Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 апрель ад. 14—19
  • Шаҟа ибзиоузеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи ҳахьеиҩызцәоу!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Шаҟа ибзиоузеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи ҳахьеиҩызцәоу!
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ҲАШЬЦӘЕИ ҲАҲӘШЬЦӘЕИ ҲАРЕИ АИҨЫЗАРА ҲАБЖЬАЗАР ЗҲАХӘҬОУ
  • АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ҲАҬЫР РЫҚӘЫШӘҴАЛА
  • «ХАЗЫ-ХАЗЫ ШӘҼЕИҨЫШӘЫМШАЛАН»
  • АБЗИАБАРА УСЛА ИААШӘЫРԤШЛА
  • Иегова игәы шәзыбылуеит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Ҳара ҳзы «Анцәа изааигәахара зылԥхароуп»!
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • «Аӡәы... ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 апрель ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 16

АШӘА 87 Уааи, иагьуоуп агәыраҳаҭра!

Шаҟа ибзиоузеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи ҳахьеиҩызцәоу!

«Шаҟа ибзиоузеи, насгьы шаҟа гәахәара дуузеи аишьцәа акзаара рыманы ианеицынхо!» (АԤСАЛ. 133:1).

ЕИЛАҲКААУА

Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи аиҩызара ҳабжьазар зыбзиоу, насгьы ҳаиҩызара арӷәӷәара иҳацхраауа.

1, 2. Дышԥарзыҟоу Иегова ауаа, насгьы дыззыԥшузеи ҳара ҳҟынтә?

ИЕГОВА изы акраҵанакуеит ауаа ҳшырзыҟоу. Иисус иҵаҩцәа идирҵон рхы бзиа ишырбо еиԥш ирзааигәоу бзиа ирбаларц (Матф. 22:37—39). Убри аҟынтә ауаа зегьы қьиарала ҳрызныҟәоит, урҭ Иегова имаҵ руазаргьы-ирымуазаргьы. Убасала Ҳанцәа ҳаиҿыԥшуеит, избанзар «иара ауаа бзиақәагьы ауаа цәгьақәагьы амра рхаирԥхоит, абзиара ҟазҵогьы ацәгьара ҟазҵогьы ақәа рзаируеит» (Матф. 5:45).

2 Иегова ауаа зегь бзиа ибоит, аха еиҳараӡак игәы ззыбылуа изыӡырҩуа ауаа роуп (Иоанн 14:21). Иара иҭахуп ҳаргьы имаҵзуҩцәа ҳгәы рзыбылларц. Убри азоуп изҳаиҳәо: «Гәык-ԥсыкала бзиа шәеибабала», насгьы «Еизгәакьоу реиԥш агәыбылра аашәырԥшла» (1 Пиотр 4:8; Рим. 12:10). Уи ҳауацәеи ҳҩызцәеи ҳшырзыҟоу иаҩызоуп.

3. Еилаҳкаазеи ари абзац аҟынтә абзиабара иазкны?

3 Абзиабара аҩны аҩныҵҟа еиздырҳауа аҵиаа иаҩызоуп. Уи еснагь иахылаԥшлатәуп. Апостол Павел ақьырсианцәа ирзиҩит: «Еишьцәаҵас бзиа шәеибабала анаҩсгьы» (Аур. 13:1). Иегова иҭахуп ҳара-ҳара ҳабжьара абзиабара еизҳарҳаларц. Ари астатиа аҟны еилҳаргоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи аиҩызара ҳабжьазар зыбзиоу, насгьы уи арӷәӷәара иҳацхраауа.

ҲАШЬЦӘЕИ ҲАҲӘШЬЦӘЕИ ҲАРЕИ АИҨЫЗАРА ҲАБЖЬАЗАР ЗҲАХӘҬОУ

4. Иҳацхраауазеи ҳаиашьараҿы иҳабжьоу акзаара ахә ҳаракны ашьара? (Аԥсалом 133:1). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

4 Шәаԥхьа Аԥсалом 133:1. Аԥсаломшәаҳәаҩ иҩит Иегова имаҵ зуа ҩызцәас рымазаара шыбзиоу, насгьы шгәахәара дуу. Ҳара уи ҳиқәшаҳаҭуп. Аха ҳазхәыцып ҿырԥштәык. Иҟалап шәара есыҽны иԥшӡоу ҵла дук шәавсны шәцозар, аха шәааҭгыланы ахаан шәамыхәаԥшыцзар. Убас еиԥшҵәҟьа Анцәа ижәлар ирыбжьоу акзаара шаҟа иԥшӡоу ҳазгәамҭар ауеит. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи мчыбжьык аҩныҵҟа зныкымкәа ҳаибабоит. Убри аҟынтә урҭ ҳрылашьцылар ауеит. Иҟаҵатәузеи ус ҳмыхьырц азы? Урҭ рахь ҳабзиабара мыхьшәашәарц азы дасу аизара ази хаҭала ҳара ҳзи ихә шаҟа иҳараку ҳазхәыцлароуп.

Асахьақәа реизга: 1) аиаҳәшьа аҵла ԥшӡа дахьахәаԥшуа лгәы ҟанаҵоит; 2) ԥыҭрак ашьҭахь арегионалтә конгресс аҿы уи аиаҳәшьа даҽа иаҳәшьак дылгәыдлыҳәҳәалоит, рааигәара аишьцәеи аиҳәшьцәеи игәырӷьаҵәа еицәажәоит.

Анцәа ижәлар рыбжьара иҟоу акзаара ахә ашьара шәаҟәымҵлан. (Шәахәаԥш абзац 4.)


5. Ишԥарныруеи иҳабжьоу абзиабара егьырҭ ауаа?

5 Ауаа раԥхьаӡа акәны ҳаизарақәа рахь ианаауа, лассы-лассы игәарҭо иҳабжьоу абзиабара ауп. Иҟоуп аҵабырг шырыԥшааз еилыркаарц азы убри заҵәык зызхо ауаагьы. Иисус иҳәеит: «Шәыбжьара абзиабара ҟалар, зегьы ирдыруеит сҵаҩцәа шшәакәу» (Иоанн 13:35). Абар Абиблиа зҵоз, ауниверситет иҭоу Ча́итра зыхьӡу ӡӷабк лыхҭыс. Ҳаҳәшьа уи арегионалтә конгресс ахь ааԥхьара лылҭеит. Актәи амш аҽныҵәҟьа Чаитра илҳәеит: «Сҭаацәа ахаан сыргәыдрыҳәҳәалаӡомызт. Араҵәҟьа мышкы заҵәык ала 52-нтә сыргәыдрыҳәҳәалахьеит! Имаҵзуҩцәа рыла Иегова шаҟа иӷәӷәаны бзиа сибо сирбеит. Сара агәыбылра зыбжьоу иҭаацәара сахәҭакхар сҭахуп». Чаитра Абиблиа аҵара аанылмыжьӡеит. 2024 шықәсазы лара аӡы лыҽӡаалхит. Ааи, лассы-лассы ҳус қьиақәеи иҳабжьоу абзиабареи ауаа Иегова имаҵ аура ргәанарԥхоит (Матф. 5:16).

6. Ҳашԥахьчо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи ҳаиҩызара?

6 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҩызцәас иахьҳамоу даара ҳахьчоит. Павел ақьырсианцәа ргәазҭеиҵон: «Есыҽны шәгәы шьҭибахла, шәызжьар алшо агәнаҳа иахҟьаны зҳәатәы иазырго шәакәны шәҟамларц азы» (Аур. 3:13). Зны-зынла ҳгәыӷрақәа ахьынамӡаз, мамзаргьы ҳгәы каҳаны ҳахьыҟоу иахҟьаны амҩа иаша ҳацәыхҟьо ҳалагар ауеит. Усҟан Иегова дҳацхраарц азы ахаара зҵоу иашьак ма иаҳәшьак ихы даирхәар илшоит (Аԥсал. 73:2, 17, 23). Ишԥабзиоу ус еиԥш иҟоу аҩызцәа ахьҳамоу!

7. Ишԥаҳацхраауеи абзиабара акзаара ахьчара? (Колоссаа 3:13, 14).

7 Адунеи ахьынӡанаӡааӡо аишьцәеи аиҳәшьцәеи дара-дара рахь абзиабара аарԥшра рҽазыршәоит. Уи алҵшәа бзиақәа рацәаны иаанагоит (1 Иоанн 4:11). Иаҳҳәап, абзиабара ачҳара аарԥшреи аилибакаареи иуцхраауеит. Уи абзоурала аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыбжьара акзаара ыҟоуп (шәаԥхьа Колоссаа 3:13, 14; Еф. 4:2—6). Адунеи зегь аҿы иҟаӡам аизарақәа рҿы еиԥш угәы ахьеизҳауа даҽа ҭыԥк.

АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ҲАҬЫР РЫҚӘЫШӘҴАЛА

8. Дышԥаҳацхраауеи Иегова акзаара ахьчара?

8 Адунеи ахьынӡанаӡааӡо ҳаиашьара ирыбжьоу акзаара џьашьахәуп. Уи зыбзоуроу Иегова иоуп. Ҳара ҳшынаӡамгьы, иара ҳаидикылеит (1 Кор. 12:25). Абиблиаҿы иануп Анцәа аӡәи-аӡәи бзиа ҳаибабалар шҳахәҭоу шаҳирҵо (1 Фес. 4:9). Ишԥаҟаиҵо уи? Иажәаҿы иануп ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы ҩызцәа бзианы аҟалара иҳацхраауа алабжьарақәа. Ҳахшыҩ азышьҭны урҭ ҭаҳҵаалар, насгьы ҳхы иаҳархәалар, Анцәа аҵара ҳирҵалар илҳаршоит (Аур. 4:12; Иак. 1:25). Адунеи ахьынӡанаӡааӡо Иегова ишаҳаҭцәа убас иагьыҟарҵоит.

9. Иҳаилнаркаауазеи Римаа 12:9—13 рҿы иану егьырҭ ауаа ҳаҭыр шрықәҵалатәу иазкны?

9 Ишԥаҳацхраауеи Анцәа Иажәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы ҩызцәа бзианы аҟалара? Ҳахәаԥшып Павел Римаа 12:9—13 (шәаԥхьа) аҿы уи иазкны ииҳәаз. Шәрызхәыц «ҳаҭыр анбасықәырҵо ҳәа шәымԥшыкәа, шәхаҭа егьырҭ ҳаҭыр рықәышәҵала» ҳәа ииҳәаз ажәақәа. Ишԥаҟаҵалатәу уи? Егьырҭ ауаа бзиарак рзыҟаҵара шәашьҭаз. Иаҳҳәап, ахаареи, асасдкылареи, агәыҭбаареи аашәырԥшла, насгьы рыгхақәа гәыкала иранашәыжьла (Еф. 4:32). Ҳашьак ма ҳаҳәшьак раԥхьатәи ашьаҿа аныҟарҵо ҳәа шәымԥшын, — шәхаҭа уи ҟашәҵа. Убасҟан Иисус «аӡәы ак ануиҭо аасҭа, иара ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп» ҳәа ииҳәаз ажәақәа шиашоу еилышәкаауеит (Аус. 20:35).

10. Ишԥаҳалшо егьырҭ ҳаҭыр рықәаҳҵаларц азы, ҳмаашьаӡакәа аџьабаа ҳбалар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

10 Иазгәашәҭ Павел «ҳаҭыр анбасықәырҵо ҳәа шәымԥшыкәа, шәхаҭа егьырҭ ҳаҭыр рықәышәҵала» ҳәа аниҳәа ашьҭахьҵәҟьа абас шиҳәаз: «Аус жәула, шәмаашьалан». Имаашьаӡакәа аус зуа ауаҩы гәыкала иус наигӡоит. Дҵак анирҭо, уи ибзианы анагӡара иҽазишәоит. Ажәамаанақәа 3:27, 28 рҿы иануп: «Ацхыраара зҭаху урыцхраар улшозар, урыцхраа, мап рцәумкын». Убри аҟынтә иашьак ма иаҳәшьак ацхыраара шырҭаху анаҳбо, иаразнак урҭ ҳрыцхраауеит. Ҳара аамҭа ҳгаӡом, насгьы даҽаӡәы дрыцхраап ҳәа ҳхәыцӡом (1 Иоанн 3:17, 18).

Иқәыԥшу аиашьа зықәрахь инеихьоу аиашьа иҩны акьыба адыргыланы ахыб абыӷьқәа рҟынтә ирыцқьоит.

Ҳара ацхыраара зҭаху аишьцәеи аиҳәшьцәеи ацхыраара иаҳәаанӡа, мамзаргьы даҽаӡәы данбарыцхраауеи ҳәа ҳамԥшӡакәа ацхыраара рыдаҳгалалароуп. (Шәахәаԥш абзац 10.)


11. Иҳацхраауазеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара арӷәӷәара?

11 Егьырҭ ауаа ҳаҭыр шрықәаҳҵо иҵегьы излааԥшуа, ҳандыргәаауа иахьранаҳажьуа ала ауп. Ефесаа 4:26 аҿы иануп: «Шәгәы ԥжәаны шәшыҟоу амра ҭамшәааит». Избан ус аҟаҵара зхадоу? 27-тәи ажәеинраала ишҳанаҳәо еиԥш, убасҟан Аџьныш ԥырхага ҳаиҭар ҳауӡом. Иегова Иажәа ацхыраарала егьырҭ рыгхақәа ранаҳажьларц зныкымкәа дҳаҳәоит. Колоссаа 3:13 аҿы иануп: «Гәык-ԥсыкала шәыгхақәа шәанеибажьла». Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ҳарӷәӷәаларц азы рыгхақәа ҳхы рзаҳмышьҭлароуп, насгьы ҳарцәымгәаалароуп. Уи ҳара-ҳара ҳабжьара аҭынчреи акзаареи рыхьчара иҳацхраауеит (Еф. 4:3).

12. Дышԥаҳацхраауеи Иегова ҳзыргәааз ранажьра?

12 Ҳәарада, ҳзыргәаауа ранажьра ҳзымариамзар ҟалоит. Аха иԥшьоу адоуҳа абзоурала уи ҳалшоит. «Еизгәакьоу реиԥш агәыбылра аашәырԥшла», насгьы «аус жәула, шәмаашьалан» ҳәа иану ажәақәа рышьҭахь Абиблиаҿы ҳаԥхьоит абас еиԥш иҟоу ажәақәа: «Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала шәҳаҵҳаҵо шәыҟаз». Ус акәзар, иԥшьоу адоуҳа Анцәа дзызҳаҳәо аҟаҵара ҳгәанарԥхар ауеит. Убри аҟынтә Иегова иԥшьоу адоуҳа ҳаиҭарц азы ҳиҳәоит (Лука 11:13).

«ХАЗЫ-ХАЗЫ ШӘҼЕИҨЫШӘЫМШАЛАН»

13. Избан акзаара ҳцәыӡыр залшо?

13 Аизара «еиуеиԥшым ауаа» рыла ишьақәгылоуп (1 Тим. 2:3, 4). Ҳгәаҳҽанымзар, еиуеиԥшым азҵаарақәа рҿы, ҳгәаанагара ахьеиԥшым иахҟьаны акзаара ҳцәыӡыр ауеит, иаҳҳәап, ҳҽеилаҳәашьа, ҳҭеиҭыԥш, агәырҿыхагақәа, мамзаргьы ҳгәабзиара ҳшахылаԥшуа иазку азҵаарақәа рҿы (Рим. 14:4; 1 Кор. 1:10). Убри аҟынтә ҳгәаанагара еиҳа ииашоуп ҳәа ҳамхәыцуазароуп, насгьы ҳгәаанагара аӡәгьы идҳамцалалароуп. Убасҟан Анцәа ишаҳирҵаз еиԥш бзиа ҳшеибабо ааҳарԥшуеит (Флп. 2:3).

14. Иҟаҳҵалар акәзеи еснагь, насгьы избан ус зыҟаҵалатәу?

14 Уи адагьы, аизараҿы акзаара ҳахьчаларц азы аишьцәеи аиҳәшьцәеи еснагь ргәы шьҭаҳхлароуп, насгьы иҳарӷәӷәалароуп (1 Фес. 5:11). Акыраамҭа аизарақәа рахь имныҟәози аизара иалыргази рҟынтә аӡәырҩы уажәы аизарахь ахынҳәра иаҿуп. Ҳара уи даараӡа ҳаигәырӷьоит! (2 Кор. 2:8). Абар аизарақәа рахь имныҟәоз, насгьы ажәабжь зымҳәоз иаҳәшьак, 10 шықәса рышьҭахь Аҳратә зал ахь данааи илҳәаз: «Аишьцәеи аиҳәшьцәеи снапы сымырхит, иҿаԥха-ҿаччо исԥылеит» (Аус. 3:19). Ишԥалныри уи? Лара илҳәоит: «Сара ҩаԥхьа агәырӷьара сымазар ахьсылшо аҭыԥ ахь сааит. Иегова ихаҭа снапы кны арахь сааигазшәа збеит». Ҳара егьырҭ ргәы шьҭаҳхуазар, «икараханы иҟоу, аидара хьанҭа иаҵоу» ргәы ҳарҭынчырц азы Христос ихы ҳаирхәар илшоит (Матф. 11:28, 29).

15. Иҟаҳҵалар акәзеи иҵегьы акзаара ҳахьчаларц азы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

15 Иҟаҳҵалар акәзеи иҵегьы акзаара ҳахьчаларц азы? Иаҳҳәо ҳацклаԥшлароуп. Иов 12:11 аҿы иаҵшьны иануп: «Алымҳа ажәақәа зеилнамыргаӡои, абз афатә агьама шеилнакаауа еиԥш?» Ахәыҟаҵаҩ бзиа фатәык ауаа ирҿеиҵаанӡа ихаҭа уи агьама ибоит. Убас еиԥшҵәҟьа ҳаргьы ак ҳҳәаанӡа ибзианы ҳхәыцроуп (Аԥсал. 141:3). Ҳара иаҳҭахуп ҳажәақәа ауаҩы игәы шьҭырхларц, ахәарҭагьы изааргаларц (Еф. 4:29).

Аиашьа иҟаиҵаз афатә асасцәа ирызцәыригаанӡа агьама ибоит.

Ишәҳәарц ишәҭаху шәазхәыц, инықәырԥшны иуҳәозар, шәажәақәа ргьама гәашәҭ. (Шәахәаԥш абзац 15.)


16. Зажәақәа ирыцклаԥшлар зыхәҭада еиҳарак?

16 Еиҳарак зажәақәа ирыцклаԥшлар зыхәҭоу аҭаацәара иалоу ахацәеи ахәыҷқәа змоу ақьырсианцәеи роуп (Кол. 3:19, 21; Тит 2:4). Уи аизара ахылаԥшыҩцәагьы ирыҵанакуеит. Дара Иегова иуасақәа ргәы шьҭырхлароуп (Ис. 32:1, 2; Гал. 6:1). Абиблиаҿы ибзианы иҳәоуп: «Шаҟа ибзиоузеи ианаамҭоу иҳәоу ажәа!» (Ажәам. 15:23).

АБЗИАБАРА УСЛА ИААШӘЫРԤШЛА

17. Иҳацхраауазеи гәык-ԥсыкала ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа рбара?

17 Апостол Иоанн «абзиабара ажәала акәымкәа, усла иааҳарԥшлар[ц]» ҳгәазҭеиҵоит (1 Иоанн 3:18). Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи гәык-ԥсыкала бзиа иаҳбалар ҳҭахуп. Ишԥаҳалшо уи аҩыза абзиабара еизҳарҳар? Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи шаҟа аамҭа рыцаҳхаҳгало аҟара, убриаҟара ҳарзааигәахоит, бзиагьы иаҳбалоит. Убри аҟынтә аамҭа еицышәхыжәгаларц азы алшарақәа шәыԥшаала. Иаҳҳәап, аизарақәа рҿы шәеицәажәала, насгьы ажәабжьҳәара шәеиццала. Шәеиҭанеиааила — дара рахьгьы шәцала, шәара шәахьгьы иаашәыԥхьала. Убас ҟаҳҵалар, Анцәа ишаҳирҵаз еиԥш, бзиа ҳшеибабо ааҳарԥшуеит (1 Фес. 4:9). Усҟан Аԥсалом иану ажәақәа шиашоу ҳбоит. Уа иануп: «Шаҟа ибзиоузеи, насгьы шаҟа гәахәара дуузеи аишьцәа акзаара рыманы ианеицынхо!» (Аԥсал. 133:1).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи аиҩызара ҳабжьазар зыбзиоу?

  • Ишԥаҳалшо егьырҭ ҳаҭыр рықәаҳҵаларц азы раԥхьатәи ашьаҿа ҟаҳҵалар?

  • Иҳацхраауазеи акзаара ахьчара?

АШӘА 90 Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра