҵзуҩы игха? Ҳәарада, ианаижьуеит. Ус акәмызҭгьы, уи рыцҳашьарахомызт. Аха Иегова ус дыҟаӡам!

8 Иегова ихазы ахаан амц иҳәарымызт, избанзар иара аҵабырг Анцәа иоуп (Аԥсал. 31:5). Убри аҟынтә ҳара ииҳәо зегь шиашоу агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит. Анкьа иҟауҵахьаз агәнаҳақәа рзы уеизгьы ухы ахара адуҵозар, ухы уазҵаа: «Агәра згома Иегова зыгәнаҳа иахьхәуа дарбанзаалак игха ианазыжьуа арыцҳашьара злоу Анцәа шиакәу? Агәра згозар, саргьы сыгәнаҳа шсанаижьыз агәра зысымгои?»

9. Иҳаилнаркаауазеи Аԥсалом 32:5 Иегова ауаа рыгхақәа шранаижьуа иазкны?

9 Анцәа ауаа рыгәнаҳақәа шранаижьуа узырбо ажәеинрааалақәа урызхәыцла. Иаҳҳәап, ҳалацәажәап Анцәа ауаа ишранаижьуа иазкны Давид ииҳәаз. (Шәаԥхьа Аԥсалом 32:5.) Иара иҩит: «Сыгәнаҳақәа санаужьит». Ара «анажьра» ҳәа еиҭагоу ауриа ажәа «ашьҭыхра», «агара», мамзаргьы «аныҟәгара» ҳәагьы еиҭоугар алшоит. Иегова Давид игәнаҳақәа анианаижь, инықәырԥшны иуҳәозар, урҭ наҟ игеит. Убасҟан зхы ахара адызҵоз Давид иҟәаҟәа иқәыз аидара хьанҭа даҵыҵит, агәҭынчрагьы иоуит (Аԥсал. 32:2—4). Ҳаргьы уи ԥаҳшәар алшоит. Ҳара гәыкала ҳагәнаҳа ҳахьхәуазар, уаҳа ҳхы ахара адаҳҵалар акәӡам, избанзар Иегова ҳагәнаҳа ҳанаижьит, насгьы уи наҟ игеит.

10, 11. Ҵакыс ирымоузеи Иегова анажьра дазхиоуп ҳәа Давид ииҳәаз ажәақәа? (Аԥсалом 86:5).

10 Шәаԥхьа Аԥсалом 86:5. Давид ара иҳәоит Иегова анажьра дазхиоуп ҳәа. Абиблиаҭҵааҩык арҭ ажәақәа данрыхцәажәоз иҳәеит Анцәа «ҳанажьра шиҭаху, насгьы уи дшазхиоу, иара ус дшыҟоу». Избан Иегова ус дзыҟоу? Ари ажәеинраала аҩбатәи ахәҭаҿы иануп: «Уара иу́ҳәо зегь рахь гәыкала иааурԥшуа абзиабара дуӡӡоуп». Ҳазхысыз астатиа аҟынтә еилаҳкааит Иегова гәыбылрала иҭәу абзиабара шааирԥшуа. Уи иаанагоит иара иӷәӷәаны бзиа ҳшибо, насгьы ахаан бзиа ҳбара дшаҟәымҵуа. Уи абзиабара Иегова игәазҭанаҵоит зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа зегьы гәык-ԥсыкала ранажьра (Ис. 55:7). Иегова угәнаҳақәа шуанаижьыз агәра агара уцәыуадаҩзар, ухы уазҵаа: «Агәра згома Иегова зыгәнаҳақәа ирыхьхәны арыцҳашьаразы иҳәо зегьы ишранаижьуа? Агәра згозар, арыцҳашьара аарԥшны исанаижьырц саниҳәоз, сара сыгәнаҳақәа шсанаижьыз агәра зысымгои?»

11 Иара убас ҳара даараӡа ҳгәы шьҭнахуеит Иегова анамӡара шаҟа иаҳԥырхагоу ахьидыруа (Аԥсал. 139:1, 2). Шәааи ҳахәаԥшып Иегова ҳанажьра дшазхиоу узырбо Давид ииҩыз даҽа ԥсаломк.

ИЕГОВА ИХЕИМЫРШҬУА ШӘХАШӘМЫРШҬЛАН

12, 13. Аԥсалом 103:14 иану инақәыршәаны, ихеимыршҭуазеи Иегова, насгьы игәы зызҭанаҵозеи уи?

12 Шәаԥхьа Аԥсалом 103:14. Давид Иегова изкны иҳәеит: «Иара... [игәалашәоит] ҳашсабоу». Уи Иегова зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа ранажьра дзазхиоу амзызқәа ируакуп. Иара ахаан ихеиршҭӡом ҳара ҳшынаӡам. Шәааи арҭ ажәақәа еиҳа инарҭбааны ҳрылацәажәап.

13 Давид иҳәеит Иегова «ибзианы идыруеит ҳара ҳазлыху» ҳәа. Анцәа Адам «анышә далхны» дишеит, насгьы иара идыруеит инаӡоу ауаҩгьы илшарақәа аҳәаа шрымоу. Иаҳҳәап, ауаҩы акрифалароуп, дыцәалароуп, иԥсыԥгьы леигаҩеигалароуп (Алаг. 2:7). Аха Адами Евеи агәнаҳа ианаҵала, ажәақәа «ҳашсабоу» даҽа ҵакык роуит. Ауаа зегь дара рҟынтә анамӡара рҭынхеит, убри аҟынтә ацәгьарахь ирыхоит. Давид излеиҳәаз ала, Иегова уи ус шакәу иагьидыруеит, иагьигәалашәоит. Ара «игәалашәоит» ҳәа еиҭагоу ауриа ажәа аусқәагьы аҵанакуеит. Ус анакәха, Аԥсалом 103:14 абас еилукаар алшоит: Иегова агхақәа шҳахьуа идыруеит, аха ҳара гәык-ԥсыкала урҭ ҳрыхьхәуазар, иара ҳрыцҳашьаны ҳагхақәа ҳанаижьуеит (Аԥсал. 78:38, 39).

14. а) Ишԥаҳдырбо Аԥсалом 103:12 иану ажәақәа Иегова ҳагәнаҳа анҳанаижьуа, уи наӡаӡа ишихаиршҭуа? б) Ишԥаҳнарбо Давид иҿырԥшы Иегова ҳагәнаҳа анҳанаижьуа, уи наӡаӡа ишихаиршҭуа? (Шәахәаԥш арамка «Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит, насгьы урҭ ихаиршҭуеит».)

14 Иегова ҳагәнаҳақәа анҳанаижьуа, урҭ наӡаӡа ихеиршҭуама? (Шәаԥхьа Аԥсалом 103:12.) Давид иҳәеит Иегова ҳагәнаҳақәа анҳанаижьуа, «мрагылара мраҭашәара ишацәыхароу еиԥш» ҳагәнаҳақәа хараны ишиго. Мрагылареи мраҭашәареи даараӡа еицәыхароуп, урҭ ахаан еизааигәахаӡом. Иҳаилнаркаауазеи уи Иегова ҳагәнаҳақәа шҳанаижьуа иазкны? Давид иԥсаломқәа ирызку усумҭак аҿы иануп: «Анцәа ҳагәнаҳа аниԥыриго, уи игәалазыршәар алшогьы иԥыригоит. Инықәырԥшны иуҳәозар, агәнаҳа ашьҭа умбо, афыҩгьы умаҳауа иҟалоит. Афыҩқәа лассы-лассы ак ҳгәаладыршәоит, аха Иегова ҳагәнаҳақәа анҳанаижьуа, урҭ игәалазыршәар алшо фҩыкгьы аанхом, хахьирхәырцгьы уаҳа иҭаххаӡом» (Иез. 18:21, 22; Аус. 3:19).

Асахьақәа реизга: 1) аҳ Давид аҩны ахыб аҟынтә Вирсавиа лыҽшылкәабо дахәаԥшуеит; 2) иара дӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа диҳәон; 3) иара ак иҩуеит, ииҩуагьы дазхәыцуеит.

Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанаижьуеит, насгьы урҭ ихаиршҭуеит

Абиблиаҿы иануп Иегова ҳагәнаҳақәа анҳанаижьлак ашьҭахь урҭ шигәаламшәо. Уи иаанагоит урҭ рзы уаҳа ахаан ҳшахьимырхәло (Ис. 43:25). Аҳ Давид иҿырԥшы ишаҳнарбо еиԥш, ҳара агәнаҳа ӷәӷәа ҟаҳҵазаргьы, Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиҭашьақәҳаргылар ҳалшоит.

Давид агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵахьан: иара аӡә иԥҳәыс длыцышьҭалеит, лхаҵагьы дишьит. Аха иара гәыкала дахьхәит, нас Иегова игәнаҳа ианаижьит. Нафан Давида агәнаҳа ҟауҵеит ҳәа аниеиҳәа, иара ихы ариашара даламгаӡакәа иҽириашеит. Анаҩс иара иԥсы ахьынӡаҭаз гәыкала Иегова имаҵ иуан (2 Сам. 11:1—27; 12:13).

Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова Соломон иеиҳәеит Давид иеиԥш гәык-ԥсыкала имаҵ иуларц (1 Аҳ. 9:4, 5). Анцәа Давид игхақәа рыӡбахә имҳәаӡеит. Ус анакәха, Давид агәнаҳақәа шыҟаиҵахьазгьы, Иегова иҿаԥхьа ак ивубо дыҟаӡамызт. Иара убас Анцәа агәыҭбаара аарԥшны дизылԥхеит, уи дизиашаны дахьаанхаз азы. (Аԥсал. 13:6).

Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Иегова ҳагәнаҳақәа анҳанаижьлак ашьҭахь, уаҳа урҭ дрызхәыцӡом. Иара ҳус бзиақәа роуп дызхәаԥшуа, урҭ рзы даҳзылԥхарц азы (Аур. 11:6). Убри аҟынтә Иегова ихаиршҭыз ҳаргьы иаҳгәалаҳмыршәалароуп.

15. Иҟаҳҵар акәзеи, анкьа иҟаҳҵахьаз агхақәа рзы ҳааҟәымҵӡакәа ҳхы ахара адаҳҵозар?

15 Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо 103-тәи Аԥсалом иану Давид иажәақәа? Анкьа иҟаҳҵахьаз агәнаҳақәа рзы ҳааҟәымҵӡакәа ҳхы ахара адаҳҵозар, ҳхы ҳазҵаар ауеит: «Исхасмыршҭӡои сара Иегова игәалашәо? Исхасмыршҭӡои иара сшынаӡам шигәалашәо, насгьы зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа ишранаижьуа, саргьы уахь сналаҵаны? Исгәаласмыршәаӡои Иегова ихаиршҭырц ииӡбаз, иаҳҳәап, уаҳа ахаан ззы сахьимырхәуа исанаижьыз сыгәнаҳақәа?» Иегова дааҟәымҵӡакәа дрызхәыцӡом анкьа иҟаҳҵахьаз агәнаҳақәа, ҳаргьы урҭ ҳарзымхәыцлароуп. Иегова ҳагәнаҳақәа шҳанаижьҵәҟьаз агәра ҳгар, ҳхы ахара адҵара ҳаҟәыҵны ҳгәырӷьаҵәа Иегова имаҵ ҳаулар ҳалшоит (Аԥсал. 130:3).

16. Избан анкьа иҟаҳҵахьаз агәнаҳақәа рзы ҳааҟымҵӡакәа ҳхы ахара адҵара зшәарҭоу? Иаажәга аҿырԥштәы. (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

16 Еилҳаргап ҿырԥштәык. Анкьа иҟаҳҵахьаз агхақәа рзы ҳааҟәымҵӡакәа ҳхы ахара адаҳҵозар, уи амашьына анныҟәаҳцо, ҳашьҭахьҟа иҟоу ҳбарц азы, ҳааҟәымҵӡакәа асаркьа ҳахәаԥшлар иаҩызоуп. Ҳәарада, амашьына ныҟәызцо ишьҭахьҟа иҟоу ибарц азы аамҭа-аамҭала асаркьа дахәаԥшлароуп. Аха амашәыр дақәымшәарц азы, еиҳараӡак иаԥхьаҟа ауп дахьыԥшлаша. Убас еиԥшҵәҟьа ҳаргьы анкьа иҟаҳҵахьаз агхақәа зны-зынла ҳрызхәыцлар бзиоуп, урҭ иаҳдырҵаз ҳгәалаҳаршәаларц азы, насгьы урҭ уаҳа иҟаҳамҵаларц азы. Аха урҭ мацара ҳрызхәыцлар, агәырӷьара ҳцәыӡыр ауеит, ишақәнагоу еиԥш Иегова имаҵгьы ҳзулаӡом. Убри аҟынтә шәааи ицәгьоу зегь уаҳа иахьаҳгәалаҳмыршәало адунеи ҿыц ахь ҳназго амҩа ҳшықәу дырны ԥхьаҟа ҳаԥшлап (Ис. 65:17; Ажәам. 4:25).

Ахаҵа машьынала еихаҵәиуа амҩа даныланы дцоит, ишьҭахьҟа иҟоу ибарцазгьы зны-зынла асаркьа дахәаԥшуеит.

Амашьынаныҟәцаҩ иаԥхьаҟа иибо ауп ихы ззишьҭыша — иара ишьҭахьҟа иҟоу ибарц азы есқьынгьы асаркьа дамыхәаԥшлароуп. Ҳаргьы уаанӡатәи ҳагхақәа ракәымкәа, ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу азылԥхарақәа роуп еиҳарак ҳзызхәыцлаша. (Шәахәаԥш абзац 16.)


ИЕГОВА БЗИА УШИБО, УАНАЖЬРАГЬЫ ЕСНАГЬ ДШАЗХИОУ АНАҨСГЬЫ УХЫ АГӘРА АРГАЛА

17. Избан Иегова бзиа ҳшибо, еснагь ҳанажьрагьы дшазхиоу анаҩсгьы ҳхы агәра аҳаргалар зҳахәҭоу?

17 Ҳара анаҩсгьы ҳхы агәра аҳаргалароуп Иегова бзиа ҳшибо, еснагь ҳанажьрагьы дшазхиоу (1 Иоанн 3:19). Избан уи зхадоу? Избанзар Аҩсҭаа агәра ҳиргарц дашьҭалоит Иегова бзиа ҳаибалартә еиԥш, ҳагәнаҳақәагьы ҳанаижьлартә еиԥш ҳаҟаӡам, уи ҳаԥсаӡам ҳәа. Иара ииҭаху Иегова имаҵ аура ҳаҟәыҵырц ауп. Аҩсҭаа идыруеит имаҷны аамҭа шизынхаз, убри аҟынтә еиҳа-еиҳа иҽырцәгьаны дҳажәлалоит (Аат. 12:12). Аха ҳара уи ҳаиҿагыланы гәыкала Иегова имаҵ ҳаулароуп.

18. Ҳхы агәра аҳаргар шԥаҳалшо Иегова бзиа ҳшибо, насгьы еснагь ҳанажьра дшазхиоу?

18 Ҳазхысыз астатиаҿы иаагаз алабжьарақәа Иегова бзиа ҳшибо агәра агара иҳацхраауеит. Аха ишԥаҳалшо Иегова ҳагәнаҳақәа шҳанаижьыз ҳхы агәра аҳаргар? Иегова Абиблиаҿы ихы иазкны ииҳәо гәаҭала. Иара зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа ишранаижьуа узырбо ажәеинраалақәа урызхәыцла. Иухоумыршҭлан иара ушынаӡам шидыруа, насгьы ушрыцҳаишьало. Иара убас, иугәаларшәала Иегова угәнаҳа ануанаижьлак, уи наӡаӡа ишихаиршҭуа. Убасҟан Иегова шаҟа арыцҳашьара илоу убоит. Давид иеиԥш уаргьы иуҳәар улшоит: «Иҭабуп, Иегова, уара „сыгәнаҳақәа санаужьит“!» (Аԥсал. 32:5).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан Иегова ҳагәнаҳақәа шҳанаижьыз агәра ҳгалар зҳахәҭоу?

  • Ишԥаҳалшо Иегова ҳагәнаҳақәа шҳанижьыз ҳхы агәра аҳаргар?

  • Избан Иегова ҳагәнаҳақәа ҳанажьра еснагь дшазхиоу анаҩсгьы ҳхы агәра аҳаргалар зҳахәҭоу?

АШӘА 1 Иегова иҟазшьақәа

a Шәахәаԥш маи 1, 2009 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Приближайтесь к Богу. Что о себе рассказал Иегова» (аурыс).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра